АҴАРАЗЫ АСТАТИА 48
«Шәыцқьаз»
«Шәнапы злаку зегьы рҿы шәыцқьаз» (1 ПИОТР 1:15).
АШӘА 34 Ацқьара хьчала
АХҲӘААa
1. Иарбан лабжьароу апостол Пиотр ақьырсианцәа ириҭаз, насгьы избан уи ҳалымшошәа ҳбалар зҳалшо?
АПОСТОЛ Пиотр раԥхьатәи исаламшәҟәаҿы иҩит: «Шәнапы злаку зегьы рҿы шәыцқьаз, зышҟа шәназыԥхьаз Ихаҭа дшыцқьоу аиԥш. Абри атәы абасала иануп: „Шәыԥшьаз, избан акәзар Сара схаҭа сыԥшьоуп“» (1 Пиотр 1:15, 16). Пиотр арҭ ажәақәа ззиҩыз иԥшьоу адоуҳала иалхыз ақьырсианцәа шракәызгьы, адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу рзгьы арҭ ажәақәа хәарҭа рылоуп. Арҭ ажәақәа ишаҳдырбо еиԥш, зегь раасҭа иԥшьоу Иегова ҳаиҿыԥшларц ҳаиҳәоит. Ус акәзар ҳусқәа зегьы рҿы ҳацқьаны ҳаҟазар ҳахәҭоуп, насгьы уи ҳалшоит. Ҳара зегьы ҳнаӡаӡам азы уи ҳалымшошәа ҳбалар ауеит. Пиотргьы агхақәа ихьуан, аха Иегова уеизгьы уи дыԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡон. Уи иҿырԥшы иаҳнарбоит ҳаргьы ҳацқьаны ҳаҟазар шҳалшо.
2. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?
2 Ари астатиаҿы ҳара ԥшь-зҵаарак еилҳаргоит: 1) Изакәызеи ацқьара? 2) Иаҳәозеи Абиблиа Иегова дшыԥшьоу иазкны? 3) Иаанагозеи ҳусқәа зегь рҿы ҳацқьаны аҟазаара? 4) Избан Иегова изааигәахара зҽазызшәо цқьазарц зрыхәҭоу?
ИЗАКӘЫЗЕИ АЦҚЬАРА?
3. Рхахьы иааиуада аӡәырҩы ауаа ажәа «иԥшьоу» анраҳауа, аха иҳацхраауазеи ацқьара закәу аилкаара?
3 Аӡәырҩы ажәа «иԥшьоу» анраҳауа рхахьы дааиуеит ахаан имыччо, апап иеиԥш еилаҳәоу, еснагь акы дазхәыцуашәа иҟоу ауаҩы. Аха ииашоума уи аҩыза агәаанагара? Иегова дыԥшьоуп, насгьы Абиблиаҿы иануп иара насыԥ змоу Анцәа иоуп ҳәа (1 Тим. 1:11). Иара убас уа иануп: «Насыԥ рымоуп Иегова Нцәас дызмоу ауаа!» (Аԥсал. 144:15). Уи адагьы, Иисус Христос дрықәыӡбон ииашоушәа рхы аадырԥшырц азы егьырҭ ирылызкаауаз амаҭәа зшәыз ауаа (Матф. 6:1; Марк 12:38). Убри аҟынтә ииашоу ақьырсианцәа ацқьара закәу аилкаара ирыцхраауа Иегова изкны Абиблиа иану ауп, ицқьоуп ҳәа ауаа ирыԥхьаӡо акәымкәа. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп бзиа ҳазбо иԥшьоу Анцәа иҳалымшо аказы дшаҳмыҳәо. Иегова «шәыԥшьаз» ҳәа ҳаиҳәозар, ҳара уи ҳалшоит. Аха ҳусқәа зегьы рҿы ҳацқьазарц азы, раԥхьа ацқьара закәу еилаҳкаароуп.
4. Иаанагозеи ажәақәа «ицқьоу», насгьы «ацқьара»?
4 Абиблиаҿы «ицқьоу», насгьы «ацқьара» атәы анаҳәо уи зыдҳәалоу ахымҩаԥгашьеи Анцәа имҵахырхәареи роуп, ма иԥшьоу акы ауп. Иара убас урҭ ажәақәа иаадырԥшуеит аӡәы, ма акы Анцәа имҵахырхәаразы ишалху. Даҽакала иуҳәозар, ҳара ҳацқьоуп ҳәа ҳзуҳәар алшоит ламысцқьарала ҳхы мҩаԥаҳгозар, Иегова ишиҭаху еиԥш ҳимҵахырхәозар, насгьы иареи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазар. Шәазхәыц, ҳара иԥшьоу Анцәа ҳаиҩызазар ҳалшоит! Уи еиҳагьы иџьаҳшьоит, Абиблиаҿы Иегова дшыԥшьоу иазкны иану ҳазхәыцыр.
«ДЫԤШЬОУП, ДЫԤШЬОУП, ДЫԤШЬОУП ИЕГОВА»
5. Еилаҳкаауазеи Иегова изкны, амаалықьцәа ирызкны Абиблиа иану аҟынтә?
5 Иегова зегь рыла дыцқьоуп, насгьы дыԥшьоуп. Уи асерафимцәа ражәақәа ишьақәдырӷәӷәоит: «Дыԥшьоуп, дыԥшьоуп, дыԥшьоуп Иегова, ар Рынцәа!» (Ис. 6:3). Урҭ адоуҳатә шамҭақәа Иегова итәарҭа ааигәара иҟоуп. Дара рхаҭақәагьы ахьыԥшьоу азы ауп Иеговеи дареи аизыҟазаашьа бзиақәа зрыбжьоу. Убри азоуп амаалықьцәа адгьыл ахь ианылбаауаз изықәгылоз аҭыԥ зыԥшьахоз. Убас ауп ишыҟалаз амца зкыз ачықь аҿы Моисеи амаалықь даниба (Ақәҵ. 3:2—5; Иис. Н. 5:15).
Аԥхьаԥшьаҩы ихҭырԥа иамаз ахьы иалхыз амаҭәар аҿы ианын: «Ацқьара Иегова иҟынтә ауп». (Шәахәаԥш абзацқәа 6, 7.)
6, 7. а) Иарбан жәақәоу Моисеи ихы иаирхәаз Иегова дшыԥшьоу израильаа иреилиркаарц азы? (Ақәҵымҭа 15:1, 11). б) Иргәалазыршәози израильаа Иегова дшыԥшьоу? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)
6 Моисеи израильаа иманы Амшын ҟаԥшь данагәылс ашьҭахь, ажәлар иргәалаиршәеит Рынцәа Иегова дшыԥшьоу. (Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 15:1, 11.) Египеттәи анцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаа рхымҩаԥгашьа цқьан ҳәа узҳәомызт. Ханаантәи анцәахәқәа ирымҵахырхәозгьы урҭ иреиԥшын. Дара рынцәахәқәа ианрымҵахырхәоз ахәыҷқәа кәырбанс инаргон, ламысдаралагьы рхы мҩаԥыргон (Алев. 18:3, 4, 21—24; Ҩынтә. 18:9, 10). Иегова урҭ ажәларқәа рхымҩаԥгашьа ицәымӷын, ижәлар рыбжьарагьы уи аҩыза ҟалар иҭахымызт. Иегова зегь рыла дыԥшьоуп. Израильаа уи рхадмыршҭларц азы аԥхьаԥшьаҩы ихҭырԥа иадҿаҳәалаз ахьы иалхыз амаҭәар аҿы ианын: «Ацқьара Иегова иҟынтә ауп» (Ақәҵ. 28:36—38).
7 Арҭ ажәақәа збоз зегьы Иегова дшыԥшьоу ргәаланаршәон. Аха израильаа зегьы аԥхьаԥшьаҩы ибара рылшомызт. Иаанагозма уи ихадоу ари аҵабырг ахаан ираҳауамызт ҳәа? Мап. Ахацәагьы, аҳәсагьы, ахәыҷқәагьы Моисеи изакәан ианырзаԥхьоз урҭ ажәақәа раҳауан (Ҩынтә. 31:9—12). Шәхаҿы иаажәг ажәлар шәахьрылагылоу абарҭ ажәақәа шшәаҳауа: «Сара, Иегова, Шәынцәа соуп. [...] Шәыԥшьаз, избанзар сара сыԥшьоуп». «Сара сзы шәыԥшьаз, избанзар, сара, Иегова, сыԥшьоуп» (Алев. 11:44, 45; 20:7, 26).
8. Иаҳдырҵозеи Алевит 19:2, насгьы 1 Пиотр 1:14—16 ирну ажәақәа?
8 Шәааи ҳазааҭгылап израильаа зегьы рҿаԥхьа изыԥхьоз амҩақәҵара. Уи Алевит 19:2 аҿы иануп: «Шәыԥшьаз, избанзар сара, Шәынцәа Иегова, сыԥшьоуп». Иҟалап Пиотр ари аԥҟара акәзар еиҭеиҳәаз. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 1:14—16.) Ҳәарада, ақьырсианцәа Моисеи изакәан ала инхалар акәӡам. Аха Пиотр арҭ ажәақәа ааигазар, урҭ даргьы ирыҵанакуеит. Ааи, Иегова дыԥшьоуп, убри аҟынтә бзиа дызбо зегьы ацқьара иашьҭазароуп. Уи ақьырсианцәа зегьы ирыҵанакуеит, ажәҩан аҿы анхаразы агәыӷра рымазаргьы, адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра рымазаргьы (1 Пиотр 1:4; 2 Пиотр 3:13).
«ШӘНАПЫ ЗЛАКУ ЗЕГЬЫ РҾЫ ШӘЫЦҚЬАЗ»
9. Избан ашәҟәы Алевит 19-тәи ахы еилҳаргар зхәарҭоу?
9 Ҳара иԥшьоу Ҳанцәа игәы ҟаҳҵалар ҳҭахуп аҟынтә ҳацқьаны ҳшынхалаша еилаҳкаалароуп. Иегова уи шыҟаҵалатәу еилыкка иҳаилиркаауеит. Алевит 19-тәи ахы аҟынтә еилаҳкаар ҳалшо рацәоуп. Абар араввин Иозеф Герц уи иахиҳәааз: «Ашәҟәы Алевит аҿы, насгьы уи зыхәҭаку Моисеи ииҩыз хә-шәҟәык рҿы ари ахы ихадоу аҭыԥ аанызкыло ахқәа ируакуп. Тора аҟәыӷацәа ари ахы „азакәан аҵакы аазырԥшуа“ ҳәа азырҳәон, насгьы [азакәанқәа реиҳарак] шьаҭас ирымоу уи ахы ауп ҳәа рҳәон»b. Шәааи уи ахы аҟынтә жәеинраалақәак еилҳаргап, насгьы ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы иаҳархәалар ҳалшо аурокқәа алҳкаап. Аха убри аамҭазгьы иаҳхаҳмыршҭлап уи ахаҿы иаагоу азакәанқәа ажәа «шәыԥшьаз» ала ишалаго.
Изызхәыцыр рыхәҭоузеи ақьырсианцәа, Алевит 19:3 аҿы «шәанацәеи шәабацәеи пату рықәышәҵала» ҳәа иану инақәыршәаны? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10—12.)d
10, 11. Иҟаҳҵалар акәзеи Алевит 19:3 иану инақәыршәаны, насгьы избан уи зхадоу?
10 Иегова «шәыԥшьаз» ҳәа израильаа ианреиҳәа ашьҭахь иациҵеит: «Шәанацәеи шәабацәеи пату рықәышәҵала... Сара Иегова, Шәынцәа соуп» (Алев. 19:2, 3).
11 Шәҭаацәа пату рықәышәҵала ҳәа Анцәа иҳаиҭаз амҩақәҵара ҳақәныҟәалароуп. Ишәгәалашәома рԥыск зны Иисус дышиазҵааз: «Исаҳә ус бзиарас иҟасҵара, наунагӡатәи аԥсҭазаара аиуразы?» Анаҩс Иисус уи арԥыс иеиҳәеит иани иаби пату рықәиҵалар шихәҭоу (Матф. 19:16—19). Уи адагьы, Иисус дрықәыӡбон зҭаацәа рхылаԥшра зҭахымыз афарисеицәеи азакәан арҵаҩцәеи. Убас, Иисус излеиҳәаз ала, дара Анцәа иԥҟара ықәырхит (Матф. 15:3—6). Уахь иаҵанакуеит Алевит 19:3 иану азакәани Жәа-ԥҟарак рҟынтә ахәбатәи аԥҟареи (Ақәҵ. 20:12). Убри аҟынтә шәааи, иаҳхаҳмыршҭлап «шәанацәеи шәабацәеи пату рықәышәҵала» ҳәа иҳәоу амҩақәҵара, ажәақәа «шәыԥшьаз, избанзар сара, Шәынцәа Иегова, сыԥшьоуп» рышьҭахь ишҳәоу.
12. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар бзиоу, Алевит 19:3 иану инадҳәаланы?
12 Ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: пату рықәысҵома сара сҭаацәа? Иҟалап шәара еилышәкаауазар шәҭаацәа пату анрықәшәымҵозгьы шыҟаз. Ииасхьоу узыԥсахӡом, аха иахьа инаркны шәхы аус адулара шәалагар шәылшоит. Шәазхәыц: ишәылшома шәара шәҭаацәа еиҳа аамҭа рыцыхгара? Ирҭахума цхыраарак аҩнтәи аусқәа рыҟаҵараҿы? Ишәылшо зегь ҟашәҵома рдоуҳатә, насгьы ремоциатә ҭахрақәа шәреиҷаҳаларц азы? Ус еиԥш иҟоу азҵаарақәа Алевит 19:3 иану Анцәа имҩақәҵара еиҳа еиӷьны ақәныҟәара ишәыцхраауеит.
13. а) Иарбан мҩақәҵароу Алевит 19:3 аҿы еиҭа иану? б) Иҟаиҵазеи Иисус Лука 4:16—18 иану инақәыршәаны, насгьы ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо уи?
13 Алевит 19:3 аҿы Иегова израильаа иреилиркааит иԥшьаны иҟазарц азы еиҭа иҟарҵалар рыхәҭаз: «Ссабшақәа нашәыгӡала». Иахьа ақьырсианцәа Моисеи изакәан ала инхаӡом, убри аҟынтә есымчыбжьа асабша анагӡара дҵас ирыдӡам. Аха уи азакәан израильаа хәарҭас ирзаанагоз ҳазхәыцыр, уи ҳаргьы иаҳнарҵар алшо еилаҳкаауеит. Сабшала израильаа рыԥсы ршьон, насгьы адоуҳатә усқәа еиҳаны аамҭа рзалырхуанc. Иџьашьатәӡам Иисус асабшаҽны иқалақь гәакьаҿы иҟаз асинагогахь дцаны ауаа Анцәа Иажәа аҟынтә ацыԥҵәаха дахьырзаԥхьоз (Ақәҵ. 31:12—15; шәаԥхьа Лука 4:16—18). Ҳгәы зызҭанаҵозеи асабша иазкыз Анцәа имҩақәҵара? Даараӡа ҳаилахазаргьы есыҽны Анцәа имҵахырхәаразы аамҭа алхра. Ишәылшома шәара уи аҟаҵара, мамзаргьы ак шыԥсахтәу еилышәкаауоу? Есыҽны адоуҳатә усқәа аамҭа рзалшәхлар, Иегова шәиҩызахоит. Убасҟан ауп шәыцқьаны шәҟалар аншәылшо.
ИЕГОВЕИ ШӘАРЕИ ШӘЕИҨЫЗАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛА
14. Иарбан ихадоу ҵабыргу Алевит 19-тәи ахаҿы акырынтә зыӡбахә ҳәоу?
14 Ҳара ҳацқьаны ҳаанхаларц ҳҭахызар, Алевит 19-тәи ахаҿы акырынтә зыӡбахә ҳәоу аҵабырг ҳазхәыцлароуп. 4-тәи ажәеинраала абас ихыркәшоуп: «Сара Иегова, Шәынцәа соуп». Арҭ ажәақәа, ма еиԥшу аҵакы змоу ажәақәа ари ахаҿы 16-нтә иаҳԥылоит. Уи Жәа-ԥҟарак рҟынтә актәи аԥҟара еиԥшуп: «Сара Иегова... Унцәа соуп. Сара сыда егьырҭ анцәахәқәа умамзароуп» (Ақәҵ. 20:2, 3). Дыцқьаны аанхара зҭаху ақьырсиан Анцәеи иареи аӡәы, ма акы рыбжьагылартә алиршаӡом. Ҳара Иегова ихьӡ ҳхуп, убри аҟынтә ихьӡ бжьызхуа ахаан акгьы ҟаҳҵаӡом (Алев. 19:12; Ис. 57:15).
15. Ҳгәы зызҭарҵозеи Алевит 19-тәи ахаҿы амҭақәа ирызкны иану амҩақәҵарақәа?
15 Израильаа Иегова Рынцәа шиакәу аадырԥшырц азы азакәанқәа рацәаны инарыгӡалар акәын. Алевит 18:4 аҿы иануп: «Сзакәанқәа нашәыгӡала, сыԥҟарақәа шәрықәныҟәала. Сара Иегова, Шәынцәа соуп». Урҭ рҟынтә ԥҟарақәак Алевит 19-тәи ахаҿы еиқәыԥхьаӡоуп. Иаҳҳәап, 5-тәи инаркны 8-тәи аҟынӡа, насгьы 21-тәи 22-тәи ажәеинраалақәа рҿы иануп аԥстәқәа амҭас ианнаргоз уи шыҟаҵалатәыз. Израильаа рҟынтә аӡәы урҭ аԥҟарақәа еилеигазҭгьы, Иегова изнеигоз амҭа ишакәым дшазныҟәоз аанарԥшуан. Аха иднарҵозеи арҭ ажәеинраалақәа ақьырсианцәа? Ауриацәа 13:15 (АдҾ) аҿы ишану еиԥш, ҳара Иегова «аҿаԥыц амҭа» изнаҳгалароуп. Уи иара даараӡа даргәырӷьоит.
16. Иарбан Алевит 19-тәи ахаҿы иану принципу иаҳзырбо Анцәа имаҵзуҩцәа егьырҭ иреиԥшымзар шрыхәҭоу?
16 Ҳара ҳаԥшьаны ҳанхаларц ҳҭахызар, ари адунеи иатәу ауаа ҳреиԥшзарц ҳҭахымзароуп. Аха уи мариаӡам. Зны-зынла аҵара ҳацызҵо, аус ҳацызуа, ма Анцәа имаҵ зымуа ҳауацәа Иегова ишахәҭоу еиԥш имаҵ аура иаҳԥырхагахар алшо ак ҳарҟаҵара иашьҭалар ауеит. Усҟан ҳара алхра ҟаҳҵароуп. Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбара адкылара? Шәахәаԥш Алевит 19:19 аҿы иану аинтерес зҵоу апринцип: «Ҩ-рахәыц хкык рыла иҟаҵоу амаҭәа шәшәышәымҵалан». Израильаа уи азакәан иахьықәныҟәоз абзоурала, рааигәара иҟаз егьырҭ ажәларқәа ирылукаауан. Ҳәарада, ақьырсианцәа ирылшоит, иаҳҳәап, абамбеи асинтетикеи ирылху амаҭәа ршәырҵалар. Аха ҳара, зусқәеи згәаанагарақәеи абиблиатә ҵарақәа ирҿагыло ауаа ҳреиԥшхар ҳҭахӡам, урҭ ҳара аҵара ҳацырҵозаргьы, аус ҳацыруазаргьы, ма ҳауацәа ракәзаргьы. Еилкаауп: ҳара ҳауацәеи ҳҭынхацәеи бзиа иаҳбоит. Аха иҳадаҳкыло аӡбарақәа иаадырԥшлароуп ҳара Иегова имаҵзуҩцәа шҳакәу. Уи даараӡа ихадоуп, избанзар, хыхь ишҳәаз еиԥш, «ацқьара» иаанаго Иегова имаҵзуразы уаналху ауп (2 Кор. 6:14—16; 1 Пиотр 4:3, 4).
Иргәаланаршәози израильаа Алевит 19:23—25 иану азакәан, насгьы иаҳдырҵозеи урҭ ажәақәа ҳара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 17, 18.)e
17, 18. Иарбан зыхә ҳараку урокқәоу Алевит 19:23—25 иану апринцип аҟынтә иалҳкаар ҳалшо?
17 Ажәақәа «Сара Иегова, Шәынцәа соуп» израильаа иргәаланаршәалар акәын Иеговеи дареи реиҩызара рыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадазар шахәҭаз. Алевит 19:23—25 (шәаԥхьа) уи ҳаилнаркаауеит. Шәааи ҳазхәыцып урҭ ажәақәа израильаа рзы иаанагоз Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ианнеи. Ауаҩы аҵла анеиҭеиҳалак ашьҭахь хышықәса рыҩныҵҟа инаҭоз ашәыр ифар ҟалаӡомызт. Аԥшьбатәи ашықәс азы иҿалоз Иегова изнеигар акәын. Уи ашьҭахь ахәбатәи ашықәс азы акәын иҿалоз ашәыр ифар анилшоз. Ари азакәан Анцәа имаҵзуҩцәа иргәаланаршәон рхы мацара иазымхәыцлар шакәыз. Дара зегь раԥхьаӡа иргыланы Иегова имҵахырхәара рхы азырышьҭлар акәын, насгьы Анцәа дреиҷаҳалар шилшо агәра ргалар рыхәҭан. Иара урҭ афатә рыгижьрымызт. Уи адагьы, Иегова иҭахын израильаа ииашоу амҵахырхәара иацхрааларц азы агәыҳалалра аарԥшны амҭақәа изнаргаларц.
18 Алевит 19:23—25 аҿы иану азакәан Иисус ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә еиԥшуп. Уа иара иҳәеит: «Иаҳфарызеи иаҳажәрызеи ҳәа… шәашьҭамлан». Анаҩс Иисус иҳәеит ус зыҟаҵалатәым: «Жәҩан иҟоу Шәаб убарҭқәа шышәҭаху атәгьы идыруеит». Анцәа аҵарақәаҵәҟьагьы дреиҷаҳауазар, ҳаргьы дҳаиҷаҳауеит (Матф. 6:25, 26, 32). Ҳара Иегова игәра ҳгоит, насгьы акы иаргәаҟуа ҳрыцхраауеит. Уи адагьы, аизара иҟанаҵо ахарџь ахҩара гәыкала ҳацхраауеит. Ҳара иҟаҳҵо аус бзиақәа ртәы зегьы ираҳҳәаӡом, аха Иегова уи изгәамҭакәа иаанхаӡом, насгьы уи азы дҳақәныҳәоит (Матф. 6:2—4). Иегова имҵахырхәара ԥарала ҳацхраауазар, Алевит 19:23—25 иану апринцип ала ҳшынхо ааҳарԥшуеит.
19. Иарбан зыхә ҳараку урокқәоу ари астатиаҿы ишәыԥшааз?
19 Ҳара ашәҟәы Алевит 19-тәи ахы аҟынтә жәеинраалақәак роуп ҳзыхцәажәаз. Урҭ иаҳдырбеит иԥшьоу Ҳанцәа ҳаиҿыԥшлар ахьҳалшо. Анцәа ҳаниҿыԥшуа ауп ҳусқәа зегьы рҿы ҳацқьаны ҳанаанхо (1 Пиотр 1:15). Ицқьоу ҳхымҩаԥгашьа збо иааҳакәыршаны иҟоу ауаа уи ахьыргәаԥхо азы Иегова ирҳаракра ианалагогьы ыҟоуп (1 Пиотр 2:12). Аха ашәҟәы Алевит 19-тәи ахаҿы зыхә ҳараку егьырҭ азхәыцрақәагьы рацәаны иануп. Урҭ анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит, насгьы «шәыԥшьаз» ҳәа Пиотр иҳаиҭаз амҩақәҵара егьырҭ аԥсҭазааратә ганқәа рҿгьы ҳақәныҟәалар шҳалшо еилаҳкаауеит.
АШӘА 80 «Ижәдыр, иагьеилышәкаа шаҟа дразу Иегова»
a Ҳара Иегова даараӡа бзиа даҳбоит, убри аҟынтә игәы ҳақәшәалар ҳҭахуп. Иегова дыԥшьоуп, имаҵзуҩцәагьы ԥшьазарц иҭахуп. Аха ирылшома уи инаӡам ауаа? Ааи! Ҳусқәа зегь рҿы ҳацқьаны ҳаҟазар шҳалшо еилаҳкаарц азы, шәааи ҳрызхәыцып апостол Пиотр ақьырсианцәа иреиҳәаз ажәақәа, насгьы Иегова ажәытәан израильаа ириҭаз азакәанқәа.
b Герц Й. [Пятикнижие и ѓафтарот.] М. — [Иерусалим, 1999. Ад. 682].
c Асабша иазку азакәан атәы еиҳаны еилышәкаар шәылшоит декабр мза 2019 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Иҟоуп аусуразгьы аамҭа аԥсшьаразгьы аамҭа» аҟынтә.
d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Изызҳахьоу аԥа иҭаацәа аамҭа рыцихигоит. Иԥшәмеи иԥҳаи иманы дара рахь дааит. Уи адагьы лассы-лассы аҭел дырзасуеит.
e АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Израильтәи анхаҩы еиҭеиҳаз ашәырҵлақәа дрыхәаԥшуеит.