АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иегова изы ҳҳамҭа
Ишԥаҳалшо иахьа Иегова аҳамҭа иҭара? (1 Аш. 29:5, 9, 14). Ари астатиаҿы иаагоуп адунеи зегь аҿы ма ҳахьынхо аҭыԥ аҿы Иегова ишаҳаҭцәа рус аҭарала ҳацраарц шҳалшо узырбо азнеишьақәа.
АИНТЕРНЕТ АЛА ИҞАҲҴО, МА АИАШЬЫКЬ АХЬ ИҬАҲЦО АҬАРА АХЬЦО
АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АУС АХЬ
афилиалқәеи аиҭагаратә офисқәеи рыргылареи рымаҵ ауреи рзы;
атеократиатә школқәа рымҩаԥгаразы;
заамҭа зегьы иҷыдоу амаҵзура иазызкәуа рыцхрааразы;
аԥсабаратә рыцҳарақәа ирықәшәо рыцхрааразы;
икьыԥхьу ма електронла иҟоу апубликациақәеи, авидеонҵамҭақәеи рҭыжьразы.
АИЗАРА АҬАХРАҚӘА РЗЫ
аизара иҟанаҵо ахарџь, иаҳҳәап акоммуналтә шәахтәқәа, ма Аҳратә зал арҽеира;
афилиал ахь аԥара ашьҭразы аизара иаднакыло арезолиуциақәа:
адунеи зегь аҿы аҳратә залқәеи, аконгресстә залқәеи рыргыларазы;
адунеизегьтәи ацхырааратә программазы;
адунеи зегь аҿы имҩаԥысуа ҳмаҵзура иадҳәалоу егьырҭ аусқәа рзы.
АКОНГРЕССҚӘА РҾЫ АҬАРА
Арегионалтә конгресс аҿы иаанагаз аԥара адунеизегьтәи аус ахь ирышьҭуеит. Арегионалтә, иҷыдоу насгьы жәларбжьаратәи аконгрессқәа адунеизегьтәи аус азы иҟаҵоу аҭарала ауп ишымҩаԥысуа.
Араионтә конгрессқәа рҿы иҟаҵоу аҭара, араион иҟанаҵаз ахарџьи, насгьы аконгресс ахьымҩаԥысуа аҭыԥ ахә ахшәаареи, амаҵ азуреи иацхраауеит. Аԥара аанхазар, усҟан араион иатәу аԥара рышьҭуеит Иегова ишаҳаҭцәа адунеизегьтәи рус ахь.