Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 февраль ад. 9—15
  • Дыжәдыруама шәара Иегова Ноии, Даниили, Иови реиԥш?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Дыжәдыруама шәара Иегова Ноии, Даниили, Иови реиԥш?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • НОИ АНЦӘА ДИЦЫН, АЦӘГЬАРАЛА ИҬӘЫЗ АДУНЕИ АҾЫ ДШЫНХОЗГЬЫ
  • ДАНИИЛ АҞӘЫӶАРА ААИРԤШУАН АМУРҬАҬРА ЗЛАҼЫЗ ВАВИЛОН АҚАЛАҚЬ АҾЫ
  • ИОВ АНЦӘА ИПРИНЦИПҚӘА ДРЫҚӘНЫҞӘОН, ИАНЫМАРИАЗГЬЫ ИАНЫЦӘГЬАЗГЬЫ
  • Ноии, Даниили, Иови иаадырԥшуаз агәрахаҵареи аҳәатәхаҵареи аашәырԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Иара «ииашоу Анцәа дицын»
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Адунеизегьтәи аӡхыҵра: иаазырԥшыда, насгьы иаазмырԥшыда азыӡырҩра?
    Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала
  • Ахәҭа 5
    Уизыӡырҩла Анцәа
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 февраль ад. 9—15

Дыжәдыруама шәара Иегова Ноии, Даниили, Иови реиԥш?

«Ацәгьара зуа аиашара рзеилкаауам, Иегова дзыԥшаауа ракәзар, зегь аилкаара рылшоит» (АЖӘАМААНАҚӘА 28:5).

АШӘАҚӘА: 126, 150

ИШԤААИРԤШУАЗ АГӘРАХАҴАРЕИ АҞӘЫӶАРЕИ...

  • Нои?

  • Даниил?

  • Иов?

1—3. а) Иҳацхраауазеи Анцәа иахь азиашара аарԥшра арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа раан? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

ИАХЬА ҳара ҳанхоит аҵыхәтәантәи амшқәа рынҵәамҭазы. Ацәгьара ҟазҵо ауаа еиҳа-еиҳа ирацәахоит. Дара «аҳаскьын еиԥш ауп ишгыло» (Аԥсалом 91:8 [92:7, АдҾ]). Убри аҟынтә ҳара иџьаҳшьаӡом аӡәырҩы Анцәа инормақәа иахьырҿагыло. Павел ақьырсианцәа ирзиҩуан: «Ацәгьара шәшазыҟоу аҿы ҽыԥныҳәа шәымамыз, ахәыҷқәа шәырҩызаз, аха шәгәеилцараҿ, шәеилкаараҿ — зықәра наӡахьоу шәреиԥшыз, ишышәра ишәхьоу шәакәыз» (1 Коринфаа рахь 14:20). Ишԥаҳалшо уи аҟаҵара?

2 Ари астатиа шьаҭас иамоу ажәеинраала аҭак ҳнаҭоит. Уа иануп: «Иегова дзыԥшаауа ракәзар, зегь аилкаара рылшоит» (Ажәамаанақәа 28:5). Уи иаанагоит дара Анцәа игәаԥхара анагӡаразы иҟаҵатәу зегь шырдыруа. Иара убас Ажәамаанақәа 2:7, 9 рҿы иануп Иегова ииашаны зхы мҩаԥызго зегьы аҟәыӷара шриҭо. Убри аҟынтә урҭ еилыркаауеит «аиашареи аламысцқьареи закәу, абзиара аҟаҵара мҩас иамоу зегьы».

3 Ноии, Даниили, Иови аҟәыӷара аадырԥшуан (Иезекииль 14:14). Убас ҟарҵоит иахьа Анцәа ижәларгьы. Аха иуҳәар улшома уара аҟәыӷара умоуп ҳәа? Анцәа игәаԥхара анагӡаразы иҟаҵатәу удыруазарц азы уара Иегова ибзиаҵәҟьаны дудыруазар ауп. Убри аҟынтә ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит 1) Ноии, Даниили, Иови Анцәа изкыз адыррақәа шдырҳаз 2) уи шрыцхраауаз, насгьы 3) дара ирымаз агәрахаҵара аҩыза аизырҳара шҳалшо.

НОИ АНЦӘА ДИЦЫН, АЦӘГЬАРАЛА ИҬӘЫЗ АДУНЕИ АҾЫ ДШЫНХОЗГЬЫ

4. Ишԥаирҳаи Нои Иегова изку адыррақәа, насгьы ишԥаицхрааи урҭ?

Нои Анцәа иҟазшьақәа еиликаар илшон ашамҭақәа данрыхәаԥшуаз

4 Ишԥаирҳаи Нои Иегова изку адыррақәа? Адами Евеи ахшара роуа ианалага инаркны ауаа Иегова изку адыррақәа роуан ашамҭақәа рыла, Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа рыла, иара убас ианизыӡырҩуаз ироуаз азылԥхарақәа рыла (Исаиа 48:18). Ашамҭақәа Нои ицхраауан Анцәа дшыҟаҵәҟьоу агәра агара, уи инеиҳангьы иҟазшьақәа реилкаара. Убри аҟынтә иара ибон Иегова имч ду, насгьы иара ида уаҳа Нцәа дшыҟам (Римаа рахь 1:20). Убас ала Нои агәрахаҵара ӷәӷәа еизирҳаит.

5. Ишԥеиликааи Нои Иегова ауаатәыҩса рзы гәҭакыс имаз?

5 Абиблиа иануп «агәрахаҵара — иуаҳауа, уззыӡырҩуа аҟнытә иаауеит» ҳәа (Римаа рахь 10:17). Иҟалап Нои Иегова иӡбахә иуацәа рҟынтә иаҳазар, иаҳҳәап, иаб Ламех иҟынтә. Уи дихьан Адам дыԥсаанӡа, насгьы Анцәа имаҵ иуан. (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) Иара убас Нои Иегова иӡбахә изеиҭарҳәозҭгьы ҟаларын иабду Мафусали иабду иабду Иареди, уи Нои даниз ашьҭахь еиҭа 366 шықәса дынхонa. (Шәахәаԥш албаага.) (Лука 3:36, 37). Урҭ ахацәа рыҳәсеи дареи Нои изеиҭарҳәон Иегова ауаа шишаз, насгьы урҭ адгьыл ықәдырҭәаарц, иара убас имаҵ руларц шиҭахыз. Уи адагьы, Нои еиликааит Адами Евеи Иегова ишизымӡырҩыз, уи инеиҳангьы иара ибон ирыдыркылаз аӡбара алҵшәақәа (Аҟазаара 1:28; 3:16—19, 24). Нои еиликаауаз игәаԥхеит, уи Иегова имаҵ аура игәазҭанаҵеит (Аҟазаара 6:9).

6, 7. Ишԥарӷәӷәеи Нои игәрахаҵара имаз агәыӷра?

6 Агәыӷра угәрахаҵара арӷәӷәоит. Шәхаҿы иаажәг Нои игәрахаҵара шаҟа иӷәӷәахаз ихьӡ ауаа агәыӷра шырнаҭоз анеиликаа. Уи иаанагоит «аԥсшьара» ма «агәырҭынчра» (Аҟазаара 5:29, албаага). Иегова Ламех иԥа Нои изкны абас иҳәартә игәазҭеиҵеит: «Иегова иишәииз адгьыл аҿы ҳнапы зырааԥсо аџьабаа цәгьа аҿы иара ҳгәы ирҭынчуеит». Нои Анцәа аҭагылазаашьа шиԥсахуа дақәгәыӷуан. Авельи Енохи реиԥш, иара агәра игон «ахылҵшьҭра» амаҭ ахы шҭаԥиҽуа (Аҟазаара 3:15).

7 Нои аҵыхәтәанынӡа изеилкаауамызт Аҟазаара 3:15 иану аԥааимбаражәа шынаӡо. Аха иара еиликаауан уи ауаатәыҩса агәыӷра шырнаҭо. Енохгьы уи еиԥшыз ажәабжь ауаа ирылаирҵәон, иара иҳәон Иегова ауаа цәгьақәа шықәиго (Иуда 14, 15). Ҳәарада, Енох ииҳәоз Армагеддон аан ауп аҵыхәтәанынӡа ианынаӡо, аха уи Нои игәрахаҵареи игәыӷреи арӷәӷәон!

Агәрахаҵареи аҟәыӷареи ҳрыхьчоит Аҩсҭаа ишьацҳәақәеи ари адунеи анырреи рҟынтә

8. Дышԥарыхьчоз Нои Иегова изкны имаз адыррақәа?

8 Ишԥаицхраауаз Нои Анцәа ибзианы дахьидыруаз? Нои Анцәа изку адыррақәа еизирҳауан аҟынтә игәрахаҵара ӷәӷәан, насгьы аҟәыӷара иман. Уи иара дахьчон, еиҳарак Анцәа игәамԥхо аусқәа рҟынтә. Ишԥа? Нои Анцәа иҩыза иакәзарц иҭахын, убри аҟынтә иара агәрахаҵара змамыз, Анцәа дызҭахымыз ҩызцәас ишьҭихуамызт. Нои адгьыл ахь иааз адемонцәа дырзымжьеит. Ауаа амч ӷәӷәа змаз урҭ адемонцәа дырҳаракуан, уи инеиҳангьы рымҵахырхәара рҽазыршәон (Аҟазаара 6:1—4, 9). Нои иара убас идыруан Иегова ауаа шракәыз ахшара рымазарц, насгьы урҭ адгьыл ықәдырҭәаарц адҵа зиҭаз (Аҟазаара 1:27, 28). Убри аҟынтә адемонцәа аҳәса аныргоз, насгьы урҭ рҟынтә ахшара анроуаз, уи шиашамыз идыруан. Уи ус шакәу еиҳагьы иубарҭахеит урҭ рхәыҷқәа адауцәа реиԥш ианыӷәӷәаха. Аҵыхәтәаны Иегова Нои иеиҳәеит ауаа цәгьақәа зегь ықәигарц азы аӡхыҵра ҟаиҵарц шиҭаху. Нои Иегова ииҳәаз агәра игеит, убри аҟынтә аковчег иргылеит, уи абзоурала иҭаацәеи иареи еиқәхеит (Ауриацәа рахь 11:7).

9, 10. Ишԥаҳалшо Нои игәрахаҵара аҩыза аизырҳара?

9 Ишԥаҳалшо Нои игәрахаҵара аҩыза аизырҳара? Даара ихадоуп Анцәа Иажәа зҿлымҳарала аҭҵаара, иҳауа адыррақәа бзиа рбара, иаҭаху аԥсахрақәа рыҟаҵара, иара убас ииашоу аӡбарақәа рыдкылара (1 Пиотр 1:13—15). Усҟан агәрахаҵареи аҟәыӷареи ҳрыхьчоит Аҩсҭаа ишьацҳәақәеи ари адунеи анырреи рҟынтә (2 Коринфаа рахь 2:11). Аӡәырҩы ауаа агәымбылџьбарареи агәаԥхашәадареи бзиа ирбоит, насгьы ииашам ргәаҳәарақәа рынагӡара иашьҭоуп (1 Иоанн 2:15, 16). Дара ари адунеи аҵыхәтәа шааигәахаз азхәыцра рҭахӡам. Агәрахаҵара ӷәӷәа ҳамамзар, ҳаргьы ус ахәыцра ҳалагар ауеит. Ишәхашәмыршҭын, Иисус ҳаамҭақәеи Нои иаамҭақәеи анеиҿирԥшуаз, дызлацәажәоз агәымбылџьбарареи агәаԥхашәадареи ракәӡам, аха Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагахар алшо аусқәа роуп. (Шәаԥхьа Матфеи 24:36—39.)

10 Шәхы шәазҵаа: «Иаанарԥшуама сыԥсҭазаара Иегова ибзиаҵәҟьаны дшыздыруа? Сгәазҭанаҵома сыгәрахаҵара Иегова ишиҭаху ахымҩаԥгара, насгьы егьырҭ Анцәа иажәабжь рзеиҭаҳәара?» Арҭ азҵаарақәа рҭак шәыцхраауеит Нои иеиԥш иҵабыргу Анцәа шәицу шәицму аилкаара.

ДАНИИЛ АҞӘЫӶАРА ААИРԤШУАН АМУРҬАҬРА ЗЛАҼЫЗ ВАВИЛОН АҚАЛАҚЬ АҾЫ

11. а) Иҳаилнаркаауазеи иқәыԥшыз Даниил Анцәа иахь иааирԥшуаз абзиабара иҭаацәа ирызкны? б) Иарбан ҟазшьақәоу Даниил иааирԥшуаз рҟынтә уара узҿыԥшларц иуҭаху?

11 Ишԥаирҳаи Даниил Иегова изку адыррақәа? Иҟалап Даниил иҭаацәа Иегова, насгьы Иажәа бзиа ибалартә еиԥш драаӡозҭгьы. Даниил иԥсы ахьынӡаҭаз ус иагьыҟаиҵон. Иқәрахь даннеигьы иара Аҩыра инҭырҳәыцааны иҭиҵаауан (Даниил 9:1, 2). Даниил Иегова ибзиаҵәҟьаны дидыруан. Уи адагьы иара Иегова израильаа ирзыҟаиҵаз зегь идыруан. Уи ус шакәу ҳбоит Даниил 9:3—19 иану ахынраалара зныԥшуа гәык-ԥсыкала иҟаиҵаз анцәаиҳәараҿы. Шәаԥхьа, насгьы инарҵауланы шәазхәыц уи анцәаиҳәара. Шәхы шәазҵаа: «Исеилнаркаауазеи ари анцәаиҳәара Даниил изкны?»

12—14. а) Ишԥааирԥшуаз Даниил аҟәыӷара? б) Дышԥаизылԥхеи Иегова Даниил агәымшәареи азиашареи ахьааирԥшыз азы?

12 Ишԥаицхраауаз Даниил Анцәа ибзианы дахьидыруаз? Амурҭаҭра злаҽыз Вавилон ақалақь аҿы азиашара аазырԥшуаз аиудеи Анцәа имаҵ аура изымариамызт. Иаҳҳәап, Иегова ауриацәа иреиҳәеит: «Сгәаԥхарала шәытҟәаны шәахьыргаз ақалақь азы аҭынчра шәашьҭаз» (Иеремиа 29:7). Убри аамҭазгьы иара иҳәеит гәык-ԥсыкала иара заҵәык имаҵ аура шрыхәҭоу (Ақәҵымҭа 34:14). Ишԥаилшоз Даниил арҭ аҩ-ԥҟарак рынагӡара? Анцәа иҟәыӷара абзоурала Даниил еиликааит ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа раасҭа Анцәа дизыӡырҩлар шихәҭоу. Ашәышықәсақәа рышьҭахь Иисус убас аҟаҵара дирҵон (Лука 20:25).

13 Шәазхәыц Даниил ихы шымҩаԥигаз 30 мшы рыҩныҵҟа аҳ ида даҽа уаҩык ма нцәак ак азы иҳәара ҟалом ҳәа азакәан анаԥырҵа. (Шәаԥхьа Даниил 6:7—10.) Иара дхәыцыр илшон уи 30 мшы мацара рыҩныҵҟа ауп ҳәа. Аха Даниил ауаа рзакәан Анцәа имҵахырхәара аасҭа ихадахартә алимыршеит. Иара илшон аӡәгьы дахьимбоз аҭыԥ аҿы Анцәа диҳәалар. Аха Даниил идыруан аӡәырҩы иара есыҽны Анцәа дышиҳәоз шырбахьаз. Убри аҟынтә иара анаҩсгьы ауаа дахьырбар рылшоз Анцәа диҳәон, уи шшәарҭазгьы, избанзар иҭахымызт Иегова имаҵ аура даҟәыҵит ҳәа ргәы иаанагарц.

14 Иегова дазылԥхеит агәымшәареи азиашареи зныԥшуаз Даниил иӡбара. Иара џьашьахәыла Даниил алымқәа дырцәихьчеит. Уи абзоурала амид-џьамтәылатәи аимпериа зегь аҿы ауаа Иегова иӡбахә раҳаит! (Даниил 6:25—27).

15. Ишԥаҳалшо Даниил игәрахаҵара аҩыза аизырҳара?

15 Ишԥаҳалшо Даниил игәрахаҵара аҩыза аизырҳара? Агәрахаҵара ӷәӷәа аизырҳаразы Анцәа Иажәа аԥхьара мацара азхаӡом. Ҳара ҳзыԥхьо еилаҳкаауазароуп (Матфеи 13:23). Ҳара Иегова ихәыцрақәеи ицәаныррақәеи реилкаара ҳҭахуп. Убри аҟынтә ҳзыԥхьо инарҵауланы ҳазхәыцлар ауп. Иара убас ихадоуп лассы-лассы Анцәа иҳәара, еиҳарак ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова гәыҭбаарыла аҟәыӷареи амчи шҳаиҭо, ҳара уи азы ҳиҳәозар (Иаков 1:5).

ИОВ АНЦӘА ИПРИНЦИПҚӘА ДРЫҚӘНЫҞӘОН, ИАНЫМАРИАЗГЬЫ ИАНЫЦӘГЬАЗГЬЫ

16, 17. Ишԥаирҳаи Иов Иегова изку адыррақәа?

16 Ишԥаирҳаи Иов Иегова изку адыррақәа? Иов израильаа дреиуамызт. Аха Авраами, Исааки, Иакови иареи аиуара рыбжьан. Иегова урҭ ихаҭара рзааиртуан, насгьы ауаатәыҩса рзы имоу игәҭакы реиҳәон. Иовгьы убас ала зыхә ҳаракыз аҵабыргқәа еиликааит (Иов 23:12). Иара Иегова абас иеиҳәеит: «Сара уӡбахә саҳахьан» (Иов 42:5). Убасгьы Иегова ихаҭа иҳәеит Иов егьырҭ Анцәа изку аҵабырг рзеиҭеиҳәон ҳәа (Иов 42:7, 8).

Ҳагәрахаҵара ӷәӷәахоит Иов иеиԥш ашамҭақәа ҳрыхәаԥшуазар, насгьы Иегова иҟазшьақәа еилаҳкаауазар (Шәахәаԥш абзац 17.)

17 Иов ашамҭақәа рыбзоуралагьы Анцәа изку адыррақәа ирҳауан (Иов 12:7—9, 13). Елиуигьы Иеговагьы ашамҭақәа рхы иадырхәон, ауаҩы Анцәа диҿурԥшуазар дзеиԥшроу Иов иеилдыркаарц азы (Иов 37:14; 38:1—4). Иегова ииҳәаз Иов игәаҵанӡа инеит, убри аҟынтә ахынраалара аарԥшны Анцәа абас иеиҳәеит: «Уажәшьҭа издыруеит уара зегь шулшо, гәҭакыс иузынамыгӡо ҳәа акгьы шыҟам». Анаҩс иациҵеит: «Исҳәаз сахьхәуеит асабеи ахәеи сылатәаны» (Иов 42:2, 6).

18, 19. Ишԥааирԥши Иов Иегова ибзианы дшидыруа?

18 Ишԥаицхраауаз Иов Анцәа ибзианы дахьидыруаз? Иов Анцәа ипринципқәа ибзиаҵәҟьаны еиликаауан. Иара Иегова ибзианы дидыруан, уи ииашаны ахымҩаԥгара игәазҭанаҵон. Иаҳҳәап, иара идыруан Анцәа бзиа дызбоит ҳәа шизымҳәоз, егьырҭ рахь ақьиара ааимырԥшуазҭгьы (Иов 6:14). Иара егьырҭ раасҭа деиӷьуп ҳәа иԥхьаӡомызт, уи аҭыԥан ибеиазгьы иӷарызгьы иҭаацәара иахәҭаку реиԥш дырзыҟан. Иов иҳәеит: «Амгәарҭаҿы сызшаз иакәӡами иаргьы дызшаз?» (Иов 31:13—22). Иара амал дуи ахьӡи-аԥшеи анимазгьы аԥагьара ааирԥшуамызт, насгьы зегь раасҭа дхадоуп ҳәа иԥхьаӡомызт. Уи иахьа амали амчреи змоу ауаа ргәазыҟашьа даара иеиԥшым.

19 Иов изы Иегова иаасҭа ихадаз акгьы ыҟамызт, амазарагьы уахь иналаҵаны. Уи аҩыза ҟалазҭгьы, «хыхь иҟоу иҵабыргу Анцәа» дицәхьаҵыр алшон. (Шәаԥхьа Иов 31:24—28.) Иов иара убас аҭаацәалазаара ахаҵеи аԥҳәыси ирыбжьоу иԥшьоу аиқәшаҳаҭра еиԥш дахәаԥшуан. Иара ахаан ишахәҭам еиԥш аԥҳәыс дшылмыхәаԥшуа ала иблақәеи иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьеиҵеит (Иов 31:1). Уи даара иџьоушьартә иҟоуп, избанзар Иов дынхон Иегова ахацәа аӡәы иналеиҳаны аҳәса рымазарц аниаҩижьуаз аамҭазы. Убри аҟынтә Иов иҭаххазҭгьы ҩ-ҳәсак имазар илшон. Аха иара идыруазар ҟаларын Иегова раԥхьаӡа аҭаацәалазаара анаԥиҵа, ҭаацәарак аҳасабала хаҵаки ԥҳәыски шеидикылаз. Иҟалап Иовгьы ус дынхаларц иӡбазарb. (Уахәаԥш албаага.) (Аҟазаара 2:18, 24). 1 600 шықәса рышьҭахь Иисусгьы уи апринцип атәы иҳәеит, аҭаацәара аԥҵаны цәеижьла аизааигәахара хаҵаки ԥҳәыски мацара шракәу азин змоу (Матфеи 5:28; 19:4, 5).

20. Ишԥаҳацхраауеи Иегова инормақәеи иареи ахьаҳдыруа аҩызцәеи агәырҿыхагақәеи ииашаны ралхра?

20 Ишԥаҳалшо Иов игәрахаҵара аҩыза аизырҳара? Ҳара Иегова ибзианы даҳдыруазар ауп, насгьы Анцәа изку адыррақәа ҳхымҩаԥгашьа ианырлароуп. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы иануп Иегова «амцқьақәеи аргәаҟцәеи гәыла ԥсыла ицәымӷуп» ҳәа, насгьы амц зҳәо ауаа аамҭа рыцыхгара шҳахәҭам. (Шәаԥхьа Аԥсалом 10:5 [11:5, АдҾ]; 25:4 [26:4, АдҾ].) Шәхы шәазҵаа: «Исарҳәозеи арҭ ажәеинраалақәа Иегова ихәыцшьа иазкны? Ишԥарнырлар акәу арҭ апринципқәа схықәкқәа, аинтернет аҿы сызхәаԥшуа, аҩызцәеи агәырҿыхагақәеи шалсхуа?» Шәҭакқәа иаадырԥшуеит Иегова шаҟа ибзианы дыжәдыруа. Ҳара иаҳҭахӡам ицәгьоу ари адунеи анырра ҳнаҭаларц, убри аҟынтә ацәгьеи абзиеи реиҩдыраашьа адагьы, иҟәыӷоуи иҟәыӷами реиҩдыраашьа ҳҵалароуп (Ауриацәа рахь 5:14; Ефесаа рахь 5:15).

21. Иҳацхраауазеи Иегова дҳаргәырӷьаларц азы «зегь аилкаара»?

21 Ноии, Даниили, Иови Иегова ибзианы дырдырларц азы ирылшоз зегь ҟарҵон аҟынтә, иара урҭ «зегь аилкаара» рылшарц дрыцхрааит игәаԥхара нарыгӡаларц азы. Урҭ рҿырԥштәы ишьақәнарӷәӷәоит Иегова ииҭаху аныҟаҳҵо ақәҿиара шҳауа (Аԥсалом 1:1—3). Шәхы шәазҵаа: «Дыздыруама сара Иегова ибзианы Ноии, Даниили, Иови реиԥш?» Иахьа Иегова еиҳа еиӷьны иеилкаара ҳалшоит азиашара аазырԥшуаз урҭ ахацәа раасҭа, избанзар иара изкны еиҳаны адыррақәа ҳаиҭоит (Ажәамаанақәа 4:18). Убри аҟынтә Абиблиа инҭырҳәыцааны иҭышәҵаала. Инарҵауланы уи шәазхәыцла, насгьы иԥшьоу адоуҳа шәаҳәала. Усҟан ицәгьоу ари адунеи анырра шәнаҭалаӡом. Шәара ҟәыӷарала шәхы мҩаԥыжәгалоит, насгьы жәҩантәи Ҳаб шәизааигәахоит (Ажәамаанақәа 2:4—7).

a Нои иабду иаб Енохгьы «ииашоу Анцәа дицын». Аха иара Нои диаанӡа 69 шықәса раԥхьа дыԥсит (Аҟазаара 5:23, 24).

b Ноигьы убас дынхон. Адами Евеи Анцәа ианизымӡырҩы ашьҭахь ауаа ирацәаны аҳәса раагара ишалагазгьы, иара ԥҳәыск лакәын имаз (Аҟазаара 4:19).

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Анцәа иҟәыӷара ари Иегова иҳаиҭо аҟәыӷара ауп. Абиблиа хшыҩзышьҭрала ҳанаԥхьо, насгьы ҳзыԥхьо анеилаҳкаауа, ҳара Иегова ибзианы даҳдыруеит. Ҳара еилаҳкаауеит ацәгьеи абзиеи, иҟәыӷоуи иҟәыӷами рганахьала иара ихәаԥшышьа. Иаҳдыруа инақәыршәаны ҳхы анымҩаԥаҳго, ҳара Анцәа иҟәыӷара ҳауеит

  • Анцәа ипринципқәа Абиблиа иану ихадоу аҵабыргқәа роуп. Урҭ ахаангьы рҽырыԥсахӡом, насгьы Иегова ихәыцшьа аилкаара иҳацхраауеит. Урҭ апринципқәа инарҵауланы ҳрызхәыцуазар, Анцәа дзыргәырӷьо ииашоу аӡбарақәа ҳадаҳкылалоит

  • Анцәа ицҟазаара иаанагоит Иегова изыӡырҩра, насгьы еснагь еицу аҩызцәа бзиа ишеибабо еиԥш бзиа ибара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра