Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 март ад. 26—31
  • Агәра ганы шәыҟаз Иегова дшәыцхраар шилшо

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Агәра ганы шәыҟаз Иегова дшәыцхраар шилшо
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • МОИСЕИИ ИЗРАИЛЬААИ ИРЫХЬЫЗ
  • АԤАРА АНҲЗЫМХО
  • ҲАҚӘРАХЬ ҲАННЕИУА ҲХЫ ЗЛАНЫҞӘАҲГАЛО ҲАНАЗХӘЫЦУА
  • Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа аҵыхәтәантәи ражәақәа иаҳдырҵо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иегова «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу шәхашәмыршҭлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 март ад. 26—31

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 13

АШӘА 4 Иегова — сара сыхьчаҩ

Агәра ганы шәыҟаз Иегова дшәыцхраар шилшо

«Иегова инапы акгьы алымшо иҟоума?» (АХЫԤХЬ. 11:23).

ЕИЛАҲКААУА

Ари астатиа агәра ҳнаргоит Иегова еснагь дышҳацхраало.

1. Ишԥааирԥши Моисеи Иегова игәра шигоз, израильаа Египет ианалигоз?

АХАҴАРА ӷәӷәа змаз Анцәа имаҵзуҩцәа рацәаҩны рыӡбахә ануп Ауриацәа рахь асаламшәҟәы аҿы. Руаӡәк Моисеи иоуп (Аур. 3:2—5; 11:23—25). Иара ахаҵара ӷәӷәа аарԥшны израильаа Египет иалигеит. Моисеи афараони амч ду змаз ири дырцәымшәаӡеит. Иара Иегова игәра игон, убри аҟынтә ажәлар Амшын ҟаԥшь иалганы ацәҳәырахь игеит (Аур. 11:27—29). Израильаа реиҳараҩык Иегова дышрыцхраало агәра ргаӡомызт. Аха Анцәа ииҳәаз зегь наигӡеит. Ауаа акгьы ахьымеизҳауаз ацәҳәыраҿы имԥсырц азы Анцәа џьашьахәыла афатәи аӡи риҭон. Моисеи Инцәа игәра ахьигоз ииашаны иҟаиҵеит (Ақәҵ. 15:22—25; Аԥсал. 78:23—25)a.

2. Избан Иегова Моисеи: «Иегова инапы акгьы алымшо иҟоума?» ҳәа дызиазҵааз? (Ахыԥхьаӡарақәа 11:21—23).

2 Израильаа Египет ианалҵыз шықәсык аҟара ашьҭахь Иегова акәац шриҭо реиҳәеит. Моисеи ахаҵара ӷәӷәа шимазгьы, Иегова миллионҩыла ауаа ацәҳәыраҿы акәац зларҿеиҵоз изеилкаауамызт. Убри аҟынтә Анцәа Моисеи диазҵааит: «Иегова инапы акгьы алымшо иҟоума?» (Шәаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 11:21—23.) Ара «Иегова инапы» ҳәа зыӡбахә ҳәоу иԥшьоу идоуҳа, даҽакала иуҳәозар, имч ауп. Убри аҟынтә, Иегова Моисеи абас диазҵааит ҳәа ҳхәар ҳалшоит: «Исҳәо сзынагӡаӡом ҳәа угәы иаанагаҵәҟьома?»

3. Избан Моисеии израильааи зықәшәаз ахҭыс ҳазхәыцыр зыбзиоу?

3 Иегова шәҭаацәеи шәареи дшәыцхраар илшома ҳәа зныкыр агәҭынчымра шәызцәырҵхьоума? Ишәызцәырҵхьазаргьы-ишәызцәырымҵхьазаргьы ҳара зегьы Моисеии израильааи зықәшәаз ахҭыс ҳазхәыцыр бзиоуп. Ҳара еилаҳкаауеит урҭ Иегова афатә шриҭо агәра агара зырцәыцәгьахаз. Иара убас еилҳаргоит Иегова еснагь дышҳацхраало агәра ҳзырго абиблиатә принципқәа.

МОИСЕИИ ИЗРАИЛЬААИ ИРЫХЬЫЗ

4. Избан израильаа аӡәырҩы Иегова дрыцхраар шилшо агәра агара изаҟәыҵыз?

4 Аамҭак ҵуан израильааи егьырҭ ажәларқәа иртәыз ауааи ацәҳәыра иқәланы изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ацара иаҿижьҭеи (Ақәҵ. 12:38; Ҩынтә. 8:15). Егьырҭ ажәларқәа иртәыз ауаа аманна ргәы ԥнаҵәан, даҽа фатәык ҳашәҭароуп ҳәа иаақәгылеит. Убасҟан израильаагьы ашшра иалагеит. Дара Египет иаҳфоз афатә гәхьааҳгоит ҳәа рҳәон (Ахыԥхь. 11:4—6). Ажәлар Моисеи иқәыӷәӷәо ианалага, акәац рзысыԥшаароуп ҳәа дхәыцуа далагеит, аха зегьы ирызхаша акәац ахьааигаша издыруамызт (Ахыԥхь. 11:13, 14).

5, 6. Ишԥарныри егьырҭ ажәларқәа иртәыз ауаа израильаа аӡәырҩы? Иаҳнарҵозеи уи ҳара?

5 Егьырҭ ажәларқәа иртәыз ауаа Иегова ирзыҟаиҵаз ахә ршьаӡомызт, израильаагьы урҭ рхәыцшьа рҿырҵааит. Ҳаргьы убас ҳахьыр ауеит. Ирзыҟауҵо пату ззақәым ауаа рхәыцшьа рҿаҳҵаар, Иегова иаҳзыҟаиҵо ахә ашьара ҳаҟәыҵыр алшоит, агәырӷьарагьы ҳцәыӡыр ауеит. Убасҟан уаанӡа иҳамаз агәхьаагара ҳалагар ауеит, мамзаргьы егьырҭ рыҵашьыцра ҳалагар алшоит. Аха ҳҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, иҳамоу ахә ҳшьалар, агәырӷьара ҳамазаауеит.

6 Израильаа Иегова изықәиргәыӷыз рхадмыршҭлар рыхәҭан. Иара иҳәеит изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ианнеилак, ирҭаху зегь шроуа. Аха урҭ ажәақәа ацәҳәыраҿы амҩа ианықәыз акәымкәа, уахь ианнеиуаз акәын ианынаӡоз. Убас еиԥшҵәҟьа ҳаргьы ак ахьаҳзымхо, ак ахьҳамам азы агәырҩара аҭыԥан, Иегова аԥхьаҟа иҳазирхиаз аҳамҭа ссирқәа ҳхы рзаҳашьҭлар еиҳа еиӷьуп. Иара убас ҳара иҳалшоит Иегова еиҳагьы игәра агара иҳацхраауа абиблиатә жәеинраалақәа ҳрызхәыцлар.

7. Избан Иегова дҳацхраар шилшо агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?

7 «Иегова инапы акгьы алымшо иҟоума?» Избан Анцәа Моисеи абас дызиазҵааз? Иҟалап абарҭ ҩ-зхәыцрак дрызхьаирԥшырц иҭахызҭгьы: 1) иара имч ҳәаа амаӡам; 2) имч ахьзымнеиуа ҭыԥк ыҟаӡам. Израильаа ацәҳәыраҿы ишыҟазгьы, Иегова урҭ рызхара акәац рҿеиҵар илшон. Анцәа идирбеит «[и]напы неиҵыхны, [и]мч ду» ихы иархәаны дрыцхраар шилшо (2 Аҳ. 17:36). Убри аҟынтә иуадаҩу ҭагылазаашьак ҳақәшәар, ҳахьыҟазаалакгьы Иегова дҳацхраар шилшо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит (Аԥсал. 138:6, 7).

8. Иҟаҵалатәузеи израильаа ацәҳәыраҿы ирыхьыз агха ҳмыхьырц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

8 Иаарласны Иегова ииҳәаз наигӡеит, — ижәлар а́чақәа рацәаны ириҭеит. Аха израильаа уи аџьашьахәы азы Анцәа ҭабуп ҳәа иарымҳәаӡеит. Дара рыԥсы цәгьахан, иаанымгылаӡакәа мышки бжаки ачақәа еизыргон. Иегова зхы мацара иазхәыцуаз, иқьынцыцыз урҭ ауаа игәы рзыԥжәан, рыхәҭа иақәиршәеит (Ахыԥхь. 11:31—34). Ари аҭоурых ҳара ҳзы ирҵагоуп. Ҳаԥсы цәгьамхарц азы ҳгәаҳҽанызароуп. Амал ҳамазаргьы-иҳамамзаргьы, шәааи Иеговеи Иисуси ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалап. Убасала раԥхьаӡа иргыланы «амал ажәҩан аҿы» еизаҳгалап (Матф. 6:19, 20; Лука 16:9). Убасҟан Анцәа зда ԥсыхәа ыҟам зегь ҳаиҭоит.

Израильаа ацәҳәыраҿы уахынла а́чақәа рацәаны еизыргоит.

Иарбан ҟазшьақәоу израильаа аӡәырҩы ацәҳәыраҿы иаадырԥшыз? Иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Шәахәаԥш абзац 8.)


9. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара?

9 Иегова иахьагьы инапы ӷәӷәа ала имаҵзуҩцәа дрыцхраауеит. Иаанагома уи еснагь афатәи аԥареи меигӡарахда иҳамазаауеит ҳәа? Мапb. Аха Иегова еснагь дҳацзаауеит. Ҳзықәшәо ауадаҩра зеиԥшразаалакгьы, иара дҳацхраауеит. Ишԥаҳалшо Анцәа игәра шаҳго ааҳарԥшыр арҭ ҩ-ҭагылазаашьак рҿы: 1) аԥара анҳзымхо, насгьы 2) ҳақәрахь ҳаннеиуа ҳхы зланыҟәаҳгало ҳаназхәыцуа?

АԤАРА АНҲЗЫМХО

10. Иарбан уадаҩрақәоу ҳзықәшәар алшо аекономикатә ҭагылазаашьа еиҳа иахьеицәахо иахҟьаны?

10 Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа аекономикатә ҭагылазаашьа еиҳа еицәахар алшоит. Аполитикатә еилаҩынтрақәа, аибашьрақәа, аԥсабаратә рыцҳарақәа, мамзаргьы апандемиа ҿыцқәа ҳахдырҵәар алшоит, ҳусура, ҳмал, ма ҳаҩны ҳцәыӡыргьы ауеит. Иҟалап аусура ҿыц шәашьҭалар акәхар, мамзаргьы шәҭаацәа ныҟәыжәгаларц азы даҽа ҭыԥк ахь шәиасыр акәхаргьы. Ишԥаҳалшо аӡбарақәа анҳадаҳкыло Иегова игәра шаҳго ааҳарԥшыр?

11. Иҟаҵатәузеи аԥара анҳзымхо? (Лука 12:29—31).

11 Зегь раԥхьаӡа иргыланы шәгәы иҵхо Иегова изеиҭашәҳәа (Ажәам. 16:3). Ииашоу аӡбара шәыдышәкыларц азы аҟәыӷареи агәҭынчреи шәиҭарц шәиҳәала. (Шәаԥхьа Лука 12:29—31.) Ишәымоу аигәырӷьара дшәыцхраарц шәиҳәала (1 Тим. 6:7, 8). Асаит jw.org аҿы аԥара анузымхо иуцхраауа астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи рацәаны иаагоуп. Уа аӡәырҩы ирыцхраахьоу алабжьара бзиақәа шәыԥшаар шәылшоит.

12. Иарбан зҵаарақәоу ақьырсиан аусура аналихуа иҭаацәа рзы еиҳа еиӷьу аилкаара ицхраауа?

12 Шьоукы рыҩны ааныжьны ихароу ҭыԥк аҿы аусура иақәшаҳаҭхеит, аха ԥыҭрак ашьҭахь еилыркааит уи шҟәыӷарамыз. Усурак шәақәшаҳаҭхаанӡа зегьы ибзианы шәазхәыц. Аԥара ибзианы ишәзыршәаларгьы, уи аусура шәҭаацәеи шәареи шәдоуҳатә гәабзиара ишаныԥшуа шәазхәыц (Лука 14:28). Шәхы шәазҵаа: «Сҭаацәа сырцәыхарахар, ишԥаныԥшуеи уи схатә ҩызеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа? Аизарақәа сзырҭаалома, ажәабжь сызҳәалома, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳзеибабалома?» Ахәыҷқәа шәымазар, абри аҩыза азҵаарагьы шәхы иашәҭароуп: «Схәыҷқәа рааигәара сҟамлар, исылшома „Иегова ишиҭаху еиԥш [с]рылабжьо, ахшыҩ дырҵо“ рааӡара?» (Еф. 6:4). Аӡбарақәа аншәыдышәкыло, Абиблиа пату ақәзымҵо шәҩызцәеи шәҭынхацәеи ракәымкәа, Иегова шәизыӡырҩлаc. Азиатәи тәылак аҿы инхо То́ни акымкәа-ҩбамкәа аусура бзиақәа идыргалеит. Аха уи азы даҽа тәылак ахь ицатәын. Тони Анцәа даниҳәа, насгьы иԥшәмеи иареи анеиацәажәа ашьҭахь џьаргьы дымцарц иӡбеит. Дара ирыӡбеит ирымоу ахәыҷы рзырханы инхаларц. Тони иҳәоит: «Џьаргьы сахьымцаз даара сеигәырӷьоит. Сара ԥыҭҩык ауаа аҵабырг аилкаара срыцхрааит, сыҷкәын хәыҷи, сыӡӷаб хәыҷи Иегова даара бзиа дырбоит. Ҳшынҭаацәоу еилаҳкааит Матфеи 6:33 иану шиашоу. Иисус ишаҳирҵоз ҳанхозар, Иегова цхыраарада ҳаанижьӡом».

ҲАҚӘРАХЬ ҲАННЕИУА ҲХЫ ЗЛАНЫҞӘАҲГАЛО ҲАНАЗХӘЫЦУА

13. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳақәрахь ҳаннеиуа ҳхы аныҟәгара ҳалшарц азы?

13 Ҳара ҳақәрахь ҳаннеиуа ҳхы зланыҟәаҳгалои ҳәа агәҭынчымра ҳазцәырҵуазар ауеит. Ишԥаҳалшо ари азҵаараҿгьы Иегова игәра шаҳго иҳарбар? Иажәа, Абиблиа, ҳгәазҭанаҵоит аԥхьаҟа ҳхәыцларц, насгьы ҳмаашьаӡакәа аџьабаа ҳбаларц (Ажәам. 6:6—11). Ишәылшозар, ԥарак шәҵәахла. Аԥхьаҟа уадаҩрак шәызцәырҵыр, уи шәыхәоит (Еккл. 7:12). Аха аԥара арҳара ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадамхароуп.

14. Ишԥаҳацхраауеи Ауриацәа 13:5 аҿы иану аԥхьаҟа иаҳзыԥшу мыцхәы хьаас аҟамҵара?

14 Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаанақәа руак аҿы иҳәеит аԥара еизызго, аха «Анцәа иҿаԥхьа иӷару» агаӡара шыҟаиҵо (Лука 12:16—21). Аӡәымзар-аӡәгьы издырӡом уаҵәы дзықәшәо (Ажәам. 23:4, 5; Иак. 4:13—15). Иисус ишьҭанеицәа иреиҳәеит иахьишьҭанеиуа азы изықәшәар алшо даҽа уадаҩракгьы — ҳара ҳмал ааныжьра ҳазхиазароуп (Лука 14:33). Актәи ашәышықәсазы Иудеиа инхоз ақьырсианцәа ирымаз зегьы аанрыжьуан, аха агәырӷьара дырӡӡомызт (Аур. 10:34). Ҳаамҭазгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирацәаҩны аполитика рҽахьаладмырхәыз азы русурақәа рцәыӡит (Аат. 13:16, 17). Ирыцхраазеи Иегова изиашаны аанхара? Дара агәра ргон Иегова иажәа шынаигӡо, иара иҳәеит: «Ахаангьы уаансыжьӡом, ахаангьы укасыжьӡом». (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:5.) Иаахҵәаны иуҳәозар, аԥхьаҟа ҳхы зланыҟәаҳгалаша анаҳаӡбо, иҳалшо ҟаҳҵоит, егьи зегьы Иегова инапы ианаҳҵоит. Агәра ганы ҳаҟоуп ҳазқәымгәыӷуа ҭагылазаашьак ҳақәшәар, Иегова цхыраарада ҳшаанимыжьуа.

15. Иззыԥшымзар акәзеи Иегова имаҵ зуа аҭаацәа рхәыҷқәа рҟынтә? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Культурақәак рҿы ирыԥхьаӡоит аҭаацәа рықәрахь ианнеилак рхәыҷқәа иныҟәыргалароуп ҳәа. Аха Абиблиаҿы иануп аҭаацәа роуп зхәыҷқәа ныҟәызгалаша ҳәа (2 Кор. 12:14). Ҳәарада, аҭаацәа рықәрахь ианнеилак рхәыҷқәа рыцхыраара рҭаххар алшоит (1 Тим. 5:4). Аӡәырҩы ахәыҷқәа гәыкала рҭаацәа ирыцхраауеит. Аха Иегова имаҵ зуа аҭаацәа, ахәыҷқәа зырааӡо рықәрахь ианнеилак иныҟәыргаларц азы акәӡам, аха Иегова имҩа анылара ирыцхраарц азоуп. Уи ауп анасыԥҵәҟьа рзаазго (3 Иоанн 4).

Ани аби рыԥҳаи рымаҳәи авидеоконференциала ирацәажәоит. Рыԥҳаи рымаҳәи алашара зныҷҷало аргылаҩцәа рымаҭәа ршәуп.

Иегова имаҵ зуа хаҵеи-ԥҳәыси аԥхьаҟа рхы зланыҟәыргалаша анырыӡбо абиблиатә принципқәа рхы иадырхәоит. (Шәахәаԥш абзац 15.)d


16. Аҭаацәа, иҟашәҵалар шәылшозеи шәхәыҷқәа ианрызҳалак рхы ныҟәырго иҟаларц азы? (Ефесаа 4:28).

16 Аҭаацәа, иҟашәҵалар шәылшозеи, шәхәыҷқәа ианрызҳалак рхы ныҟәырго иҟаларц азы? Шәхатә ҿырԥшала идшәырбала Иегова иқәгәыӷра шаҟа ихадоу. Шәхәыҷқәа хәыҷнаҵы аусура иашәыршьцылала (Ажәам. 29:21; шәаԥхьа Ефесаа 4:28). Ашкол ахь ианцалак, ргәы ақәкны аҵара аҵара шәрыцхраала. Шәхәыҷқәа занааҭк алхра шәрыцхраарц азы Абиблиа ҭышәҵаала, насгьы уа иану апринципқәа шәхы иашәырхәала. Хықәкыс ишәымоу шәхәыҷқәа ахныҟәгашьа дырҵареи ажәабжьҳәаратә ус бзиа дырбареи ауп. Иҟалап пионерс амаҵ аура рылшаргьы.

17. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ҳара?

17 Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа агәра ганы иҟазар рылшоит зда ԥсыхәа ыҟам зегь риҭар шилшо, рыцхраарагь шиҭаху. Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа Иегова еиҳагьы ҳиқәгәыӷлароуп. Ҳзықәшәозаалакгьы, шәааи иаҳхаҳмыршҭлап Иегова ҳацхраара шилшо, избанзар иара амч ду имоуп!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаҳнарҵозеи израильааи Моисеии ирыхьыз?

  • Ишԥаҳалшо аԥара анҳзымхо Иегова игәра шаҳго ааҳарԥшыр?

  • Иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи ҳақәрахь ҳаннеиуа ҳхы зланыҟәаҳгало ҳаназхәыцуа?

АШӘА 150 Уеиқәхарц Иегова дыԥшаала

a Шәахәаԥш 2023 шықәса, октиабр мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа».

b Шәахәаԥш 2014 шықәса, сентиабр 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа».

c Шәахәаԥш 2014 шықәса, апрель 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (аурыс) аҿы иану астатиа «Никто не может служить двум господам».

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иегова имаҵ зуа ани аби Аҳратә зал аргылара зҽалазырхәуа рыԥҳаи рымаҳәи ирацәажәоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра