АҴАРАЗЫ АСТАТИА 49
Ашәҟәы Алевит иану аурокқәа егьырҭ ҳарзыҟазар шҳахәҭоу иазкуп
«Ишәзааигәоу шәхы еиԥш бзиа ижәбала» (АЛЕВ. 19:18).
АШӘА 109 «Бзиа шәеибабала гәык-ԥсыкала»
АХҲӘААa
1, 2. Еилаҳкаазеи ҳазхысыз астатиа аҟынтә, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
ҲАЗХЫСЫЗ астатиаҿы Алевит 19-тәи ахы аҟынтә закәанқәак ҳрылацәажәеит. Иаҳҳәап, 3-тәи ажәеинраалаҿы Иегова израильаа рҭаацәа пату рықәырҵаларц реиҳәеит. Ҳара ҳалацәажәеит урҭ ажәақәа ҳхы иархәаны ҳҭаацәа рцәеижьтә, ремоциатә, рдоуҳатә ҭахрақәа ҳреиҷаҳалар шҳалшо. Уи ажәеинраалаҿы иара убас Анцәа ижәлар иргәалаиршәеит асабшамш азгәарҭалар шрыхәҭаз. Иахьа ҳара асабша иазку азакәан ҳақәныҟәаӡом, аха уи шьаҭас иамоу апринцип Иегова имаҵ ауразы есыҽны аамҭа алхра иҳацхраауеит. Убас ала иааҳарԥшуеит ҳацқьаны ҳаҟазар шаҳҭаху. Уи ауп Алевит 19:2, насгьы 1 Пиотр 1:15 ҳгәы зызҭанаҵо.
2 Ари астатиаҿы Алевит 19-тәи ахы иҵегьы иаҳнарҵо ҳахәаԥшуеит. Ҳара еилаҳкаауеит аинвалидцәа рахь ақьиара шаарԥшлатәу, аусура иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы аиаша шҳәалатәу, насгьы иаҳзааигәоу рахь абзиабара шаарԥшлатәу. Ҳара иԥшьоу Ҳанцәа иеиԥш ҳацқьазар ҳҭахуп, убри аҟынтә шәааи арҭ азҵаарақәа еилҳаргап.
АИНВАЛИДЦӘА РАХЬ АҚЬИАРА ААШӘЫРԤШЛА
Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу злымҳа иамаҳауа, насгьы зыла иамбо ауаа, Алевит 19:14 иану инақәыршәаны? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 3—5.)d
3, 4. Ишԥарызныҟәалатәыз зыла иамбози злымҳа иамаҳауази, Алевит 19:14 иану инақәыршәаны?
3 Шәаԥхьа Алевит 19:14. Иегова иҭахуп имаҵзуҩцәа аинвалидцәа қьиарала ирызныҟәаларц. Иаҳҳәап, израильаа идагәоу ауаҩы дрымшәилар акәын, даҽакала иуҳәозар иқәмақарлар, ма дладырҟәлар ҟалаӡомызт. Шаҟа гәымбылџьбарароузеи идагәоу ауаҩы убас изныҟәара! Иара изырҳәо иаҳаӡом, убри аҟынтә ихы изыхьчаӡом.
4 Уи адагьы, Анцәа имаҵзуҩцәа зыла иамбоз раԥхьа изыхҟьашаны икаҳар алшоз ак шьҭарҵар ҟалаӡомызт. Абар, ашәҟәы Алевит иазку усумҭак аҿы ацәеижьтә грақәа змаз ауаа ирызкны иану: «Ажәытәан Ааигәа Мрагылара ус еиԥш иҟаз ауаа лассы-лассы иашамралеи гәымбылџьбаралеи ирызныҟәон»b. Илахьеиқәҵагоуп, аха иҟан убас еиԥш агәы зызҭамыз ауаа, илашәыз ихыччарц азы дкаҳарц иаԥхьа дзыхҟьашар алшоз ак шьҭарҵон. Аха уи ччархәӡамызт! Ари аԥҟара Иегова ижәлар иреилнаркаауан злымҳа иамаҳауази зыла иамбози рахь арыцҳашьара аарԥшра шаҟа ихадаз.
5. Ишԥаҳалшо аинвалидцәа рахь арыцҳашьара аарԥшра?
5 Иисус ацәеижьтә грақәа змаз ауаа рыцҳаишьон. Иаҳгәалаҳаршәап иара Иоанн Аӡӡаахҩы изынаицҳаз ажәақәа: «Алашәцәа рыблақәа хтуеит, ацыркьцәа ныҟәоит, ацәеилабаара змоу рцәа цқьа-шәқьахоит, адагәацәа ираҳауеит, аԥсцәа гылоит» (Лука 7:20—22). Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа збоз ауаа Анцәа дҳараркуан (Лука 18:43). Ақьырсианцәагьы ирҭахуп аинвалидцәа рыцҳаршьалар, насгьы урҭ рахь ақьиареи ачҳареи аадырԥшлар, рхьаақәа гәарҭалар. Иегова ҳара аџьашьахәқәа рыҟаҵаразы алшара ҳаимҭаӡеит, аха ҳара иҳадиҵеит ииашаҵәҟьаны зыла иамбо, ма доуҳала илашәу ауаа џьанаҭ дгьыл аӡбахә рзеиҭаҳҳәаларц (Лука 4:18). Ацәеижьтә гәабзиареи адоуҳатә гәабзиареи ауаа зегьы иахьроуа иазку ари узыргәырӷьо ажәабжь уажәнатә ирацәаҩны ауаа Анцәа ирҳаракра ргәазҭанаҵоит.
АУСУРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА РҾЫ АИАША АҲӘАРА
6. Ишԥаҳацхраауеи Алевит 19-тәи ахы Жәа-ԥҟарак еиӷьны реилкаара?
6 Алевит 19-тәи ахы иану жәеинраалақәак Жәа-ԥҟарак рҵакы еиҳа еиӷьны реилкаара иҳацхраауеит. Иаҳҳәап, аабатәи аԥҟара ус аҳәоит: «Умӷьычлан» (Ақәҵ. 20:15). Аӡәы иҳәар ауеит: «Сара уи аԥҟара сықәныҟәоит, избанзар ахаан аӡәы итәы сымгаӡацт». Аха аӷьычра иаанаго уи мацара акәӡам.
7. Еилеигар шԥалшоз аҭиҩ аабатәи аԥҟара?
7 Аҭиҩ игәгьы иаанамгозар ауан дышӷьычҩу, избанзар иара аӡәы иитәу ахаан имгацызт. Аха Алевит 19:35, 36 уи азҵаара даҽа ганкгьы ҳзаанартуеит. Уа иануп: «Амц шәымҳәалан аура анышәшәо, насгьы акапан анышәшәо-ианышәзо. Шәыкапанга иашаз, шәгьыра иашаз, шәе́фа иашаз, шәгин иашаз». Избан Иегова ижәлар ари аҩыза адҵа зриҭаз? Избанзар аҭиҩ икапанга амц аҳәозҭгьы, аахәаҩцәа дрыҵаӷьычуан. Ари азхәыцра Алевит 19-тәи ахы иану егьырҭ ажәеинраалақәагьы ишьақәдырӷәӷәоит.
Иарбан зҵаарақәоу ихы иеиҭар ихәҭоу наплакык змоу ақьырсиан, Алевит 19:11—13 иану инақәыршәаны? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8—10.)e
8. Ишԥарыцхраауаз ауриацәа Алевит 19:11—13 иану ажәақәа аабатәи аԥҟара ақәныҟәара, насгьы избан урҭ ҳара ҳзгьы изхәарҭоу?
8 Шәаԥхьа Алевит 19:11—13. 11-тәи ажәеинраала ажәа «шәымӷьычлан» ала иалагоит. 13-тәи ажәеинраалаҿы иануп: «Ишәзааигәоу шәымжьалан». Ишаҳбо еиԥш, наплакык ҳамазар, насгьы ҳусуҩцәа ҳжьозар, урҭ ҳрыҵаӷьычуеит ауп иаанаго. Аабатәи аԥҟара аӷьычра шыҟамлоз атәы аҳәон, аха ашәҟәы Алевит уи азакәан еиҳа инарҭбааны иуеилнаркаауан, насгьы ауриацәа еснагь аиаша аҳәара ирыцхраауан. Ҳаргьы Иегова амцҳәареи аӷьычреи дшырзыҟоу ҳазхәыцыр бзиоуп. Ҳара ҳхы ҳазҵаароуп: «Алевит 19:11—13 иану сықәныҟәаларц азы сыԥсҭазаараҿы ак сыԥсахыр аума, иаҳҳәап, аусура иадҳәалоу зҵаарақәак рҿы?»
9. Ишԥахьчоз Анцәа ижәлар Алевит 19:13 иану азакәан?
9 Абар зхатә бизнес змоу ақьырсиан дзызхәыцыр ихәҭоу. Алевит 19:13 аҩбатәи ахәҭаҿы иануп: «Аусура ишәыдышәкылаз иџьабаа ахә ишәҭарц азы шьыжьынӡа аамҭа шәымган». Израильаа реиҳараҩык адгьыл иқәаарыхуан. Убри аҟынтә қьырала аус зуаз аусуҩцәа амш анҵәамҭазы рџьабаа ахәԥса роур ахәҭан, избанзар уи ала акәын рҭаацәарақәа зланыҟәыргоз. Иегова урҭ аусуҩцәа рҭагылазаашьа еиликаауан, убри аҟынтә иҳәеит: «Уи аҽныҵәҟьа амра ҭашәаанӡа ирҳаз ишәҭала, избанзар иара дӷаруп, ирҳаз ала ауп иԥсы шҭоу» (Ҩынтә. 24:14, 15; Матф. 20:8).
10. Иарбан уроку Алевит 19:13 аҿы ҳара ҳзы иану?
10 Иахьа аӡәырҩы ауаа есыҽны акәымкәа мызкахь знык, ма ҩынтә ауп аулафахәы анроуа. Аха Алевит 19:13 шьаҭас иамоу апринцип иахьагьы ихәарҭоуп. Аусура аиҳабацәа аӡәырҩы амчра ҳамоуп ҳәа русуҩцәа ирықәнаго аасҭа акырӡа еиҵаны ирзыршәоит. Дара ирдыруеит иахьа аӡәырҩы ауаа аԥара арҳара шырцәыцәгьоу, убри аҟынтә амаҷ азы аусура ишақәшаҳаҭхо. Убас еиԥш иҟоу аусура аиҳабацәа Алевит 19:13 иану апринцип еиларгоит. Ҳәарада, ақьырсиан ус ихы мҩаԥигалаӡом, иара аусура идикылаз рџьабаа ахәԥса рзишәалоит. Уажәшьҭа шәааи Алевит 19-тәи ахы аҟынтә егьырҭ аурокқәагьы ҳарзааҭгылап.
«ИШӘЗААИГӘОУ ШӘХЫ ЕИԤШ БЗИА ИЖӘБАЛА»
11, 12. Избан Иисус Алевит 19:17, 18 иану ажәақәа зиҳәаз?
11 Ҳара ауаа ҳшырзыҟоу Анцәа изы акраҵанакуеит. Иара ииҭаху ҳара егьырҭ ацәгьара рзаҳмуларц мацара акәӡам. Алевит 19:17, 18 (шәаԥхьа) иану уи ҳаилнаркаауеит. Иегова еилыкка иҳәеит: «Ишәзааигәоу шәхы еиԥш бзиа ижәбала». Анцәа игәы аҟаҵара зҭаху ақьырсиан убас ихы мҩаԥигалароуп.
12 Ари адҵа шаҟа ихадоу Иисусгьы иҳәон. Афарисеицәа руаӡәк иарбан ԥҟароу азакәан аҿы зегь раасҭа ихадоу ҳәа даниазҵаа Иисус иҳәеит: «Бзиа дба Иуқәиҭу Унцәа — угәы наӡала, уԥсы наӡала, удырра наӡала». Уи ашьҭахь зегь раасҭа ихадоу аԥҟарақәа рҟынтә аҩбатәи даналацәажәоз Алевит 19:18 иану ажәақәа иҳәеит: «Бзиа дба иузааигәоу, ухы еиԥш» (Матф. 22:35—40). Иаҳзааигәоу рахь абзиабара аарԥшразы алшарақәа рацәаны иҳамоуп. Шәааи урҭ рҟынтә лшарақәак ирызкны Алевит 19-тәи ахы иану ҳахәаԥшып.
13. Ишԥаҳацхраауеи Иосиф иҿырԥшы Алевит 19:18 иану ажәақәа еиҳа еиӷьны реилкаара?
13 Изааигәоу ауаа бзиа избо ауаҩы Алевит 19:18 иану аԥҟара дықәныҟәоит. Уа иануп: «Шәшьа жәмулан... ацәгьара шәгәы иҭашәымклан». Иҟалап шәара дыжәдыруазар аӡәы игәаӷ змоу ауаҩы, иаҳҳәап, аус ицызуа, аҵара ицызҵо, ма иҭынха. Абиблиаҿгьы урҭ рҩызцәа ауаа рыӡбахә ануп. Ҿырԥштәыс иааҳгап Иосиф иашьцәа. Дара акыршықәса рашьа дырцәымӷын, аҵыхәтәаны уи аус цәгьа днарҟаҵеит (Аҟаз. 37:2—8, 25—28). Аха Иосиф даҽакала ихы мҩаԥигон. Иара амчра аниоу ишьа иур илшон, аха уи аҭыԥан иашьцәа рахь агәрыцҳашьара ааирԥшит. Иосиф иашьцәа ргәаӷ имаӡамызт. Иара ԥыҭрак ашьҭахь Алевит 19:18 ианырҵаз ажәақәа дрықәныҟәон (Аҟаз. 50:19—21).
14. Избан Алевит иану азакәан шьаҭас иамоу апринципқәа иахьагьы ихәарҭоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
14 Иосиф ишьа шиуша дазхәыцӡомызт, насгьы иашьцәа ргәаӷ мкӡакәа гәыкала иранаижьит. Убас ала Иосиф иахьа Анцәа имаҵ зуа ақьырсианцәа аҿырԥш бзиа риҭеит. Иисусгьы ауаа убас еиԥш ихәыцларц дирҵон. Иаҳҳәап, ҿырԥштәыс иҳаиҭаз анцәаиҳәараҿы иара иҳәеит, ҳгәы ҳзырхьыз иранаҳажьлар шҳахәҭоу (Матф. 6:9, 12). Апостол Павелгьы иҩуан: «Ашьоура шәашьҭамлан, гәы цаҳә-цаҳәла сыззыҟоу» (Рим. 12:19). Кәаласаа рахь 3:13 аҿгьы иара иҩит: «Аӡәи-аӡәи шәеибашаҭа, шәгәеизынхарақәа, шәгәалақәа шәыбжьышәх, ишәанеибажь». Ишаҳбо еиԥш, Иегова инормақәа рҽырыԥсахӡом. Алевит 19:18 иану азакәан шьаҭас иамоу апринципқәа иахьагьы ихәарҭоуп.
Ахәра ҳааҟәымҵӡакәа ҳацрыхалар иӷьаӡом. Еиҳа еиӷьуп ҳгәы шаҳдырхьыз ҳхаҳаршҭыр. (Шәахәаԥш абзац 15.)f
15. Иарбан ҿырԥштәу иаҳзырбо ҳгәы шаҳдырхьыз ҳааҟәымҵӡакәа ҳазхәыцлар зҽеим?
15 Аӡәы ҳгәы ҳирхьыр ауеит. Уи ахәра иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Иҟоуп идуу, иҟоуп ихәыҷу ахәрақәа. Иаҳҳәап, аконверт анаауртуа ақьаад аҵкар унацәкьыс ԥнаҟар ауеит. Ҳәарада, уи иахҟьаны ҳаԥсӡом, аха ҳнацәкьыс ҳахьлоит. Мышкы-ҩымш рышьҭахь уи ҳгәаламшәаргьы ауеит. Убас ауп ҳгәы анҳдырхьуагьы. Зны-зынла уи ирласны иаҳхашҭуеит. Иаҳҳәап, ҳҩыза дымхәыцӡакәа ҳгәы ҳзырхьуа ҟаиҵар, ма иҳәар илшоит. Усҟан уи ианажьра ҳцәыцәгьаӡам. Аха зны-зынла иӷәӷәаны акы ҳахәыр алшоит. Иаҳҳәап, ҳнапы иӷәӷәаны иԥаҳҟазар ахәра ҿаҳәатәхар, ма иӡахтәхар ауеит. Аха уи ҳааҟәымҵӡакәа ҳалакьыслар, ма ҳацрыхалар ҳхы иазеицәоу ҟаҳҵоит. Илахьеиқәҵагоуп, аха згәы нханы иныҟәо ауаа убри ауп иҟарҵо. Дара рыхәра иацрыхоит, иааҟәымҵӡакәа ргәы шыддырхьыз ргәаладыршәоит, убас еиҳагьы рхы иазеицәоу ҟарҵоит. Аха ари аҭагылазаашьаҿы еиҳа еиӷьхоит Алевит 19:18 иану алабжьара ҳақәныҟәар.
16. Ишԥарыхәҭаз израильаа егьырҭ ажәларқәа ирызныҟәалар, Алевит 19:33, 34 иану инақәыршәаны, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
16 Израильаа ирзааигәоу ҳәа иԥхьаӡаз рыуаажәлар мацара ракәӡамызт. Иегова иҭахын урҭ ирыланхоз атәымтәылауаагьы бзиа ирбаларц. Иара уи Алевит 19:33, 34 (шәаԥхьа) аҿы еилыкка иреиҳәеит. Израильаа егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаагьы рыуаажәлар реиԥш ирызныҟәалар акәын, насгьы рхы еиԥш бзиа ирбалар рыхәҭан. Иаҳҳәап, аҽаҩра анҭаргалоз ашьҭахь иаанхоз израильаа рыдагьы, атәымтәылауаагьы еизыргалар рылшон (Алев. 19:9, 10). Ақьырсианцәа ари азакәан шьаҭас иамоу апринцип ала инхоит, насгьы рыуаажәлар рыдагьы, егьырҭ ауаагьы бзиа ирбоит (Лука 10:30—37). Иҟалап, шәахьынхо аҭыԥ аҿы аемигрантцәа рацәазар. Егьырҭ атәылақәа рҿгьы убас иҟоуп. Урҭ аемигрантцәа — ахәыҷқәагьы адуцәагьы — пату рықәаҳҵалароуп.
ИԤШЬОУ АНЦӘА ИЖӘЛАР РЗЫ ЗЕГЬ РААСҬА ИХАДОУ АУС
17, 18. а) Ҳгәы зызҭанаҵозеи Алевит 19:2, насгьы 1 Пиотр 1:15 иану? б) Иарбан ихадоу усу апостол Пиотр излеиҳәаз ала инаҳагӡалар ҳахәҭоу?
17 Алевит 19:2, насгьы 1 Пиотр 1:15 Анцәа имаҵзуҩцәа цқьаны иаанхаларц ргәазҭанаҵоит. Ишаҳбаз еиԥш, Алевит 19-тәи ахы иану егьырҭ ажәеинраалақәагьы Иегова дҳаргәырӷьалар шҳалшо ҳаилдыркаауеит. Аха ҳара арҭ ҩ-статиак рҿы еилҳаргаз ари ахы аҟны иану зхәыцрақәак роупc. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа иаҳдырбоит Иегова уажәгьы ишиҭаху урҭ азакәанқәа шьаҭас ирымоу апринципқәа рыла ҳанхаларц. Аха апостол Пиотр дызлацәажәаз даҽакгьы ыҟоуп.
18 Анцәа имаҵзуҩцәа инарыгӡо аус қьиақәа зегьы рҟынтә Пиотр руак аликааит. Ақьырсианцәа «шәнапы злаку зегьы рҿы шәыцқьаз» ҳәа реиҳәаанӡа иара иҩит: «Еснагь шәгәышәҽаныз, шәыхиаз» (1 Пиотр 1:13, 15). Пиотр ииҳәарц ииҭахыз, иԥшьоу адоуҳала иалху Христос иашьцәа Иегова зеиԥшыҟам иҟазшьақәа рыӡбахә адунеи ахьынӡанаӡааӡо ирыларҳәалар шрыхәҭаз акәын (1 Пиотр 2:9). Иахьа уи ақьырсианцәа зегьы иҟарҵоит. Уи аус аасҭа еиҳа ихадоу, насгьы ихәарҭоу ыҟаӡам. Ҳара, иԥшьоу Анцәа ижәлар ҳзы Аҳра иазку ажәабжь аҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи ҳаҭыр дууп! (Марк 13:10). Убри аҟынтә ҳхы ҳамеигӡакәа гәыкала уи аус ҳҽалаҳархәуеит. Алевит 19-тәи ахы иану апринципқәа инарықәыршәаны ҳанхозар, ҳара Анцәеи иаҳзааигәоу ауааи бзиа ишаҳбо дҳарбоит, насгьы ҳусқәа зегь рыла ҳацқьаны ҳаҟазарц шаҳҭаху ааҳарԥшуеит.
АШӘА 111 Агәырӷьаразы амзызқәа
a Ақьырсианцәа Моисеи изакәан ала инхаӡом, аха уеизгьы уи иаҳнарҵар алшо рацәоуп. Уи ҳацхраауеит ауаа бзиа рбареи Анцәа игәы аҟаҵареи. Ари астатиаҿы Алевит 19-тәи ахы аҟынтә урокқәак еилҳаргоит.
b Харрисон Р. Алевит: алагалажәеи акомментариақәеи. Даунерс-Гроув, 1980. Атом 3. Ад. 198. Англ. быз.
c Арҭ астатиақәа рҿы зыӡбахә ҳәамыз ажәеинраалақәа рҿы ауаа ратәамбареи, аӡәы ацәгьа изҳәареи, ашьа афареи, аспиритизми, аԥшреи, иламысдароу ахымҩаԥгашьеи ртәы аҳәоит (Алев. 19:15, 16, 26—29, 31). (Шәахәаԥш ари аҭыжьымҭаҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа».)
d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Ақьырсиан злымҳа иамаҳауа аиашьа дицхраауеит аҳақьым иацәажәара.
e АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Аиашьа иусуҩы аԥара изишәоит.
f АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Аиаҳәшьа илымоу ахәра хәыҷ атәы ирласны илхашҭыр ауеит, аха ахәра ӷәӷәа анумоу, уи мариаӡам.