АҴАРАЗЫ АСТАТИА 31
АШӘА 111 Агәырӷьаразы амзызқәа
Ишԥаҳалшо иҳамоу ҳзырханы анхашьа ҳҵар?
«Сзықәшәозаалакгьы, исымоу сзырхашьа сҵеит» (ФЛП. 4:11).
ЕИЛАҲКААУА
Егьырҭ иаҳзыҟарҵо ахә ашьареи, ахынраалареи, Иегова иқәыргәыӷрақәа рызхәыцреи иҳамоу ҳзырхара ишҳацхраауа.
1. Иаанагозеи иумоу узырхара? Иаанамгозеи уи?
ИШӘҲӘАР шәылшома ишәымоу шәзырханы аԥсҭазаара шәалагәырӷьоит ҳәа? Ус еиԥш иҟоу ауаҩы имоу абзиарақәа зегьы рзы Иегова ҭабуп ҳәа иеиҳәоит. Уи агәырӷьареи агәҭынчреи инаҭоит. Иара имам азы игәы каижьӡом, дагьгәамҵӡом. Аха иумоу узырханы аԥсҭазаара алагәырӷьара иаанагаӡом аԥсҭазаараҿы уаҳа акгьы уҭахӡам ҳәа, насгьы ахықәкқәа рықәыргылара ухәҭаӡам ҳәа. Иаҳҳәап, Абиблиа ақьырсианцәа ргәазҭанаҵоит Иегова изы еиҳаны аҟаҵара ирыцхраауа алшарақәа рыԥшааларц (Рим. 12:1; 1 Тим. 3:1). Ауаҩы имоу ахә шьаны ианизирхо, ииҭаху адҵа иаразнак имоургьы, агәырӷьара ирӡӡом.
2. Шәарҭарас иаҵоузеи иҳамоу анҳазҳмырхо?
2 Иҳамоу ҳазҳмырхозар, уи шәарҭоуп. Ирымоу маҷызшьо ауаа иҿыцу ак аархәаларц азы уахгьы-ҽынгьы аус руеит. Ақьырсианцәа шьоукы аӷьычра аҟынӡагьы инеит. Иҟалап дара абас ихәыцуазҭгьы: «Сара уи саԥсоуп», «Уи исҭаху акоуп», мамзаргьы «Уи аԥара нас исырхынҳәуеит». Аха аӷьычра иахьугалакгьы иӷьычроуп. Уи Иегова игәы инархьуеит, ихьӡгьы бжьнахуеит (Ажәам. 30:9). Даҽа шьоукы Иегова иорганизациаҿы ирҭахыз адҵақәа анырмоу, Иегова имаҵ аура иаҟәыҵит (Гал. 6:9). Избан ақьырсианцәа шьоукы убас зрыхьыз? Иҟалап ирымаз ахә ашьара иахьаҟәыҵыз азы акәзар.
3. Зыгәра ҳдыргозеи Филиппаа 4:11, 12 иану ажәақәа?
3 Апостол Павел иҳәеит: «Сзықәшәозаалакгьы, исымоу сзырхашьа сҵеит». (Шәаԥхьа Филиппаа 4:11, 12.) Иара аҩны адәылҵра азин анимамыз ауп арҭ ажәақәа аниҩыз. Павел иуадаҩыз аамҭақәа раангьы агәырӷьара ирӡӡомызт. Иара имаз ахә ашьашьа иҵеит. Павел иҿырԥшы иаҳнарбоит ҳаргьы уи шҳалшо. Аха уи азы аџьабаа ҳбароуп, даҽакала иуҳәозар, иҳамоу ахә ашьашьа ҳҵалароуп. Шәааи уи аҿы иҳацхраауа ҳалацәажәап.
ИШӘЗЫҞАРҴО АХӘ ШӘШЬАЛА
4. Избан ҭабуп аҳәашьа здыруа ауаҩы агәырӷьара зимоу, имоу ахәгьы зишьо? (1 Фессалоникаа 5:18).
4 Ҭабуп аҳәашьа здыруа ауаҩы агәырӷьара имоуп, имоу ахәгьы ишьоит. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа 5:18.) Иаҳҳәап, зда ԥсыхәа ыҟам ахьҳамоу азы Анцәа ҭабуп ҳәа иаҳҳәозар, иҳамам азы ҳгәы каҳажьлаӡом, уи даара иаҳҭаху ак акәзаргьы. Иегова иорганизациаҿы иҳаду адҵақәа рыхә ҳаракны иаҳшьозар, иҿыцу дҵак соундаз ҳәа ахәыцра аҭыԥан иҳаду адҵақәа еиҳа еиӷьны ишынаҳагӡалаша ҳазхәыцлоит. Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит ҳаҳәарақәа рҿы Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәаларц. Ҭабуп аҳәашьа ҳдыруазар, «ауаҩы изеилымкаауа Анцәа иҭынчра» ҳамазаауеит (Флп. 4:6, 7).
5. Избан израильаа Иегова ҭабуп ҳәа иарҳәалар зрыхәҭаз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
5 Иаҳгәалаҳаршәап израильаа ирыхьыз. Дара Египет иаҳфоз афатә гәхьааҳгоит ҳәа зныкымкәа Иегова иҿы иашшуан (Ахыԥхь. 11:4—6). Ҳәарада, ацәҳәыраҿы анхара мариамызт. Аха ирыцхраар алшози ирымаз рзырхара? Дара Иегова шаҟа бзиара рзыҟаиҵахьаз иазхәыцлар рыхәҭан. Египет ианынхоз дара маҵуцәан, гәымбылџьбаралагьы ирызныҟәон. Аха Иегова египтаа жәа-рыцҳарак ирықәыршәаны ижәлар еиқәирхеит. Израильаа Египет иалҵны ианцоз, «египтаа ирымаз зегь рымырхит»: араӡни, ахьи амаҭәеи (Ақәҵ. 12:35, 36). Дара Амшын ҟаԥшь ахь ианнеи, Иегова џьашьахәыла аӡы еиҩшаны урҭ еиқәирхеит. Ацәҳәыраҿы ианыҟаз, есыҽны фатәыс аманна риҭон. Избан нас израильаа зашшуаз? Ус зыҟарҵоз афатә ахьырзымхоз азы акәӡамызт, ҭабуп аҳәашьа ахьырзымдыруаз азоуп.
Избан израильаа ирымоу рызмырхаӡакәа ашшра изалагаз? (Шәахәаԥш абзац 5.)
6. Иҳацхраауазеи иҳамоу азы ҭабуп аҳәара?
6 Иҳацхраауазеи иҳамоу азы ҭабуп аҳәара? Актәи, агәырӷьара шәзаазго есыҽны шәазхәыцла. Шәара ишәылшоит амш аҩныҵҟа ишәымаз азылԥхарақәа акык-ҩбак џьара ианышәҵалар (Аҵә. 3:22, 23). Аҩбатәи, ауаа бзиарак анышәзыҟарҵо, ҭабуп ҳәа рашәҳәала. Еиҳарак ихадоуп Иегова есыҽны ҭабуп ҳәа иаҳәара — уи шәхашәмыршҭлан (Аԥсал. 75:1). Ахԥатәи, ирзыҟауҵо пату ззақәу ауаа ҩызцәас ишәымаз. Усҟан шәаргьы ишәзыҟарҵо пату шәзақәзаалоит. Еснагь ак згәамԥхо ауаа урыцлар, уаргьы урҭ уреиԥшхар ауеит (Ҩынтә. 1:26—28; 2 Тим. 3:1, 2, 5). Иҳамоу ахә ҳшьозар, уадаҩрак ҳахьақәшәаз азы ма ак ахьҳамам азы ашшра шьцыларас иҳауӡом.
7. Илыцхрааи Ачи уаанӡа еиԥш агәырӷьара аиура?
7 Индонезиа инхо А́чи илҳәоит: «Апандемиа COVID-19 аан егьырҭ схы рыҿсырԥшуа салагеит. Урҭ уадаҩрак рымамкәа инхозшәа збон. Уи иахҟьаны агәырӷьара сцәыӡит» (Гал. 6:4). Илыцхрааи Ачи лхәыцшьа аԥсахра? Лара илҳәоит: «Сара есыҽны Иегова исзыҟаиҵоз аҳамҭақәа схы рзысышьҭуа салагеит. Иара убас Анцәа иорганизациаҿы сахьыҟоу абзоурала шаҟа зылԥхара сымоу сазхәыцуан, насгьы уи азы Иегова ҭабуп ҳәа иасҳәон. Уи уаанӡа еиԥш аԥсҭазаара алагәырӷьара исыцхрааит». Шәаргьы угәы казыжьуа ахәыцрақәа шәызцәырҵуазар, Ачи иҟалҵаз ашьаҿақәа ҟашәҵа.
АХЫНРААЛАРА ААШӘЫРԤШЛА
8. Игәы зкаҳазеи Барух?
8 Зны аԥааимбар Иеремиа имаӡаныҟәгаҩ Барух игәы каҳаит. Иара имариамыз адҵа иман: Иеремиеи иареи ҭабуп аҳәашьа ззымдыруаз ажәлар Иегова иахьизымӡырҩуаз азы ирзыԥшыз рарҳәалар акәын. Иегова иҭахын Барух уи адҵа наигӡарц. Аха Барух Иегова ииҭахыз акәымкәа, иара ииҭахыз акәын дзызхәыцуаз. Иеремиа ила Иегова Барух иеиҳәеит: «Уара ухазы еиҳау уашьҭоуп. Уашьҭамлан» (Иер. 45:3—5). Даҽакала иуҳәозар, Анцәа иҳәеит: «Уҭагылазаашьа уҽақәыршәаны иумоу уалагәырӷьала». Барух Иегова иеиҳәаз дазыӡырҩит. Уи абзоурала Иеговеи дареи реиҩызара ихьчеит.
9. Иаҳдырҵозеи 1 Коринфаа 4:6, 7 аҿы иану ажәақәа? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
9 Зны-зынла ақьырсиан дҵак иара иаасҭа еиӷьны аӡәгьы изынагӡаӡом ҳәа игәы иаанагозар ауеит. Иҟалап иара аҟазара илазар, дмаашьаӡакәа аџьабаа ибозар, мамзаргьы аԥышәа имазар. Иҟалап зегь злоу аӡә иакәзаргьы. Аха иара ииҭахыз адҵа даҽаӡәы идырҵар ауеит. Ицхраауазеи усҟан игәы акамыжьра? Иара апостол Павел 1 Коринфаа 4:6, 7 (шәаԥхьа) аҿы ииҳәаз ажәақәа дрызхәыцыр илшоит. Иҳалоу аҟазарақәеи иҳаду адҵақәеи — Иегова иҟынтә ҳамҭақәоуп. Ҳара урҭ зҳамоу егьырҭ ҳахьреиӷьу азы акәӡам. Анцәа ҳара ҳахь ҳзыԥсам ақьиара ахьааирԥшуа азоуп (Рим. 12:3, 6; Еф. 2:8, 9).
Иҳалоу аҟазарақәеи иҳаду адҵақәеи — Иегова иҟынтә ҳамҭақәоуп. (Шәахәаԥш абзац 9.)b
10. Иҳацхраауазеи ахынраалара аизырҳара?
10 Иисус иҿырԥшы ҳазхәыцлар, уи ахынраалара аизырҳара иҳацхраауеит. Иаҳгәалаҳаршәар ҳалшоит иара дыԥсаанӡа уахык шагыз иҟаиҵаз. Иисус идыруан иара Анцәа Иԥа шиакәу, насгьы амчра ду шимоу. Ус ишыҟазгьы, иапостолцәа ршьапқәа иӡәӡәеит. Иоанн иҩит: «Иисус Иаб зегьы инапы ишаниҵаз, Анцәа иҟынтә дшааз, насгьы Анцәа иахь дышцо дырны, астол дахыҵ[ит]... Уи ашьҭахь алагьан аӡы аниҭәалан, иҵаҩцәа ршьапқәа [рыӡәӡәара]... далагеит» (Иоанн 13:3—5). Иисус сара сакәӡам апостолцәа ршьапқәа зыӡәӡәаша, дара роуп сшьапқәа зыӡәӡәаша ҳәа дхәыцыр ауан. Аха адгьыл аҿы амаҵ аниуаз, сара Анцәа Иԥа соуп, гьамала сынхаларц азы аҩн дуи ирацәаны аԥареи сымазароуп ҳәа дхәыцӡомызт (Лука 9:58). Иисус ахынраалара илан, имазгьы изирхон. Иара аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит (Иоанн 13:15).
11. Ишԥаицхраауеи Деннис ахынраалара ахьааирԥшуа имоу алагәырӷьара?
11 Нидерланд инхо Де́ннис Иисус диҿыԥшны ахынраалара аизырҳара иҽазишәоит. Уи мариаӡам. Иара иҳәоит: «Зны-зынла аԥагьареи агәынамӡареи шсызцәырҵуа збоит, иаҳҳәап исҭаху дҵак даҽаӡәы ианирҭо. Усҟан иаразнак ахынраалара иазку атема аҭҵаара салагоит. Апрограмма JW Library® аҿы „ахынраалара“ ҳәа хьӡыс иаҭаны атег ҟасҵеит. Уа ажәеинраалақәа еизызгоит. Уи маншәалоуп, ианаасҭаху ирласны иаартны сеиҭарыԥхьалар сылшоит. Иара убас ахынраалара иазку ажәахәқәа сҭел иҭазгалеит. Урҭ лассы-лассы сырзыӡырҩуеитa. Сара издыруеит схы ӡырымгаӡакәа иҟасҵо зегьы Иегова дҳаранаклар шакәу. Иегова имаҵ аураҿы иҟаҳҵо ақәҿиара замоу иара абзиабара аарԥшны дахьҳацхраауа азоуп». Аизараҿы ишәҭаху дҵак шәыдрымҵозар, еиҳаны ахынраалара еизшәырҳала. Уи Иеговеи шәареи шәеиҩызара арӷәӷәареи ишәымоу алагәырӷьареи ишәыцхраауеит (Иак. 4:6, 8).
ИЕГОВА ИҚӘЫРГӘЫӶРАҚӘА ШӘРЫЗХӘЫЦЛА
12. Ишԥаҳацхраауеи Иегова иқәыргәыӷрақәа иҳамоу алагәырӷьара? (Исаиа 65:21—25).
12 Иҳацхраауазеи иҵегьы иҳамоу алагәырӷьара? Иегова иҳазирхиаз аԥеиԥш бзиа ҳазхәыцлароуп. Исаиа ишәҟәы ишаҳнарбо еиԥш, Анцәа ҳауадаҩрақәа еиликаауеит. Иара урҭ зегьы шықәиго ҳақәиргәыӷуеит. (Шәаԥхьа Исаиа 65:21—25.) Ҳара аҩны ԥшӡа, иаҳгәаԥхо аусура, ихаау, насгьы ихырҳагоу афатә ҳамазаауеит. Ҳхәыҷқәеи ҳареи цәгьарак ҳақәшәоит ҳәа уаҳа ахаан ҳшәалаӡом (Ис. 32:17, 18; Иез. 34:25). Агәра ганы ҳаҟоуп Иегова ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо.
13. Ишԥаҳацхраауеи иҳамоу агәыӷра ауадаҩрақәа рыхгара?
13 Иегова иқәыргәыӷрақәа рызхәыцра иахьа еиҳагьы ихадоуп. Избан? Избанзар ҳара «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы ҳанхоит, аԥсҭазаарагьы даара ицәгьоуп (2 Тим. 3:1). Иегова дҳацхраарц азы есыҽны аҟәыӷареи амчи ҳаиҭоит (Аԥсал. 145:14). Адунеи ҿыц аҿы анхаразы иҳамоу агәыӷрагьы ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит. Иҟалап шәҭаацәа фатәыки, шәҵатәыки, хыҵакырҭаки рымазарц азы ирацәаны аус жәуазар. Иаанагома уи еснагь шәӷарны шәынхалоит ҳәа? Мап! Иегова ҳақәиргәыӷит адунеи ҿыц аҿы иаҳҭаху адагьы, уи инеиҳангьы ишҳаиҭо (Аԥсал. 9:18; 72:12—14). Иҟалап есыҽны ахьаа шәычҳауазар, адепрессиа шәымазар, мамзаргьы даҽа чымазара ӷәӷәак шәымазар. Иаанагома уи шәгәаҟрақәа ахаан инҵәаӡом ҳәа, насгьы агәабзиара ахаан ишәоуӡом ҳәа? Ҳәарада, мап! Адунеи ҿыц аҿы ачымазарақәеи аԥсреи уаҳа ахаан иҟалаӡом (Аат. 21:3, 4). Иҳамоу агәыӷра ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ҳгәы аԥымжәареи агәырӷьара амырӡреи иҳацхраауеит. Ииашамкәа иҳазныҟәозаргьы, иаҳзааигәоу аӡә дыԥсызаргьы, ма даҽа гәаҟрак ҳақәшәазаргьы, ҳара агәырӷьареи агәҭынчреи ҳмырӡыр ҳалшоит. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Ҳара иаҳдыруеит «ҳзықәшәо агәаҟрақәа ирласны ишиасуа», насгьы адунеи ҿыц аҿы Иегова урҭ ыҟаӡамызшәа ишықәиго (2 Кор. 4:17, 18).
14. Иҳацхраауеи ҳгәыӷра арӷәӷәара?
14 Ишаҳбаз еиԥш, агәыӷра иҳамоу алагәырӷьара иҳацхраауеит. Убри аҟынтә ҳгәыӷра ҳарӷәӷәалароуп. Ишԥаҳалшо уи ҳарӷәӷәалар? Ауаҩы хара иҟоу ак ибарц азы абласаркьа имӷаиҵар акәхар алшоит. Убас еиԥш ҳаргьы адунеи ҿыц аҿы ҳшынхало ҳхаҿы иааганы ҳазхәыцлароуп. Шәара сҭаацәа зланыҟәызгари ҳәа агәҭынчымра шәымазар, аԥареи, ауалқәеи, аӷарреи ахьыҟамло адунеи ҿыц аҿы шәшынхало шәхаҿы иаажәгалар шәылшоит. Ишәҭахыз дҵак ахьышәмоуз азы шәгәы каҳауазар, шәхаҿы иаажәгар шәылшоит инаӡоу аԥсҭазаара шәахьалагәырӷьало адунеи ҿыц аҿы уи зынӡа шәшазымхәыцло (1 Тим. 6:19). Адунеи ҿыц аҿы ишәоуа азылԥхарақәа рызхәыцра мариамшәа шәгәы иабар ауеит. Аха уи шәҽашәыршьцылалар, еиҳа-еиҳа еиӷьны ишәзалҵлоит.
15. Ишәнарҵозеи Криста лҿырԥшы?
15 Ҳлабадырып хыхь зыӡбахә ҳҳәоз Деннис иԥшәма Кри́ста. Лара илҳәоит: «Сара сжьышәақәа сыхьуеит. Сызланыҟәо аинвалидтә колиаскалоуп. Абжеиҳан аиарҭа самоуп. Есыҽны ахьаа ӷәӷәақәа сымоуп. Ааигәа сҳақьым сшеиӷьымхо иҳәеит. Сара иаразнак ус схәыцит: „Сышԥеиӷьымхо?! Сҳақьым аԥхьаҟа иаҳзыԥшу издырӡом ауп“. Сара исымоу агәыӷра схы азысышьҭуеит, уи агәҭынчра снаҭоит. Ари адунеи аҿы сгәаҟуеит, аха агәра ганы сыҟоуп адунеи ҿыц аҿы агәырӷьара шысзыԥшу!»
«ИАРА ИЦӘШӘО АКГЬЫ РЫГӠАМ»
16. Ииҳәарц ииҭахызи Давид, Иегова изкны «Иара ицәшәо акгьы рыгӡам» ҳәа аниҳәа?
16 Акгьы ҳагӡам, ҳкәаԥӡа ҳаҟоуп ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы, уадаҩрак ҳмоур ауӡом. Даҳгәалаҳаршәап аҳ Давид. Иара хҩык иреиҵамкәа иԥацәа ԥсит. Уи адагьы, акгьы ихараӡамкәа ахара идырҵон. Зыгәра игоз ауаа дырҭиит, насгьы дызшьырц зҭахыз аҳ Саул иҟынтә акыршықәса иҽиҵәахуан. Давид абриаҟара ауадаҩрақәа дышрықәшәозгьы, Иегова изкны абас иҳәеит: «Иара ицәшәо акгьы рыгӡам» (Аԥсал. 34:9, 10). Ҳаргьы хьаада-баада ҳанхалоит ҳәа ҳхәыцӡом. Аха агәра ганы ҳаҟоуп Иегова иаҳҭахыҵәҟьоу зегь шҳаиҭо (Аԥсал. 145:16). Ҳзықәшәо ауадаҩра зеиԥшразаалакгьы, Анцәа дҳацхраауеит агәырӷьареи агәҭынчреи мырӡӡакәа уи ахгара.
17. Избан иҳамоу ҳзырхашьа ҳҵар зыбзиоу?
17 Иегова иҭахуп аԥсҭазаара ҳалагәырӷьаларц (Аԥсал. 131:1, 2). Иара иҳамоу ҳзырхара иҳацхраауа ҳаиҳәеит. Убри аҟынтә ари астатиаҿы иаагоу алабжьарақәа шәхы иашәырхәала: егьырҭ ишәзыҟарҵо ахә шәшьала, ахынраалара аашәырԥшла, насгьы ишәымоу агәыӷра шәазхәыцла. Убасҟан «Исымоу сзырхашьа сҵеит» ҳәа шәҳәар шәылшоит (Флп. 4:11).
АШӘА 118 «Ҳхаҵара иазырҳа»
a Иаҳҳәап, асаит jw.org аҿы шәрыхәаԥш авидеонҵамҭақәа «Иегова заботится о смиренных», иара убас «„Гибели предшествует гордость“».
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа ҳорганизациа иатәу ахыбра иагу-иабзоу гәеиҭоит; абыжьҭыгарадатә бызшәа зҵаз аиаҳәшьа араионтә конгресс аҿы аинтервиу лымырхуеит; аиашьа ажәахә иманы дықәгылоит.