Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 апрель ад. 9—14
  • Имаҵ жәула Иегова, ахақәиҭра Анцәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Имаҵ жәула Иегова, ахақәиҭра Анцәа
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ИШӘИҬО АХАҚӘИҬРА АХӘ ШӘШЬАЛА
  • ИҲАМОУ АХАҚӘИҬРА ҞӘЫӶАРАЛА ҲХЫ ИАҲАРХӘОИТ АНЦӘА ИМАҴ ҲАУЛАРЦ АЗЫ
  • Ииашаҵәҟьоу ахақәиҭрахь уназго амҩа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 апрель ад. 9—14

Имаҵ жәула Иегова, ахақәиҭра Анцәа

«Иҳақәиҭу Идоуҳа ахьыҟоу — иҟоуп ахақәиҭра» (2 КОРИНФАА РАХЬ 3:17).

АШӘАҚӘА: 49, 73

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаҳнаҭо Иегова идоуҳа ахақәиҭра?

  • Ишԥаҳалшо иҳамоу ахақәиҭра ииашамкәа ахархәара ҳҽацәаҳахьчар?

  • Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳхақәиҭра ииашаны ҳхы иаҳархәаларц азы?

1, 2. а) Избан атәреи ахақәиҭреи ирыдҳәалоу азҵаара апостол Павел ихаан ауаа ргәы изыҵхоз? б) Дызусҭада ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра ахыҵхырҭа, Павел иажәақәа инарықәыршәаны?

РИМТӘИ аимпериаҿы инхоз раԥхьатәи ақьырсианцәа рыкәша-мыкәша инхоз ауаа римтәи азакәан ирнаҭоз азинқәеи ахақәиҭреи даара ирхыҽхәон. Амчра ӷәӷәа змаз уи аимпериа атәцәа инарыгӡоз аус хьанҭа абзоурала еизҳазыӷьон. Ҭҵаарақәак изларҳәо ала, Римтәи аимпериаҿы хҩык рахьтә аӡәы тәыс дыҟан. Ҳәарада, атәреи ахақәиҭреи Рим инхоз ауаа ргәы иҵхоз зҵааран, ақьырсианцәагьы уахь иналаҵаны.

2 Апостол Павел ахақәиҭра лассы-лассы далацәажәон. Аха ихаан инхоз ауаа реиԥш, иара адунеитә уадаҩрақәа рыӡбара иҽазишәомызт. Уи аҭыԥан Павел егьырҭ ақьырсианцәеи иареи Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа ирзеиҭарҳәаларц, насгьы Христос иԥсхҭынҵара ахә шаҟа иҳараку реилдыркааларц азы рхы иамеигӡакәа аџьабаа рбон. Павел иашьцәа иреиҳәеит ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра иахыҵхырҭоу дызусҭоу. Иара иҳәеит: «Иҳақәиҭу — Ддоуҳауп: Иҳақәиҭу Идоуҳа ахьыҟоу — иҟоуп ахақәиҭра» (2 Коринфаа рахь 3:17).

3, 4. а) Дызлацәажәози Павел 2 Коринфаа рахь 3:17 аԥхьа иҟоу ажәеинраалақәа рҿы? б) Иҟаҳҵар акәзеи Иегова иҳаиҭо ахақәиҭра аиуразы?

3 Павел Коринфаа ирзиҩыз аҩбатәи асаламшәҟәаҿы дахцәажәон Моисеи Синаи ашьхаҿы Иегова имаалықь даниацәажәоз ашьҭахь данылбаа иҟалаз. Иара ихаҿсахьа лашон! Израильаа Моисеи данырба ишәеит, убри аҟынтә иара ихы-иҿы ҭеиҳәҳәеит (Ақәҵымҭа 34:29, 30, 33; 2 Коринфаа рахь 3:7, 13). Павел иҳәеит: «Иҳақәиҭу ишҟа рхы андырхо, ианизхьаԥшуа ауп — рхы-рыхшыҩ, ргәы-рыԥсы злаҭаҳәҳәоу, излаҭалаҳау анырԥыргахо» (2 Коринфаа рахь 3:16). Ииҳәарц ииҭахызи Павел?

4 Ҳара ҳазхысыз астатиа ишаҳнарбаз еиԥш, Ҳазшаз Иегова заҵәык иоуп ҳәаа змам ахақәиҭра змоу. Убри аҟынтә еилкаауп Иегова дахьыҟоу ма «Иҳақәиҭу Идоуҳа ахьыҟоу» ахақәиҭра шыҟоу. Аха Павел иҳәеит уи ахақәиҭра ҳаурц ҳҭахызар, Иегова иахь ҳхы ҳархар ауп ҳәа. Уи иаанагоит Иеговеи ҳареи аиҩызара ӷәӷәа ҳамазар шҳахәҭоу. Ацәҳәыраҿы израильаа ирбоз зегьы Иегова ихәаԥшышьала акәымкәа, уаҩытәыҩсатә хәаԥшышьала акәын ишахәаԥшуаз. Урҭ рхы-рыхшыҩ акы иҭаҳәҳәазшәа акәын ишыҟаз. Дара ироуз мысратәи атҟәара аҟынтә ахақәиҭра рхатә гәаҳәарақәа рынагӡаразы рхы иадырхәалар рҭахын (Ауриацәа рахь 3:8—10).

Абахҭа иҭакугьы ахақәиҭра имазар илшоит

5. а) Иарбан хақәиҭроу иаҳнаҭо Иегова идоуҳа? б) Иабантәиаадыруеи ауаҩы данҭакугьы Иегова иҳаиҭо ахақәиҭра шимоу? с) Иарбан зҵаарақәоу ҳзыхцәажәар ҳахәҭоу?

5 Иегова иҳаиҭо ахақәиҭра иаабац атәра аҟынтә ахақәиҭра аасҭа еиҳауп. Иегова идоуҳа ауаа ахаан ироур рылымшо ахақәиҭра ҳнаҭоит. Уи агәнаҳаи аԥсреи, иара убас амцдинхаҵареи уи иадҳәалоу аҵасқәеи рытәра аҟынтә ахақәиҭра ҳнаҭоит (Римаа рахь 6:23; 8:2). Шаҟа иссирузеи ари ахақәиҭра! Уи ахақәиҭра змоу ауаҩы атәра дҭашәаргьы ма абахҭа дҭаркыргьы, ахақәиҭра ицәыӡӡом (Аҟазаара 39:20—23). Аиаҳәшьа Ненси Иуен, иара убас аиашьа Ҳарольд Кинг рыгәрахаҵара иахҟьаны акыршықәса абахҭаҿы иҭакын, аха дара уеизгьы ахақәиҭра рыман. Урҭ зықәшәаз аԥышәарақәа ирызкны аинтервиу шәахәаԥшыр шәылшоит JW Broadcasting аҿы (шәахәаԥш ИНТЕРВЬЮ И СЛУЧАИ ИЗ ЖИЗНИ > ПРЕТЕРПЕВАЯ ТРУДНОСТИ). Уажәшьҭа шәааи ҩ-зҵаарак рҭак ҟаҳҵап. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо иҳамоу ахақәиҭра ахә шаҳшьо? Ишԥаҳалшо ҳхақәиҭра ҟәыӷарыла ҳхы иаҳархәалар?

АНЦӘА ИШӘИҬО АХАҚӘИҬРА АХӘ ШӘШЬАЛА

6. Ишԥаадырԥши израильаа Иегова ириҭаз ахақәиҭра ахә шырымшьоз?

6 Аӡәы зыхә ҳшьо аҳамҭа анҳаиҭо, иара иахь аџьшьара ааҳарԥшуеит. Аха Иегова израильаа ириҭаз ахақәиҭразы аџьшьара аадырԥшуамызт. Иегова урҭ мысратәи атҟәара аҟынтә ианҭига мызқәак рышьҭахь дара уа ианыҟаз ирымаз афатәи ажәтәи ирызгәышьуа иалагеит. Дара Иегова ириҭоз аманна иазашшуан. Урҭ Мысраҟа ихынҳәырцгьы рҭаххеит. Дара рзы аԥсыӡи, анашеи, акырпыжәи, аџьымшьи, аџыши еиҳа ихадахеит Иегова иара имҵахырхәаларц азы ириҭаз ахақәиҭра аасҭа. Иџьашьатәӡам Иегова игәы зырзыԥжәаз (Ахыԥхьаӡарақәа 11:5, 6, 10; 14:3, 4). Ари ҳара ахәарҭа алаҳхыр ҳалшоит.

7. Ихы ишԥаирхәеи Павел 2 Коринфаа рахь 6:1 иану ихаҭа ииҩыз алабжьара, насгьы ишԥаҳалшо уи иҿыԥшра?

7 Апостол Павел ақьырсианцәа зегьы ргәазҭеиҵон Иегова Иԥа Иисус Христос ила иҳаиҭаз ахақәиҭра иаԥу ак еиԥш ирмыԥхьаӡаларц. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 6:1.) Павел днаӡамызт, агәнаҳаи аԥсреи тәыс дрыман, уи даара иламыс даргәаҟуан. Аха иара иҳәеит: «Иҭабуп ҳәа иасҳәоит Сынцәа Иҳақәиҭу Иисус Христос изы». Избан Павел абас зиҳәаз? Абар Павел игәрахаҵара ицеиҩызшоз анаҩс ирзиҩыз: «Христос Иисус иԥсҭазаарала иҳәаақәҵоу адоуҳатә закәан агәнаҳауреи аԥсреи рзакәан ахьтә схы сақәиҭнатәит» (Римаа рахь 7:24, 25; 8:2). Павел иеиԥш, ҳаргьы иаҳхаҳмыршҭлар ауп Иегова агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ҳхы ҳшақәиҭитәыз. Аҿыхра абзоурала ҳаламыс цқьаны Анцәа имаҵ аура ҳалшоит, уи агәырӷьара ду ҳзаанагоит (Аԥсалом 39:9 [40:8, АдҾ]).

Ухы иаурхәома ухақәиҭра Иегова имаҵ ауразы, мамзаргьы ухатә гәаҳәарақәа рынагӡара урышьҭоу? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8—10.)

8, 9. а) Иарбан гәҽанҵароу апостол Пиотр иҳаиҭаз ҳхақәиҭра ҳхы ишаҳархәалаша аганахь ала? б) Ишԥаилшо аӡәы ихақәиҭра ииашамкәа ихы иаирхәар?

8 Ҳара Анцәа иҳаиҭаз зыхә ҳараку ахақәиҭра азы аџьшьара аарԥшра адагьы, уи ахаан ииашамкәа ҳхы иаҳмырхәалар ауп. Апостол Пиотр ҳгәаҳҽаниҵеит иҳамоу ахақәиҭра игәнаҳау ҳгәаҳәарақәа рыхҩаразы ҳхы иаҳмырхәаларц. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 2:16.) Ари агәҽанҵара израильаа ацәҳәыра ианықәыз ирыхьыз ҳгәаланаршәоит. Иахьа уи агәҽанҵара еиҳагьы иаҳгәалашәалароуп. Аҩсҭаа идунеии иареи амаҭәеи, афатәи, ажәтәи, агәырҿыхагақәеи рганахь ала иҳадыргало рацәоуп. Аӡыргара ҭзыжьуа ауаа ԥшӡақәа рхы иархәаны иаҭахым амаҭәарқәа ҳаадырхәоит, урҭ рыда ԥсыхәа ҳамамшәа агәра ҳарганы. Ари адунеи ҳажьар алшоит ҳхақәиҭра ииашамкәа ҳхы иаҳархәаларц азы.

9 Пиотр иажәақәа ҳаԥсҭазаараҿы еиҭа ҳхы иахьаҳархәаша ыҟоуп, иаҳҳәап, аҵареи аусуреи рганахь ала. Иахьа аҿар ргәазҭарҵоит рымч-рылшара зегь аҵара иарҭаларц, анаҩс иреиҳаӡоу аҵараиурҭа иҭаларц азы. Урҭ агәра ддыргоит аҵара ду иалгар аусурҭа бзиа шырыԥшаауа, насгьы аԥара рацәаны ишдырҳало. Дара ашьақәырӷәӷәарақәагьы ааргар алшоит аҵара ду иалго еиҳа аԥара шдырҳауа ала. Аҿар анаҩс рыԥсҭазаара зегьы ианыруа аӡбара рыдыркылар ауп аҟынтә, арҭ ашьақәырӷәӷәарақәа рыгәра угартә иҟоушәа ргәы иабар алшоит. Аха ирхадмыршҭлар акәзеи ахәыҷқәа рҭаацәеи дареи?

10. Иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи аӡбарақәа анҳадаҳкыло?

10 Шьоукы ргәы иаанагоит алхра ахақәиҭра иаарҭаху зегь аҟаҵара алшара рнаҭалар ауп ҳәа, уи азы рыламыс иамыргәаҟуазар. Дара Павел иажәақәа ааргозар ауеит: «Даҽаӡәы иламыс сара схақәиҭра изақәыӡбар акәзеи?» (1 Коринфаа рахь 10:29, АдҾ). Аҵареи аусуреи рганахь ала алхра ахақәиҭра шҳамоугьы, иаҳхаҳмыршҭлар ауп ҳхақәиҭра аҳәаақәа шамоу, насгьы ҳаӡбарақәа зегьы алҵшәақәа шрымоу. Убри азоуп Павел изиҳәаз: «Сара зегьы рзин сымоуп, аха зегьы рхархәара иаԥсам усуп; зегьы срықәиҭуп, аха зегьы рышьҭазаара еизҳарамҩам» (1 Коринфаа рахь 10:23). Ус анакәха, ҳаԥсҭазаараҿы алхра ахақәиҭра шҳамоугьы, ҳхатә гәаҳәарақәа рыдагьы, егьырҭ ргәаанагарагьы ҳазхәыцлар ауп.

ИҲАМОУ АХАҚӘИҬРА ҞӘЫӶАРАЛА ҲХЫ ИАҲАРХӘОИТ АНЦӘА ИМАҴ ҲАУЛАРЦ АЗЫ

11. Избан Иегова ахақәиҭра зҳаиҭаз?

11 Пиотр ақьырсианцәа ирымоу ахақәиҭра ииашамкәа рхы иадмырхәаларц ргәаназҭеиҵоз, иҳәеит ҳхақәиҭра «Анцәа итәцәа» реиԥш ҳхы иаҳархәалар шакәу. Иегова Иисус ила агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭеит ҳаԥсҭазаара иара имаҵ аура иазаҳкырц азы.

Ҳаамҭеи ҳамчи Иегова имаҵ аура ианазаҳкуа, ҳхақәиҭра ииашаны ҳхы иаҳархәоит

12. Иарбан ҿырԥшу иҳарҭаз Нои иҭаацәеи иареи?

12 Ҳаамҭеи ҳамчи Иегова имаҵ аура ианазаҳкуа, ҳхақәиҭра ииашаны ҳхы иаҳархәоит. Уи ҳацхраауеит ари адунеи иҳаднагало ахықәкқәеи ҳхатә гәаҳәарақәеи ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадамхарц (Галаҭаа рахь 5:16). Ҳрызхәыцып Нои иҭаацәеи иареи. Урҭ агәаԥхашәадареи ацәгьареи злаҽыз ауаа ирыланхон. Аха дара урҭ ауаа русқәа ирылаҟьашьымызт. Нои иҭаацәеи иареи Иегова ириҭаз адҵа рхы азышьҭны инарыгӡон. Дара аковчег дыргылон, аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, дареи рзы афатә еизыргон, насгьы Аӡхыҵра шыҟало ала ауаа ргәырҽанырҵон. «Нои Анцәа идиҵаз зегь ҟаиҵеит. Иара убас иагьыҟаиҵеит» (Аҟазаара 6:22). Убас, Нои иҭаацәеи иареи ицәгьаз уи адунеи анықәгаз рыԥсы еиқәхеит (Ауриацәа рахь 11:7).

13. Дҵас иҳаиҭазеи Иегова?

13 Дҵас иҳаиҭозеи иахьа Иегова? Иисус иҵаҩцәа реиԥш ҳара иаҳдыруеит Иегова ажәабжь ҳҳәаларц шҳадиҵаз. (Шәаԥхьа Лука 4:18, 19.) Иахьа Аҩсҭаа ауаа реиҳараҩык рыла хиҩеит, убри аҟынтә дара амцдинхаҵареи, амазареи, аполитикатә системеи рытәра ишҭоу рзеилкааӡом (2 Коринфаа рахь 4:4). Иисус иеиԥш ҳара иахьа иҳаҭәашьоуп Иегова, ахақәиҭра Анцәа, иӡбахә ауаа деилыркаареи имҵахырхәара рыцхраареи (Матфеи 28:19, 20). Ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәара имариам усуп. Ҭыԥқәак рҿы ауаа Анцәа иеилкаара рҭахӡам, аҿагылара ахьаадырԥшуагьы ыҟоуп. Аха Иегова ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәара ҳадиҵеит аҟынтә, ҳхы ҳазҵаароуп: «Схы иасырхәома сара исымоу ахақәиҭра еиҳаны Иегова имаҵ ауразы?»

14, 15. Иарбан ӡбароу ирыдыркылаз Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

14 Угәы иахәартә иҟоуп Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы ари асистема аҵыхәтәа шааигәоу ахьеилыркаауа, насгьы рыԥсҭазаара ырмарианы апионертә маҵзура иахьалаго (1 Коринфаа рахь 9:19, 23). Шьоукы реизараҿы амаҵ руеит, егьырҭ еиҳаны ажәабжьҳәаҩцәа ахьаҭаху ииасуеит. Иаҳхысыз хәышықәса рыҩныҵҟа 250 000-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа пионерс амаҵ аура иалагеит, уажәы апионерцәа рхыԥхьаӡара 1 100 000-ҩык рҟынӡа инеиуеит. Шаҟа ҳгәы иахәозеи Иегова имаҵ ауразы аӡәырҩы ирымоу ахақәиҭра абас еиԥш рхы иахьадырхәо (Аԥсалом 109:3 [110:3, АдҾ]).

15 Ирыцхраазеи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рхақәиҭра ҟәыӷарала ахархәара? Ҳахәаԥшып иҳаҩсыз 30 шықәса рыҩныҵҟа тәылақәак рҿы амаҵ зухьоу Џьони Џьудити рҿырԥштәы. Дара иргәалашәоит 1977 шықәсазы апионерцәа рзы ашкол амҩаԥгара ианалага ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхоз аҭыԥқәа рахь аиасра ргәы шазҭарҵоз. Уи ахықәкы анагӡаразы, Џьони Џьудити ирмариоу аԥсҭазаашьа мҩаԥыргалар акәын. Убри аҟынтә Џьон лассы-лассы иусура иԥсахуан. Иаарласны дара даҽа тәылак ахь ажәабжь аҳәаразы ииасит. Ирыцхраазеи дара уа ирызцәырҵыз ауадаҩрақәа риааира, иаҳҳәап, иҿыцу абызшәа аҵара, насгьы уатәи акультуреи аҳауеи рышьцылара? Дара Иегова иҳәон, насгьы дышрыцхраауа агәра ргон. Иарбан цәаныррақәоу урҭ ирызцәырҵуа амаҵзураҿы ирхыргаз аамҭа ианазхәыцуа? Џьон иҳәоит: «Сара агәра ганы сыҟоуп адунеи зегь аҿы зегь раасҭа ихадоу аус сшаҿыз. Иегова еиҳагьы дысзааигәахеит, иара абзиабара злоу абык еиԥш дысзыҟоуп. Уажәшьҭа сара еиӷьны еилыскаауеит Иаков 4:8 иану ажәақәа: „Шәизааигәаха Анцәа — усҟан Иаргьы дышәзааигәахоит“. Сара сыԥсҭазаара ииашаҵәҟьоу аҵакы аиуит».

16. Ишԥаадырԥшуеи аҟәыӷара зықьҩыла аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рхақәиҭра рхы ианадырхәо?

16 Шьоукы акыршықәса Џьони Џьудити реиԥш раамҭа зегь амаҵзура иазыркуеит. Егьырҭ рҭагылазаашьа уи амаҵзура ахкы уиаҟара аамҭа азкра алшара рнаҭом. Аха аӡәырҩы адунеи зегь аҿы имҩаԥысуа атеократиатә ргыларақәа хатәгәаԥхарала рыҽрыладырхәуеит. Иаҳҳәап, Уорвик (аштат Ниу-Иорк) адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭа андыргылоз, 27 000-ҩык раҟара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи хатәгәаԥхарала аргылара рҽаладырхәуан. Шьоукы уи аргылара ҩымчыбжьа рҽаладырхәырц иааит, егьырҭ мызқәак, иҟан шықәсык ма еиҳаны зҽалазырхәуазгьы. Уа амаҵ рурц азы аӡәырҩы ахамеигӡара аарԥшны рхатә усқәа аанрыжьит. Арҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рхақәиҭра рхы иадырхәоит ахақәиҭра Анцәа, Иегова, ирҳаракразы. Уи зеиԥшыҟам ҿырԥшуп!

17. Ҳаззыԥшызар ҳалшозеи, ҳхақәиҭра ҟәыӷарыла ҳхы иаҳархәозар?

17 Шаҟа ҳаигәырӷьозеи Иегова дахьаҳдырыз, насгьы имҵахырхәара иаҳнаҭо ахақәиҭра ахьҳауз! Шәааи ҳаӡбарақәа рыла иааҳарԥшлап уи ахақәиҭра даара ахә шаҳшьо. Ҳхақәиҭра ииашамкәа ахархәара аҭыԥан, шәааи уи иахьынӡаҳалшо Иегова имаҵ ауразы ҳхы иаҳархәалап. Убасҟан ҳара Иегова ҳзықәиргәыӷыз азылԥхарақәа ҳрылагәырӷьалар ҳалшоит, иара иҳәеит ашамҭақәа абаара-аиаӡаара ишацәыхьчахо, Анцәа ихәыҷқәа ирымоу ахьӡ-аԥша шроуа (Римаа рахь 8:21).

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Ҳара ҳхақәиҭра ииашамкәа ҳхы иаҳархәоит Иегова ииҭаху акәымкәа, ҳара иаҳҭаху аныҟаҳҵо. Уи ашьацҳәа ҳаҿашәар ҳалшоит, избанзар Аҩсҭаа идунеи Анцәа имаҵ аура ҳазымхәыцкәа ҳхатә интересқәа ҳхы рзыҳашьҭларц ҳгәазҭанаҵоит

  • Ҳара ҳхақәиҭра ҟәыӷарала ҳхы иаҳархәоит Иегова имаҵ аура ҳаԥсҭазаараҿы зегь раԥхьа иҳаргылозар. Ҳаԥсҭазаара ырмарианы ҳанхалар, ҳаамҭеи ҳамчи еиҳаны Иегова имаҵ аура иазаҳклар ҳалшоит

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра