АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иааурԥшуа абзиабаразы Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит
Фессалоника инхоз ақьырсианцәа рыгәрахаҵара рыцеиҩызшоз рашьцәеи раҳәшьцәеи рахь абзиабара аадырԥшит. Дара рхаҭақәагьы ауадаҩрақәа шрымазгьы урҭ ирыцхрааит (2 Фес. 1:3, 4). Иахьагьы Иегова ижәлар рашьцәеи раҳәшьцәеи ахьынхозаалакгьы урҭ рахь абзиабара аадырԥшуеит. Асаит jw.org аҿы иҟоу «На что идут ваши пожертвования» захьӡу астатиақәа рҿы иаҳәоит, хатәгәаԥхарала иҟашәҵо аҭарақәа ауадаҩрақәа раан ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ишрыцхраауа. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа уаҳҳәоит иааурԥшуа абзиабареи агәыҳалалреи рзы!
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ШӘАХЬҲАМОУ АНЦӘА ҬАБУП ҲӘА ИАҲҲӘОИТ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
• Рхы ишԥадырхәо хатәгәаԥхарала иҟашәҵо аҭарақәа?
• Ишԥаҳалшо арыцҳара иақәшәаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ԥарала ҳрыцхраар? (Уахәаԥш асаит jw.org аҿы иаагоу астатиа «Избыток восполняет недостаток».)