АҴАРАЗЫ АСТАТИА 50
«Уара џьанаҭ усыцҟалоит»
«Сара иахьа ажәа усҭоит: уара џьанаҭ усыцҟалоит» (ЛУКА 23:43).
АШӘА 145 Анцәа ҳзықәиргәыӷыз џьанаҭ дгьыл
АХҲӘААa
1. Иеиҳәазеи Иисус ивараҿы икнаҳаз ацәгьаҟаҵаҩ? (Лука 23:39—43).
ИИСУС дгәаҟуа аԥсра даҿын. Ивараҿы ҩыџьа ацәгьаҟаҵаҩцәа кнаҳан (Лука 23:32, 33). Урҭ рҩыџьагьы Иисус иҟоу зегь изырҳәон. Ус анакәха дара иҵаҩцәа ракәӡамызт (Матф. 27:44; Марк 15:32). Аха иаалырҟьаны руаӡәк игәаанагара иԥсахын, Иисус диҳәеит: «Уаҳрахь уаннеилак, сугәаларшәа». Иисус уи абас аҭак ииҭеит: «Сара иахьа ажәа усҭоит: уара џьанаҭ усыцҟалоит». (Шәаԥхьа Лука 23:39—43.) Уи ацәгьаҟаҵаҩ «жәҩантәи Аҳра» аӡбахә иаҳахьазҭгьы ҟаларын, аха Христос иҵаҩ иакәымхаӡеит. Уи адагьы, Иисус уи ауаҩы Иаҳраҿы дҟалоит ҳәа имҳәаӡеит (Матф. 4:17). Иисус џьанаҭ дгьыл ауп зыӡбахә имаз. Избан уи аҩыза алкаа ҟаҳҵар зҳалшо?
Иаҳҳәар ҳалшозеи зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз ацәгьаҟаҵаҩ изы, насгьы уи зыгәра игоз иазкны? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 2, 3.)
2. Избан иаҳҳәар зҳалшо зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз ацәгьаҟаҵаҩ дауриан ҳәа?
2 Зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз ацәгьаҟаҵаҩ дауриазҭгьы ҟаларын. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Иара егьи ацәгьаҟаҵаҩ абас диазҵааит: «Анцәа уицәымшәаӡои, уара, зынӡа?» (Лука 23:40). Ауриацәа Анцәа заҵәык имҵахырхәон, егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа ракәзар, анцәақәа рацәаны ирыман (Ақәҵ. 20:2, 3; 1 Кор. 8:5, 6). Урҭ ацәгьаҟаҵаҩцәа ауриацәамызҭгьы, азҵаара абас иҟалон: «Анцәақәа урцәымшәаӡои, уара, зынӡа?» Уи адагьы Иисус егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа рзы акәӡамызт дзаашьҭыз, аха «иҟьалаз ауасақәа иреиԥшу израильаа» рзы акәын (Матф. 15:24). Уимоу Анцәа израильаа иреилиркааит иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵало. Зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз ацәгьаҟаҵаҩ уи идыруазҭгьы ҟаларын. Иажәақәа излаҳдырбо ала, иара дхәыцуазҭгьы ҟалап, Иегова Иисус иԥсы ҭеиҵоит ҳәа, Анцәа Иаҳраҿы напхгара иуларц азы. Иҟалап Анцәа иаргьы иԥсы ҭеиҵоит ҳәа дгәыӷуазҭгьы.
3. Дзызхәыцыр алшози зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз ацәгьаҟаҵаҩ Иисус џьанаҭ аӡбахә аниеиҳәа? Иҳаилшәыркаа (Аҟазаара 2:15).
3 Зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз ацәгьаҟаҵаҩ дауриан, убри аҟынтә иара идыруан Адами Евеи рыӡбахә, насгьы Анцәа урҭ ахьынирхаз џьанаҭ аӡбахә. Убри аҟынтә Иисус џьанаҭ аӡбахә аниҳәа, иҟалап, уи ахаҵа ихаҿы иааигазар адгьыл аҿы абаҳча ԥшӡа. (Шәаԥхьа Аҟазаара 2:15.)
4. Ҳзыздырхәыцуазеи Иисус ацәгьаҟаҵаҩ иеиҳәаз ажәақәа?
4 Иисус иажәақәа џьанаҭ дгьыл аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо ҳазнархәыцуеит. Уи атәы маҷк еилаҳкаар ҳалшоит аҳ Соломон напхгара аниуаз иҟаз аҭынчра аӡбахә ҳанаԥхьо. Абиблиаҿы иануп, Иисус Соломон иаасҭа дшеиҳау (Матф. 12:42). Ус анакәха, ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иисус напхгара ицзулои иареи адгьыл аҿы аԥсҭазаара бзиа шышьақәдыргыло. Убри аҟынтә «егьырҭ ауасақәа» ирдыруазар хадоуп, џьанаҭ аҿы наӡаӡа анхаразы иҟарҵалар рыхәҭоу (Иоанн 10:16).
ИЗЕИԤШРАХОЗЕИ ЏЬАНАҬ АҾЫ АԤСҬАЗААРА?
5. Шәгәы ишԥаанаго, изеиԥшрахозеи џьанаҭ дгьыл аҿы аԥсҭазаара?
5 Шәхаҿы иааиуазеи џьанаҭ аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо шәаназхәыцуа? Иҟалап Едемтәи абаҳча еиԥшу абаҳча ԥшӡа шәхаҿы иааиуазар? (Аҟаз. 2:7—9). Мамзаргьы, иҟалап Михеи иԥааимбаражәа шәазхәыцуазар. Иара Анцәа имаҵзуҩцәа ирызкны абас иҳәеит: «Дасу иӡахәеи илаҳаи рымҵан дтәазаауеит» (Мих. 4:3, 4). Егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа иаҳдырбоит уа меигӡарахда афатә шыҟало (Аԥсал. 72:16; Ис. 65:21, 22). Убри аҟынтә шәхаҿы иаажәгар шәылшоит абаҳча ԥшӡаҿы шәыштәоу, шәаԥхьа фатәы хаала иҭәу астол шгылоу. Иаашәыкәыршаны ашәҭқәа рыфҩы хаа гоит. Шәҭынхацәеи шәҩызцәеи рыччабжь шәаҳауеит, рыбжьара зыԥсы ҭалазгьы ыҟоуп. Уи баша ҳзеилаҳауа ак акәӡам. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ус зехьынџьара ишыҟало. Уи адагьы, џьанаҭ аҿы ҳгәы иахәо аусутә ҳамазаауеит.
Адунеи ҿыц аҿы ҳара аус ду ҳалахәзаауеит — зыԥсы ҭало ауаа аҵара дҳарҵалоит. (Шәахәаԥш абзац 6.)
6. Иҟаҳҵалозеи џьанаҭ дгьыл аҿы? (Шәахәаԥш асахьа.)
6 Иегова ҳџьабаа агәахәара ҳзаанагалартә еиԥш ҳаишеит (Еккл. 2:24). Еиҳарак аусутә рацәаны иаҳзыԥшуп Христос Зқьышықәсатәи инапхгара аан. Арыцҳара ду зхызго, насгьы зыԥсы ҭало миллионҩыла ауаа амаҭәеи, афатәи, анхарҭа ҭыԥи рҭаххоит. Уи зегь роурц азы ирацәаны аџьабаа батәхоит. Аха ҳџьабаа агәахәара ҳзаанагалоит. Адами Евеи Едемтәи абаҳча иахылаԥшлар шакәыз еиԥш, ҳаргьы адгьыл џьанаҭны иҟаҳҵар акәхоит. Шәхаҿы иаажәг, шаҟа агәахәара ҳзаанагало Иеговеи иара игәҭаки рыӡбахә ззымдыруа миллионҩыла зыԥсы ҭало ауаа аҵара аныдҳарҵало. Иара убас шаҟа ҳаигәырӷьалозеи, Христос адгьыл ахь даанӡа Анцәа гәыкала имаҵ зуаз ауаа дара анԥсы ашьҭахь иҟалаз анырзеиҭаҳҳәало!
7. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи, насгьы избан?
7 Аԥхьаҟа џьанаҭ аҿы аҭынчреи аиҿкаареи ҟалоит. Уи адагьы, иаҳҭаху зегь меигӡарахда иҳамазаауеит. Иабантәиаадыруеи уи ҳара? Иегова иаҳирбахьеит Иԥа инапхгара аҵаҟа аԥсҭазаара зеиԥшрахо. Шәааи Соломон напхгара аниуаз аамҭа ҳгәалаҳаршәап.
АҲ СОЛОМОН ИНАПХГАРА ЏЬАНАҬ ИҞАЛО АԤСҬАЗААРА ААНАРԤШУЕИТ
8. Ишԥанаӡеи ажәытәан Аԥсалом 37:10, 11, 29 иану ажәақәа? (Шәахәаԥш ари аҭыжьымҭаҿы иану «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа».)
8 Иегова аҳ Давид игәазҭеиҵеит, Анцәа гәыкала имаҵ зуа, аҟәыӷара злоу аҳ напхгара аура даналагалак аԥсҭазаара зеиԥшрахо аниҵарц. (Шәаԥхьа Аԥсалом 37:10, 11, 29.) Ауаа џьанаҭ аӡбахә анырзеиҭаҳҳәо Аԥсалом 37:11 иану ҳарзаԥхьоит. Уи бзиоуп, избанзар Иисус Ахәаҿы ииҳәаз ажәахә аҿы уи ажәеинраала еиҭеиҳәеит. Убас ала урҭ ажәақәа аԥхьаҟа инаӡараны ишыҟоу ааирԥшит (Матф. 5:5). Аха Давид иажәақәа иара убас иаҳдырбоит, аҳ Соломон ихаан ауаа ирзыԥшыз аԥсҭазаара. Иара Израиль данахагылаз, Анцәа ижәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи рыман. Израильаа «ахши ацхеи ахьыҵыҵуа адгьыл» бзиаҿы инхон. Анцәа иҳәеит: «Сзакәанқәа нашәыгӡалар... Уи адгьыл аҿы аҭынчра ҟасҵоит. Уахынла шәахьышьҭоу аӡәгьы шәиршәалаӡом» (Алев. 20:24; 26:3, 6). Арҭ ажәақәа Соломон напхгара аниуаз инаӡеит (1 Аш. 22:9; 29:26—28). Анцәа иҳәеит, усҟан ацәгьаҟаҵаҩцәа шықәгазаауа (Аԥсал. 37:10). Ус анакәха, Аԥсалом 37:10, 11, 29 иану ажәақәа ажәытәан инаӡеит, аԥхьаҟагьы инаӡараны иҟоуп.
9. Илҳәазеи Шева аҳкәажә, аҳ Соломон инапхгара анылба?
9 Соломон инапхгара аан израильаа ирымаз аҭынчреи аизҳазыӷьареи аӡбахә Шева аҳкәажә илаҳаит. Лара лхаҭа зегь лбарц азы, харантәи Иерусалимҟа дааит (1 Аҳ. 10:1). Соломон иаҳра анылба абас лҳәеит: «Сара абжа-еиҭабжагьы сзеиҭарымҳәаӡеит! [...] Насыԥ рымоуп ужәлар, насыԥ рымоуп еснагь уҿаԥхьа игылоу, насгьы уажәа ҟәыӷақәа заҳауа умаҵуцәа!» (1 Аҳ. 10:6—8). Аха аҳ Соломон инапхгара аан иҟази Иегова Иԥа, Иисус, инапхгара аан ауаа зегь рзы иҟаиҵои узеиҿырԥшӡом.
10. Избан Иисус Соломон иаасҭа деиҳауп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
10 Иисус Соломон зегь рыла диеиҳауп. Соломон инаӡамыз уаҩын, убри аҟынтә агха ӷәӷәақәа ҟаиҵон. Уи Анцәа ижәлар имаҷымкәа ауадаҩрақәа рзаанагеит. Иисус иакәзар, инаӡоу Напхгаҩуп. Иара ахаан агха ихьӡом (Лука 1:32; Аур. 4:14, 15). Аҩсҭаа Иисус аԥышәара бааԥсқәа дышрықәиршәозгьы, иара Анцәа гәыкала дшизыҟаз даанхеит. Христос ишьақәирӷәӷәеит ахаан агәнаҳа шыҟаимҵо, насгьы инапхгара аҵаҟа иҟоу ауаа ирԥырхагахо акгьы шыҟаимҵо. Шаҟа ибзиоузеи ус еиԥш иҟоу Аҳ дахьҳамоу!
11. Напхгара ицзулода Иисус?
11 Иисус 144 000-ҩык напхгара ицзуло имазаауеит. Иареи дареи ауаатәыҩса ирхылаԥшлоит, насгьы Иегова адгьыл иазкны имоу игәҭакы анагӡара иацхраалоит (Аат. 14:1—3). Дара адгьыл аҿы ианыҟаз ауадаҩрақәеи агәаҟрақәеи рацәаны ирхыргеит. Убри аҟынтә напхгара ззыруло ауаа рыцҳаршьалоит. Иҟарҵалозеи дара?
ИЗҾЫЗААУАЗЕИ ДОУҲАЛА ИАЛХУ АҚЬЫРСИАНЦӘА?
12. Иарбан дҵоу Иегова 144 000-ҩык ирыдиҵаз?
12 Иисус напхгара ицзулои иареи ирыду адҵа, Соломон аҳра аниуаз иҟаиҵоз иагьузаҿырԥшуам. Израильтәи аҳра тәылак акәын иаҵанакуаз, насгьы уа миллионқәак ракәын иқәынхоз. Аха Анцәа Иаҳраҿы напхгара зуло адунеи зегь аҿы инхало миллиардҩыла ауаа ирхылаԥшлоит. Шаҟа ҳаҭыр дуузеи Иегова 144 000-ҩык ираҭәеишьаз!
13. Иарбан усу Иегова Иисус напхгара ицзуло ирыдиҵо?
13 144 000-ҩык Иисус иеиԥш аҳцәас, насгьы ԥшьаҩцәас иҟазаауеит (Аат. 5:10). Моисеи изакәан иқәныҟәоз аԥшьаҩцәа израильаа ирыцхраалар акәын агәабзиара рымазарц, насгьы Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа бзиазарц. Азакәан иаанарԥшуан Анцәа ижәлар аԥхьаҟа ироураны иҟаз азылԥхарақәа. Ус анакәха, иҟалап, Анцәа имаҵзуҩцәа агәабзиара рымазарц, насгьы Анцәеи дареи реизыҟазаашьақәа бзиазарц азы 144 000-ҩык Иисус ицхраалар (Аур. 10:1). Ҳара макьана иҳаздырӡом урҭ аҳцәеи аԥшьаҩцәеи Аҳра анапхгара аҵаҟа адгьыл аҿы инхало ауаа изларацәажәало. Иегова уи азы ииӡбалакгьы, џьанаҭ аҿы инхало ауаа иаҭаху анапхгара роулоит (Аат. 21:3, 4).
ИҞАРҴАЛАР АКӘЗЕИ «ЕГЬЫРҬ АУАСАҚӘА» ЏЬАНАҬ АҾЫ ИНХАЛАРЦ АЗЫ?
14. Иарбан еизыҟазаашьақәоу «егьырҭ ауасақәеи» «аԥсаса маҷи» ирыбжьоу?
14 Иисус напхгара ицзуло «аԥсаса маҷ» ҳәа рзиҳәеит (Лука 12:32). Иара убас иара даҽа гәыԥкгьы рыӡбахә иҳәон — «егьырҭ ауасақәа». Арҭ аҩ-гәыԥк аӡәкра змоу ԥсасак ауп (Иоанн 10:16). Иахьа уажәнатә дара еидгыланы аџьабаа еицырбоит. Аԥхьаҟагьы џьанаҭ дгьыл аҿы аус еицырулоит. Ҳәарада, усҟан «аԥсаса маҷ» ажәҩан аҿы иҟалоит, «егьырҭ ауасақәа» ракәзар, наӡаӡа адгьыл аҿы анхаразы алшара рзаатуеит. Аха урҭ аԥхьаҟа џьанаҭ аҿы инхаларц азы уажәнатә ак ҟарҵалароуп.
Ҳара уажәнатә џьанаҭ аҿы аԥсҭазаара ҳҽазыҟаҳҵалар ҳалшоит. (Шәахәаԥш абзац 15.)b
15. а) Ишԥарыцхраауеи егьырҭ ауасақәа Христос иашьцәа? б) Шәахәаԥш асахьа. Ишԥашәылшо аԥҭека иҩнагылоу аиашьа шәиҿыԥшлар?
15 Иисус ивараҿы икнаҳаны иршьыз ацәгьаҟаҵаҩ, Иисус иара изы иҟаиҵаз ахә ҳаракны ишишьоз ааирԥшыртә алшара имаӡамызт. Аха ҳара, егьырҭ ауасақәа, Иисус ҳшизыҟоу ааҳарԥшырц азы алшарақәа рацәаны иҳамоуп. Иаҳҳәап, иара бзиа дшаҳбо ааҳарԥшыр ауеит, доуҳала иалху иашьцәа ҳрыцхраауазар. Иисус иҳәеит, ауасақәеи аџьмақәеи ҳәа ауаа анеилихло уи шьаҭас ишыҟаиҵо (Матф. 25:31—40). Ҳара Христос иашьцәа ҳрыцхраауеит гәыкала ажәабжь ҳҳәозар, насгьы аҵаҩцәа азыҟаҳҵозар (Матф. 28:18—20). Убри азоуп Абиблиа аҵаразы дара иҳарҭо амыругақәа ибзианы ҳхы иаҳархәалар заҳҭаху. Иаҳҳәап ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!». Шәара макьана аӡәгьы Абиблиа ишәмырҵозар, еиҳа ирацәаҩны ауаа Абиблиа аҵара рыдгалара хықәкыс иқәшәыргыл.
16. Ишԥаҳалшо Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа аԥсҭазаара ҳҽазыҟаҳҵар?
16 Ҳара Иегова игәы иақәшәо уааны ҳҟаларц азы џьанаҭ аныҟало ҳәа ҳамԥшыроуп. Уажәнатә иҳалшоит ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла амц шаҳамҳәо ааҳарԥшлар, насгьы аҽынкылара аарԥшышьа ҳҵалар. Уи адагьы, ҳара Иеговеи, ҳхатә ҩызеи, аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала ҳарзыҟазароуп. Ари ицәгьоу адунеи аҿы уажәнатә Анцәа инормақәа рыла ҳанхозар, џьанаҭ аҿгьы урҭ рыла анхара ҳзымариахоит. Уи адагьы, ҳара иҳалшоит адунеи ҿыц аҿы иаҳҭаххо аҟазшьақәеи аҟазареи еизҳарҳалар. Уи аӡбахә шәаԥхьар шәылшоит ари ажурнал аҿы иаагоу астатиа «Шәара адгьыл шәҭынхоит. Шәазхиоума уи?» аҿы.
17. Ҳхы ахара адаҳҵалароума уаанӡа иҟаҳҵахьаз агәнаҳақәа рзы? Иҳаилшәыркаа.
17 Уи адагьы, уаанӡа иҟаҳҵахьаз агәнаҳа ӷәӷәақәа рзы ҳхы ахара адҵара ҳаҟәыҵроуп. Ҳәарада, ҳара ҳгәы иаанагалаӡом Иисус ҳара ҳзы дыԥсызар, уажәшьҭа агәнаҳақәа ҟаҳҵалар ҳалшоит ҳәа (Аур. 10:26—31). Аха ҳара гәыҩбарада агәра ҳгалароуп: ҳагәнаҳа гәыкала ҳахьхәызар, Иегова ацхырааразы ҳиҳәазар, насгьы ҳхымҩаԥгашьа ҳаԥсахзар, иара гәыҭбаарыла иҳанаижьит (Ис. 55:7; Аус. 3:19). Ишәхашәмыршҭлан Иисус афарисеицәа иреиҳәаз: «Сара сзааз сиашоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо рзы акәӡам, агәнаҳаҟаҵаҩцәа рзоуп» (Матф. 9:13). Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара ҳагәнаҳақәа зегьы хнаҩарц азы амч ду амоуп.
ШӘАРА ЏЬАНАҬ АҾЫ ШӘЫНХАЛАР ШӘЫЛШОИТ!
18. Иарбан зҵаарақәоу ишәҭарыз Иисус ивараҿы икнаҳаны иршьыз ацәгьаҟаҵаҩ?
18 Шәхаҿы иаажәг Иисус ивараҿы икнаҳаны иршьыз ацәгьаҟаҵаҩ џьанаҭ аҿы шәидтәаланы шәиацәажәошәа! Шәаргьы иаргьы Христос иԥсхҭынҵаразы Анцәа ҭабуп ҳәа иашәҳәоит. Иҟалап, уи абас шәиазҵаар: «Исзеиҭаҳәа Иисус иԥсра сааҭқәак шагыз иҟалаз. Ухы шԥоубеи џьанаҭ аҿы усыцҟалоит ҳәа ануеиҳәа?» Иҟалап иаргьы абас дшәазҵаар: «Изеиԥшрааз аԥсҭазаара Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәантәи амшқәа рзы?» Шаҟа ҳаҭыр духозеи уи ахаҵа иеиԥш иҟоу ауаа Анцәа Иажәа дырҵара! (Еф. 4:22—24).
Христос Зқьышықәсатәи инапхгара аан аиашьа ибаҩхатәра еиӷьитәуеит. Уи иара дазыԥшуижьҭеи акыр ҵуеит. (Шәахәаԥш абзац 19.)
19. Избан џьанаҭ аҿы аԥсҭазаара ахаан ҳгәы захымшәо? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)
19 Џьанаҭ аҿы аԥсҭазаара ахаан ҳгәы ахшәаӡом. Ҳара зыҿцәажәара ҳгәаԥхало ауаа есымша ҳрабадырлоит, насгьы аинтерес змоу аус есымша ҳаҿызаауеит. Аха зегьы иреиӷьу, ҳара есыҽны жәҩантәи Ҳаб деилаҳкаалоит, насгьы иҳамҭақәа ҳреигәырӷьалоит. Иеговеи иара ишамҭақәеи ирызкны еилаҳкааша есымша иҟалоит. Аамҭа цацыԥхьаӡа Анцәа иахь ҳабзиабара еиҳагьы иӷәӷәахалоит. Ҳара Иеговеи Иисуси ҭабуп ҳәа раҳҳәоит џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа анхара ҳахьақәдыргәыӷыз!
АШӘА 22 Иааиааит Анцәа Иԥсҳара!
a Лассы-лассы шәазхәыцуама џьанаҭ дгьыл аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо? Уи ҳаназхәыцуа ҳгәы ҭгәырӷьаауеит! Иегова иҳазирхиаз адунеи ҿыц шаҟа ҳазхәыцуа аҟара, убриаҟара ҳгәырӷьаҵәа уи аӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара ҳҭаххоит. Ари астатиа еиҳагьы ҳхаҵара арӷәӷәоит Иисус ҳзықәиргәыӷыз џьанаҭ шыҟало ала.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Адунеи ҿыц аҿы зыԥсы ҭало ауаа аҵара дырҵара зҭаху аиашьа уажәнатә ирҵаратә ҟазара еиӷьитәуеит.