Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 апрель ад. 3—8
  • Ииашаҵәҟьоу ахақәиҭрахь уназго амҩа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ииашаҵәҟьоу ахақәиҭрахь уназго амҩа
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АУАА ИИАШАҴӘҞЬОУ АХАҚӘИҬРА АНРЫМАЗ
  • ИШԤАРЦӘЫӠИ АУАА ИИАШАҴӘҞЬОУ АХАҚӘИҬРА?
  • ИИАШАҴӘҞЬОУ АХАҚӘИҬРА ҲАУР ШҲАЛШО
  • Имаҵ жәула Иегова, ахақәиҭра Анцәа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Аҿар, Ҳазшаз насыԥ шәымазарц иҭахуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Алхра ахақәиҭра ахә шәшьала
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 апрель ад. 3—8

Ииашаҵәҟьоу ахақәиҭрахь уназго амҩа

«Аԥа шәарҭ ахақәиҭра шәиҭар, убасҟан, иаша-ҵабыргла ахақәиҭра зауз шәакәхоит» (ИОАНН 8:36).

АШӘАҚӘА: 54, 36

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААР?

  • Изакәызеи аҳәаақәа змоу ахақәиҭра?

  • Ишԥарӡыз ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра?

  • Иарбан хақәиҭроу Иисус ҳзықәиргәыӷыз, насгьы ишԥаҳалшо уи аиура?

1, 2. а) Иҟарҵозеи ауаа ахақәиҭра аиуразы? б) Иалҵшәахозеи уи?

ИАХЬА адунеи ахьынӡанаӡааӡо ауаа азинеиҟарареи ахақәиҭреи ирылацәажәоит. Шьоукы аиашамреи, атәамбареи, аӷарреи рҟынтә ахақәиҭра роурц рҭахуп. Егьырҭ ирҳәо, иҟарҵо, насгьы ишынхо иақәиҭзарц иазықәԥоит. Ауаа зегьы ахақәиҭра рымазарц рҭахуп.

2 Ахақәиҭра аиуразы ауаа амитингқәеи ареволиуциақәеи еиҿыркаауеит. Аха ироуама дара ирҭаху? Мап. Лассы-лассы уи еиҳагьы агәаҟрақәа аанагоит, зны-зынла аԥсрагьы. Екклезиаст 8:9 иану аҳ Соломон иажәақәа иашаҵәҟьоуп: «Ауаҩы ауаҩы напхгара анииҭо, уи ацәгьарахь икылнагоит».

3. Иҟаҳҵар акәзеи ииашаҵәҟьоу анасыԥи агәахәареи ҳаурц азы?

3 Абиблиа иҳанаҳәоит ииашаҵәҟьоу анасыԥи агәахәареи ҳаурц азы иҟаҵатәу. Христос иҵаҩы Иаков иҳәеит: «Зегь рыла иеиқәшәоу, ак згым, ахақәиҭра узҭо азакәан наӡа иазыӡырҩуа, уи иацныҟәо... дызҿу иусқәа рҿы лыԥха иоуеит» (Иаков 1:25). Инаӡоу азакәан ҳазҭаз Иегова иоуп, иара идыруеит анасыԥ ҳамазарц азы иаҳҭаху. Иегова Адами Евеи ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра, насгьы анасыԥ рымазарц азы иаҭаху зегь риҭеит.

АУАА ИИАШАҴӘҞЬОУ АХАҚӘИҬРА АНРЫМАЗ

4. Иарбан хақәиҭроу Адами Евеи ирымаз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

4 Аҟазаара 1-тәи, 2-тәи ахқәа ҳанрыԥхьо, ҳара еилаҳкаауеит Адами Евеи иахьа ауаа ԥхыӡлагь ирымбац ахақәиҭра шрымаз. Дара иаарҭахыз зегь рыман, насгьы изыцәшәо ҳәа акгьы ыҟамызт, иара убас аиашамра иақәшәомызт. Дара иаҳфарызеи, аус абаҳаурызеи ҳәа игәамҵуамызт, иара убас ачымазарақәеи аԥсреи захьӡу рыздыруамызт (Аҟазаара 1:27—29; 2:8, 9, 15). Аха ҳәаада иҟазма рхақәиҭра? Шәааи еилаҳкаап.

5. Изаазгозеи ауаҩы ахақәиҭра, аха иарбан гәаанагароу ирымоу аӡәырҩы?

5 Аӡәырҩы ауаа ргәы иаанагоит ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра ари иаауҭаху зегь аныҟауҵо, насгьы алҵшәақәа уанырзымхәыцуа ауп ҳәа. Аенциклопедиа «Уорлд бук» аҿы иануп ахақәиҭра иаҵанакуа «алхра аҟаҵара алшареи уи инақәыршәаны анхареи ауп» ҳәа. Аха уа еиҭах иануп аҳәынҭқарра ауаа рзинқәа рымнамхуазар, насгьы иашамрала ирзымныҟәозар урҭ ахақәиҭра рымоуп ҳәа. Уи иаанагоит зегьы ахақәиҭра рымазарц азы аҳәаақәа ыҟазар шакәу. Аха азин змада аҳәаақәа иашоу ииашаму, насгьы ахәарҭа ааргоу иаарымгоу аӡбара?

6. а) Избан Иегова заҵәык зиакәу ҳәаа змам ахақәиҭра змоу? б) Иарбан хақәиҭроу ауаа ирымазар алшо, насгьы избан?

6 Ҳара иаҳгәалашәозароуп ҳәаа змам ахақәиҭра змоу Анцәа Иегова заҵәык шиакәу. Избан? Избанзар иара зегь ишеит, насгьы амч ду змоу Жәҩантәыла Анапхгаҩы иоуп (1 Тимофеи иахь 1:17; Аатра 4:11). Аҳ Давид Иегова иааникыло аҭыԥ атәы иҳәарц азы ажәа ԥшӡақәа ихы иаирхәеит. (Шәаԥхьа 1 Ашықәсынҵа 29:11, 12.) Аха ажәҩан аҿы ма адгьыл аҿы иҟоу ашамҭақәа зегьы рхақәиҭра аҳәаа амоуп. Иегова иҭахуп ҳара еилаҳкааларц иара заҵәык шиакәу азин змоу аҳәаақәа иашоу ииашаму, насгьы ахәарҭа ҳзааргоу иаҳзаарымгоу аӡбара. Аханатә Иегова ишамҭақәа ириҭаз ахақәиҭра аҳәаақәа аман.

7. Иарбан усқәоу агәырӷьара ҳзаазго ируаку?

7 Адами Евеи ахақәиҭра ду шрымазгьы, уи аҳәаақәа аман. Урҭ рҟынтә ҳәаақәак зда ԥсыхәа рымамыз акәын. Иаҳҳәап, дара рыԥсы ҭазарц азы рыԥсыԥ алага-ҩагара, акрыфара, насгьы ацәара рыхәҭан. Иаанагома уи ахақәиҭра рымамызт ҳәа? Мап. Иегова деиҷаҳаит ус еиԥш иҟоу аусқәагьы дара агәырӷьареи агәахәареи рзаанагаларц (Аԥсалом 103:14, 15 [104:14, 15, АдҾ]; Екклезиаст 3:12, 13). Ҳара зегьы иаҳгәаԥхоит аҳауа цқьа, насгьы бзиа иаҳбо афатә афара, иара убас ихааны ацәара. Арҭ аусқәа аныҟаҳҵо ҳзинқәа ҳамырхуашәа ҳбаӡом. Адами Евеи рзгьы убас ҳҳәар ҳалшоит.

8. Иарбан иҷыдоу дҵоу Иегова Адами Евеи ириҭаз, насгьы избан?

8 Иегова Адами Евеи иҷыдоу адҵа риҭеит. Иара иҳәеит дара ахәыҷқәа роулар, адгьыл ықәдырҭәаалар, иара убас уи иеиҷаҳалар шакәыз (Аҟазаара 1:28). Ирымнахуазма ахақәиҭра ари адҵа? Ҳәарада, мап! Ари адҵа абзоурала дара гра змамыз рхәыҷқәеи дареи ахьынхалоз адгьыл зегьы џьанаҭны иҟарҵар рылшон. Уи Анцәа игәҭакы акәын (Исаиа 45:18). Иахьа аҭаацәара иалало ма ахшара зауа ауаа Анцәа изыӡырҩуам ҳәа узҳәом. Аҭаацәара алалареи ахәыҷқәа рааӡареи ауадаҩрақәа шузаанагогьы, ауаа уи мап ацәыркӡом (1 Коринфаа рахь 7:36—38). Избан? Избанзар дара уи агәахәареи анасыԥи рзаанагоит ҳәа игәыӷуеит (Аԥсалом 126:3 [127:3, АдҾ]). Адами Евеи Иегова изыӡырҩызҭгьы, аҭаацәаратә ԥсҭазаара наӡаӡа иалагәырӷьалон.

ИШԤАРЦӘЫӠИ АУАА ИИАШАҴӘҞЬОУ АХАҚӘИҬРА?

9. Избан Аҟазаара 2:17 иану Анцәа идҵа иашамызт ма ахәарҭа аламызт ҳәа зузымҳәо?

9 Иегова Адами Евеи даҽа дҵак риҭеит, насгьы уи еиларгазҭгьы иҟалоз еилыкка иреиҳәеит. Иара иҳәеит: «Ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла аҟынтә иумфан, избанзар уи ануфо аҽны, хымԥада уԥсуеит» (Аҟазаара 2:17). Иаҳҳәар ҳалшома уи адҵа иашамызт, насгьы ахәарҭа аҵамызт ҳәа? Ирымнахуазма уи Адами Евеи ирымаз ахақәиҭра? Ҳәарада, мап. Абиблиа аҭҵааҩцәа аӡәырҩы ирыԥхьаӡоит Анцәа идҵа аҟәыӷара аҵан ҳәа. Урҭ руаӡәк иҳәоит уи ишаҳнарҵо ауаа рзы ацәгьеи абзиеи закәу здыруа Анцәа заҵәык шиакәу. Иара иациҵоит: «Абзиара иалагәырӷьаларц азы ауаа Анцәа игәра ргалар, насгьы изыӡырҩлар ауп. Аха Анцәа изыӡырҩра мап ацәыркуазар, дара рзы ацәгьеи абзиеи закәу рхала ирыӡбалар ауп». Уи аӡбара ауаа рзы даара ицәгьоуп.

Адами Евеи иҟарҵаз алхра арыцҳарақәа аанагеит! (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9—12.)

10. Избан алхра ахақәиҭреи ацәгьеи абзиеи закәу аӡбареи ак закәым?

Иегова имацара иоуп ацәгьеи абзиеи закәу аӡбара азин змоу

10 Шьоукы ргәы иаанагозар ауеит Адам ииҭахыз аҟаҵара дақәиҭымызт ҳәа. Аха дара ирзеилкаауам алхра ахақәиҭреи ацәгьеи абзиеи закәу аӡбареи ак шакәым. Адами Евеи Анцәа изыӡырҩру изымӡырҩру рыӡбар рылшон. Аха Иегова имацара иоуп ацәгьеи абзиеи закәу аӡбара зылшо. «Ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла» Адами Евеи уи ргәаланаршәон (Аҟазаара 2:9). Ҳара ҳаӡбарақәа ирылҵшәахо заа иҳаздырӡом, насгьы уи еснагь ибзиахоит ҳәа ҳазҳәом. Убри аҟынтә ҳара лассы-лассы иаҳбоит ауаа абзиара ргәы иҭакны ак шыҟарҵо, аха уи агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи шаанаго (Ажәамаанақәа 14:12). Ааи, ауаа рылшарақәа аҳәаа рымоуп. Иегова Адами Евеи ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла аҟынтә ишәымфан ҳәа адҵа анриҭа, иреиҳәеит ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра рымазарц азы иара изыӡырҩлар шакәыз. Ирыӡбазеи Адами Евеи?

11, 12. Избан Адами Евеи иҟарҵаз алхра арыцҳара заанагаз? Иаажәга аҿырԥштәы.

11 Илахьеиқәҵагоуп, аха Адами Евеи Иегова иҳәатәы иахыԥеит. Ева Аҩсҭаа дизыӡырҩырц лыӡбеит. Иара илеиҳәеит уи ашәыр анышәфо аҽны шәыблақәа хтуеит, насгьы Анцәа иеиԥш ацәгьеи абзиеи здыруа шәакәны шәҟалоит ҳәа (Аҟазаара 3:5). Ирзаанагама Адами Евеи иҟарҵаз алхра еиҳау ахақәиҭра, Аҩсҭаа ишреиҳәаз еиԥш? Мап. Дара ирбеит Анцәа инапхгара азымӡырҩра агәаҟрақәа шаанаго (Аҟазаара 3:16—19). Избан? Избанзар Анцәа ауаа рхазы ацәгьеи абзиеи закәу аӡбара алшара римҭаӡеит. (Шәрыԥхьа Ажәамаанақәа 20:24; Иеремиа 10:23.)

12 Уи аҳаирплан иақәтәоу аԥырҩы иҿҳарԥшыр ҳалшоит. Иара иахьахәҭоу аҭыԥ ахь машәырда днеирц азы изалху амҩа ала дԥырлар, насгьы аҳаирплан иамоу ахархәагақәа ихы иаирхәалар ауп. Иара убас уи ацхыраара изҭо ауаа дырзыӡырҩлар ауп. Дара иҵарҳәоит дахьԥырлаша, насгьы егьырҭ аҳаирпланқәеи иареи еиҿамсырц азы дыштәаша. Аха аԥырҩы ирҭо анапхгара дықәымныҟәакәа ишиҭаху дԥыруазар, арыцҳара дақәшәоит. Убас еиԥш Адами Евеи ишырҭаху рхы мҩаԥыргаларц рыӡбеит. Дара Анцәа инапхгара мап ацәыркит. Иалҵшәахазеи уи? Арыцҳара! Урҭ рыӡбара рхәыҷқәеи дареи агәнаҳаи аԥсреи рзаанагеит (Римаа рахь 5:12). Адами Евеи ацәгьеи абзиеи закәу рхала иалырхларц ахьырыӡбаз еиҳаны ахақәиҭра рзаанамгаӡеит. Уи аҭыԥан, Иегова ириҭаз ииашаҵәҟьоу анасыԥ рцәыӡит.

ИИАШАҴӘҞЬОУ АХАҚӘИҬРА ҲАУР ШҲАЛШО

13, 14. Ишԥаҳалшо ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра ҳаур?

13 Шьоукы ргәы иаанагоит ҳәаа змам ахақәиҭра умазар еиҳа еиӷьуп ҳәа. Аха ус иҟаҵәҟьоума уи? Алхра ахақәиҭра ахәарҭа шаҳзаанагогьы, шәхаҿы ишәзаагома адунеи зеиԥшрахоз аҳәаақәа зынӡаск иҟамызҭгьы? Аенциклопедиа «Уорлд бук» аҿы иануп ажәларқәа ирымоу азакәанқәа уадаҩуп, избанзар урҭ ауаа рыхьчалар ауп, аха убри аамҭазгьы аҳәаақәа шьақәдыргылалар ауп ҳәа. Уи еснагь имариам. Убри азоуп лассы-лассы изаҳбо хыԥхьаӡара змам азакәанқәеи урҭ азакәанқәа ҳаилыркаара зҽазызшәо аӡбаҩцәеи аиуристцәеи.

14 Иисус Христос иҳаилиркааит ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра ҳаур шҳалшо. Иара иҳәеит: «Сара сажәаҿ шәҟалар, Сара сҵаҩцәа иашақәа шәакәхоит. Убасҟан аҵабырг закәу шәзаатуеит, уи аҵабырг ахақәиҭра шәнаҭоит» (Иоанн 8:31, 32). Ус анакәха, ииаашаҵәҟьоу ахақәиҭра ҳаурц азы ҩ-ԥҟарак наҳагӡалар ауп. Актәи, ҳара Иисус ауаа идирҵоз аҵабырг ҳадаҳкылар ауп. Аҩбатәи, иҵаҩцәа ҳакәхар ауп. Арҭ аҩ-ԥҟарак рынагӡара ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра ҳнаҭоит. Аха изакәытә хақәиҭроузеи уи? Иисус иҳәеит: «Агәнаҳа иаҵалауа дарбанзаалакь, агәнаҳа тәыс дамоуп», анаҩс иациҵеит: «Аԥа шәарҭ ахақәиҭра шәиҭар, убасҟан, иаша-ҵабыргла ахақәиҭра зауз шәакәхоит» (Иоанн 8:34, 36).

15. Избан Иисус ҳзықәиргәыӷыз ахақәиҭра «иаша-ҵабыргла ахақәиҭра» заҳнаҭо?

15 Иисус иҵаҩцәа зықәиргәыӷыз ахақәиҭра иахьа ауаа зызгәышьуа ахақәиҭра аасҭа акырӡа еиӷьуп. Иисус иҳәеит: «Аԥа шәарҭ ахақәиҭра шәиҭар, убасҟан, иаша-ҵабыргла ахақәиҭра зауз шәакәхоит». Иара зыӡбахә иҳәоз агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра ауп. Уи атәра ауаа зҭашәахьоу зегь иреицәоуп. Ҳатҟәаны ҳашԥамоу агәнаҳа? Уи иҽеим аусқәа рыҟаҵара ҳгәазҭанаҵоит, уи адагьы ииашоу аусқәа рыҟаҵара иаҳԥырхагоуп. Уи арыцҳарақәеи, ахьааи, агәаҟреи, аԥсреи ҳзаанагоит (Римаа рахь 6:23). Апостол Павел ихатә ԥышәала идыруан агәнаҳа атәра аҵаҟа аҟазаара шаҟа ицәгьоу. (Шәаԥхьа Римаа рахь 7:21—25.) Агәнаҳа аҵыхәтәанынӡа ианықәгахо мацара ауп ҳара Адами Евеи зны ирымаз ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра анҳауа.

16. Ишԥаҳалшо ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра аиура?

16 Иисус «сара сажәаҿ шәҟалар» ҳәа ахьиҳәаз иаанарԥшуеит ахақәиҭра ҳаиҭарц ҳҭахызар ак ҟаҳҵар шҳахәҭоу. Изакәызеи уи? Анцәа зҽизызкхьоу ақьырсианцәа реиԥш ҳара ҳхы мап ацәаҳкыр ҳахәҭоуп, насгьы Иисус иҵаҩцәа рзы ишьақәиргылаз аҳәаақәа ҳадаҳкылар ауп (Матфеи 16:24). Иисус ҳшақәиргәыӷыз еиԥш, ҳаԥхьаҟа аҿыхра ауаатәыҩса зегь ахәарҭа анырзаанаго ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра ҳауеит.

17. а) Ишԥаҳалшо анасыԥҵәҟьеи агәахәареи риура? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

17 Анасыԥҵәҟьеи агәахәареи ҳамазарц азы ҳара Иисус иҵаҩцәа реиԥш иҵарақәа ҳрықәныҟәалар ҳахәҭоуп. Ус ҟаҳҵалар, аҵыхәтәаны агәнаҳеи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳауеит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 8:1, 2, 20, 21.) Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит уажәы иҳамоу ахақәиҭра ҟәыӷарала ҳхы иаҳархәалар шҳалшо. Уи ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра иахыҵхырҭоу Анцәа Иегова наӡаӡа ирҳаракра иҳацхраауеит.

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Ауаа зегьы аҳәаа змоу ахақәиҭра рымоуп. Ҳара алхра ахақәиҭра шҳамоугьы, ацәгьеи абзиеи закәу аӡбара азин ҳамаӡам

  • Адами Евеи Анцәа изакәанқәа рынагӡара шрыхәҭазгьы, агәнаҳа ҟарҵаанӡа ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра рыман. Иахьа Иисус ахақәиҭра ҳаиҭоит ауаа идирҵоз аҵабырг анҳадаҳкыло, насгьы иҵаҩцәаны ҳаныҟало. Ҳаԥхьаҟа џьанаҭ дгьыл аҿы ҳара ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра ҳауеит, насгьы агәнаҳаи аԥсреи рытҟәара ҳаҵыҵуеит

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра