Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 декабр ад. 15—20
  • Аҿар, Ҳазшаз насыԥ шәымазарц иҭахуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҿар, Ҳазшаз насыԥ шәымазарц иҭахуп
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҞӘЫӶАРА ИАХЫҴХЫРҬОУ ИЕГОВА ЗАҴӘЫК ИОУП
  • ИЕГОВА АДОУҲАТӘ ФАТӘЫ УИҬОИТ
  • ИЕГОВА АҨЫЗЦӘА БЗИАҚӘА УИҬОИТ
  • ИЕГОВА ИБЗИОУ АХЫҚӘКҚӘА РЫҚӘЫРГЫЛАРА ДУЦХРААУЕИТ
  • АНЦӘА ИИАШАҴӘҞЬОУ АХАҚӘИҬРА УИҬОИТ
  • Ииашаҵәҟьоу ахақәиҭрахь уназго амҩа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Имаҵ жәула Иегова, ахақәиҭра Анцәа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Аҿар, шәыԥсҭазаара агәахәара ду шәзаанагалар алшоит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 декабр ад. 15—20

Аҿар, Ҳазшаз насыԥ шәымазарц иҭахуп

«[Анцәа] уԥсҭазаара бзиарала ирҭәуеит» (АԤСАЛОМ 103:5).

АШӘАҚӘА: 135, 39

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан аҟәыӷара иахыҵхырҭоу Иегова заҵәык иоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

  • Избан ҳдоуҳатә ҭахрақәа еилаҳкаалар зҳахәҭоу?

  • Иарбан ҳамҭақәоу еиҭа Иегова иуиҭо, насгьы ушԥарзыҟоу урҭ уара?

1, 2. Избан изҟәыӷароу Ҳазшаз изыӡырҩра, уԥсҭазаара ззукша уаназхәыцуа? (Шәрыхәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьақәа.)

УАРА уқәыԥшзар, уԥсҭазаара ззукша иазкны ирацәаны алабжьарақәа уоуазар ҟалап. Арҵаҩцәеи егьырҭ ауааи аҵара ду уалгар ауп, мамзаргьы ирацәаны аԥара урҳаларц азы акариера ҟауҵар ауп ҳәа уарҳәозар ауеит. Аха Иегова иуеиҳәо зынӡа даҽакуп. Ҳәарада, иара иҭахуп ашкол аҿы аҵара бзианы иуҵаларц, избанзар уи анаҩс ухы аныҟәгара иуцхраауеит (Кәаласаа рахь 3:23). Аха уи адагьы, Иегова идыруеит уқәыԥшра аамҭазы ԥхьаҟатәи уԥеиԥш ианыруа ихадоу аӡбарақәа шудукылар акәу. Убри аҟынтә иара амҩа уқәызҵо апринципқәа уиҭоит, насгьы арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы уԥсҭазаарала дургәырӷьалартә еиԥш анхара дуцхраауеит (Матфеи 24:14).

2 Иухоумыршҭлан Иегова зегь шидыруа. Иара ибзиаӡаны идыруеит ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу, насгьы ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа шаҟа аамҭа нхаз (Исаиа 46:10; Матфеи 24:3, 36). Иара убас Иегова уара уидыруеит. Иара идыруеит насыԥ узҭо, насгьы уи умызхуа. Ауаа иурҭо алабжьара иашоушәа угәы иаанагар алшоит, аха уи Анцәа Иажәа шьаҭас иамамзар, аҟәыӷара аҵам (Ажәамаанақәа 19:21).

АҞӘЫӶАРА ИАХЫҴХЫРҬОУ ИЕГОВА ЗАҴӘЫК ИОУП

3, 4. Ишԥарныри Адами Евеи рхәыҷқәеи дареи иҽеимыз алабжьара иахьазыӡырҩыз?

3 Раԥхьаӡа иҽеим алабжьара ауаа ирызҭаз Аҩсҭаа иоуп, уи Едемтәи абаҳчаҿы иҟалеит. Иара Ева илеиҳәеит Адами лареи шынхалаша рхала ирыӡбалар еиҳа насыԥ шроуа (Аҟазаара 3:1—6). Аха иара дзызхәыцуаз ихы акәын! Аҩсҭаа иҭахын Адами Евеи урҭ ироураны иҟаз ахәыҷқәеи Иегова иакәымкәа иара изыӡырҩларц. Аха иара Адами Евеи рзы акгьы ҟаимҵаӡеит. Дара ирымаз зегь рызҭаз Иегова иакәын. Иара урҭ хаҵеи-ԥҳәыси реиԥш еидикылеит, иахьынхалаша абаҳча ԥшӡеи, инаӡаз ацәеижьи, наӡаӡа анхаразы алшареи риҭеит.

4 Илахьеиқәҵагоуп, аха Адами Евеи Анцәа изымӡырҩӡеит. Дара аԥсҭазаара рызҭаз ида инхаларц рыӡбеит. Уи алҵшәа даара ибааԥсхеит. Иҿырхуа ашәҭ шканӡо еиԥш, Адами Евеи хәыҷы-хәыҷла иажәуан, аҵыхәтәангьы иԥсит. Дара иҟарҵаз рымацара рыдагьы, урҭ рхәыҷқәа зегьы, ҳаргьы ҳналаҵаны, агәаҟрақәа ҳзаанагеит (Римаа рахь 5:12). Иахьагьы ауаа реиҳараҩык Анцәа изымхәыцкәа ишырҭаху инхоит (Ефесаа рахь 2:1—3). Иарбан лҵшәақәоу уи ирзаанаго? Урҭ рыԥсҭазаара иаанарԥшуеит Иегова иҿагыло аҟәыӷара шрымам (Ажәамаанақәа 21:30).

5. Зыгәра ганы дыҟази Анцәа ауаа рганахь ала, насгьы диашазма иара?

5 Иегова агәра ганы дыҟан иара изааигәахареи имаҵ ауреи зҭаххо ауаа шыҟало, имаҷҩымкәа аҿаргьы уахь иналаҵаны (Аԥсалом 103:17, 18; 110:3). Иегова изы урҭ рыхә даара иҳаракуп! Уруаӡәкума уара урҭ? Ааи акәзар, уара, ҳәарада, Анцәа иуиҭо аҳамҭақәа урылагәырӷьоит, уи уԥсҭазаара насыԥла иарҭәуеит (Шәаԥхьа Аԥсалом 103:5; Ажәамаанақәа 10:22). Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова иҳаиҭо аҳамҭақәа ԥшьба: адоуҳатә фатәы, аҩызцәа бзиақәа, ииашоу ахықәкқәа, насгьы ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра.

ИЕГОВА АДОУҲАТӘ ФАТӘЫ УИҬОИТ

6. Избан удоуҳатә ҭахрақәа уреиҷаҳалар зухәҭоу, насгьы иуиҭазеи Иегова уи аҟаҵаразы?

6 Аԥстәқәа адоуҳатә ҭахрақәа рымам, дара Ҳазшаз изку адыррақәа еиздырҳауам. Аха ҳара урҭ ҳреиԥшӡам (Матфеи 4:4). Анцәа ҳанизыӡырҩуа ҳара аилкаареи, аҟәыӷареи, анасыԥи ҳауеит. Иисус иҳәеит: «Насыԥ рымоуп здоуҳатә ҭахрақәа еилызкаауа» (Матфеи 5:3, АдҾ). Анцәа Абиблиа ҳаиҭеит, уи адагьы игәрагоу, иҟәышу атәы ила ҳагәрахаҵара зырӷәӷәо апублиакациақәа ҳаиҭоит (Матфеи 24:45). Ҳара урҭ апубликациақәа адоуҳатә фатәы ҳәа ҳрышьҭоуп, избанзар ҳагәрахаҵареи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызареи дырӷәӷәоит. Ҳара хкы рацәала иҳамоу адоуҳатә фатәы ҳалагәырӷьоит! (Исаиа 65:13, 14).

7. Иарбан хәарҭоу Иегова иҟынтә иҳауа адоуҳатә фатәы иаҳзаанаго?

7 Адоуҳатә фатәы аҟәыӷара аизырҳара иуцхраауеит, насгьы ииашаны ахәыцшьа унарҵоит. Уи уара еснагь уахьчалоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 2:10—14.) Урҭ аҟазшьақәа амц уацәырыхьчоит, иаҳҳәап, Ҳазшаз дыҟамызшәа, мамзаргьы аԥареи амали анасыԥ узааргошәа ирҳәо амц. Иара убас урҭ аҟазшьақәа иҽеим агәаҳәарақәеи ашьцыларақәеи мап рыцәкра иуцхраауеит. Убри аҟынтә иулшо зегь ҟаҵала аҟәыӷареи ииашоу ахәыцшьеи еизурҳаларц азы. Усҟан еилукаауеит Иегова бзиа ушибо, насгьы уара узы зегь иреиӷьу шиҭаху (Аԥсалом 34:8; Исаиа 48:17, 18).

8. Избан уара уажәнатә Анцәа уизааигәахалар зухәҭоу, насгьы ишԥаухәо уи уаԥхьаҟа?

8 Иаарласӡаны Аҩсҭаа идунеи зегь ықәгахоит. Усҟан Иегова ида аӡәгьы ҳаизыхьчом, насгьы зда ԥсыхәа ҳмоуа изҳаҭом, иҟалап афатәгьы уахь иаҵанакуазар (Аввакум 3:2, 12—19). Убри аҟынтә уажәнатә Иегова уизааигәахала, насгьы иара иахь иумоу агәрагара рӷәӷәала (2 Пиотр 2:9). Усҟан иҟалалакгьы уара Давид иеиԥш иуҳәар улшоит: «Иегова еснагь саԥхьа дгылоуп. Сара акгьы сацәшәом, избанзар иара сарӷьара дгылоуп» (Аԥсалом 16:8).

ИЕГОВА АҨЫЗЦӘА БЗИАҚӘА УИҬОИТ

9. а) Иҟаиҵозеи Иегова Иоанн 6:44 иану инақәыршәаны? б) Излеиԥшызмеи Иегова ишаҳаҭ уаниабадыруеи егьырҭ ауаа уанрабадыруеи?

9 Уара аҵабырг ззымдыруа ауаҩы уаниабадыруа, шаҟа ирацәаны иудыруазеи уи изкны? Иҟалап уи ихьӡ удыруазар, насгьы иԥшра убозар, уаҳа акгьы. Аха ухаҵара уцеиҩызшо ауаҩы уаниабадыруа уи зынӡа даҽакуп. Уара иудыруеит уи Иегова бзиа дшибо. Насгьы Иегова уи ауаҩ иҿы ибзиоу ҟазшьак шибаз, убри аҟынтә иҭаацәара дахәҭакхарц дшааиԥхьаз. (Шәаԥхьа Иоанн 6:44.) Иара дызмилаҭзаалакгьы, насгьы иааӡара зеиԥшразаалакгьы уара уи изкны иудыруа рацәоуп, иаргьы уара иузкны иидыруа маҷым!

Иегова иҭахуп зегь иреиӷьу аҩызцәа умазарц, насгьы ииашоу ахықәкқәа ықәургылаларц (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9—12.)

10, 11. Еидызкылозеи Иегова ишаҳаҭцәа зегьы, насгьы ишԥауныруеи уи уара?

10 Иегова ишаҳаҭ раԥхьаӡа уаниабадыруа цқьа дшузымдыруагьы, уара еилукаауеит ихадоу азҵаарақәа рҿы шәгәаанагарақәа шеиқәшәо. Иара даҽа бызшәак ала дцәажәозаргьы, уара иудыруеит шәҩыџьагьы еицышәзеиԥшу бызшәак шшәымоу — аҵабырг «абызшәа цқьа» (Софониа 3:9). Шәара шәҩыџьагьы Анцәа дхашәҵоит, иҳараку анормақәа рыла шәынхоит, насгьы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы ишәымоу гәыӷрак ауп. Абри зегь абзоурала шәара шәыгәра еибагоит, уи наунагӡа иҟазаало аиҩызара аизырҳара ишәыцхраауеит.

11 Убас ала, уара Иегова имаҵ ууазар, зегь иреиӷьу аҩызцәа умоуп ҳәа уҳәар улшоит. Уара адунеи ахьынӡанаӡааӡо аҩызцәа умоуп, макьана зегьы урмабадырхьацзаргьы. Дарбану Иегова ишаҳаҭцәа рыда абри аҩыза азылԥхара иалагәырӷьо?

ИЕГОВА ИБЗИОУ АХЫҚӘКҚӘА РЫҚӘЫРГЫЛАРА ДУЦХРААУЕИТ

12. Иарбан хықәк бзиақәоу уара иқәургылар улшо?

12 Шәаԥхьа Екклезиаст 11:9—12:1. Иумоума уара ахықәкқәа? Иҟалап уара есыҽны Абиблиа аԥхьара уҽазушәозар, мамзаргьы аизараҿы аҭакқәа еиӷьны рыҭара ма адҵақәа еиӷьны рынагӡара уҭахызар. Ма амаҵзураҿы Абиблиа еиҳа ҟазарыла ухы иаурхәаларц уҽазушәозар. Ухы шԥаубо ақәҿиарақәа шыҟауҵо ангәоуҭо, мамзаргьы егьырҭ уи ануарҳәо? Иҟалап уара уи даара уеигәырӷьозар. Ус иагьыҟазароуп! Избан? Избанзар уара Иисус иеиԥш Иегова ииҭаху ҟауҵоит (Аԥсалом 40:8; Ажәамаанақәа 27:11).

13. Избан Анцәа имаҵ аура адунеи иҳаднагало аасҭа изеиӷьу?

13 Уара Иегова имаҵ аура ухы аназушьҭуа, анасыԥ узаазго, насгьы уԥсҭазаара аҵакы азҭо аус наугӡоит. Павел иҳәеит: «Аӷьараҳәа шәыҟаз, гәыҩбара шәмоун, шәымч-шәылшара зегьы Иҳақәиҭу имаҵура иазышәк, ижәдыруазааит Иҳақәиҭу иҿаԥхьа ижәбо аџьабаа бжьаӡраны ишыҟам» (1 Коринфаа рахь 15:58). Аха ауаа ари адунеи аҿы аԥара арҳареи, насгьы ахьӡи-аԥшеи ианрышьҭало ииашаҵәҟьоу анасыԥ роуам. Урҭ ақәҿиара шрымоугьы, рыԥсҭазаара аҵакы амамшәа рбоит (Лука 9:25). Уи ус шакәу еилаҳкаар ҳалшоит Соломон иҿырԥштәы аҟынтә (Римаа рахь 15:4).

14. Иунарҵар алшозеи Соломон иҿырԥштәы?

14 Соломон адгьыл иқәынхоз ауаа зегь реиҳа ибеиаз, насгьы амчра змаз уаҩын. Иара ак ԥишәарц иӡбеит. Абар иажәақәа: «Агәырӷьа-чарала схы ԥысшәап, насгьы уи бзиарас иамоу збап» (Екклезиаст 2:1—10). Соломон аҩын дуқәа иргылеит, абаҳча ԥшӡақәа еиҭеиҳаит, насгьы игәы иааҭахыз зегь ҟаиҵеит. Изаанагама уи агәахәареи анасыԥи? Абри зегь аныҟаиҵа ашьҭахь иара иҳәеит: «Сара избеит ари зегь акгьы ишаԥсам», анаҩс иациҵеит: «Акгьы ахәарҭа алам» (Екклезиаст 2:11). Иалшәхуама шәара ахәарҭа Соломон иҿырԥштәы?

Иегова изыӡырҩра ахәарҭа ҳзаанагоит, насгьы ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра ҳнаҭоит

15. Избан уара агәрахаҵара зуҭаху, насгьы ишԥауцхраауеи уи Аԥсалом 32:8 инақәыршәаны?

15 Шьоукы рхаҭа агхақәа ҟарҵаанӡа, насгьы уи ицәырнаго ауадаҩрақәа ирықәшәаанӡа ацәгьеи абзиеи рзеилкааӡом. Иегова уаргьы ус ухьыр иҭахӡам. Иара иҭахуп уара уизыӡырҩларц, насгьы иҳәатәы уахымԥаларц. Уи азы агәрахаҵара ӷәӷәа аҭахуп, аха уара иумоу агәрахаҵара абзоурала иудукыло аӡбарақәа ахаангьы урыхьхәуам. Иегова ахаан ихашҭраны дыҟам иара иахь иааурԥшуа абзиабара (Ауриацәа рахь 6:10). Убри аҟынтә угәрахаҵара урӷәӷәаларц азы иулшо зегь ҟаҵала. Усҟан уара иҟәыӷоу аӡбарақәа удукылалоит, насгьы жәҩантәи Уаб уара узы зегь иреиӷьу шиҭаху ухатә ԥышәала агәра угоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 32:8.)

АНЦӘА ИИАШАҴӘҞЬОУ АХАҚӘИҬРА УИҬОИТ

16. Избан ахақәиҭра ахә ҳшьалар, насгьы ҟәыӷарала ҳхы иаҳархәалар зҳахәҭоу?

16 Апостол Павел иҩит: «Иҳақәиҭу Идоуҳа ахьыҟоу — иҟоуп ахақәиҭра» (2 Коринфаа рахь 3:17). Иегова ахақәиҭра бзиа ибоит, уаргьы уи бзиа иубалартә еиԥш уишеит. Аха иара иҭахуп иумоу ахақәиҭра ҟәыӷарала ухы иаурхәаларц, усҟан уи уахьчоит. Иҟалап уқәлацәа шьоукы апорнографиа иахәаԥшуазар, ацәеижьтә еизааигәахара иадҳәалоу Анцәа инормақәа еиларгозар, ишәарҭоу аспорт хкқәа рыҽрылархәны рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылозар, анаркотикқәа рыдыркылозар, ма аҩы рҽадыршьуазар. Азныказы арҭ аусқәа агәырӷьара узааргошәа убар алшоит, аха лассы-лассы урҭ рылҵшәақәа ҿаасҭоуп. Иаҳҳәап, урҭ иузцәырыргар алшоит ачымазара, ашьцылара, аԥсрахьы унаргаргьы ауеит (Галаҭаа рахь 6:7, 8). Урҭ аусқәа ирҿу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ахақәиҭра рымоушәа ргәы иаанагозар алшоит, аха уи ус акәӡам (Тит иахь 3:3).

17, 18. а) Избан Иегова ҳанизыӡырҩуа ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра зҳауа? б) Излеиԥшымзеи Адами Евеи ирымаз ахақәиҭра иахьа ауаа ирымоу ахақәиҭра?

17 Иегова изыӡырҩра ахәарҭа ҳзаанагоит. Уи ҳгәабзиара ахьчоит, насгьы ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра ҳнаҭоит (Аԥсалом 19:7—11). Уара иумоу ахақәиҭра ҟәыӷарала ухы иаурхәозар, даҽакала иаҳҳәозар, Анцәа иҳаиҭаз инаӡоу азакәанқәеи апринципқәеи инарықәыршәаны унхозар, Анцәагьы уҭаацәагьы агәрагара ушаԥсоу дурбоит. Усҟан уҭаацәа еиҳагьы угәра агара иалагар, насгьы еиҳаны ахақәиҭра урҭар ҟалоит. Иегова агәра ҳиргоит изиашоу имаҵзуҩцәа зегьы иаарласны инаӡоу ахақәиҭра шриҭо. Абиблиа уи Анцәа ихәыҷқәа ироуа зеиԥшыҟам ахақәиҭра ҳәа иашьҭоуп (Римаа рахь 8:21).

18 Адами Евеи уи аҩыза ахақәиҭра рыман. Едемтәи абаҳчаҿы Анцәа урҭ ззин римҭаз акы заҵәык акәын. Дара ҵлак заҵәык аҟынтә ашәыр рфар ҟаломызт (Аҟазаара 2:9, 17). Ишәҳәарызма шәара Анцәа иԥҟара иашамызт, мамзаргьы иџьбарацәан ҳәа? Ҳәарада, мап! Шәазхәыц ауаа заҟа ԥҟара рхәыцыз, насгьы егьырҭ урҭ рынагӡара мчыла ишрыдырцало. Иегова иакәзар, Адами Евеи ԥҟара заҵәык ауп ириҭаз.

19. Иаҳдырҵозеи Иеговеи Иисуси, насгьы ишԥаҳацхраауеи уи ахақәиҭра аиура?

19 Иегова ҟәыӷарала дҳазныҟәоит. Ҵыхәаԥҵәара змам аԥҟарақәа ҳаҭара аҭыԥан, иара ачҳара аарԥшны абзиабара азакәан ақәныҟәашьа ҳирҵоит. Иара иаҳирҵоит ипринципқәа рықәныҟәашьа, насгьы ацәгьара ахь ацәымӷра аизырҳара дҳацхраауеит (Римаа рахь 12:9). Иаҳҳәап, Иисус ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҿы иҳаилиркааит агәнаҳа узырҟаҵо закәу (Матфеи 5:27, 28). Адунеи ҿыц аҿы Иисус Анцәа Иаҳра иахагылоу аҳ иеиԥш иаҳирҵалоит ацәгьара иара дшахәаԥшуа еиԥш ахәаԥшра (Ауриацәа рахь 1:9). Уи адагьы, иара ҳахшыҩи ҳцәеижьи наӡахартә иҟаиҵоит. Шәхаҿы иаажәг аԥсҭазаара зеиԥшрахо агәнаҳа ҟаҳҵартә еиԥш акгьы ҳаныхнамхло, насгьы ҳанамӡара иахҟьаны ҳанымгәаҟло. Усҟан ҳара Иегова ҳзықәиргәыӷыз зеиԥшыҟам ахақәиҭра ҳалагәырӷьалоит.

20. а) Ихы ишԥаирхәо Иегова имоу ахақәиҭра? б) Ишԥаулшо уара уи иҿыԥшра?

20 Ҳәарада, адунеи ҿыц аҿы иҳауа ахақәиҭра ҳәаак амамкәа иҟалом. Избан? Избанзар Анцәеи ауааи рахь иҳамоу абзиабара еснагь еиҳа ихадазаауеит. Ҳара абзиабара анааҳарԥшуа Иегова ҳаиҿыԥшуеит. Иара ихақәиҭра аҳәаақәа амаӡам, аха уеизгьы иҟаиҵо зегь бзиабаралоуп ишыҟаиҵо, ҳара дышҳазныҟәогьы абзиабара аныԥшуеит (1 Иоанн 4:7, 8). Убри аҟынтә еилкаауп: ҳара Иегова ҳаниҿыԥшуа ауп ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра анҳауа.

21. а) Дышԥеизыҟаз Давид Иегова? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

21 Рыхә ушьома уара Иегова иуиҭо аҳамҭақәа зегьы, иаҳҳәап, адоуҳатә фатәы, аҩызцәа бзиақәа, ииашоу ахықәкқәа, ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра аиуразы агәыӷра, насгьы зеиԥшыҟам егьырҭ аҳамҭақәа? (Аԥсалом 103:5). Иҟалап уара Давид Анцәа даниҳәоз ииҳәаз ажәақәа урықәшаҳаҭзар: «Уара аԥсҭазаара амҩа сеилуркаауеит. Агәырӷьара нагӡа уара уҿаԥхьа иҟоуп. Уарӷьа напы аган аҿы наӡаӡа иҟоуп агәахәара» (Аԥсалом 16:11). Анаҩстәи астатиаҿы ҳара ҳрылацәажәоит 16-тәи Аԥсалом аҟынтә зыхә ҳараку егьырҭ аҵабыргқәа. Урҭ уара иуцхраауеит зегь иреиӷьу аԥсҭазааратә мҩа алухыр шулшо аилкаара!

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Адоуҳатә ҭахрақәа ари Ҳазшаз идырреи, насгьы имаҵ ауреи рзы ауаа ирылоу агәаҳәара ауп. Ауаа ирызцәырҵуеит зҭак еилыркаар рҭаху ихадоу азҵаарақәа, иаҳҳәап: «Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара?», «Иаҳзыԥшузеи ҳаԥхьаҟа?» Уи ала дара аԥстәқәа иреиԥшӡам

  • Адоуҳатә фатәы ари Иегова изку адыррақәа реизырҳара, насгьы Иажәа аилкаара иҳацхраауа зегьы ауп. Иегова игәрагоу, иҟәышу атәы ила доуҳала аизҳареи насыԥ аиуреи иҳацхраауа апубликациақәа ҳаиҭоит

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра