Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 декабр ад. 2—7
  • Иҟоуп аусуразгьы аамҭа, аԥсшьаразгьы аамҭа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иҟоуп аусуразгьы аамҭа, аԥсшьаразгьы аамҭа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • АҬЫШӘЫНТӘАЛАРА ААРԤШРА ИҲАЦХРААУА
  • АСАБШАМШ АԤСШЬАРЕИ АНЦӘА ИМҴАХЫРХӘАРЕИ РЗЫ ААМҬАН
  • ШӘЫШԤАЗЫҞОУ ШӘАРА АУСУРА?
  • ШӘЫШԤАЗЫҞОУ ШӘАРА АԤСШЬАРА?
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 декабр ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 49

Иҟоуп аусуразгьы аамҭа, аԥсшьаразгьы аамҭа

«Ҭыԥ цәҳәырак ахь... шәцаны, убраҟа ԥыҭрак шәыԥсышәшьа» (МАРК 6:31).

АШӘА 143 Амаҵ ууроуп, уԥшыроуп, уазхәыцроуп

АХҲӘААa

1. Ишԥазыҟоу аӡәырҩы аусура?

ИШԤАЗЫҞОУ аусура шәҭыԥ аҿы инхо еиҳараҩык ауаа? Атәылақәа жәпакы рҿы ауаа аусура еиҳа-еиҳа ирацәаны аамҭа азыркуеит. Убри аҟынтә дара ирцәыцәгьоуп егьырҭ аусқәа рзы аамҭа аԥшаара, иаҳҳәап, аԥсшьаразы, рҭаацәара аамҭа рыцыхгаразы, мамзаргьы Анцәа изааигәахаразы (Еккл. 2:23). Аха иҟоуп аусура зынӡа изҭахымгьы, уи азы аҽыҵгақәагьы рыԥшаауеит (Ажәам. 26:13, 14).

2, 3. Ишԥазыҟоу Иеговеи Иисуси аџьабаа абара?

2 Иеговеи Иисуси аџьабаа абара аганахь ала ирымоу агәаанагареи ари адунеи агәаанагареи зынӡа еиԥшӡам. Шәааи ҳахәаԥшып излеиԥшым. Иегова аџьабаа абара бзиа ибоит. Иисус уи еилыкка иаҳирбеит, абарҭ ажәақәа аниҳәа: «Сара Саб иахьа уажәраанӡагьы уи ҟаиҵоит, Саргьы иҟасҵоит» (Иоанн 5:17). Шәазхәыц Анцәа дгьыли-жәҩани ԥхьаӡашьак змам амаалықьцәеи анишоз шаҟа аџьабаа ибаз. Ҳазқәынхо адгьыл ԥшӡа аҿгьы ирацәаны Анцәа ишамҭақәа ҳбоит. Ҳара аԥсаломшәаҳәаҩ иажәақәа ҳрықәшаҳаҭуп: «Шаҟа ирацәоузеи, шаҟа ҵҩа рымамзеи уусқәа Нцәа Ҳазшаз. Уара зегь ҟәыӷарала еиҿукааит; адгьыл беиоуп Уара урҿиамҭақәа рыла» (Аԥсал. 103:24, АԤ).

3 Иисус Иаб диҿыԥшуан. Анцәа «ажәҩанқәа анирхиоз» иара уи дицхраауан, насгьы «зус бзиаӡаны издыруа ҟазаны» дивагылан (Ажәам. 8:27—31). Иисус адгьыл аҿы даныҟазгьы ирацәаны аџьабаа ибон. Иегова идҵа анагӡара иара изы афатә иаҩызан. Иҟаиҵоз зегьы ишьақәнарӷәӷәон даазышьҭыз Анцәа шиакәыз (Иоанн 4:34; 5:36; 14:10).

4. Ирҿаҳҵаар ҳалшозеи Иеговеи Иисуси аԥсшьара иазкны?

4 Иеговеи Иисуси аџьабаа абара аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳарҭоит, аха иаанагома уи аԥсшьара ҳҭахӡам ҳәа? Ҳәарада, мап. Иегова ахаангьы дааԥсаӡом, убри аҟынтә ак аныҟаиҵалак ашьҭахь аԥсшьара иҭахӡам. Аха Абиблиаҿы иануп Иегова ажәҩани адгьыли аниша ашьҭахь иԥсы ишьарц иӡбеит ҳәа (Ақәҵ. 31:17). Даҽакала иуҳәозар, иара ашара даҟәыҵын, иишаз зегь далагәырӷьарц азы аамҭа алихит. Иисусгьы адгьыл аҿы данынхоз ирацәаны аџьабаа ибон, аха иара аԥсшьаразгьы аамҭа алихуан, насгьы иҩызцәа ачеиџьыка рыцифон (Матф. 14:13; Лука 7:34).

5. Ирцәыцәгьоузеи Анцәа имаҵзуҩцәа аӡәырҩы?

5 Абиблиа Анцәа имаҵзуҩцәа аус руларц ргәазҭанаҵоит. Дара аашьара рыламзар ауп (Ажәам. 15:19). Иҟалап шәҭаацәара ныҟәыжәгаларц азы шәара аус жәуазар. Уи адагьы, Христос ишьҭанеиуа аӡә иеиԥш ажәабжьҳәаратә ус нашәыгӡалароуп. Иара убри адагьы, аԥсшьаразы аамҭа алышәхлароуп. Ишәцәыцәгьоума зны-зынла аусуреи, амаҵзуреи, аԥсшьареи реилагӡара? Шаҟа аамҭа рызктәузеи аусуреи аԥсшьареи?

АҬЫШӘЫНТӘАЛАРА ААРԤШРА ИҲАЦХРААУА

6. Ишԥаҳнарбо Марк 6:30—34 иану Иисус аусуреи аԥсшьареи ииашаны дшырзыҟаз?

6 Ҳара аусура ииашаны ҳазыҟазар ауп. Анцәа идоуҳамч аҳ Соломон абарҭ ажәақәа иҩырц игәазҭанаҵеит: «Аусқәа зегьы рхатә аамҭа рзалхуп». Иаҳҳәап, иара иҳәеит ишыҟоу аамҭа алаҵаразы, аргыларазы, аҵәыуаразы, аччаразы, акәашаразы, уҳәа убас иҵегьы (Еккл. 3:1—8). Ииашаҵәҟьаны, аусуреи аԥсшьареи аԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иацуп. Иисус аусурагьы аԥсшьарагьы ииашаны дрыхәаԥшуан. Зны апостолцәа ажәабжьҳәара аҟынтә иааит. Дара убриаҟара еилахан, акрыфахаҵәҟьа рымамызт. Убри аҟынтә Иисус иреиҳәеит: «Ҭыԥ цәҳәырак ахь... шәцаны, убраҟа ԥыҭрак шәыԥсышәшьа». (Шәаԥхьа Марк 6:30—34.) Иисус иҵаҩцәеи иареи ишырҭахыз еиԥш еснагь рыԥсы шырзымшьозгьы, Иисус еиликаауан иҵаҩцәагьы иаргьы рыԥсы ршьалар шрыхәҭаз.

7. Хәарҭас иаҳзаанагозеи асабшамш иазкыз азакәан аилыргара?

7 Есыҽны ҳазҿу аусқәа рҟынтә зны-зынла ҳаԥсы ҳшьалароуп. Иегова асабшамш иазкны ижәлар ириҭаз азакәан уи шьақәнарӷәӷәоит. Иахьа ҳара Моисеи изакәан аҵаҟа ҳаҟам, аха асабшамш иазкны иаҳәоз еилаҳкаар, уи ахәарҭа ҳзаанагоит. Еилаҳкаауа иаҳнарбоит аусуреи аԥсшьареи ииашаны ҳарзыҟоу-ҳарзыҟаму.

АСАБШАМШ АԤСШЬАРЕИ АНЦӘА ИМҴАХЫРХӘАРЕИ РЗЫ ААМҬАН

8. Изызкызи асабшамш Ақәҵымҭа 31:12—15 иану инақәыршәаны?

8 Анцәа Иажәа иануп Иегова «фымш» адгьыл ашара дшаҿыз, аха нас дшаангылаз (Аҟаз. 2:2). Ус шакәугьы, иара егьырҭ аусқәа рынагӡара даҟәымҵӡеит, избанзар аџьабаа абара бзиа ибоит (Иоанн 5:17). Иегова «фымш» аусура даҿын, абыжьбатәи «амш» азы иара иԥсы ишьарц иӡбеит. Иара Израильаа иреиҳәеит иара иеиԥш абыжьбатәи амш азы есымчыбжьа рыԥсы ршьаларц. Анцәа иҳәеит асабшамш иареи дареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа шрыбжьаз шаанарԥшуаз. Уи аԥсшьара иазкыз, Иегова изы иԥшьаз мшын. (Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 31:12—15.) Уи амш аҽны аӡәымзар-аӡәгьы аус иур ҟаломызт, ахәыҷгьы, амаҵуҩгьы, аԥстәыҵәҟьагьы (Ақәҵ. 20:10). Уи абзоурала Израильаа адоуҳатә усқәа рхы рзырышьҭлар рылшон.

9. Иарбан ииашам гәаанагароу асабшамш иазкны Иисус ихаан иҟаз?

9 Асабшамш иазкыз азакәан Анцәа ижәлар ахәарҭа ду рзаанагон. Аха Иисус ихаан адиннапхгаҩцәа аӡәырҩы уи анагӡара зырцәгьоз аԥҟарақәа рхәыцит. Дара ирҳәон асабшамш азы ачакакалҵәҟьа ҿыхны иуфар ҟалаӡом ҳәа, мамзаргьы ичмазаҩу ауаҩы духәышәтәыр ауам ҳәа (Марк 2:23—27; 3:2—5). Урҭ рхәыцшьеи Анцәа ихәыцшьеи зынӡаск еиқәшәомызт. Иисус изыӡырҩуаз уи еилыкка идирбеит.

Иисус иҭаацәа асабшамш адоуҳатә усқәа ирзыркуан (Шәахәаԥш абзац 10.)c

10. Еилаҳкаауазеи Иисус асабшамш дшазыҟаз иазкны Матфеи 12:9—12 иану аҟынтә?

10 Иисус иауриацәаз иҵаҩцәеи иареи асабшамш иазкыз азакәан иқәныҟәон, избанзар Моисеи изакәан аҵаҟа иҟанb. Иисус иажәақәеи иусқәеи рыла иааирԥшит уи азакәан ахәарҭа шузаанагоз, насгьы уи амш азы аӡәы ицхраареи аус бзиақәа рыҟаҵареи шыҟалоз. Иара еилыкка иҳәеит: «Абзиа ус асабшаҽынгьы иҟауҵар алшоит». (Шәаԥхьа Матфеи 12:9—12.) Иара иԥхьаӡаӡомызт асабшамш азы аӡәы абзиара изыҟаҵара, насгьы ицхраара ҟалом ҳәа. Иисус иусқәа рыла иааирԥшит асабшамш хықәкыс иамаҵәҟьаз. Уи амш азы Анцәа ижәлар есыҽны изҿыз аусқәа рҟынтә рыԥсы ршьон аҟынтә, Анцәа имҵахырхәара рхы азырышьҭлар рылшон. Иисус иахьизҳаз аҭаацәараҿы асабшамш Анцәа имҵахырхәара иазыркуан. Уи ус шакәу ҳдырбоит Иисус иахьизҳаз Назарет ақалақь аҿы иҟаиҵаз. «Иара [Иисус] ишыҟаиҵалоз аиԥш, дныҩналт асабшаҽны асинагога, дагьгылт аԥхьаразы» (Лука 4:15—19).

ШӘЫШԤАЗЫҞОУ ШӘАРА АУСУРА?

11. Иарбан ҿырԥш бзиоу аусура аганахь ала Иисус иҳаиҭаз?

11 Иосиф аусура Анцәа дшазыҟаз еиԥш дазыҟан. Иара иԥаԥса, Иисус, ауасҭара иирҵон (Матф. 13:55, 56). Иисус ибон Иосиф еиҳа-еиҳа еизҳауаз иҭаацәара ныҟәигаларц азы есыҽны аџьабаа ӷәӷәа шибоз. Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус иҵаҩцәа аинтерес зҵоу ажәақәа реиҳәеит: «Аџьабаа збауа иџьабаазы џьшьара иаҭәоуп» (Лука 10:7). Ааи, Иисус идыруан аусура закәыз.

12. Иарбан библиатә жәеинраалақәоу Павел аусура дшазыҟаз ҳзырбо?

12 Апостол Павел изгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. Иара дҵа хадас идыз Иисус иӡбахәи уи ииҳәоз ажәабжьи ауаа рылаҳәара акәын. Ус шакәызгьы, иара ихы ныҟәигаларц азгьы аус иуан. Фессалоника инхоз ақьырсианцәа ибзианы ирдыруан иара аӡәы ауадаҩра далаимҵарц азы уахгьы-ҽынгьы аџьабаа ӷәӷәа шибоз (2 Фес. 3:8; Аус. 20:34, 35). Апостол Павел иусура даналацәажәоз, иҟалап зыӡбахә иҳәоз ақьалақәыршәқәа рыӡахра акәызҭгьы. Коринф даныҟаз иара Акилеи Прискиллеи рҟны даанҿасуан, избанзар напҟазарак еицрыман, ақьалақәыршәқәа еицырӡахуан. Павел уахгьы-ҽынгьы аус ахьиуаз иаанагаӡом дааҟәымҵӡакәа аусура даҿын ҳәа. Иаҳҳәап, иара асабшамш азы уи аус даҟәыҵны даҽакы далагон. Асабшамш азы ауриацәагьы аус руамызт, убри аҟынтә Павел урҭ ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәалар илшон (Аус. 13:14—16, 42—44; 16:13; 18:1—4).

13. Иаҳнарҵозеи Павел иҿырԥшы?

13 Апостол Павел аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Иара ихы ныҟәигаларц азы аџьабаа ибон, аха уи ауаа «Анцәа игәырӷьаҿҳәаша жәабжь» рылаҳәара иԥырхагахартә алиршомызт (Рим. 15:16; 2 Кор. 11:23). Егьырҭгьы ус ҟарҵаларц ргәазҭеиҵон. Акилеи Прискиллеи Павели аџьабаа еицырбон Иисус Христос имаҵ аураҿы (Рим. 12:11; 16:3). Павел ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон Иҳақәиҭу иус аҿы рымч-рылшара иамеигӡаларц (1 Кор. 15:58; 2 Кор. 9:8). Иегова Павел абарҭ ажәақәа иҩырцгьы игәазҭеиҵеит: «Акрура зҭахым — акрифом» (2 Фес. 3:10).

14. Ииҳәарц ииҭахызи Иисус, Иоанн 14:12 иану ажәақәа аниҳәаз?

14 Аҵыхәтәантәи арҭ аамҭақәа рзы еиҳараӡак ихадоу аус — ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи ауп. Иисус иҳәеит иҵаҩцәа уи аус аҿы иара иаасҭа еиҳаны аџьабаа рбараны ишыҟаз! (Шәаԥхьа Иоанн 14:12.) Иара ииҳәарц ииҭахыз иҵаҩцәа иара иеиԥш аџьашьахәқәа ҟарҵалоит ҳәа акәӡамызт, аха ражәабжьҳәаратә ус амҽхак еиҳа ишыҭбаахоз ауп. Дара Иисус иаасҭа еиҳаны ауаа ажәабжь рзеиҭарҳәалоит, насгьы уи азы еиҳаны аамҭа рымазаауеит.

15. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу, насгьы избан?

15 Шәара џьара аус жәуазар, шәхы шәазҵаа: «Сырдыруама сара згәы ақәкны зус назыгӡо аӡә иеиԥш? Инасыгӡома исыду аус ианаамҭоу, насгьы гәыкала?» Ааи ҳәа шәызҳәозар, шәусура аиҳабы еиҳа шәыгәра игалар алшоит. Уи адагьы, аус шәыцызуа Аҳра иазку ажәабжь азыӡырҩра рҭаххаргьы ауеит. Ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи аус азы иаҳҳәозар, шәхы шәазҵаар шәылшоит: «Сырдыруама сара амаҵзураҿы агәацԥыҳәара аазырԥшуа аӡә иеиԥш? Сҽырзыҟасҵома сара ибзианы раԥхьатәи аицәажәарақәа? Сырҭаауама аамҭа мгакәа аинтерес аазырԥшыз ауаа? Сыҽрыласырхәуама сара иааиԥмырҟьаӡакәа еиуеиԥшым амаҵзура ахкқәа?» Ааи ҳәа шәызҳәозар, шәџьабаа агәырӷьара ацзаауеит.

ШӘЫШԤАЗЫҞОУ ШӘАРА АԤСШЬАРА?

16. Ишԥазыҟаз Иисус иапостолцәеи иареи аԥсшьара, насгьы ишԥазыҟоу иахьа уи аӡәырҩы ауаа?

16 Иисус еиликаауан иаргьы иапостолцәагьы зны-зынла аԥсшьара шырҭахыз. Аха усҟан еиԥш иахьагьы аӡәырҩы ауаа Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәаз ауаҩ беиа иеиԥшуп. Уи ауаҩы ихазы иҳәеит: «Ифала, ижәла, уалагәырӷьала» (Лука 12:19; 2 Тим. 3:4). Иара ииҭахыз аԥсшьареи ақьафуреи ракәын. Иисус иапостолцәеи иареи ракәзар, аԥсшьара даҽакала иазыҟан.

Аусуреи аԥсшьареи ииашаны ҳанырзыҟоу, уи агәырӷьара ҳзаазго аус бзиақәа ҳхы рзышьҭра иҳацхраауеит (Шәахәаԥш абзац 17.)d

17. Ҳхы ишԥаҳархәо ҳаамҭа, аус анаҳамуа?

17 Ҳара зегьы Иисус ҳаиҿыԥшуеит, убри аҟынтә аус анаҳамуа, ҳаамҭа аԥсшьара мацара адагьы, ажәабжьҳәареи аизарақәа рҭаареи ирзаҳкуеит. Ҳара ҳзы аҵаҩцәа разыҟаҵара ауси аизарақәа рҭаареи даара ихадоуп, убри аҟынтә урҭ аамҭа рызкразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, уи ала Иегова дҳаргәырӷьоит (Аур. 10:24, 25). Ԥсшьара џьара ҳанцогьы, ҳара ҳахьыҟазаалакгьы абжьааԥны еиԥш аизарақәа ҳарҭаауеит, насгьы ауаа Абиблиа иану рзеиҭаҳәара ҳҽазаҳшәоит (2 Тим. 4:2).

18. Иҟаҳҵаларц ииҭахузеи Ҳаҳ Иисус Христос?

18 Шаҟа ҳгәы иахәозеи Ҳаҳ Иисус Христос иҳалымшо дахьазыԥшым, насгьы аусуреи аԥсшьареи ииашаны рызнеира дахьҳацхраауа! (Аур. 4:15). Иара иҭахуп ҳаԥсы ҳшьаларц. Аха убри аамҭазгьы иара иҭахуп ҳхы ныҟәаҳгаларц азы аус ҳауларц, насгьы агәырӷьара ҳзаазго аҵаҩцәа разыҟаҵара аус аҿы аџьабаа ҳбаларц. Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит атәра цәгьа аҟынтә ҳхы ҳақәиҭитәырц азы Иисус иҟаиҵаз.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаҳнарҵозеи ҳара Иеговеи Иисуси аџьабаа абара ишазыҟоу?

  • Иарбан лшароу Израильаа асабшамш ирнаҭоз, насгьы ҳгәы зызҭанаҵозеи уи ҳара?

  • Избан аусуреи аԥсшьареи ииашаны ҳарзыҟазар зҳахәҭоу?

АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит

a Иԥшьоу Аҩыра иҳаилнаркаауеит аусуреи аԥсшьареи ҳарзыҟазар шҳахәҭоу. Ари астатиаҿы ҳара ҳалацәажәоит Иегова асабшамш иазкны Израильаа ириҭаз азакәан, уи ҳацхраауеит аусуреи аԥсшьареи ииашаны ҳарзыҟоу-ҳарзыҟаму аилкаара.

b Иисус иҵаҩцәа асабшамш ахә ҳаракны иршьон аҟынтә, Иисус адамра данҭаз ихьыршьырц ирҭахыз зыфҩы хааз аҳаскьынқәеи ахәшақәеи уи амш анааи рырхиара иаҟәыҵит (Лука 23:55, 56).

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Иосиф асабшамш азы иҭаацәара асинагогахь игоит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: ақьырсиан иҭаацәа ныҟәигаларц азы аус иуеит, аха иҭаацәеи иареи рыԥсы аныршьогьы адоуҳатә усқәа аамҭа рзикуеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра