Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 декабр ад. 14
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иеиԥшу аматериал
  • «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Аҳ Давид иҟаиҵаз агәнаҳа
    Учимся на примерах из Библии
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 декабр ад. 14

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Аԥсалом 61:8 аҿы Давид иҩит Анцәа ихьӡ «наӡаӡа» ишҳареикло. Иара ииҳәарц ииҭахыз ахаан дыԥсӡом ҳәа аума?

Мап. Давид ииҳәоз бзианы идыруан.

Шәахәаԥш ари, насгьы уи еиԥшу егьырҭ ажәеинраалақәа рҿы ииҩыз: «Усҟан ухьӡ ашәа ҳәо наӡаӡа иҳарасклоит, сҿаҭахьақәа есыҽны инасыгӡалоит», «Сынцәа Иегова, сара гәык-ԥсыкала усырҽхәалоит, ухьӡгьы наӡаӡа иҳарасклоит», «Уара ухьӡ сырҽхәалоит наӡаӡа, насгьы наунагӡа» (Аԥсал. 61:8; 86:12; 145:1, 2).

Давид ахаан сыԥсӡом ҳәа акәӡам ииҳәарц ииҭахыз. Иара ибзианы идыруан агәнаҳа аԥсра шаҳзаанаго, ихаҭагьы агәнаҳа дшаҵаз (Аҟаз. 3:3, 17—19; Аԥсал. 51:4, 5). Уи адагьы, иара идыруан Авраами, Исааки, Иакови реиԥш иҟаз Анцәа гәыкала имаҵ зуазгьы шыԥсыз. Давид ихаҭагьы аԥсра шизыԥшыз идыруан (Аԥсал. 37:25; 39:4). Аха Аԥсалом 61:8 ишаҳнарбо ала, иара наӡаӡа, даҽакала иуҳәозар иԥсы ҭанаҵы, Анцәа ихьӡ арҳаракра иҭахын (2 Сам. 7:12).

18-тәи, 51-тәи, насгьы 52-тәи Аԥсаломқәа ирықәҩу излаҳнарбо ала Давид ииҩыз ԥсаломқәак иԥсҭазаараҿы иҟаз ахҭысқәа аадырԥшуеит. Давид, хьчаҩык иаҳасабала, 23-тәи Аԥсалом аҿы Иегова ахьча иеиԥш дихцәажәеит, насгьы сымҩақәызҵо, акрысҿазҵо, сзыхьчо ҳәа изиҳәеит. Иегова Давид убас дахьихылаԥшуаз азы, иԥсы ҭанаҵы Анцәа имаҵ аура иҭахын (Аԥсал. 23:6).

Иара убас иаҳхаҳмыршҭлароуп, Давид ииҩуаз Иегова иԥшьоу идоуҳа ацхыраарала ишиҩуаз. Уи адагьы, иара аԥхьаҟа инаӡараны иҟаз аԥааимбаражәақәа иҩит. Иаҳҳәап, 110-тәи Аԥсалом аҿы Давид иҩит, Анцәа иарӷьараҿ Иҳақәиҭу данидтәалазаауа, насгьы амчра дуӡӡа аниоуа аамҭа аӡбахә. Иҟаиҵозеи уи? Иара Анцәа иаӷацәа дырхагылазаауеит, насгьы адгьыл иқәынхало ажәлар дрықәыӡбалоит. Иҳақәиҭу ҳәа Давид зыӡбахә иҩуаз — уи иара ихылҵ, Мессиа, иоуп. Иара ажәҩан аҟынтә напхгара иулоит, насгьы наӡаӡа ԥшьаҩыс дыҟазаауеит (Аԥсал. 110:1—6). Иисус ишьақәирӷәӷәеит 110-тәи Аԥсалом иану аԥааимбаражәа иара ишизкыз, насгьы уи аԥхьаҟа ишынаӡо (Матф. 22:41—45).

Ишаҳбаз еиԥш Иегова Давид иԥшьоу адоуҳала игәазҭеиҵон ихаан иҟаз аамҭақәа рыӡбахәгьы, аԥхьаҟа иара иԥсы ҭаланы Анцәа наӡаӡа ирҳаракра анилшало аамҭақәа рыӡбахәгьы иҩырц. Ус анакәха, Аԥсалом 37:10, 11, 29 ианугьы убас еилаҳкаар ҳалшоит: уа ажәытәан Израиль иҟаз аԥсҭазаара аӡбахәгьы аҳәоит, аԥхьаҟа Анцәа иқәыргәыӷрақәа зегь анынаигӡалак, адунеи зегь аҿы иҟало аԥсҭазаара аӡбахәгьы аҳәоит. (Шәахәаԥш ари аҭыжьымҭаҿы иану астатиа «Уара џьанаҭ усыцҟалоит», абзац 8.)

Иҟаҳҵап алкаа: Аԥсалом 61:8, насгьы уи еиԥшу егьырҭ ажәеинраалақәа иаҳдырбоит, ажәытәан Давид иԥсы ахьынӡаҭаз Иегова дҳареикларц шиҭахыз. Уи адагьы, урҭ ажәеинраалақәа иаҳдырбоит, Иегова Давид иԥсы анҭеиҵалак иҟаиҵалар илшо.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра