Избан зегь змоу ак иҭара зҳахәҭоу?
«Ҳанцәа, иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит, насгьы зеиԥшыҟам ухьӡ ҳараҳкуеит» (1 АШЫҚӘСЫНҴА 29:13).
1, 2. Ишԥааирԥшуеи Иегова ҳара ҳахь агәыҭбаара?
ИЕГОВА агәыҭбаара злоу Нцәоуп. Иааҳамоу зегьы иара иҟынтә ауп иахьҳауз. Адгьыл аҿы иҟоу зегьы иара итәуп, насгьы уи аԥсҭазааразы иаҳҭаху зегь ҳаиҭаларц азы ихы иаирхәоит (Аԥсалом 103:13—15 [104:13—15, АдҾ]; Аггеи 2:8). Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова имоу ихы иархәаны, зны-зынла џьашьахәыла имаҵзуҩцәа дышрыцхраауаз.
2 Иаҳҳәап, израильаа 40 шықәса ацәҳәыра ианықәыз, Иегова аманнеи аӡи риҭон (Ақәҵымҭа 16:35). Убри аҟынтә дара зда ԥсыхәа рымамыз зегь рыман (Неемиа 9:20, 21). Ԥыҭрак ашьҭахь, Иегова иԥааимбар Елисеи амч ииҭеит азиашара аазырԥшуаз аԥҳәысеиба илымаз ахәша рацәахартә иҟаиҵарц азы. Анцәа илиҭаз ари аҳамҭа абзоурала аԥҳәысеиба луалқәа лшәеит, иара убас лԥацәеи лареи рхы зланыҟәыргаша рзынхеит (2 Аҳцәа 4:1—7). Иегова ицхыраарала Иисусгьы џьашьахәыла ауаа акрырҿеиҵон, ианаҭахыз аԥарагьы рымазартә еиԥш иҟаиҵон (Матфеи 15:35—38; 17:27).
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Иегова иааиҭаххо зегьы ихы иаирхәар илшоит ишамҭақәа дрыцхрааларц азы. Ус шакәугьы, иара имаҵзуҩцәа ааиԥхьоит иорганизациа изларылшо ала иацхрааларц (Ақәҵымҭа 36:3—7; уаԥхьа Ажәамаанақәа 3:9). Избан Иегова иҳаиҭо аҟынтә зегь иреиӷьу иаҳҭалоит ҳәа дзазыԥшу? Иарбан цхыраароу ажәытәан Иегова имаҵзуҩцәа ижәлар инарыгӡоз аус иарҭоз? Рхы ишԥадырхәо Анцәа иорганизациаҿы хатәгәаԥхарала иалаҳҵо аԥара? Ари астатиаҿы арҭ азҵаарақәа рҭак ҳауеит.
ИЗБАН ИЕГОВА АК ИҬАРА ЗАҲҬАХӘУ?
4. Иааҳарԥшуазеи Иегова иахь, ижәлар инарыгӡо аус ҳанацхраауа?
Ҳара Иегова иҳамоу аҟынтә зегь иреиӷьу иаҳҭоит, избанзар даараӡа бзиа даҳбоит
4 Ҳара Иегова иҳамоу аҟынтә зегь иреиӷьу иаҳҭоит, избанзар даараӡа бзиа даҳбоит. Иара иаҳзыҟаиҵаз зегьы ҳанрызхәыцуа, ҳагәқәа гәырӷьарала иҭәуеит. Аҳ Давидгьы убри аҩыза ацәаныррақәа иман аныҳәарҭа аргыларазы иаҭахыз даналацәажәоз. Иара иҳәеит ҳара иҳамоу, насгьы Иегова иаҳҭо зегьы иара иҟынтә ишаауа. (Уаԥхьа 1 Ашықәсынҵа 29:11—14.)
5. Ишԥаҳаилнаркаауеи Абиблиа гәыкала аҭара ииашоу амҵахырхәара ишахәҭаку?
5 Иара убас хатәгәаԥхарала аҭара ҳмаҵзура иахәҭакуп. Апостол Иоанн иоуз абараҿы иаҳаит ажәҩан аҿы адоуҳатә шамҭақәа ишырҳәоз: «Уара, Иҳақәиҭу, абри аҩыза ахьӡ-аԥша, аҳаҭыр, амч-алшара рыдкылара уаҭәоуп, избанзар уара уоуп зегь аԥызҵаз, угәаҳәарала ауп зегь шыҟоу, ишшоу» (Аатра 4:11). Ииашаҵәҟьаны Иегова ахьӡи-аԥшеи дрыԥсоуп, убри аҟынтә ҳара зегь иреиӷьу иаҳҭалар ҳҭахуп. Моисеи ила Иегова израильаа шықәсык аҩныҵҟа х-ныҳәак азгәарҭаларц рыдиҵеит. Урҭ аныҳәарақәа раан дара Иегова амҭақәа изнаргалар акәын. Ауаа «напы ҭацәыла» инеир ҟаломызт (Ҩынтәзакәан 16:16). Иахьагьы гәыкала аҭара ҳмаҵзура иахәҭакуп. Уи ала ҳара иааҳарԥшуеит Иегова иорганизациа инанагӡо аус ахә шаҳшьо, насгьы ҳшадгыло.
6. Избан Иегова ак аниаҳҭо, уи ҳара ахәарҭа заҳзаанаго? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
6 Ҳара ак анҳауа адагьы, егьырҭ гәыкала ак анраҳҭо ахәарҭа ҳзаанагоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 29:21.) Шәхаҿы иаажәг: ахәыҷы иҭаацәа рҟынтә ԥара хәыҷқәак иоуит, уи абжа нихуеит иҭаацәа аҳамҭа рзааихәарц азы. Иарбан цәаныррақәоу ари аҳамҭа аҭаацәа ирызцәырнаго? Мамзаргьы шәхаҿы даажәг зҭаацәа ирыцынхо иқәыԥшу апионер, иара ауаҭах ахә ахшәаара дрыцхраарц ма афатә аархәарц азы иҭаацәа шаҟа илшо аԥара риҭоит. Иҟалап дара уи иазыԥшымзар, аха уеизгьы ирыдыркылоит. Избан? Избанзар уи ала иара иҭаацәа изыҟарҵо зегь азы аџьшьара аарԥшра илшоит. Убас еиԥш Иегова идыруеит зегь иреиӷьу иара ианиаҳҭо, уи ҳара ахәарҭа шаҳзаанаго.
АЖӘЫТӘАН ИНХОЗ АНЦӘА ИМАҴЗУҨЦӘА ИРЕИӶЬУ ШИРҬОЗ
7, 8. Иарбан ҿырԥшу иаҳзаанрыжьыз ажәытәан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәа хатәгәаԥхарала аҭара аганахь ала а) иалкаау ргыларақәак рҿы? б) ижәлар инарыгӡоз аус адгылараҿы?
7 Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова имаҵзуҩцәа иус иацхрааларц азы хатәгәаԥхарала аҭара шыҟарҵоз. Зны-зынла дара иалкаау ргыларақәак рҿы ацхыраара арҭон. Иаҳҳәап, Моисеи израильаа иԥшьоу ақьала аргыларазы аҭара ҟарҵарц иааиԥхьеит. Ԥыҭрак ашьҭахь аҳ Давид аныҳәарҭа аргыларазы убас ҟаиҵеит (Ақәҵымҭа 35:5; 1 Ашықәсынҵа 29:5—9). Аҳ Иоас напхгара аниуаз аамҭазы аԥшьаҩцәа аныҳәарҭа аиҭашьақәыргыларазы ауаа ирырҭоз аԥара рхы иадырхәеит (2 Аҳцәа 12:4, 5). Актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа ираҳаит Иудеиа амлакра шыҟаз, насгьы аишьцәа ацхыраара шырҭахыз. Убри аҟынтә ақьырсианцәа ирыӡбеит дасу илшоз ала аишьцәа ирыцхраарц (Аусқәа 11:27—30).
8 Иара убас Иегова ижәлар зыԥсҭазаара амаҵзура иазызкыз ирыцхраауан. Иаҳҳәап, Моисеи изакәан инақәыршәаны алевитцәа егьырҭ абиԥарақәа адгьыл шроуз еиԥш ирмоуӡеит. Убри аҟынтә егьырҭ абиԥарақәа ирымаз аҟынтә ажәабатәи ахәҭа алевитцәа ирырҭон. Уи абзоурала алевитцәа иԥшьоу ақьалаҿы рмаҵзура нарыгӡалар рылшон (Ахыԥхьаӡарақәа 18:21). Убас еиԥш агәыҳалалра злаз аҳәса ирылшоз ала Иисус иапостолцәеи иареи ирыцхраауан (Лука 8:1—3).
Ибеиазгьы, иӷарызгьы, зегьы ирылшоз ҟарҵон
9. Ишԥаҟарҵоз ажәытәан хатәгәаԥхарала аҭара?
9 Ауаа иарҭоз аҭарақәа ахьынтәааргоз еиԥшымызт. Иԥшьоу ақьала аргылара иацхраауаз израильаа иҟалап зыхә ҳаракыз амаҭәарқәа Мысрантәи иааргазар (Ақәҵымҭа 3:21, 22; 35:22—24). Актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа шьоукы ирымаз адгьылқәеи аҩнқәеи ҭины, ирыхҭнырхуаз аԥара апостолцәа ирырҭон. Урҭ аԥарақәа апостолцәа рхы иадырхәон ацхыраара зҭахыз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирыцхраарц азы (Аусқәа 4:34, 35). Егьырҭ ақьырсианцәа Анцәа иус иацхраарц азы идырҳауаз аҟынтә хәҭак ахыхны ирҵәахуан (1 Коринфаа рахь 16:2). Убас ала ибеиазгьы, иӷарызгьы, зегьы ирылшоз ҟарҵон (Лука 21:1—4).
ИАХЬА АҬАРА ҞАҲҴАЛАР ШҲАЛШО
10, 11. а) Ишԥаҳалшо ажәытәан инхоз агәыҳалалра аазырԥшуаз Иегова имаҵзуҩцәа рҿыԥшра? б) Ҳашԥазыҟоу ҳара Аҳра аус адгыларазы иҳамоу алшара?
10 Ҳаргьы иахьа иалкаау уск аҿы ацхыраара аҳҭарц иҳаҳәар алшоит. Иаҳҳәап, шәеизараҿы Аҳратә зал арҽеира ма аҿыц аргылара ргәы иҭоуп. Мамзаргьы аҭыԥантәи афилиал арҽеира аҭахызар ауеит. Иҟалап иҳалшозар аконгресс амҩаԥгаразы иҟаҵаз ахарџь ахҩара ҳацхраар. Ма даҽа ҭыԥк аҿы инхо аԥсабаратә рыцҳара иақәшәаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ацхыраара рҭахызар алшоит. Иара убас хатәгәаԥхарала иҟаҳҵо аҭарақәа ацхыраара рнаҭоит амиссионерцәа, иҷыдоу апионерцәа, араионтә хылаԥшыҩцәа, иара убас адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭеи еиуеиԥшым атәылақәа рҿы иҟоу афилиалқәеи рҿы амаҵ зуа зегьы. Уи адагьы, егьырҭ атәылақәа рҿы инхо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи Аконгресстә залқәеи Аҳратә залқәеи рыргылара ирыцхраарц азы шәеизара иааиԥмырҟьаӡакәа аԥара ашьҭуазар алшоит.
11 Дасу иҳалшоит арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Иегова иорганизациа инанагӡо аус ҳацхраарц азы иҳалшо аҟаҵара. Аҭарақәа реиҳарак ҟазҵо аӡәгьы издыруам. Аҳратә зал аҿы иҟоу аиашьыкь аԥара анҭаҳҵо, мамзаргьы асаит jw.org ала аҭара аныҟаҳҵо, шаҟа ҟаҳҵаз аӡәгьы иаҳҳәом. Аха иҟалап шәара иҟашәҵо аҭарақәа уск иацхраартә еиԥш ирацәам ҳәа шәыԥхьаӡозар. Ҵабыргыҵәҟьаны, аорганизациа аԥара ахьаиуа зыбзоуроу аӡәы ирацәаны аԥара ахьалаиҵо акәӡам, аха зегьы ирылшо ахәыҷы ахьыҟарҵо ауп. Даара иӷарны инхо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи Македониа инхоз ақьырсианцәа ирҿыԥшлар рылшоит. Дара «аӷарра бааԥсы» иҭагылан, аха аҭара аҟаҵара алшара рырҭарц иаҳәаны, гәыҳалалрала ацхыраара ҟарҵеит (2 Коринфаа рахь 8:1—4).
12. Рыҽшԥазыршәо аишьцәа хатәгәаԥхарала иалаҵо аԥарақәа еиӷьны рхархәара?
12 Анапхгаратә хеилак хатәгәаԥхарала иалаҵоу аԥарақәа рхархәараҿы азиашареи аҟәыӷареи аанарԥшуеит (Матфеи 24:45). Уи иалахәу аишьцәа Анцәа иҳәоит ииашоу аӡбарақәа рыдыркылаларц азы, насгьы аԥарақәа рхы ишадырхәаша ибзианы иазхәыцуеит (Лука 14:28). Абиблиатә аамҭақәа раан аҭарақәа ирхылаԥшуаз азиашара аазырԥшуаз ахацәа аԥарақәа Иегова имҵахырхәара мацаразы рхы иадырхәаларц иацклаԥшуан. Иаҳҳәап, Ездра Персиатәи аҳ иҟынтә Иерусалимҟа даныхынҳә, ирацәаны аҳамҭақәа ааигеит: ахьы, араӡны, иара убас зыхә ҳаракыз егьырҭ амаҭәарқәа. Иахьатәи аԥарақәа рыла урҭ рыхә 100 миллионк доллар инареиҳауп. Ездра урҭ аҳамҭақәа зегьы Иегова итәын ҳәа иԥхьаӡон. Убри аҟынтә урҭ рыманы ишәарҭоу аҭыԥқәа ианраҩсуаз, Ездра акгьы рцәымӡырц дахылаԥшуан (Ездра 8:24—34). Акыршықәса рышьҭахь апостол Павел Иудеиа инхоз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи дрыцхраарц азы аԥара еизигон. Иара дацклаԥшит аԥарақәа уахь иназгоз аишьцәа уи Иегова иҿаԥхьа мацара акәымкәа, ауаа рҿаԥхьагьы иашарыла иршарц. (Уаԥхьа 2 Коринфаа рахь 8:18—21.) Иахьагьы Иегова иорганизациа Ездреи Павели ирҿыԥшны хатәгаԥхарала иаларҵо аԥарақәа иреиҷаҳауеит.
13. Избан ааигәа ҳорганизациаҿы ԥсахрақәак зыҟаҵаз?
13 Иҟалап ҭаацәарақәак аԥарақәа шнырхуа иазхәыцыр акәзар, идырҳауа аасҭа еиҳаны инырымхларц азы. Мамзаргьы иҟалап еиҳаны Иегова имаҵ руларц азы, рыԥсҭазаара шдырмариаша иазхәыцыр акәзар. Иегова иорганизациагьы убас азаҳҳәар ҳалшоит. Ааигәа аорганизациаҿы иҿыцу проектқәак нарыгӡарц рыӡбеит, аха зны-зынла иныхыз аԥара иаларҵоз аасҭа еиҳан. Убри аҟынтә аорганизациа азхәыцуа иалагеит ахарџь шдырмаҷша, насгьы аус шдырмариаша, иҟашәҵо аҭарақәа рыбзоурала еиҳаны иҟарҵаларц азы.
ИҞАШӘҴО АҬАРАҚӘА ИААРГО АХӘАРҬА
Иҟашәҵо аҭара адунеизегьтәи аус иацхраауеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14—16.)
14—16. а) Рхы ишԥадырхәо иҟашәҵо аҭарақәа? б) Иарбан хәарҭоу шәара хаҭала ишәзаанаго аорганизациа иҟанаҵо?
14 Акыршықәса раԥхьа аҵабырг здызкылаз аӡәырҩы ирҳәоит уаанӡа аасҭа уажәы аорганизациа аҟынтә еиҳаны аҳамҭақәа шроуа. Уажәы ҳара иҳамоуп асаит jw.org, насгьы JW Broadcasting. Иҳамоуп Иԥшьоу Аҩыра Адунеи Ҿыц Аиҭага ирацәаны абызшәақәа рыла. 2014/2015 шықәсқәа рзы 14 тәыла рҿы хымш рыҩныҵҟа астадион дуӡӡақәа рҿы имҩаԥысуан «Продолжайте искать прежде Царство!» захьӡыз жәларбжьаратәи аконгресс. Уи иаҭааз зегьы даара игәырӷьон!
15 Аӡәырҩы Иегова иорганизациа аҟынтә ироуз ари аҳамҭа шаҟа агәырӷьара рзаанагаз атәы еиҭарҳәоит. Иаҳҳәап, Азиа амаҵ зуа хаҵеи-ԥҳәыси ирҩит: «Ҳара ақалақь хәыҷ аҿы амаҵ ҳауларц ҳрышьҭит. Убри аҟынтә зны-зынла егьырҭ ҳарцәыхаразшәа ҳхы ҳбоит, насгьы Иегова иорганизациа инанагӡо аус амҽхак шаҟа иҭбаау ҳхашҭуеит. Аха JW Broadcasting аҿы еиуеиԥшым апрограммақәа ҳанрыхәаԥшуа, иаразнак ҳара иаҳгәалашәоит жәларбжьаратәи аиашьара ҳшахәҭаку. Бзиа иаҳбо аҭыԥантәи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи урҭ апрограммақәа ргәаҵанӡа инеиуеит. Ҳара лассы-лассы иҳаҳауеит урҭ ишырҳәо есымза иҭыҵуа апрограммақәа ҳанрыхәаԥшлак ашьҭахь Анапхгаратә хеилак еиҳа ҳазааигәахоит ҳәа. Дара Иегова иорганизациа иахьахәҭаку уаанӡа аҵкыс еиҳангьы ахә ршьоит».
16 Адунеи ахьынӡанаӡааӡо 2 500 раҟара Аҳратә залқәа рыргылара, мамзаргьы рырҽеира иаҿупт. Гондурас иҟоу еизарак аҟынтә ажәабжьҳәаҩцәа ирҳәоит Аҳратә зал рымазарц даара ишырҭахыз, насгьы ргәахәтәы шынаӡаз. Дара ирҩит: «Ҳара адунеизегьтәи Иегова иҭаацәара ҳахьахәҭаку ахә даараӡа иҳаракны иаҳшьоит, насгьы зеиԥшыҟам ҳаиашьара ҳалагәырӷьоит». Аӡәырҩы убас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа рызцәырҵуеит Абиблиеи егьырҭ апубликациақәеи рхатә бызшәала ианроуа, аԥсабаратә рыцҳараан рашьцәеи раҳәшьцәеи анрыцхраауа, мамзаргьы ақалақь дуқәа, насгьы ртерриториаҿы ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара алҵшәа бзиақәа шаанаго анырбо.
17. Иабантәаадыруеи Иегова иахьа иорганизациа дшацхраауа?
17 Иегова ишаҳаҭцәам аӡәырҩы ирызхаҵом иҟаҳҵо зегьы хатәгәаԥхарала иалаҵо аԥарақәа ишрыбзоуроу. Акомпаниа ду анапхгаҩы ҳтипографиақәа руак даҭааит. Иара даара иџьеишьеит аус зегьы хатәгәаԥхарала иалаҵоу аԥарақәа рыла иахьынарыгӡо, насгьы уи хатәгәаԥхарала ацхыраара азҭо иахьыҟарҵо. Иара убас уи иџьеишьеит ауаа рҟынтә аԥарақәа ахаангьы иахьеизаҳамго. Иара иҳәеит ари ҟалашьа змам ак ауп ҳәа. Ҳара уи ҳақәшаҳаҭуп! Ҳара иаҳдыруеит уи зыбзоуроу Иегова ицхыраара шакәу (Иов 42:2).
ИЕГОВА ИРЕИӶЬУ АНИАҲҬО ИҲАУА АЗЫЛԤХАРАҚӘА
18. а) Иарбан зылԥхарақәоу иҳауа Аҳра аус ҳанацхраауа? б) Ишԥаҳалшо ҳхәыҷқәеи ҿыц иааиуа ауааи уи аҟаҵашьа дырҵара?
18 Иегова ҳара ҳахь аҳаҭыр ду ааирԥшит, насгьы Аҳра аус ацхрааразы алшара ҳаиҭеит. Уи ҟаҳҵалар иара дшаҳзылԥхо агәра ҳиргоит (Малахиа 3:10). Ҳара гәыҭбаарала иус ҳадгылозар, Иегова зегь шҳамазаауа ҳақәиргәыӷуеит. (Уаԥхьа Ажәамаанақәа 11:24, 25.) Уи инеиҳангьы, иара иҳаиҳәоит усҟан ҳшынасыԥхо, избанзар «аӡәы ак ануиҭо аасҭа, наҟ ак аниуҭо — еиҳа инасыԥуп, еиҳа игәахәоуп» (Аусқәа 20:35). Ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла ҳхәыҷқәеи ҿыц аҵабырг здызкыло ауааи Анцәа иус азы хатәгәаԥхарала аҭара аҟаҵара дҳарҵоит. Уи дара ирацәаны азылԥхарақәа рзаанагоит.
19. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?
19 Иааҳамоу зегьы ҳазҭаз Иегова иоуп. Хатәгәаԥхарала аҭара аныҟаҳҵо, бзиа дшаҳбо, иара убас иаҳзыҟаиҵо зегь пату шақәаҳҵо ааҳарԥшуеит (1 Ашықәсынҵа 29:17). Израильаа аныҳәарҭа аргылара ианацхраауаз, «игәырӷьон, избанзар иҟарҵоз Иегова изы гәыкала иҟарҵон» (1 Ашықәсынҵа 29:9). Шәааи анаҩсгьы Иегова иҳаиҭо аҟынтә зегь иреиӷьу иаҳҭалап, уи агәырӷьареи агәахәареи ҳзаанагалоит.