АҴАРАЗЫ АСТАТИА 33
АШӘА 130 Шәыгәнаҳақәа шәанеибажьла
Иегова иҭахуп ижәлар иара агәнаҳа ҟазҵаз дшырзыҟоу еиԥш ирзыҟазарц
«Аха аӡәы агәнаҳа ҟаиҵаргьы... ацхырааҩ дҳамоуп» (1 ИОАНН 2:1).
ЕИЛАҲКААУА
Коринф иҟаз аизара агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз аиашьа ишизныҟәаз, насгьы уи иаҳнарҵо.
1. Ииҭахузеи Иегова ауаа зегьы рзы?
ИЕГОВА ауаа алхра ахақәиҭра рылаҵаны ишеит. Ҳара есыҽны аӡбарақәа анҳадаҳкыло уи аҳамҭа ҳхы иаҳархәоит. Ауаҩы идикылар алшо зегь раасҭа ихадоу аӡбара — уи Иегова иԥсҭазаара изкны иҭаацәара дахәҭакны аҟалара ауп. Иегова иҭахуп зегьы уи аҩыза алхра ҟарҵарц. Избан? Избанзар иара ауаа бзиа ибоит, абзиарақәагьы рзеиӷьаишьоит. Анцәа иҭахуп дара иҩызцәахарц, наӡаӡагьы инхаларц (Ҩынтә. 30:19, 20; Гал. 6:7, 8).
2. Дышԥарзыҟоу Иегова агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз, аха макьана иахьымхәыц? (1 Иоанн 2:1).
2 Аха Иегова имаҵ аура аӡәгьы идицалаӡом. Иара доусу ихы шымҩаԥигаша ихаҭа иӡбартә алшара ииҭоит. Аха иӡааху ақьырсиан Анцәа изакәан еилаганы, агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар? Иара игәнаҳа дахьымхәуазар, дҳалаҳгароупa (1 Кор. 5:13). Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿгьы Иегова дгәыӷуеит агәнаҳа ҟазҵаз иара иахь дхынҳәуеит ҳәа. Убри азоуп Иԥа даашьҭны ҳазҿихыз, зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ранажьра алшара иоурц азы. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 2:1.) Бзиа ҳазбо Анцәа агәнаҳа ҟазҵаз хаала дырзыҟоуп, рыгәнаҳақәа ирыхьхәырцгьы иааиԥхьоит (Зах. 1:3; Рим. 2:4; Иак. 4:8).
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Иегова иҭахуп агәнаҳагьы агәнаҳа ҟазҵазгьы иара иеиԥш ҳарзыҟазарц. Шәааи ҳалацәажәап уи аҿы ҳаиҿыԥшлар шҳалшо. Ари астатиа шәанаԥхьо шәазхәыц: 1) Коринф иҟаз аизара агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз аиашьа ишизныҟәаз, 2) уи ауаҩы игәнаҳа данахьхәы, Павел ириҭаз амҩақәҵарақәа, насгьы 3) Иегова агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ақьырсианцәа дшырзыҟоу.
КОРИНФ ИҞАЗ АИЗАРА АГӘНАҲА ӶӘӶӘА ҞАЗҴАЗ АИАШЬА ИШИЗНЫҞӘАЗ
4. Иарбан ҭагылазаашьоу иҟалаз актәи ашәышықәсазы коринфтәи аизараҿы? (1 Коринфаа 5:1, 2).
4 Шәаԥхьа 1 Коринфаа 5:1, 2. Павел ахԥатәи имиссионертә ныҟәара аан ҿыц ишьақәгылаз коринфтәи аизара аҟынтә ӷәӷәала игәы изырхьуаз жәабжьк иаҳаит. Иашьак ианԥса длыцныҟәон. Уи аҩыза Анцәа дхазымҵогьы иҟарҵаӡомызт! Аизара уи ачҳара адагьы, иахыҽхәозшәа акәын ишазыҟаз. Иҟалап шьоукы ргәы иаанагозҭгьы Анцәа инаӡам ауаа рыԥсыҽрақәа еилкааны ирыцҳаишьоит ҳәа. Аха Иегова уи аҩыза ахымҩаԥгашьа имбошәа ҟаиҵаӡом. Иԥхашьараз уи ахымҩаԥгашьа, ҳәарада, аизара ахьыӡ ԥхасҭанатәуан. Уи адагьы, егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи убас ахымҩаԥгара иалагар ауан. Иарбан мҩақәҵарақәоу Павел аизара ириҭаз?
5. Иреиҳәазеи Павел аизара иахәҭакыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи, насгьы иаанагози уи? (1 Коринфаа 5:13). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
5 Шәаԥхьа 1 Коринфаа 5:13. Павел иԥшьоу адоуҳала ииҩыз асаламшәҟәаҿы ианын зыгәнаҳақәа ирхьымхәыз ауаҩы дрылыргарц. Ишԥаизныҟәар рыхәҭаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи ауаҩы? Павел иҩит уи уаҳа ицымзарц. Иаанагози уи? Дара ус еиԥш иҟоу ауаҩы идтәаланы акрыицфараҵәҟьагьы рыхәҭаӡамызт (1 Кор. 5:11). Ҳара аӡәы ҳидтәаланы акраницаҳфо, ҿымҭӡакәа ҳтәаӡом, хаала ҳаицәажәоит, ԥыҭрак ашьҭахьгьы еиҳаны аамҭа аицыхгара ҳалагар ҳалшоит. Ус анакәха, Павел ииҳәарц ииҭахыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ус еиԥш иҟоу ауаҩы аамҭа ицырхырымгаларц ауп. Уи аизара ишәарҭаз анырра аҟынтә иахьчон (1 Кор. 5:5—7). Уи адагьы, ауаҩы Иегова шаҟа игәы иирхьыз иеилнаркаауан, насгьы ихымҩаԥгашьа дацәыԥхашьаны дахьхәыр алшон.
Иԥшьоу адоуҳа Павел иҵанаҳәеит зыгәнаҳа иахьымхәуа ауаҩы дрылыргар шрыхәҭоу рзиҩырц. (Шәахәаԥш абзац 5.)
6. Ишԥарныри Павел исаламшәҟәы аизарагьы агәнаҳа ҟазҵазгьы?
6 Павел, ҳәарада, аинтерес иман аизараҿы исаламшәҟәы шрыдыркылаз. Ус Тит ажәабжь бзиақәа ааигеит. Аизараҿы Павел исаламшәҟәы бзианы ирыдыркылеит, иреиҳәазгьы ҟарҵеит (2 Кор. 7:6, 7). Уи адагьы, Павел асаламшәҟәы анырзиҩ мызқәак рышьҭахь агәнаҳаҟаҵаҩ иҟаиҵаз дахьхәит! Иара ихымҩаԥгашьеи ихәыцшьеи иԥсахит, насгьы Иегова ииашоу инормақәа рыла дырҩегь анхара далагеит (2 Кор. 7:8—11). Иарбан мҩақәҵарақәоу уажәшьҭа Павел аизараҿы ириҭо?
АИЗАРА ЗЫГӘНАҲА ИАХЬХӘЫЗ АҚЬЫРСИАН ИЗЫҞАЗАР ШРЫХӘҬАЗ
7. Ишԥаиныри агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы, уи уаҳа аизара дахәҭакны дахьыҟамыз? (2 Коринфаа 2:5—8).
7 Шәаԥхьа 2 Коринфаа 2:5—8. Павел иҩит: «Ус еиԥш иҟоу ауаҩы еиҳараҩык ахьиқәыӡбаз азхоит». Даҽакала иуҳәозар, ахьырхәра ахықәкы нанагӡеит — игәнаҳа ахьхәра игәазҭанаҵеит (Аур. 12:11).
8. Ргәы зызҭеиҵазеи Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи агәнаҳаҟаҵаҩ игәнаҳа данахьхәы ашьҭахь?
8 Убри азы Павел аизара ргәазҭеиҵеит имҩахҟьаз аиашьа «гәык-ԥсыкала [ианарыжьырц], игәы [дырҭынчырц]». Анаҩс иациҵеит: «Бзиа дшыжәбо агәра ишәырга». Иазгәашәҭ, Павел ииҭахыз уи ахаҵа дырҩегь Анцәа ижәлар дрыхәҭакны дҟаларц мацара акәӡамызт. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ражәақәеи русқәеи рыла иаадырԥшыр акәын агәнаҳа ҟазҵаз гәыкала ишианарыжьыз, бзиагьы дшырбаҵәҟьо. Убасҟан ауаҩы ибарҭахон дахьыхынҳәыз ишаргәырӷьаҵәҟьаз.
9. Избан шьоукы ирцәыцәгьазар залшоз зыгәнаҳа иахьхәыз аиашьа ианажьра?
9 Иаргәырӷьама аизараҿы зегьы агәнаҳаҟаҵаҩы дахьыхынҳәыз? Абиблиаҿы уи иазкны акгьы анӡам, аха иҟалап иамыргәырӷьазар. Избанзар иара аизара зегьы аԥырхага ӷәӷәа азааигеит, хаҭала ауадаҩрақәа ирықәиршәазгьы ыҟазар алшон. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхымҩаԥгашьа цқьаны иҟазарц азы ирылшо зегь ҟарҵон. Убри аҟынтә аӡәы игәы иаанагар алшон абас агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз аизарахь ахынҳәра азин иҭареи гәыкала идкылареи иашаӡам ҳәа. (Иаҿшәырԥш Лука 15:28—30.) Избан, нас, аизараҿы зегьы ихынҳәыз аиашьа иахь абзиабара аадырԥшыр зрыхәҭаз?
10, 11. Иҟалар алшози аизара ахылаԥшыҩцәа зыгәнаҳа иахьхәыз ауаҩы ианажьра мап ацәыркызҭгьы?
10 Иҟалар алшози аизара ахылаԥшыҩцәа зыгәнаҳа иахьхәыз ауаҩы аизарахь ахынҳәра азин ирымҭазҭгьы, мамзаргьы уи аизарахь даныхынҳә ашьҭахь аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиқәыхьшәашәа иԥылазҭгьы? Иара «мыцхәы игәхьаа» иҽеиҭар алшон. Уи адагьы, игәы каҳаны Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара даҟәыҵыр ауан.
11 Аха зегь раасҭа еицәоу — аишьцәеи аиҳәшьцәеи зыгәнаҳа иахьхәыз ауаҩы ианажьра мап ацәыркызҭгьы, Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа рцәыӡыр ауан. Избан? Избанзар усҟан дара арыцҳашьара злоу Анцәа иакәымкәа, игәымбылџьбароу, агәы зызҭам Аҩсҭаа иоуп изҿыԥшлоз. Даҽакала иуҳәозар, урҭ Аҩсҭаа инапаҿы ауаҩы доуҳала ишьразы ихы иаирхәар алшоз бџьарны иҟалон (2 Кор. 2:10, 11; Еф. 4:27).
12. Ишԥарылшоз аизара Иегова иҿыԥшлар?
12 Ишԥарылшоз коринфтәи аизара Аҩсҭаа иакәымкәа, Иегова иҿыԥшлар? Агәнаҳа ҟазҵаз иранарыжьуазҭгьы. Иазгәашәҭ Анцәа изкны Абиблиаҿы иану. Давид абас Анцәа диҳәон: «Уара, Иегова, уқьиоуп, насгьы анажьра уазхиоуп» (Аԥсал. 86:5). Михеи иҩит: «Дыҟоума уара уҩыза Анцәа, зыгхақәа раназыжьуа, насгьы ижәлар рҟынтә инхаз рыгәнаҳақәа ргәалазмыршәо?» (Мих. 7:18). Исаиагьы абас иҳәеит: «Ацәгьаҟаҵаҩ имҩа даныҵааит, агәнаҳаҟаҵаҩгьы ихәыцра цәгьақәа аанижьааит. Ихынҳәааит урҭ Иегова иахь, иара урҭ рыцҳаишьоит, ихынҳәааит Ҳанцәа иахь, избанзар иара гәык-ԥсыкала иранаижьуеит» (Ис. 55:7).
13. Избан зыгәнаҳа иахьхәыз ауаҩы аизарахь ирхынҳәра зиашахоз? (Шәахәаԥш арамка «Данбашьақәдыргылеи коринфтәи аизараҿы агәнаҳа ҟазҵаз ахаҵа?».)
13 Коринфтәи аизара зыгәнаҳа иахьхәыз ауаҩы гәыкала дрыдыркылар, бзиа дшырбогьы агәра идыргар рыхәҭан. Убасала аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова ишиҿыԥшуа аадырԥшуан. Дара Павел имҩақәҵарақәа иқәныҟәаны еснагь аҳәатәхаҵара шаадырԥшуа идырбон (2 Кор. 2:9). Ииашаҵәҟьаны, агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы уаҳа аизара дахәҭакны даныҟамла ашьҭахь мызқәак ракәын иҵхьаз, аха ахьырхәра аус ауит — иара игәнаҳа дахьхәит. Убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәа аамҭа мгаӡакәа иара аизарахь ддырхынҳәыр акәын.
АИАШАРЕИ АРЫЦҲАШЬАРЕИ РААРԤШРАҾЫ ИЕГОВА ШӘИҾЫԤШЛА
14, 15. Иаҳнарҵозеи ажәытә Коринф иҟалаз ахҭыс? (2 Пиотр 3:9). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
14 Ажәытәтәи Коринф иҟалаз ахҭыс ҳара ак ҳнарҵарц азы ауп изҩыз (Рим. 15:4). Уи аҟынтә ҳара еилаҳкааит Иегова иааирԥшуа арыцҳашьара иамоу аҵакы. Шьоукы ргәы иаанагоит Иегова арыцҳашьара илазар, аизараҿы зегьы рхы иааҭашәо ҟарҵалар рылшоит ҳәа. Аха Иегова ахаангьы инормақәа иԥсахӡом. Иара агәнаҳа ҟазҵаз, аха уи иахьымхәуа аизараҿы даанижьӡом (Иуда 4). Ус ҟаимҵазҭгьы, егьырҭ рахь арыцҳашьара ааирԥшит ҳәа ҳазҳәаӡомызт, рдоуҳатә гәабзиарагьы ашәарҭара иҭагылон (Ажәам. 13:20; 1 Кор. 15:33).
15 Аха убри аамҭазгьы Иегова аӡә дҭахар иҭахӡам. Иара иахьынӡалшо зегьы еиқәирхар иҭахуп. Иегова зхәыцшьеи зхымҩаԥгашьеи ԥсахны, иареи дареи реиҩызара еиҭашьақәзыргыларц зҭаху ауаа рахь арыцҳашьара ааирԥшуеит (Иез. 33:11; шәаԥхьа 2 Пиотр 3:9). Убри азы ауп коринфтәи ахаҵа игәнаҳа дахьхәны агәнаҳаҟаҵара данаҟәыҵ ашьҭахь Иегова Павел ила аизара изреиҳәаз уи ианарыжьырц, насгьы дрыдыркыларц.
Ҳара абзиабареи арыцҳашьареи раарԥшраҿы Иегова ҳаиҿыԥшуеит аизараҿы ишьақәдыргылаз ауаҩы гәыкала ҳаниԥыло. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)
16. Ишәеилнаркаазеи Иегова изкны ажәытә Коринф иҟалаз ахҭыс?
16 Коринф иҟалаз ари ахҭыс еилыкка иаанарԥшуеит Иегова илоу абзиабареи аиашареи (Аԥсал. 33:5). Шәгәы азҭанамҵаӡои уи Ҳанцәа еиҳагьы ирҽхәара? Ҳара зегьы агәнаҳа ҳаҵоуп, анажьрагьы ҳазгәаҟуеит. Убри аҟынтә Иегова аҿыхразы ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, избанзар уи ада ԥсыхәа ҳамаӡамызт. Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи Иегова имаҵзуҩцәа даара бзиа ишибо, насгьы абзиара шырзеиӷьаишьо ахьаҳдыруа!
17. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиақәа рҿы?
17 Иахьа аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар, ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Иегова иҿыԥшны ауаҩы игәнаҳа ахьхәра ицхраар? Ҳхы мҩаԥаҳгар шԥаҳахәҭоу, аизара ахылаԥшыҩцәа ауаҩы уаҳа аизара дахәҭакӡам ма дшьақәыргылоуп ҳәа анырыӡбо? Арҭ азҵаарақәа анаҩстәи астатиақәа рҿы еилҳаргоит.
АШӘА 109 «Бзиа шәеибабала гәык-ԥсыкала»
a 1 Коринфаа 5:13 аҿы «дшәылышәца» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагоит «дшәылыжәга». Уи инақәыршәаны аиҭага «Адунеи ҿыц» аҟны 1 Коринфаа 5:13, насгьы 5:2 рҿы иану ажәа ԥсаххоит.