АҴАРАЗЫ АСТАТИА 28
Анцәа Иаҳра напхгара ауеит!
«Уажәшьҭа адунеи напхгара азызуа Иҳақәиҭуи иара и-Христоси роуп» (ААТ. 11:15, АдҾ).
АШӘА 22 Иааиааит Анцәа Иԥсҳара!
АХҲӘААa
1. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара, насгьы избан?
ИШӘЦӘЫЦӘГЬОУМА аԥсҭазаара бзиа шыҟало агәра агара, адунеи аҿы ауадаҩрақәа шаҟа ирацәоу аныжәбо? Иахьа ауаа рыцҳашьарак рыламкәа иҟалеит, рхы мацара иазхәыцуеит. Аҭаацәарақәа рҿы абзиабара ыҟаӡам. Аӡәырҩы ауаа аҳәынҭқарцәа рыгәра агара рцәыцәгьоуп. Аха убри зегьы ишьақәнарӷәӷәоит, иаарласны зегь аҽшаԥсахуа, насгьы аԥсҭазаара бзиа шыҟало. Избан ҳара уи агәра заҳго? Избанзар иахьа ауаа «аҵыхәтәантәи амшқәа» ирызкны аԥааимбаражәаҿы ишану еиԥшҵәҟьа рхы мҩаԥыргоит (2 Тим. 3:1—5). Адунеи аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшрахаз уаназхәыцуа, арҭ ажәақәа шынаӡо гәоумҭар ауӡом. Ари ишьақәнарӷәӷәоит Христос Иисус, Анцәа Иаҳра Аҳас дшыҟалахьоу. Уи Анцәа Иаҳра иазку аԥааимбаражәақәа руак заҵәык ауп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы егьырҭ аԥааимбаражәақәагьы шынаӡоз ҳазхәыцыр, ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәоит.
Аатреи Даниил ишәҟәи ирну аԥааимбаражәақәа хаз-хазы иҟоу апазлқәа шеидыркыло еиԥш сахьакны рҽеидыркылоит, насгьы Иегова ихәаԥшышьала аҭоурых аҿы ҳахьыҟоу аамҭа ҳдырбоит. (Шәахәаԥш абзац 2.)
2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы, насгьы избан? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)
2 Ари астатиаҿы ҳара аԥааимбаражәақәа еилҳаргоит. Урҭ ҳацхраауеит: 1) Анцәа Иаҳра напхгара аура ианалагаз аилкаара, 2) Иисус ажәҩан аҿы напхгара аура дшалагахьоу аилкаара, насгьы 3) Анцәа Иаҳра аӷацәа шықәгахо аилкаара. Арҭ аԥааимбаражәақәа хаз-хазы иҟоу апазлқәа ирыҿҳарԥшыр ҳалшоит. Урҭ рҽанеидыркыло иаҳдырбоит Иегова ихәаԥшышьала аҭоурых аҿы ҳахьыҟоу аамҭа.
АНЦӘА ИАҲРА НАПХГАРА АУРА ИШАЛАГАХЬОУ ЗЛЕИЛАҲКААША
3. Иаҳнарбозеи Даниил 7:13, 14 иану аԥааимбаражәа?
3 Даниил 7:13, 14 иану аԥааимбаражәа иаҳнарбоит, Христос Иисус Анцәа Иаҳра анапхгаҩы ироль зегь раасҭа еиӷьны дшанаало. Уи игәырӷьаҵәа имаҵ рулоит «ажәларқәеи амилаҭқәеи» зегь рҟынтә ауаа, насгьы иҭыԥ ахаангьы аӡәгьы иааникылаӡом. Даниил ишәҟәы иану даҽа ԥааимбаражәак аҿы иҳәан, Иисус «быжь-аамҭак» анынҵәалак ашьҭахь Аҳас дшыҟало. Еилаҳкаар ҳалшома Иисус Аҳас даныҟалаз?
4. Иҳаилшәыркаа Даниил 4:10—17 иану аԥааимбаражәа Христос аҳра ҭыԥ анааникылаз ашықәс аилкаара ишҳацхраауа. (Шәахәаԥш иара убас албаага.)
4 Шәаԥхьа Даниил 4:10—17. «Быжь-аамҭак» 2 520 шықәса аҵанакуеит. Уи апериод алагеит 607 шықәса ҳ. ҟ. азы, Иегова иалихыз аҵыхәтәантәи Иерусалим аҳ вавилонаа данықәырга. Инҵәеит 1914 шықәсазы, Иегова Иаҳра ахагылара закәанла азин змаз, Иисус Христос, данахаиргыла (Иез. 21:25—27)b.
5. Избан «быжь-аамҭак» ирызку аԥааимбаражәа аҵакы еилаҳкаауазар зхадоу?
5 Избан ари аԥааимбаражәа аҵакы еилаҳкаауазар зхадоу? «Быжь-аамҭак» ирызку аԥааимбаражәа агәра ҳнаргоит Иегова ииҳәо зегь иалихыз аамҭазы ишынаӡо. Анцәа иалихыз аамҭазы Аҳра шьақәиргылазар, егьырҭ аԥааимбаражәақәагьы ирзалихыз аамҭазы инаӡартә иҟаиҵоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит: Иегова имш «[агхаӡом]» (Авв. 2:3).
ХРИСТОС АНЦӘА ИАҲРАҾЫ АҲАС ДШЫҞАЛАХЬОУ АХЬЫНТӘИҲДЫРУА
6. а) Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу иҟоу Христос ажәҩан аҿы напхгара аура дшалагахьоу? б) Ишԥашьақәнарӷәӷәо Аатра 6:2—8 аҿы иану аԥааимбаражәа, Христос ажәҩан аҿы напхгара аура дшалагахьоу?
6 Иисус адгьыл аҿы имаҵзура ахыркәшара маҷк шагыз, адунеи аҿы иҟалараны иҟаз ахҭысқәа рыӡбахә иҳәеит. Уи ишьҭанеицәа идеилнаркаар акәын, иара ажәҩан аҿы напхгара аура дшалагахьоу. Иисус иҳәеит аибашьрақәеи, амлакреи, адгьылҵысрақәеи шыҟало. Уи адагьы, иара иҳәеит еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аепидемиақәа шыҟало. Апандемиа COVID-19 уи шьақәнарӷәӷәоит. Арҭ ахҭысқәа зегьы иудырбоит, Христос Аҳра аура дшалагахьоу (Матф. 24:3, 7; Лука 21:7, 10, 11). Урҭ шыҟало Иисус апостол Иоанн ииҭаз абараҿы ишьақәирӷәӷәеит. Иоанн уи абара ибеит Иисус данԥсы, насгьы ажәҩан ахь даныхынҳә 60 шықәса раҟара рышьҭахь. (Шәаԥхьа Аатра 6:2—8.) 1914 шықәсазы Иисус Аҳас даныҟала аахыс ҳара урҭ ахҭысқәа зегь ҳбоит.
7. Избан Иисус Аҳра аура даналага инаркны адгьыл аҿы аԥсҭазаара зеицәахаз?
7 Избан Иисус Аҳас даныҟала инаркны адгьыл аҿы аԥсҭазаара зеицәахаз? Аатра 6:2 аҿы ихадоу ак ануп: Иисус Аҳас даныҟала зегь раԥхьаӡа иргыланы Аџьныш идемонцәеи иареи драбашьит. Аатра 12-тәи ахы излаҳәо ала, Аҩсҭаа уи аибашьра даҵахеит, насгьы идемонцәеи иареи адгьыл ахь илбаашьҭын. Уи Аҩсҭаа иԥсахы еибанаркит, насгьы игәыԥжәара зегь ауаа ирхиго далагеит. Убас, адунеи зегь гәырҩалеи хьаалеи иҭәит (Аат. 12:7—12).
Угәы казыжьуа ажәабжьқәа ҳдыргәырӷьаӡом, аха абиблиатә ԥааимбаражәақәа анаӡара иахьаҿу агәра ҳнаргоит Анцәа Иаҳра напхгара аура ишалагахьоу. (Шәахәаԥш абзац 8.)
8. Избан Аҳра иазку аԥааимбаражәақәа ҳаамҭазы анаӡара ишаҿу еилаҳкаауазар зхадоу?
8 Избан арҭ аԥааимбаражәақәа рҵакы еилаҳкаауазар зхадоу? Адунеи аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы ауаа шыбжьысыз анаҳбо, еилаҳкаауеит Иисус Аҳас дшыҟалахьоу. Ҳәарада, ауаа рхы мацара иахьазхәыцуа, насгьы дара-дара ахьеибацәымӷу ҳгәы канажьуеит. Аха ҳгәы шьҭызхуагьы ак ыҟоуп: дара рхымҩаԥгашьа иаҳнарбоит абиблиатә ԥааимбаражәақәа анаӡара ишаҿу. Анцәа Иаҳра напхгара аура иалагахьеит! (Аԥсал. 37:1). Армагеддон ҳазааигәахацыԥхьаӡа адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахалоит (Марк 13:8; 2 Тим. 3:13). Ҳара жәҩантәи Ҳаб ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, адунеи аҿы абриаҟара ацәгьара зыҟоу ахьаҳдыруа.
АНЦӘА ИАҲРА АӶАЦӘА ШЫҚӘГАХО
9. Ишԥаарԥшу Даниил 2:28, 31—35 аҿы амчра ду змоу аҵыхәтәантәи аҳәынҭқарра, насгьы ианбацәырҵи уи?
9 Шәаԥхьа Даниил 2:28, 31—35. Ҳара иаҳбоит ари аԥааимбаражәа анаӡара ишаҿу. Анцәа «аҳ Навуходоносор иеилиркааит аҵыхәтәантәи амшқәа раан», Христос напхгара аура даналагалак ашьҭахь, иҟалараны иҟоу. Иисус аӷацәа имазаауеит. Урҭ руаӡәк — Абиблиаҿы ԥааимбаражәаны зыӡбахә ҳәаз амчра ду змоу аҵыхәтәантәи аҳәынҭқарра ауп. Уи аихеи анышәаԥшьи ирылху ашьапсыргәыҵақәа рыла иаарԥшуп. Амчра ду змоу уи аҳәынҭқарра напхгара аура иалагахьеит. Уи Великобританиеи Еиду Аштатқәеи реидгыла ауп. Иара цәырҵит Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан, урҭ аҩ-ҳәынҭқаррак анеидгыла. Навуходоносор иԥхыӡ иара убас иунарбон ари аҳәынҭқарра уи аԥхьа иҟаз аҳәынҭқаррақәа излареиԥшым ҩ-ҷыдарак.
10. а) Избан иаҳҳәар зҳалшо Великобританиеи Еиду Аштатқәеи реидгыла Даниил иԥааимбаражәаҿы ибзианы иаарԥшуп ҳәа? б) Ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоузеи? (Шәахәаԥш арамка «Шәгәышәҽаныз: анышәаԥшь!».)
10 Актәи, Великобританиеи Еиду Аштатқәеи реидгыла уи аԥхьа иҟаз амчра ду змаз аҳәынҭқаррақәа иреиԥшӡам, избанзар уи ахьы, ма араӡны еиԥш иҟоу ицқьоу аметалл еиԥш акәымкәа, еилоу аихеи анышәаԥшьи рыла иаарԥшуп (Дан. 2:43). Анышәаԥшь иаабац ауаа аанарԥшуеит. Урҭ алхрақәа рыҽрыладырхәуеит, азанааҭеидгылақәа еиҿыркаауеит, насгьы ажәлар еизганы рзинқәа ирзықәԥоит. Ари зегьы амчра ду змоу аҵыхәтәантәи аҳәынҭқарра арԥсыҽуеит, насгьы ишаҭаху еиԥш анапхгара аура иаԥырхагоуп.
11. Ишԥашьақәнарӷәӷәо Великобританиеи Еиду Аштатқәеи реидгыла ахьцәырҵыз, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо?
11 Аҩбатәи, Великобританиеи Еиду Аштатқәеи реидгыла абаҟа дуӡӡа ашьапсыргәыҵақәа реиԥш иаарԥшызар, уи Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу амчра ду змоу аҵыхәтәантәи аҳәынҭқарра ауп. Уи ашьҭахь ауаҩытәыҩсатә напхгарақәа уаҳа иҟалаӡом. Анцәа Иаҳра уи аҳәынҭқаррагьы егьырҭ анапхгарақәагьы Армагеддон аҿы иқәнагоит (Аат. 16:13, 14, 16; 19:19, 20)c.
12. Ишԥашьақәнарӷәӷәо иҵегьы Даниил иԥааимбаражәа ҳара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо, насгьы избан уи ҳгәы зарҭынчуа, агәыӷрагьы заҳнаҭо?
12 Избан ари аԥааимбаражәа аҵакы еилаҳкаауазар зхадоу? Даниил иԥааимбаражәаҿы даҽа шьақәырӷәӷәаракгьы аагоуп, ҳара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо узырбо. 2 500 шықәса раҟара раԥхьа Даниил иҳәахьан, Вавилон ашьҭахь Анцәа ижәлар анырра ӷәӷәа рызҭало амчра ду змазаауа даҽа ԥшь-ҳәынҭқаррак шцәырҵуа. Великобританиеи Еиду Аштатқәеи реидгыла аҵыхәтәантәи аҳәынҭқарра акәхоит. Уи ҳгәы арҭынчуеит, насгьы Анцәа Иаҳра иаарласны ауаҩытәыҩсатә напхгарақәа шықәнаго, иара убас адгьыл зегь напхгара шазнауло ала агәыӷра ҳнаҭоит (Дан. 2:44).
13. Иаадырԥшуазеи Аатра 17:9—12 аҿы зыӡбахә ҳәоу «аабатәи аҳ», насгьы «жәаҩык аҳцәа», иара убас анаӡара ишԥаҿу уа иану аԥааимбаражәа?
13 Шәаԥхьа Аатра 17:9—12. Актәи адунеизегьтәи аибашьра иаанагаз аԥхасҭа аҵыхәтәантәи амшқәа ирызку даҽа библиатә ԥааимбаражәакгьы нанагӡеит. Аҳәынҭқарцәа ирҭахын адунеи зегь аҿы аҭынчра шыҟало агәра дзыргало ак ыҟазарц. Убри аҟынтә 1920 шықәса, ианвар мзазы «Лига Наций» еиҿыркааит, 1945 шықәса, октиабр мзазы уи аҭыԥан ООН ҟалеит. Ари аорганизациа «аабатәи аҳ» акәхеит, аха уи амчра ду змоу ҳәынҭқарраӡам. Уи амчра азҭо иадгыло аҳәынҭқаррақәа роуп. Абиблиаҿы урҭ аҳәынҭқаррақәа асимвол бызшәала «жәаҩык аҳцәа» ҳәа рызҳәоуп.
14, 15. а) Ианузеи Аатра 17:3—5 аҿы «Вавилон ду» иазкны? б) Иҟарҵозеи амцдинхаҵара иадгыло аӡәырҩы ауаа?
14 Шәаԥхьа Аатра 17:3—5. Апостол Иоанн абараҿы дибеит акаҳԥы, «Вавилон Ду». Уи адунеи аҿы иҟоу амцдинхаҵарақәа зегь аалырԥшуеит. Анаӡара ишԥаҿу ари аԥааимбаражәа? Жәытәнатә аахыс амцдинхаҵарақәа аҳәынҭқарцәа аус рыцыруан, насгьы русқәа зегьы рҿы ирыдгылан. Аха иаарласны Иегова урҭ аҳәынҭқарцәа «Иара ииҭах[у] агәаҳәара раҭәеишь[оит]». Лҵшәас иаанагозеи уи? Урҭ аҳәынҭқарцәа, даҽакала иуҳәозар «жәаҩык аҳцәа», амцдинхаҵара иақәлоит, иагьықәырхуеит (Аат. 17:1, 2, 16, 17).
15 Иабантәиҳдыруеи Вавилон ду аҵыхәтәа шааигәоу? Ари азҵаара аҭак ҟаҳҵарц азы аҭоурых ҳгәалаҳаршәап. Ажәытә қалақь Вавилон џьара-џьара ихьчан аӡиас ду Евфрат аӡқәа рыла. Вавилон ду иадгыло миллионҩыла ауаа ашәҟәы Аатра аҿы Вавилон зыхьчо аӡиасқәа ирҿырԥшуп (Аат. 17:15). Аха уи адагьы, уа иҳәоуп урҭ аӡқәа шҭабо, даҽакала иуҳәозар, адунеи аҿы иҟоу амцдинхаҵарақәа ирыдгыло аӡәырҩы ауаа урҭ ааныжьны ишцо (Аат. 16:12). Иахьа ари аԥааимбаражәа анаӡара иаҿуп, избанзар аӡәырҩы ауаа, рызҵаарақәа рҭак анырмоулак, амцдинхаҵара аанрыжьуеит.
16. Избан ООН аиҿкаареи Вавилон ду аҵыхәтәеи ирызку аԥааимбаражәақәа рҵакы еилаҳкаауазар зхадоу?
16 Избан арҭ аԥааимбаражәақәа рҵакы еилаҳкаауазар зхадоу? ООН ахьеиҿкааз, насгьы ирацәаҩны ауаа амцдинхаҵарақәа ахьаанрыжьуа даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо. Асимволтә ҵакы ала иаарԥшу Вавилон зыхьчо аӡиасқәа шҭабогьы амцдинхаҵара аҵыхәтәа зыҟало амзыз даҽакуп. Ишаҳҳәахьоу еиԥш, Иегова «жәаҩык аҳцәа», даҽакала иуҳәозар ООН иадгыло аполитикатә мчрақәа, «Иара ииҭах[у] агәаҳәара раҭәеишь[оит]». Урҭ иаалырҟьаны Вавилон ду ықәыргоит. Уи адунеи зегь аҿы ауаа ззыԥшымыз ак акәхоит, ирацәаны ауадаҩрақәагьы аанагар ауеит (Аат. 18:8—10)d. Аха Анцәа ижәлар агәырӷьаразы ҩ-мзызк иадамзаргьы ирымоуп. Актәи — Иегова жәытәнатә аахыс имаз ари аӷа наӡаӡа дықәгахоит. Аҩбатәи — ари адунеи цәгьа аҟынтә ҳхы ҳанақәиҭхо аамҭа ааигәоуп! (Лука 21:28).
ИЕГОВА ИЖӘЛАР ШИХЬЧО АГӘРА ГАНЫ ШӘЫҞАЗ
17, 18. а) Ишԥаҳалшо анаҩсгьы ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалар? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
17 Даниил заа иҳәахьан «ииашоу адыррақәа [шеизҳауа]». Уи ус шакәу иахьа ибзианы иаҳбоит. Ҳара ҳаамҭақәа ирызку аԥааимбаражәақәа рҵакы бзианы еилаҳкаауеит (Дан. 12:4, 9, 10). Урҭ шаныҵәҟьоу иахьынаӡо Иеговеи иара Иажәеи рахь еиҳагьы апатуқәҵара ҳазцәырнагоит (Ис. 46:10; 55:11). Убри аҟынтә шәааи анаҩсгьы ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалап! Ишԥаҟаҵалатәу уи? Инарҵауланы Абиблиа ҭышәҵаала, егьырҭ ауаагьы Иегова иҩызахара шәрыцхраала. Иара гәык-ԥсыкала иқәгәыӷуа ихьчалоит, инымҵәаӡо аҭынчрагьы риҭоит (Ис. 26:3).
18 Анаҩстәи астатиаҿы ҳара ҳалацәажәоит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ақьырсиантә еизарақәа инарыгӡо аус иазкны аԥааимбаражәақәа ирҳәо. Уи астатиа иаҳнарбоит арҭ аԥааимбаражәақәагьы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо шышьақәдырӷәӷәо. Аҳра зуа ҳ-Аҳ Иисус гәыкала изыҟоу ишьҭанеицәа шымҩақәиҵо ҳзырбо еиҳагьы ашьақәырӷәӷәарақәа ҳауеит.
АШӘА 61 Ԥхьаҟа, Ашаҳаҭцәа!
a Ҳара аҭоурых аҿы иҷыдоу аамҭақәа руак аан ҳанхоит! Анцәа Иаҳра напхгара ауеит, уи абиблиатә ԥааимбаражәақәа рҿы заа ишҳәаз еиԥш. Ари астатиаҿы урҭ рҟынтә ԥааимбаражәақәак еилҳаргоит. Уи Иегова иахь ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит, насгьы уажәгьы ҳаԥхьаҟагьы ашәара аҽамҭареи Иегова иқәгәыӷреи иҳацхраауеит.
b Шәахәаԥш ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» аурок 32, апункт 4, иара убас асаит jw.org аҿы иҟоу авидеонҵамҭа «Царство Бога начало править в 1914 году».
c Даниил иԥааимбаражәа иазкны еиҳаны еилышәкаар шәылшоит 2012 шықәса, ииун 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҟынтә, адаҟьақәа 14—18, 19 (аурыс).
d Иаарласны иҟалараны иҟоу ахҭысқәа рыӡбахә атәы еиҳаны еилышәкаар шәылшоит ашәҟәы «Царство Бога правит!», 21-тәи ахы аҟынтә.