АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Ауаа ишәымоу рышәҭала, усҟан даргьы ишәырҭалоит»
Иисус иҳәеит, агәыҭбаара анааурԥшуа, егьырҭгьы уи аҟазшьа аарԥшра шырҭаххо (Лк 6:38). Шәара ауаа есымша абзиара рзыҟашәҵозар, аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы ақьиареи агәыҭбаареи аарԥшра рҭаххоит.
Агәыҭбаара — ҳмаҵзура иахәҭакуп. Иегова акы иазгәаҟуа ирыцхраауа еснагь игәеиҭоит. Анцәа ус еиԥш иҟоу ауаа дырзылԥхоит (Ажәм 19:17).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИААШӘЫРԤШУА АГӘЫҬБААРАЗЫ ҬАБУП ҲӘА ШӘАҲҲӘОИТ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Рхы ишԥадырхәо хатәгәаԥхарала иалаҳҵо аԥара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхрааларц азы?
Избан иҳалшо маҷзаргьы, хатәгәаԥхарала аԥара алаҳҵалар зыбзиоу? (Уахәаԥш иара убас астатиа «Избыток восполняет недостаток» асаит jw.org аҿы.)