АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иуҵәахуама хатәгәаԥхарала иалоуҵарц иуҭаху аԥара?
Апостол Павел иҳабжьигон шаҟа ҳалшо ҳазхәыцны, хатәгәаԥхарала иалаҳҵарц иаҳҭаху аԥара заа иаҳҵәахларц (1Кр 16:2). Ари алабжьара ҳақәныҟәалар, Ҳазшаз Анцәа имҵахырхәараҿы ацхыраара ҟаҳҵалоит, агәырӷьарагьы ҳамазаауеит. Ҳара хатәгәаԥхарала иалаҳҵо аԥара зынӡа имаҷуп ҳәа ҳаԥхьаӡозаргьы, Иегова ахә ҳаракны ишьоит Ажәамаанақәа 3:9 иану ажәақәа ҳахьрықәныҟәо. Уа иануп: «Дҳаракла Иегова иумоу зыхә ҳараку ала».
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИҬАБУП ХАТӘГӘАԤХАРАЛА ИАЛАШӘҴО АԤАРАЗЫ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Избан хатәгәаԥхарала иалаҳҵарц иаҳҭаху аԥара заа иаҳҵәахлар зыбзиоу?
Ишԥарҵәахуеи шьоукы хатәгәаԥхарала иаларҵарц ирҭаху аԥара?