Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • km 7/14 ад. 2
  • Дышԥасыхәаԥшуеи сара Иегова?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Дышԥасыхәаԥшуеи сара Иегова?
  • Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
  • Иеиԥшу аматериал
  • Асаркьа ииашаны шәхы иашәырхәала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Хьаас изыскузеи сҭеиҭыԥш?
    Аҿар ирызцәырҵуа 10 зҵаарак рҭак
Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
km 7/14 ад. 2

Дышԥасыхәаԥшуеи сара Иегова?

1. Избан Абиблиа асаркьа изаҿырԥшу?

1 Шаҟа лассы-лассы уахәаԥшуазеи уара асаркьа? Ҳарҭ ҳҟынтә еиҳараҩык есыҽны иахәаԥшуеит, рҭеиҭыԥш аҿы ириашатәу рбарц азы. Абиблиа асаркьа иаҿырԥшуп. Анцәа Иажәа аԥхьара ҳара ҳаҩныҵҟатәи ҳхаҭара абара иҳацхраауеит, даҽакала иуҳәозар, Иегова дышҳахәаԥшуа еиԥш ҳхы абара (1 Сам. 16:7; Иак. 1:22—24). Анцәа Иажәа «ауаҩы игәы иҭаҵәаху, хәыцырҭас имоу, дызлаҟоу» аанарԥшуеит (Аур. 4:12). Ишԥаҳацхраауеи ҳара есыҽны Абиблиа аԥхьареи уи инарҵауланы азхәыцреи ажәабжьҳәараҿы еиҳа ақәҿиара ҳамазарц азы ириашатәу абара? (Ԥс. 1:1—3).

2. Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа ҳхы агәаҭараҿы?

2 Абиблиа асаркьа еиԥш уахәаԥшла. Иегова изиашаны имаҵ зуаз ауаа ирызкны Абиблиа иаҳәо аҟынтәи ҳара еилаҳкаауеит иарбан ҟазшьақәоу Анцәа дыззыразу. Иаҳҳәап, Давид гәацԥыҳәарыла Анцәа ихьӡ ихьчон (1 Сам. 17:45, 46). Исаиа дымшәаӡакәа имариамыз атерриториаҿы ажәабжьҳәара дақәшаҳаҭхеит (Ис. 6:8, 9). Иисус жәҩантәи Иаб иахь иҵаулаз абзиабара иман. Уи иара игәазҭанаҵон амаҵзура еидара хьанҭак еиԥш акәымкәа, агәахәареи амч ҿыцқәа узҭои реиԥш ахәаԥшра (Иоан. 4:34). Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа гәацԥыҳәарыла ажәабжь рҳәон, Иегова иқәгәыӷуан, насгьы ихьаҵуамызт (Аус. 5:41, 42; 2 Кор. 4:1; 2 Тим. 4:17). Арҭ аҿырԥштәқәа ҳанрызхәыцуа, уи иԥшьоу ҳмаҵзура аиӷьтәразы ҳхы агәаҭара иҳацхраауеит.

3. Избан иахмырԥакәан аҽыԥсахрақәа зыҟаҵатәу?

3 Уграқәа риашала. Ҳәарада, асаркьа ҳахьахәаԥшуа акгьы аанагаӡом, иҳагу-иҳабзоу баны ариашара ҳашьҭамзар. Ҳара ҳхы ииашаны ҳахәаԥшларц, нас иаҭаху аҽыԥсахрақәа ҟаҳҵарц азы, Иегова ҳиҳәалар ҳалшоит (Ԥс. 139:23, 24; Лука 11:13). Иаанхаз аамҭа маҷхеит, уи ауаа рыԥсҭазаара иадҳәалоуп, убри аҟынтә иахмырԥакәан аҽыԥсахрақәа ҟаҵатәуп (1 Кор. 7:29; 1 Тим. 4:16).

4. Иуҳәарц иулшозеи Анцәа Иажәа иахәаԥшуа, насгьы еиликааз инақәыршәаны зхы мҩаԥызго ауаҩы изкны?

4 Ауаҩы иҩныҵҟатәи ихаҭара — Иегова дызхәаԥшуа — еиҳараӡак ихадоуп иара иҭеиҭыԥш аасҭа (1 Пиот. 3:3, 4). Иуҳәарц иулшозеи Анцәа Иажәа иахәаԥшуа, насгьы еиликааз инақәыршәаны зхы мҩаԥызго ауаҩы изкны? Иара «уи иацныҟәо, изаҳауа зхамышҭуа... — дызҿу иусқәа рҿы лыԥха иоуеит» (Иак. 1:25). Ҳара насыԥ ҳауеит, насгьы амаҵзураҿы ақәҿиара змоу уаҩны ҳҟалоит, избанзар асаркьа еиԥш Иегова ихьӡ-иԥша ааҳарԥшуеит (2 Кор. 3:18).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра