Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w24 август ад. 26—31
  • Аизара ахылаԥшыҩцәа уаҳа аизара иахәҭакым ишрыцхраауа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аизара ахылаԥшыҩцәа уаҳа аизара иахәҭакым ишрыцхраауа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АЦӘГЬАРА ҞАЗҴО ДШӘЫЛЫЖӘГА
  • АИЗАРА АХЫЛАԤШЫҨЦӘА ИҞАРҴО АЦХЫРААРА
  • АИЗАРА ИҞАРҴАР РЫЛШО АЦХЫРААРА
  • ИЕГОВА ИРЫЦҲАШЬАРА ҲАҾЫԤШУЕИТ
  • Агәнаҳа ҟазҵаз рахь абзиабареи арыцҳашьареи шааҳарԥшлаша
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова иҭахуп ижәлар иара агәнаҳа ҟазҵаз дшырзыҟоу еиԥш ирзыҟазарц
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иҟаҵатәузеи, агәнаҳа ӷәӷәа ҟашәҵазар?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ақьырсиантә еизара шеиҿкаау
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
w24 август ад. 26—31

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 35

АШӘА 123 Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит

Аизара ахылаԥшыҩцәа уаҳа аизара иахәҭакым ишрыцхраауа

«Ажәҩан аҿгьы зыгәнаҳа иахьхәыз аӡәы еиҳа иеигәырӷьоит, зыгәнаҳақәа рыхьхәра зыхәҭам 99-ҩык ауаа иашақәа раасҭа» (ЛУКА 15:7).

ЕИЛАҲКААУА

Ианбарыӡбо аизара ахылаԥшыҩцәа ауаҩы уаҳа аизара дахәҭакны дзаанхаӡом ҳәа, насгьы ишԥарыцхраауеи дара урҭ ауаа рыгәнаҳақәа рыхьхәреи Анцәеи дареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылареи?

1, 2. а) Дышԥарзыҟоу Иегова идырны агәнаҳа ҟазҵо, насгьы уи иахьымхәуа? б) Дзықәгәыӷуазеи Иегова агәнаҳаҟаҵаҩцәа рганахь ала?

ИЕГОВА ицәымӷуп ауаа рхы иааҭашәо аныҟарҵо, иара урҭ рыгәнаҳақәа имбошәа ҟаиҵаӡом (Аԥсал. 5:4—6). Анцәа иҭахуп Иажәаҿы ианиҵаз ииашоу инормақәа рыла ҳанхаларц. Ҳәарада, Иегова инаӡам ауаа рҟынтә анаӡара дазыԥшӡам (Аԥсал. 130:3, 4). Аха убри аамҭазгьы иара ииашақәам ауаа «ԥхашьарак злам рхымҩаԥгашьа рҵәахырц азы... иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара рхы иадырхә[алар]» иуӡом (Иуда 4). Абиблиаҿы иануп ус еиԥш иҟоу ауаа Анцәа иеибашьра Армагеддон аҿы ишықәгахо (2 Пиотр 3:7; Аат. 16:16).

2 Аха Иегова аӡә дҭахар иҭахӡам. Ҳазхысыз астатиақәа рҿы ҳшалацәажәоз еиԥш, Абиблиаҿы еилыкка иануп иара «зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц» шиҭаху (2 Пиотр 3:9). Аизара ахылаԥшыҩцәа Анцәа иҿыԥшны, ачҳара аарԥшны агәнаҳа ҟазҵаз рыгәнаҳақәа ирыхьхәны Иегова иахь ахынҳәра ирыцхраауеит (Ис. 6:9). Аха уи ацхыраара здызымкылогьы ыҟоуп. Аизара ацхырааҩцәа урҭ ирыцхраарц азы иҟарҵо шырацәоугьы, шьоукы агәнаҳа аҟаҵара иаҟәыҵӡом. Иҟаҵатәузеи, ус иҟазар?

АЦӘГЬАРА ҞАЗҴО ДШӘЫЛЫЖӘГА

3. а) Ишԥаизныҟәатәу агәнаҳа ҟазҵаз, насгьы уи иахьымхәуа ауаҩы, Абиблиа иаҳнарҵо инақәыршәаны? б) Избан ауаҩы уаҳа аизара дахәҭакӡам ҳәа анырыӡбо, уи ихаҭа иҟаиҵаз алхроуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

3 Агәнаҳа ҟазҵаз уи дахьымхәуазар, аизара ахылаԥшыҩцәа 1 Коринфаа 5:13 аҿы иану амҩақәҵара иқәныҟәаны, дрылыргар акәхоит. Дара уи ауаҩы уаҳа аизара дахәҭакны дышзаанымхо рыӡбоит. Аха иаҳҳәар ҳалшоит ус зыӡбаз агәнаҳа ҟазҵаз ихаҭа иоуп ҳәа. Иара ихаҭа илаиҵаз ауп иааирыхуа (Гал. 6:7). Избанзар аизара ахылаԥшыҩцәа акырынтә ицхраара рҽазыршәахьан, аха рыцхыраара идимкылаӡеит (2 Аҳ. 17:12—15). Иусқәа рыла иааирԥшит Иегова изыӡырҩреи изакәанқәа рыла анхареи шиҭахым (Ҩынтә. 30:19, 20).

4. Избан зыгәнаҳа иахьымхәуа ауаҩы уаҳа аизара дахәҭакӡам ҳәа анырыӡбо, алаҳәара зыҟарҵо?

4 Зыгәнаҳа иахьымхәуа ауаҩы уаҳа аизара дахәҭакӡам ҳәа анырыӡбоa, аизараҿы алаҳәара ҟарҵоит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи ауаҩы уаҳа Иегова ишаҳаҭ шиакәым рдыруазарц азы. Уи зыҟарҵо ауаҩы дладырҟәырц азы акәӡам. Аха аизараҿы зегьы абиблиатә мҩақәҵара иқәныҟәаны уаҳа ицымзарц, акрагьицрымфаларц азоуп (1 Кор. 5:9—11). Иегова уи амҩақәҵара ус баша иҳаимҭаӡеит. Апостол Павел иҩит «маҷк аҵәыҵәыра амажәа зегь шарҵәыҵәуа» (1 Кор. 5:6). Зыгәнаҳа иахьымхәуа ауаҩы аизараҿы даанхар, уи егьырҭ ақьырсианцәа Иегова изакәанқәа рыла анхара ирԥырхагахар алшоит (Ажәам. 13:20; 1 Кор. 15:33).

5. Ҳашԥаизыҟазар акәу уаҳа аизара иахәҭакым ауаҩы, насгьы избан?

5 Ҳашԥаизыҟазар акәу уаҳа аизара иахәҭакым аиашьаb? Ҳәарада, уи аамҭа ицаҳхаҳгалаӡом. Аха иаҳхаҳмыршҭлароуп иара иӡыз ауаса шиакәугьы, уи акгьы илҵӡом ҳәа шаанамго. Аԥсаса иацәҟьалаз ауаса хынҳәыр алшоит. Иаҳхаҳмыршҭлароуп уи ауаҩы Иегова иҽшизикыз. Илахьеиқәҵагоуп, аха уажәы Иегова ииҭаз ажәа инақәыршәаны дынхаӡом, насгьы убри ала иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылоит (Иез. 18:31). Аха макьана аамҭа ыҟоуп, Иеговагьы арыцҳашьара злоу Анцәа иоуп, убри аҟынтә ҳгәыӷуеит иара дхынҳәуеит ҳәа. Иҟарҵозеи аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ҟазҵаз, насгьы уаҳа аизара иахәҭакым ауаҩы ицхраарц азы?

АИЗАРА АХЫЛАԤШЫҨЦӘА ИҞАРҴО АЦХЫРААРА

6. Иҟарҵалозеи аизара ахылаԥшыҩцәа ауаҩы аизарахь ахынҳәра ицхраарц азы?

6 Ауаҩы уаҳа аизара дахәҭакымзар, иаанагома уи зегьы дкарыжьит, насгьы Анцәа иахь ахынҳәра аӡәгьы дицхрааӡом ҳәа? Уи аҩыза ҟалашьа амаӡам! Аизара ахылаԥшыҩцәа ркомитет зыгәнаҳа иахьымхәуа ауаҩы уаҳа аизара дшахәҭакым аниарҳәо, иеилдыркаауеит дхынҳәырц азы иҟаиҵаша. Аха уи мацара акәӡам иҟарҵо. Аҭагылазаашьақәа реиҳарак рҿы аизара ахылаԥшыҩцәа иарҳәоит мызқәак рышьҭахь иҭаар шырҭаху, игәазыҟашьа аҽаԥсаху-аҽамԥсаху еилыркаарц азы. Ауаҩы уи дақәшаҳаҭзар, иҭаауеит, насгьы игәнаҳа ахьхәреи аизарахь ахынҳәреи ақьиара аарԥшны игәазҭарҵоит. Аха игәазыҟашьеи ихымҩаԥгашьеи аҽамԥсахыргьы, аизара ахылаԥшыҩцәа уеизгьы аамҭа-аамҭала иҭаалоит, игәнаҳа ахьхәра игәазҭарҵаларц азы.

7. Ишԥаиҿыԥшуеи аизара ахылаԥшыҩцәа Анцәа, уаҳа аизара иахәҭакым рахь арыцҳашьара анаадырԥшуа? (Иеремиа 3:12).

7 Аизара ахылаԥшыҩцәа уаҳа аизара иахәҭакым рахь Иегова иеиԥш арыцҳашьара аарԥшра рҽазыршәоит. Иаҳҳәап, ажәытәан Анцәа зымҩа иацәыхҟьаз ижәлар агха шрыхьыз еилкааны иара иахь ианбахынҳәуеи ҳәа дыԥшӡамызт. Раԥхьатәи ашьаҿа ҟазҵоз иара иакәын. Иара израильаа рахь иԥааимбарцәа ишьҭуан, урҭ рыгәнаҳақәа рыхьхәра рыгәгьы ишҭамызгьы. Ари ажурнал аҿы иаагоу аҵаразы иҟоу аҩбатәи астатиаҿы аԥааимбар Осиа ихҭыс ҳаԥхьон. Иегова Осиа иеиҳәеит иԥҳәыс лыгәнаҳа ланажьны дирхынҳәырц, уи агәнаҳаҟаҵара дшаҟәымҵхьацызгьы (Ос. 3:1). Убри ала Анцәа ижәлар идирбеит шаҟа арыцҳашьара илоу (Мал. 3:7). Аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы аизарахь ахынҳәра иԥырхагахаӡом. Иегова иеиԥш даргьы гәыкала ирҭахуп уи дхынҳәырц. (Шәаԥхьа Иеремиа 3:12.)

8. Ишԥаҳацхраауеи иӡны иҟаз, аха иааз аԥа изку Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаана Иегова даанзыжьыз ауаа дшырзыҟоу аилкаара? (Лука 15:7).

8 Ишәгәалашәыршәа иӡны иҟаз, аха иааз аԥа изку Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаана. Ҳара уи аҵаразы иҟоу аҩбатәи астатиаҿы ҳалацәажәон. Аб аԥа аҩныҟа дшыхынҳәуаз харантәи ианиба, «дыҩуа диԥылан, дигәыдиҳәҳәалан, дигәӡит» (Лука 15:20). Иазгәашәҭ, аб аԥа иара иахь днеины аҭамзаара ашьҭаҵара даналаго ҳәа дшыԥшымыз. Иара аб бзиа иҟаиҵашаз ҟаиҵеит — иԥа бзиа дибон аҟынтә, дыҩны диԥылеит. Ари ажәамаана иаҳнарбоит Иегова зымҩа иацәыхҟьаз дшырзыҟоу. Аизара ахылаԥшыҩцәагьы Иегова иеиԥш урҭ рзыҟазаара рҽазыршәоит. Дара ирҭахуп иӡыз ауасақәа зегьы аҩныҟа ихынҳәырц (Лука 15:22—24, 32). Агәнаҳа ҟазҵаз аизарахь даныхынҳәуа, ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы агәырӷьара ыҟоуп: игәырӷьоит Иегова, Иисус, амаалықьцәа, иара убас аизара зегьы! (Шәаԥхьа Лука 15:7.)

9. Зыгәра диргозеи Иегова агәнаҳа ҟазҵаз ауаа?

9 Убасала ҳара еилаҳкааит Иегова зыгәнаҳа иахьымхәуа ауаа аизараҿы аанхара алшара шриимҭо. Аха уи иаанагаӡом иара урҭ каижьуеит, рыцхраарагьы уаҳа дашьҭаӡам ҳәа. Анцәа иҭахуп урҭ иара иахь ихынҳәырц. Абар ицәаныррақәа Осиа 14:4 аҿы ишаарԥшу: «Сара урҭ азиашамра аҟынтә исхәышәтәуеит, гәыкала бзиа избалоит, избанзар уаҳа сгәы рзыԥжәаӡом». Шаҟа иӷәӷәоузеи арҭ ажәақәа! Урҭ аизара ахылаԥшыҩцәа ргәазҭанаҵоит ауаҩы дшахьхәыз маҷк иадамзаргьы иубарҭазар, уи агәаҭара. Агәнаҳа ҟазҵаз иакәзар, арҭ ажәақәа агәра идыргоит Иегова бзиа дшибо, дагьшизыԥшу.

10, 11. Ишԥаицхраауеи аизара ахылаԥшыҩцәа ауаҩы, уи аизара дахәҭакмижьҭеи акыршықәса ҵуазар?

10 Аха иҟаҵатәузеи, ауаҩы аизара дахәҭакмижьҭеи акыршықәса ҵуазар? Иҟалап иара агәнаҳаҟаҵара даҟәыҵижьҭеи акырҵуазар, ма иҟаиҵазгьы игәаламшәозар. Шаҟа аамҭа цахьазаалакгьы, аизара ахылаԥшыҩцәа урҭ рҩызцәа ауаа зегь рыԥшаареи рҭаареи рҽазыршәоит. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы ианиацәажәо, Анцәа еициҳәарц идыргалоит, насгьы игәнаҳа ахьхәреи аизарахь ахынҳәреи гәыкала игәазҭарҵоит. Ҳәарада, ауаҩы аизараҿы дыҟамижьҭеи акырҵуазар, доуҳала дыԥсыҽхахьеит. Убри аҟынтә аизарахь ахынҳәра иҭахызар, аизара ахылаԥшыҩцәа Абиблиа аҵара идыргалоит, уи аизараҿы дшышьақәдмыргылацгьы. Иара уи дақәшаҳаҭхар, аизара ахылаԥшыҩцәа Абиблиа изырҵало аӡәы далырхуеит.

11 Иегова ауаа даараӡа бзиа ибоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа иҿыԥшлар рҭахуп, убри аҟынтә Иегова ицәыхарахаз зегьы рыԥшаареи ихынҳәыр шрылшо агәра дыргареи рҽазыршәоит. Ауаҩы игәнаҳа данахьхәлак, насгьы агәнаҳаҟаҵара данаҟәыҵлак ашьҭахь иаразнак аизараҿы дшьақәдыргылар алшоит (2 Кор. 2:6—8).

12. а) Еиҳараӡак ргәырҽанызар анбарыхәҭоу аизара ахылаԥшыҩцәа? б) Избан ҳгәы иаанамгалар зҳахәҭоу Иегова ауаа иранаимыжьуа агәнаҳақәа ыҟоуп ҳәа? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

12 Ҭагылазаашьақәак рҿы аизара ахылаԥшыҩцәа ауаҩы аизараҿы дшьақәыргылатәу-дшьақәыргылатәыму анырыӡбо еиҳараӡак агәҽанызаара аадырԥшлароуп. Иаҳҳәап, ауаҩы ахәыҷқәа гәымбылџьбарала дрызныҟәазар, аҵабырг дацәхьаҵзар, ма ихатә ҩыза дилҵырц азы ҩысҭаарала зегь еиҿикаазар, аизара ахылаԥшыҩцәа уи дшахьхәыҵәҟьаз еилыркаароуп (Мал. 2:14; 2 Тим. 3:6). Аизара ахылаԥшыҩцәа аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхьчалароуп. Аха убри аамҭазгьы ирхадмыршҭлароуп Иегова зыгәнаҳа гәыкала иахьхәыз, насгьы агәнаҳаҟаҵара иаҟәыҵыз дарбанзаалак дышидикыло. Ҳәарада, ауаҩы гәымбылџьбаралеи гызмалралеи егьырҭ дрызныҟәазар, аизара ахылаԥшыҩцәа уи иус ибзиаӡаны иҭырҵаалоит. Аха дара ргәы иаанамгалароуп Иегова уи ауаҩы ахаан дрыцҳаишьаӡом ҳәа (1 Пиотр 2:10)c.

АИЗАРА ИҞАРҴАР РЫЛШО АЦХЫРААРА

13. Ҳхы шԥамҩаԥаҳго рыҽдыриашарц азы алабжьара зырҭази уаҳа аизара иахәҭакми рганахь ала?

13 Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, зны-зынла аизараҿы ауаҩы иҽириашарц азы алабжьара ширҭаз алаҳәара ҟарҵоит. Уи ауаҩы иҟаиҵаз дахьхәит, агәнаҳаҟаҵарагьы даҟәыҵит аҟынтә, анаҩсгьы ҳиацәажәоит (1 Тим. 5:20). Иара уаанӡа еиԥш аизара дахәҭакуп, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхыраарагьы иҭахуп (Аур. 10:24, 25). Аха ауаҩы уаҳа аизара дахәҭакӡам ҳәа анырыӡбо, — уи зынӡа ҽакоуп. Ҳара уи ауаҩы уаҳа ҳицлаӡом, акрагьицаҳфаӡом (1 Кор. 5:11).

14. Абиблиа ала иааӡоу иламыс инақәыршәаны ииӡбар илшозеи ақьырсиан уаҳа аизара иахәҭакым ауаҩы дшизыҟазааша аганахь ала? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Иаанагома уи уаҳа аизара иахәҭакым ауаҩы даҳзымдыруашәа ҟаҳҵалароуп ҳәа? Мап. Ҳәарада, уи ауаҩы ҳицлаӡом, аамҭагьы ицаҳхаҳгалаӡом. Аха ақьырсиан, Абиблиа ала иааӡоу иламыс инақәыршәаны, уи ауаҩы аизарахь ааԥхьара ииҭарц иӡбар илшоит — иҟалап уи иҭынха иакәзар, ма уаанӡа ҩызас имаз аӡә иакәзар. Ҳхы шԥамҩаԥаҳгар акәу, уи ауаҩы аизарахь дааир? Уаанӡа ҳара уи аԥсшәа иаҳҳәарымызт. Аха ари азҵаараҿгьы ақьырсиан Абиблиа ала иааӡоу иламыс ишиҵанаҳәо ала ихы мҩаԥигар илшоит. Шьоукы аԥсшәа иарҳәарц рыӡбар рылшоит, ма жәа ҟәандақәакгьы иарҳәар ауеит. Аха ҳара уи акыраамҭа ҳиацәажәалаӡом, аамҭагьы ицаҳхаҳгалаӡом.

Асахьақәа реизга: 1) аиаҳәшьа уаҳа аизара иахәҭакым аԥҳәыс дылзасны аизарахь даалыԥхьоит; 2) уи аиаҳәшьа лыԥшәмеи лареи аизараҿы уи аԥҳәыс гәыкала аԥсшәа ларҳәоит.

Ақьырсиан уаҳа аизара иахәҭакым ауаҩы аизарахь ааԥхьара ииҭарц иӡбар ауеит, насгьы уи аизарахь даннеиуа, аԥсшәа иеиҳәар илшоит. (Шәахәаԥш абзац 14.)


15. Зыӡбахә ҳәада 2 Иоанн 9—11 аҿы? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Иоанн зыӡбахә иҩуаз агәнаҳа Павел зыӡбахә иҩуаз акәызма?».)

15 Шьоукы абри аҩыза азҵаара рызцәырҵыр алшоит: «Иамҳәаӡои Абиблиа уи аҩыза ауаҩы аԥсшәа иазҳәо ақьырсиан иус цәгьақәа дышрылахәхо?» (Шәаԥхьа 2 Иоанн 9—11.) Арҭ ажәеинраалақәа рконтекст иаҳнарбоит уа зыӡбахә ҳәоу аҵабырг иацәхьаҵыз, насгьы Абиблиа зқәыӡбо аусқәа егьырҭ дырҟаҵара иашьҭоу ауаа шракәу (Аат. 2:20). Убри аҟынтә ауаҩы аҵабырг иацәхьаҵыз рҵарақәа ма Абиблиа иаҿагыло даҽа ҵарақәак дааҟәымҵӡакәа ауаа ирылаирҵәозар, аизара ахылаԥшыҩцәа уи иҭааӡом. Ҳәарада, уи ауаҩы дахьхәуеит ҳәа ҳгәыӷуеит. Аха дахьхәаанӡа аԥсшәа иаҳҳәалаӡом, аизарақәа рахьгьы дааҳаԥхьалаӡом.

Иоанн зыӡбахә иҩуаз агәнаҳа Павел зыӡбахә иҩуаз акәызма?

Апостол Иоанн аҩбатәи исаламшәҟәаҿы иҩит: «Даҽа ҵарак иманы аӡәы шәыҩны днеиуазар, дшәыдшәымкылан, аԥсшәагьы иашәымҳәан, избанзар аԥсшәа иазҳәо уи иус цәгьақәа дрылахәхоит» (2 Иоанн 10, 11).

Уи аԥхьа Павел 1 Коринфаа 5:11 аҿы иҳәахьан ирылыргаз уаҳа ирыцымзарц. Иоанн «аԥсшәа... иашәымҳәан» ҳәа аниҳәоз Павел иажәа иациҵар иҭахызма? Гәнаҳак акәызма Павели Иоанни злацәажәоз? Мап.

Апостолцәа злацәажәоз аҭагылазаашьақәа еиԥшӡамызт. Павел асексуалтә гәнаҳа ҟазҵаз ахаҵа иӡбахә иҳәон. 43 шықәса раҟара рышьҭахь Иоанн зыӡбахә иҩуаз аҵабырг иацәхьаҵызи, амцҵарақәа ауаа ирылазырҵәози, Абиблиа зқәыӡбо аусқәа егьырҭ дырҟаҵара иашьҭази ауаа ракәын. Иаҳҳәап, шьоукы ауаа иддырҵон Иисус Христос иакәӡамызт ҳәа (1 Иоанн 2:22; 4:2, 3).

Иоанн исаламшәҟәқәа аниҩуаз, аизараҿы аҵабырг иацәхьаҵыз рацәаҩхахьан. Апостол идыруан урҭ еиҳагьы ишырацәаҩхо, насгьы иара акгьы шизыҟамҵо. Аха иара хықәкыс имаз иахьынӡауаз урҭ рынкылара акәын (2 Фес. 2:7).

Убри азоуп Иоанн аишьцәеи аиҳәшьцәеи урҭ амцҳәаҩцәа ирмацәажәаларц зреиҳәаз. Иара ақьырсианцәа ирзиҩит ус еиԥш иҟоу ауаа рыҩнқәа рҿы ахаан ирыдрымкылаларц, аԥсшәагьы рарымҳәаларц. Ақьырсиан аҵабырг иацәхьаҵыз ауаҩы аԥсшәа иеиҳәазҭгьы, уи амцҵарақәа изеиҭаҳәара далагар илшон. Убри аҩызаҵәҟьа ҟалар алшоит аҵабырг иацәхьаҵыз рсаитқәа рҿы ма асоциалтә каҭақәа рҿы ирымоу адаҟьақәа рҟны акомментариақәа рыҩра ҳалагар. Аҵабырг иацәхьаҵыз аԥсшәа иазҳәо дарбанзаалак «уи иус цәгьақәа дрылахәхоит».

Павел иакәзар, асексуалтә гәнаҳа ҟазҵаз ақьырсиан иӡбахә акәын имаз. 1 Коринфаа 5-тәи ахы инақәыршәаны, уи ауаҩы дрылыргар акәын. Аха уи ахаҵа аҵабырг иацәхьаҵыз дреиуамызҭгьы ҟаларын, Анцәа изакәанқәа реилагарагьы егьырҭ ауаа ргәазҭеиҵаӡомызт. (Иаҿшәырԥш Аатра 2:20.) Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи агәнаҳаҟаҵаҩ шәицымлан, акрагьицшәымфалан ҳәа реиҳәеит, аха аԥсшәа иаҳәара ҟалаӡом ҳәа имҳәаӡеит.

ИЕГОВА ИРЫЦҲАШЬАРА ҲАҾЫԤШУЕИТ

16, 17. а) Ргәы зызҭеиҵозеи Иегова агәнаҳаҟаҵаҩцәа? (Иезекииль 18:32). б) Аус шԥаицыруеи аизара ахылаԥшыҩцәа Иегова?

16 Еилаҳкаазеи арҭ хә-статиак анҭаҳҵаа ашьҭахь? Иегова аӡә дҭахар иҭахӡам. (Шәаԥхьа Иезекииль 18:32.) Иара иҭахуп агәнаҳаҟаҵаҩцәа инышәарц (2 Кор. 5:20). Убри азоуп даанзыжьуаз имаҵзуҩцәа рыгәнаҳақәа ирыхьхәларц, насгьы иара иахь ихынҳәларц жәытәнатә аахыс изааиԥхьоз. Аизара ахылаԥшыҩцәа зеиԥшыҟам аҳаҭыр раҭәашьоуп — Иегова аус ицуны агәнаҳа ҟазҵаз ахьхәра рыцхраара (Рим. 2:4; 1 Кор. 3:9).

17 Шәхаҿы иаажәг агәнаҳаҟаҵаҩцәа рыгәнаҳақәа ианрыхьхәуа ажәҩанаҿы шаҟа агәырӷьара ыҟоу! Иӡны иҟаз ауаса аизарахь ианыхынҳәлак, Иегова игәы гәырӷьарала иҭәуеит. Жәҩантәи Ҳаб иааирԥшуа арыцҳашьареи ҳзыԥсам ақьиареи ҳанрызхәыцуа, иара иахь ҳабзиабара еиҳагьы иӷәӷәахоит (Лука 1:78).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ианбарыӡбо аизара ахылаԥшыҩцәа ауаҩы уаҳа аизара дахәҭакны дзаанхаӡом ҳәа?

  • Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Иегова ирыцҳашьара иаҿыԥшлар?

  • Абиблиа ала иааӡоу иламыс инақәыршәаны ииӡбар илшозеи ақьырсиан уаҳа аизара иахәҭакым ауаҩы дшизыҟазааша аганахь ала?

АШӘА 111 Агәырӷьаразы амзызқәа

a Ҳара ус еиԥш иҟоу ауаҩы аизара иалцоу ҳәа уаҳа изаҳҳәалаӡом. Уи уаҳа аизара дахәҭакӡам ҳәа ҳҳәалоит.

b Ари астатиаҿы ахаҵа агәнаҳа аныҟаиҵо ауп зыӡбахә ҳәоу, аха иаагоу аинформациа аԥҳәыс агәнаҳа аныҟалҵогьы ианаалоит.

c Абиблиаҿы иануп шьоукы рыгәнаҳақәа ахаан иранажьхаӡом ҳәа. Аха рыгәнаҳақәа зранажьымхо иалкаау гәнаҳак ахьыҟарҵаз азы акәӡам, аха дара ртәы аргара иахьашьҭоу, насгьы иааҟәымҵӡакәа Анцәа иахьиҿагыло азоуп. Иеговеи Иисуси мацара роуп аӡәы игәнаҳа ианажьтәӡам ҳәа зыӡбар зылшо (Марк 3:29; Аур. 10:26, 27).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра