АҴАРАЗЫ АСТАТИА 30
Ажәытәтәи аԥааимбаражәеи шәареи
«Сара аԥҳәыси уареи аиӷара шәыбжьалартә иҟасҵоит» (АҞАЗ. 3:15).
АШӘА 15 Иегова Иԥхьахшаа дҳарашәкла!
АХҲӘААa
1. Иҟаиҵазеи Иегова Адами Евеи агәнаҳа аныҟарҵа ашьҭахь дук мырҵыкәа? (Аҟазаара 3:15).
АДАМИ Евеи агәнаҳа аныҟарҵа ашьҭахь дук мырҵыкәа Иегова иааџьоушьаша аԥааимбаражәа иҳәеит. Уи Адами Евеи ирхылҵыз ауаа зегь агәыӷра рнаҭеит. Уи аԥааимбаражәа ануп Аҟазаара 3:15 (шәаԥхьа) аҿы.
2. Избан Аҟазаара 3:15 иану аԥааимбаражәа зхадоу?
2 Ари аԥааимбаражәа Абиблиа алагамҭаҿы иануп. Аха Абиблиа егьырҭ ахәҭақәа рҿы ианугьы иадҳәалоуп. Ашәҟәы ацәа ахҟьаны адаҟьақәа шеидыркыло еиԥш, Аҟазаара 3:15 абиблиатә шәҟәқәа зегьы еиднакылоит. Уи зызку Анцәа Аџьныш идгылои иареи ықәызго Аиқәырхаҩ дшааишьҭуа аупb. Шаҟа агәырӷьара роуазеи усҟан Иегова бзиа дызбо зегьы!
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ари астатиаҿы ҳара Аҟазаара 3:15 иану аԥааимбаражәа иадҳәалоу абарҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәоит: Зыӡбахә ҳәада уа? Анаӡара ишԥаҿу уи? Избан уи ҳдыруазар зхадоу?
ЗЫӠБАХӘ ҲӘАДА АРИ АԤААИМБАРАЖӘАҾЫ?
4. Дызусҭада Аҟазаара 3:14, 15 аҿы зыӡбахә ҳәоу «амаҭ», насгьы иабантәиаадыруеи уи?
4 Аҟазаара 3:14, 15 аҿы рыӡбахә ҳәоуп «амаҭ» «иахылҵуеи» иареи, иара убас «аԥҳәыс» «лхылҵи» (мамзаргьы «лхылҵшьҭреи», албаага) лареи. Абиблиа урҭ зусҭцәоу аилкаара иҳацхраауеитc. Шәааи «амаҭ» ала ҳалагап. Иаабац амаҭ Иегова Едемтәи абаҳчаҿы ииҳәаз азеилкаарымызт. Ус анакәха, Иегова дызқәыӡбаз ахшыҩ змаз аӡә иоуп. Дызусҭада уи? Аатра 12:9 ари азҵаара аҭак еилыкка иаҳнаҭоит. «Ажәытә маҭ» — Аџьныш иоуп. Аха изусҭцәада амаҭ «иахылҵуа»?
АМАҬ
Аатра 12:9 аҟны «ажәытә маҭ» ҳәа зыӡбахә ҳәоу Аҩсҭаа. (Шәахәаԥш абзац 4.)
5. Изусҭцәада амаҭ «иахылҵуа»?
5 Зны-зынла Абиблиаҿы ажәа «ахылҵшьҭра» рхы иадырхәоит, ахәыҷқәа аб ишиҿыԥшуа еиԥш, шьоукы аӡәы ишиҿыԥшуа аарԥшразы. Амаҭ «иахылҵуа» — уи Аҩсҭаа иеиԥш Иегова ижәлари иареи ирҿагыло адоуҳатә шамҭақәеи ауааи роуп. Урҭ рахь иаҵанакуеит Нои ихаан ажәҩан аҿы змаҵзура аанзыжьыз амаалықьцәеи, раб Аџьныш иеиԥш зхы мҩаԥызго ауаа цәгьақәеи (Аҟаз. 6:1, 2; Иоанн 8:44; 1 Иоанн 5:19; Иуда 6).
АМАҬ ИАХЫЛҴУА
Иегова ижәлари иареи ирҿагыло ицәгьоу адоуҳатә шамҭақәеи ауааи. (Шәахәаԥш абзац 5.)
6. Избан аԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ҳәоу «аԥҳәыс» Ева лакәӡам ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
6 Дызусҭада ари аԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ҳәоу «аԥҳәыс»? Уи Ева лакәӡам. Избан? Абар амзызқәа руак: аԥааимбаражәаҿы иҳәоуп, уи лхылҵ амаҭ ахы даӷрагыланы иширҟьацуа. Уажәраанӡа ишаҳҳәаз еиԥш, амаҭ — уи амаалықь цәгьа Аҩсҭаа иоуп. Илшома Ева илхылҵыз аӡәы уи ишьра? Ҳәарада, мап! Ус акәзар, дышԥақәгахо Аҩсҭаа?
7. Дызусҭада Аҟазаара 3:15 аҿы зыӡбахә ҳәоу «аԥҳәыс»? (Аатра 12:1, 2, 5, 10).
7 Аҟазаара 3:15 аҿы зыӡбахә ҳәоу «аԥҳәыс» дызусҭоу еилаҳкаарц азы Абиблиа аҵыхәтәантәи ашәҟәы ҳахәаԥшып. (Шәаԥхьа Аатра 12:1, 2, 5, 10.) Аатра аҿы асимволтә ҵакы ала иаарԥшу аԥҳәыс лыӡбахә ҳәоуп. Лара лшьапқәа рыҵаҟа «амза убарҭан», насгьы «жәаҩа еҵәа згәыласаз агәыргьын лхагылан». Уи аԥҳәыс длоуит уаҩ иимбац ахшара — Анцәа Иаҳра. Анцәа Иаҳра ажәҩан аҿы иҟоуп, убри аҟынтә аԥҳәысгьы ажәҩан аҿы дыҟазароуп. Уи Анцәа гәыкала изыҟоу амаалықьцәа рыла ишьақәгылоу Иегова иорганизациа жәҩантәи ахәҭа аалырԥшуеит (Гал. 4:26).
АԤҲӘЫС
Анцәа гәыкала изыҟоу амаалықьцәа рыла ишьақәгылоу Иегова иорганизациа жәҩантәи ахәҭа. (Шәахәаԥш абзац 7.)
8. Дызусҭада аԥҳәыс ихадоу «лхылҵ», насгьы данбацәырҵи уи? (Аҟазаара 22:15—18).
8 Абиблиа, иара убас, аԥҳәыс ихадоу «лхылҵ» дызусҭоу аилкаара иҳацхраауеит. Уи Авраам ихылҵшьҭра датәызар акәын. (Шәаԥхьа Аҟазаара 22:15—18.) Уи аԥааимбаражәа Иисус иҿы инаӡеит, иара Авраам ихылҵшьҭра датәын (Лука 3:23, 34). Аха Аҟазаара 3:15 аҿы зыӡбахә ҳәоу ахылҵ иаабац ауаҩ иакәӡам, уи еиҳаны амчра змаз аӡә иоуп, избанзар Аҩсҭаа дықәигар акәын. Убри аҟынтә Иисус 30 шықәса раҟара анихыҵуаз, Иегова иԥшьоу идоуҳала уи далихит, насгьы Анцәа идоуҳатә Ԥа иакәны дҟалеит. Иисус доуҳала даналхыз аԥҳәыс ихадоу лхылҵ иакәны дҟалеит (Гал. 3:16). Иисус данԥсы, насгьы иԥсы анҭала ашьҭахь Иегова «хьӡи-ԥшеи» ииҭеит. Анцәа уи «ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы аҳра наӡа» ииҭеит, иара убас Аҩсҭаа «иусқәа реиҵаҟьаразы» амчра ииҭеит (Аур. 2:7; Матф. 28:18; 1 Иоанн 3:8).
АԤҲӘЫС ЛХЫЛҴШЬҬРА
Иисус Христос напхгара ицзуло 144 000-ҩыки иареи. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)
9, 10. а) Иаҵанакуада иҵегьы аԥҳәыс «лхылҵшьҭра» ахь, насгьы ианбаҟало урҭ аԥҳәыс «лхылҵқәа» ракәны? б) Еилҳаргозеи анаҩс?
9 Аха аԥҳәыс егьырҭ «ахылҵқәагьы» лымазароуп. Апостол Павел уи аӡбахә доуҳала иалхыз ақьырсианцәа ирзиҩит, урҭ рыбжьара иауриацәаз реиԥш иауриацәамызгьы ыҟан. Иара иҩит: «Шәара Христос иитәу шәакәзар, Авраам шәижәлантәуп-шәихылҵшьҭроуп, уи дызқәыргәыӷыз шәаџьынџьуп» (Гал. 3:28, 29). Иегова иԥшьоу идоуҳала ақьырсиан даналихуа, уи аԥҳәыс лхылҵ иакәны дҟалоит. Убас ала, уи лхылҵқәа — Иисуси аҳра ицзуло 144 000-ҩыки роуп (Аат. 14:1). Дара Раб, Иегова, иеиԥш ахәыцреи ахымҩаԥгареи рҽазыршәоит.
10 Уажәшьҭа ҳара Аҟазаара 3:15 аҿы зыӡбахә ҳәоу зегьы зусҭцәоу ҳдыруеит. Уажәы, шәааи, иааркьаҿны ҳалацәажәап Иегова ари аԥааимбаражәа шынаигӡо, насгьы уи аҵакы еилаҳкаауазар зхадоу.
АНАӠАРА ИШԤАҾУ АРИ АԤААИМБАРАЖӘА?
11. Иаанагозеи аԥҳәыс лхылҵ ишьхәа амаҭ ацҳауеит ҳәа иҳәоу ажәақәа?
11 Аҟазаара 3:15 излаҳәо ала, амаҭ аԥҳәыс лхылҵ ишьхәа иацҳауеит. Арҭ ажәақәа наӡеит Аҩсҭаа ауриацәеи римааи Анцәа Иԥа дыршьырц ргәы аназҭеиҵа (Лука 23:13, 20—24). Ауаҩы ишьхәа ак ахьыр, аамҭак аҩныҵҟа дызныҟәаӡом. Убас еиԥш Иисусгьы хымш рыҩныҵҟа акгьы изыҟаҵаӡомызт, избанзар иԥсы ҭаӡамызт (Матф. 16:21).
12. Ианбарҟьацхо амаҭ ахы, насгьы ишԥаҟало уи?
12 Аҟазаара 3:15 иану аԥааимбаражәа наӡарц азы, Иисус адамраҿы даанымхар акәын. Избан? Избанзар аԥааимбаражәа излаҳәо ала, аԥҳәыс лхылҵ амаҭ ахы ирҟьацуеит. Ус анакәха, Анцәа Иԥа иԥсы ҭалар акәын. Убас иагьыҟалеит! Иисус даныршь ашьҭахь ахԥатәи амш азы ахаан дымԥсуа, ажәҩанаҿ дынхаларц азы иԥсы ҭаҵан. Иегова иалихыз аамҭазы Иисус Аџьныш дықәигоит (Аур. 2:14). Христос напхгара ицзулои иареи адгьыл Анцәа иаӷацәа, даҽакала иуҳәозар — амаҭ иахылҵуа рҟынтә идрыцқьоит (Аат. 17:14; 20:4, 10)d.
ИЗБАН АРИ АԤААИМБАРАЖӘА АҴАКЫ ҲДЫРУАЗАР ЗХАДОУ?
13. Хәарҭас иаҳзаанагозеи ари аԥааимбаражәа анаӡара?
13 Шәара Анцәа имаҵ жәуазар, ари аԥааимбаражәа анаӡара хәарҭа шәзаанагоит. Аԥҳәыс ихадоу лхылҵ, Иисус, адгьыл аҿы ауаҩ иеиԥш дынхон. Иара Иаб иҟазшьақәа бзианы иааирԥшуан (Иоанн 14:9). Иара ибзоурала Иегова деилаҳкааит, бзиагьы даҳбеит. Уи адагьы ахәарҭа ду ҳзааргоит Иисус ирҵарақәеи, иахьа ақьырсиантә еизара напхгара шазиуеи. Иисус Иегова ишигәаԥхо еиԥш анхашьа ҳирҵоит. Уи адагьы Анцәа Иԥа ишьхәа иацҳаит, даҽакала иуҳәозар, дыԥсит. Уи ԥхьаҟатәи аԥсҭазааразы агәыӷра ҳнаҭоит, избанзар Иисус иԥсы анҭала, иара иҿыхратә ԥсхҭынҵара ахә Иегова изнеигеит. Уи «ҳазҵоу агәнаҳарақәа зегьы арыцқьоит» (1 Иоанн 1:7).
14. Иабантәиаадыруеи Иегова Едем ииҳәаз аԥааимбаражәа анаӡаразы аамҭа шаҭахыз?
14 Иегова Едем ииҳәаз ажәақәа иаадырԥшуан, ари аԥааимбаражәа анаӡаразы аамҭа шаҭахыз. Асимволтә бызшәала иаарԥшу аԥҳәыс лхылҵшьҭра ҟаларц азы, Аџьныш идгыло еизигарц азы, насгьы урҭ ҩ-гәыԥк аиӷара рыбжьаларц азы аамҭа аҭаххеит. Ҳара ари аԥааимбаражәа аҵакы ҳдыруазароуп, избанзар уи ҳгәаҳҽаннаҵоит: Аҩсҭаа инапаҵаҟа иҟоу адунеи Иегова имаҵзуҩцәа рцәымӷзаауеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иисусгьы уи иҳәеит (Марк 13:13; Иоанн 17:14). Ҳара зегьы лабҿаба иаҳбоит ари аԥааимбаражәа ахәҭа анаӡара ишаҿу, еиҳараӡак аҵыхәтәантәи 100 шықәса рыҩныҵҟа.
15. Избан ари адунеи аҿы еиҳа-еиҳа ҳзырцәымӷу, аха избан Аҩсҭаа ҳаицәымшәалар зҳахәҭоу?
15 Иисус 1914 шықәсазы аҳас даныҟала ашьҭахь хара имгакәа иара Аҩсҭаа адгьыл ахь длаишьҭит. Уажәшьҭа Анцәа иаӷа адгьыл аҿы дыҟоуп, ажәҩан ахь цашьа имаӡам, насгьы данықәгахо аамҭа дазыԥшуп (Аат. 12:9, 12). Аха иара иҿи-инапи еиқәыԥсаны дтәаӡам. Уаҳа акгьы шилымшо дырны, игәаԥсахы еибакны Иегова ижәлар игәыԥжәара рхигоит (Аат. 12:13, 17). Убри азоуп ари адунеи аҿы Анцәа имаҵзуҩцәа еиҳа-еиҳа изырцәымӷу. Аха ҳара Аҩсҭаа идгылаҩцәеи иареи ҳарцәымшәалар ҳалшоит. Ҳара апостол Павел ҳиқәшаҳаҭуп. Иара иҳәеит: «Анцәа ҳара дҳадгылозар, иаҳҿагылараны иҟада?» (Рим. 8:31). Ҳара Иегова игәра ҳгалар ҳалшоит, избанзар ишаҳбаз еиԥш Аҟазаара 3:15 иану аԥааимбаражәа абжеиҳарак наӡахьеит.
16—18. Иарбан хәарҭоу Киортиси, Урсулеи, Џьессикеи ирзаанагаз Аҟазаара 3:15 иану ахьеилыркааз?
16 Аҟазаара 3:15 иану Иегова иқәыргәыӷра ҳзықәшәо аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы урҭ рыхгара иҳацхраауеит. Гуам миссионерс амаҵ зуа Киортис иҳәоит: «Зны-зынла ауадаҩрақәа санрықәшәо Иегова гәыкала сшизыҟоу аарԥшра сцәыцәгьоуп. Аха Аҟазаара 3:15 иану аԥааимбаражәа саназхәыцуа жәҩантәи Саб игәра агара исыцхраауеит». Киортис игәы хыҭ-хыҭуа дазыԥшуп Иегова ҳгәаҟрақәа зегьы рҵыхәтәа анԥиҵәо аамҭа.
17 Бавариа инхо аиаҳәшьа Урсула илҳәоит Аҟазаара 3:15 иану аԥааимбаражәа Абиблиа Анцәа идоуҳа ала ишҩу агәра шылнаргаз. Лара илбеит уи ақәыргәыӷреи егьырҭ абиблиатә ԥааимбаражәақәеи шеидҳәалоу. Уи лара даара иџьалшьеит. Абар лара илҳәо: «Сара даараӡа сгәаҟынӡа инеит, раԥхьатәи ауаа агәнаҳа аныҟарҵа ашьҭахь Иегова иаразнак ауаатәыҩса агәыӷра ахьриҭаз».
18 Абар Микронезиа инхо Џьессикагьы илҳәо: «Сара ахаан исхашҭӡом аҵабырг шысыԥшааз анеилыскааз амш. Сара лабҿаба избоит Аҟазаара 3:15 иану анаӡара ишаҿу! Уи Анцәа иахьа ҳшынхо еиԥш ҳанхаларц шиҭахымыз сханаршҭӡом. Ари аԥааимбаражәа, иара убас агәра снаргеит Анцәа имаҵ аура аасҭа еиӷьу акгьы шыҟам, насгьы аԥхьаҟа ухаҿы иузаамго аԥсҭазаара шсиҭо».
19. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Аҟазаара 3:15 иану аԥааимбаражәа аҵыхәтәанынӡа ишынаӡо?
19 Ишаҳбаз еиԥш Аҟазаара 3:15 иану аԥааимбаражәа анаӡара иаҿуп. Ҳара иаҳдыруеит аԥҳәыс лхылҵшьҭра зусҭцәоу, насгьы амаҭ иахылҵуа зусҭцәоу. Аԥҳәыс ихадоу лхылҵ, Иисус, ишьхәа иацҳаит, аха уажәы иара амчра ду змоу ԥсра зқәым Аҳ иоуп. Иегова аԥҳәыс лхылҵшьҭра зегьы еизигарц азы акгьы игым. Аԥааимбаражәа актәи ахәҭа наӡазар, аҩбатәи ахәҭагьы шынаӡо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. Ҳәараҭахума аԥҳәыс лхылҵ амаҭ ахы ирҟьацуеит. Шаҟа рыԥсы еивыргозеи Анцәа гәыкала имаҵ зуа ауаа, Аҩсҭаа наӡаӡа данықәгахалак ашьҭахь! Убри аҟынтә, аишьцәеи аиҳәшьцәеи, ҳшәыҳәоит, шәгәы кашәмыжьын. Ҳанцәа агәрагара дшаԥсоу шьақәирӷәӷәеит. Аԥҳәыс лхылҵшьҭра ихы иархәаны иара «ажәларқәа зегьы» инымҵәаӡо азылԥхарақәа риҭоит (Аҟаз. 22:18).
АШӘА 23 Иегова аҳра аура далагеит
a Ҳара Абиблиа иану аҵыхәтәанынӡа иаҳзеилкааӡом, Аҟазаара 3:15 иану аԥааимбаражәа ҳзеилымкаауазар. Ари аԥааимбаражәа ҭаҳҵаар ҳагәрахаҵара ӷәӷәахоит, насгьы Иегова иқәыргәыӷрақәа зегь шынаигӡо еиҳагьы агәра ҳгалоит.
b Шәахәаԥш Абиблиа аиҭага «Новый мир», Приложение Б1 «Главная тема Библии» (аурыс).
c Шәахәаԥш арамка «Аҟазаара 3:14, 15 иану аԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ҳәоу зусҭцәоу».
d Шәахәаԥш арамка «Аҟазаара 3:15 аҿы иану аԥааимбаражәа анаӡараҿы иҷыдоу хҭысқәак».