ИХӘАРҬОУ АЛАБЖЬАРАҚӘА
Асаркьа ииашаны шәхы иашәырхәала
Иаков Абиблиа асаркьа иаҿирԥшит, избанзар уи ҳзеиԥшраҵәҟьоу ҳнарбоит (Иак. 1:22—25). Ҳхы иаҳархәалар шԥаҳахәҭоу уи асаркьа?
Шәыхшыҩ азышьҭны шәаԥхьала. Асаркьа ҳаццакы-ццакуа ҳаныԥшылар, ирҽеитәу ҳазгәамҭар ауеит. Абиблиа ҳанаԥхьогьы ус ауп: хыхь-хыхь ҳаԥхьозар, ҳҽаҳаԥсахыр ахьҳахәҭоу ҳазгәаҭаӡом. Уи гәаҳҭарц азы Анцәа Иажәа ҳахшыҩ азышьҭны ҳаԥхьалароуп.
Егьырҭ ракәымкәа, шәхы шәахәаԥшла. Зны-зынла асаркьа ҳанахәаԥшуа, ҳхы акәымкәа, даҽаӡәы даҳбар алшоит. Абиблиа ҳанаԥхьогьы даҽаӡәы иҽиԥсахыр ахьихәҭоу ҳазхәыцуа ҳалагар ауеит. Аха уи ҳагхақәа рырҽеира иаҳԥырхагахоит.
Аҟәышра аашәырԥшла. Асаркьаҿы иҳагу мацара анаҳбо, ҳгәы каҳар ауеит. Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо аҟәышра аарԥшны Иегова ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу аасҭа ҳазымԥшлароуп (Иак. 3:17).