Аҿар, шәыԥсҭазаара агәахәара ду шәзаанагалар алшоит
«Уара аԥсҭазаара амҩа сеилуркаауеит» (АԤСАЛОМ 16:11).
1, 2. Ишԥаҳнарбо Тони иҿырԥштәы ауаҩы иҽиԥсахыр шилшо?
ТОНИ абыда изҳауан. Аиҳабыратә классқәа рҿы дантәаз иара аҵара бзиа ибомызт, убри аҟынтә ашкол дҭыҵырц иҭахын. Аԥсшьарамшәқәа рзы иара еснагь акино ахәаԥшра дныҟәон, мамзаргьы иҩызцәа аамҭа рыцихигон. Иара дхәыҷы бжьысмызт, насгьы анаркотикқәа идикыломызт, аха иԥсҭазаара аҵакы амамызт. Уи инеиҳангьы иара Анцәа дшыҟоу усҟак агәра игомызт. Ҽнак Тони Иегова ишаҳаҭцәа иԥылеит, насгьы Анцәа дшыҟоу агәра агара шицәыцәгьоу реиҳәеит. Убри аҟынтә дара Тони аброшиурақәа «Была ли жизнь создана?», насгьы «У истоков жизни. Пять вопросов, которые требуют ответа» ирҭеит.
2 Даҽазны дара анеиқәшәа, Тони игәаанагара иԥсаххьан. Изынрыжьыз аброшиурақәа еиларҟәыҷны иҟан, избанзар урҭ убасҟак дрыԥхьон. Тони иҳәеит: «Анцәа дыҟазароуп». Иара Абиблиа аҵара далагеит, насгьы хәыҷы-хәыҷла аԥсҭазаара дшазыҟаз иԥсахит. Абиблиа аҵара далагаанӡа Тони аҵара бзианы иҵомызт, аха нас зегь иреиӷьыз аҵаҩцәа дыруаӡәкхеит! Ашкол адиректоргьы уи даара иџьеишьеит. Иара Тони ус иеиҳәеит: «Уара даара уҽуԥсахит, аҵарагьы ибзианы аҵара уалагеит. Уи Иегова ишаҳаҭцәа рацәажәара уахьалагаз азы аума?» Тони иҳәеит уи ус шакәыз, насгьы Абиблиа аҟынтә еиликааз изеиҭеиҳәеит. Тони ашкол далгеит, уажәы иара пионерс, насгьы маҵзуратә цхырааҩыс амаҵ иуеит. Иара даараӡа деигәырӷьоит бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб Иегова дахьеиликааз! (Аԥсалом 68:5).
ИЕГОВА УИЗЫӠЫРҨЛАР АҚӘҾИАРА УОУЕИТ
3. Иарбан лабжьароу Иегова аҿар ириҭо?
3 Тони иҿырԥштәы иаҳнарбоит Иегова аҿар бзиа ишибо. Иара иҭахуп уԥсҭазаара агәырӷьара узаанагаларц, насгьы ақәҿиара умазарц. Убри аҟынтә уқәыԥшра аамҭазы «Узшаз Анцәа Ду» духоумыршҭларц уеиҳәоит (Екклезиаст 12:1). Зны-зынла уи мариам, аха иузыҟамҵо ак акәым. Анцәа ицхыраарала уара насыԥ умазар улшоит уанқәыԥшу мацара адагьы, уаԥхьаҟагьы. Уи еиӷьны еилаҳкаарц азы уааи еилҳаргап Израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл аҿы инхоз ажәларқәа риааира ирыцхрааз, насгьы Давид Голиаф дииааиртә еиԥш амч изҭаз.
4, 5. Иаҳнарҵар алшозеи Израильааи Ханаанааи реибашьра, насгьы Давиди Голиафи реиҿагылара? (Шәрыхәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьақәа.)
4 Иарбан лабжьарақәоу Иегова Израильаа ириҭаз урҭ Изқәыргәыӷыз адгьыл ианазааигәаха? Иреиҳәама аибашьра еиҳа еиӷьны рҽазыҟарҵарц? Мап! (Ҩынтәзакәан 28:1, 2). Иара иҳәеит дара изыӡырҩларц, насгьы игәра ргаларц шрыхәҭоу (Иисус Навин 1:7—9). Ауаҩы игәы иаанагар алшон ари алабжьара ахшыҩ аҵамызт ҳәа, аха уи абзоурала Израильаа ханаантәи ажәларқәа зныкымкәа ириааит (Иисус Навин 24:11—13). Анцәа изыӡырҩразы агәрахаҵара умазароуп, агәрахаҵара ааурԥшуазар, еснагь ақәҿиара умазаауеит. Ажәытәан ус иҟан, иахьагьы ус ауп.
5 Голиаф деибашьҩы ӷәӷәан. Иара х-метрак раҟара дыҟан, насгьы бџьарла деиқәԥах деибыҭан (1 Самуил 17:4—7). Давид иакәзар, ахаҳә злаиршәуаз ада ак имамызт, ҳәарада, Анцәа иахь имаз агәрахаҵара аламҵаӡакәа. Агәрахаҵара змам ауаҩы игәы иаанагар алшон Голиаф иҿагылара хшыҩдаран ҳәа. Аха аиаша уҳәозар, ихшыҩдаз Голиаф иакәын! (1 Самуил 17:48—51).
6. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
6 Ҳазхысыз астатиаҿы ҳара ҳрылацәажәон анасыԥи ақәҿиареи риура иҳацхраауа ԥшь-ҳамҭак. Ҳара еилаҳкааит ишҳахәҭоу ҳдоуҳатә ҭахрақәа реиҷаҳара, Анцәа бзиа дызбо рыбжьара аҩызцәа ралхра, ибзиоу ахықәкқәа рықәыргылара, насгьы Анцәа иҳаиҭо ахақәиҭра ахә ашьара. Ари астатиа аҟынтә ҳара еиҳаны еилаҳкаауеит уи зегь ахәарҭа алхра шҳалшо. Уи азы уааи 16-тәи Аԥсалом иану принципқәак еилҳаргап.
ШӘДОУҲАТӘ ҬАХРАҚӘА ШӘРЕИҶАҲАЛА
7. а) Дзеиԥшроузеи доуҳала ишәу ауаҩы? б) Ииҳәарц ииҭахызи Давид «Иегова сыхәҭаа иоуп» ҳәа аниҳәоз, насгьы иарбан цәаныррақәоу уи изцәырнагоз?
7 Доуҳала ишәу ауаҩы Анцәа дхеиҵоит, уи адагьы иара Анцәа ихәаԥшышьа аилкаареи уи иҿҵаареи иҽазишәоит. Иара Иегова инапхгара дықәныҟәоит, насгьы еснагь изыӡырҩра дазхиоуп (1 Коринфаа рахь 2:12, 13). Давид доуҳала ишәыз уаҩын. Иара аҿырԥш бзиа ҳзынижьит. Уи иҳәеит: «Иегова сыхәҭаа иоуп» (Аԥсалом 16:5). Ҵакыс ирымази арҭ ажәақәа? Давид зыӡбахә иҳәоз Иеговеи иареи ирыбжьаз аизыҟазаашьа ӷәӷәақәа ракәын, иара урҭ рыхә ҳаракны ишьон, насгьы хыхьчарҭас иԥхьаӡон (Аԥсалом 16:1). Убри аҟынтә иара иҳәар илшон: «Сгәы ҭгәырӷьаауеит». Иеговеи иареи ирыбжьаз аиҩызара ӷәӷәа еиԥш Давид уаҳа акы даргәырӷьомызт! (Шәаԥхьа Аԥсалом 16:9, 11.)
8. Насыԥ азҭозеи уара уԥсҭазаара?
8 Аԥара арҳара ма агәырҿыхара зхы азызышьҭуа ауаҩы Давид имаз агәырӷьара аҩыза ахаан иоуам (1 Тимофеи иахь 6:9, 10). Канада инхо аиашьа иҳәоит: «Агәахәара анҳамоу ак анҳауа акәӡам, аха абзиарақәа ҳзыҟазҵо Анцәа Иегова ак аниаҳҭо ауп» (Иаков 1:17). Уара угәрахаҵара еизурҳауазар, насгьы Иегова имаҵ ууазар, уԥсҭазаара агәырӷьара узаанагалоит, насгьы аҵакы амазаауеит. Нас ишԥаулшо уара угәрахаҵара арӷәӷәара? Уи азы Иегова аамҭа ицухугалар ауп, иаҳҳәап, Иажәа уанаԥхьо, насгьы ишамҭа џьашьахәқәеи иҟазшьақәеи уанрызхәыцуа, уара уахь иааирԥшуа абзиабарагьы налаҵаны (Римаа рахь 1:20; 5:8).
9. Иҟауҵар улшозеи уара Анцәа Иажәа унырларц азы?
9 Абзиабара злоу аб ишыҟаиҵо еиԥш, Иегова ариашара анаҳҭаху ҳириашоит, уи ала бзиа ҳшибо ааирԥшуеит. Давид урҭ ариашарақәа рыхә ишьон, иара иҳәеит: «Сара алабжьара сызҭо Иегова дсырҽхәоит. Уахынлагьы сыгәҭахәыцрақәа сара сдыриашоит» (Аԥсалом 16:7). Давид Анцәа ихәыцрақәа дрызхәыцуан, насгьы урҭ иҿҵаара иҽазишәон. Иара Анцәа Иажәа даԥсахлартә алиршон. Уаргьы ус ҟауҵалар, Анцәа иахь иумоу абзиабара еизҳауеит, насгьы игәы аҟаҵара еиҳагьы иуҭаххоит. Уи Иеговеи уареи шәеиҩызара арӷәӷәоит. Кристин зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит аҭҵаара анымҩаԥылго, насгьы дзыԥхьо даназхәыцуа, Иегова уи хаҭала лара лзы иҩызшәа шылбо.
10. Хәарҭас иузаанагозеи адоуҳатә гәазыҟашьа, Исаиа 26:3 иану инақәыршәаны?
10 Доуҳала ишәу ауаҩы ари адунеигьы иара аԥеиԥшгьы Анцәа дшахәаԥшуа еиԥш дахәаԥшуеит. Уаргьы уи аҟаҵара улшоит. Избан Иегова уи аҩыза аилкаара зуиҭо? Иара иҭахуп уара аԥсҭазаараҿы ихадоу удыруазарц, иҟәыӷоу аӡбарақәа удукылаларц, насгьы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ашәара узцәырнамгаларц. (Шәаԥхьа Исаиа 26:3.) Еиду Аштатқәа рҿы инхо Џьошьуа зыхьӡу аиашьа иҳәоит Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа аныӷәӷәоу аԥсҭазаараҿы ихадоу, насгьы уиаҟара ихадам ибзианы еилаҳкаауеит ҳәа.
АҨЫЗЦӘА БЗИАҚӘА РҲАЛА
11. Ҩызцәас ишьҭихуадаз Давид?
11 Шәаԥхьа Аԥсалом 16:3. Давид идыруан аҩызцәа бзиақәа ахьыԥшаатәыз. Иара ҩызцәас иалихуаз Иегова бзиа дызбоз ракәын, уи иара агәырӷьара ду изаанагон. Иара иҩызцәа «иԥшьоу» ҳәа рзиҳәон, избанзар дара иҳараку Анцәа инормақәа инарықәыршәаны инхон. Аҩызцәа бзиақәа шыԥшаатәу иазкны даҽа ԥсаломшәаҳәаҩыкгьы иҩит: «Сара уара иуцәшәо зегьы, насгьы умҩақәҵарақәа ирықәныҟәо сырҩызоуп» (Аԥсалом 119:63). Ҳазхысыз астатиаҿы ишаҳҳәаз еиԥш, уаргьы иулшоит Иегова бзиа дызбо, насгьы изыӡырҩуа рыбжьара аҩызцәа бзиақәа рыԥшаара. Ҳәарада, урҭ уара иуқәлазар акәӡам.
12. Шьаҭас иамази Давиди Ионафани реиҩызара?
12 Давид ҩызцәас ишьҭихуаз иқәлацәа рымацара ракәмызт. Дугәалашәома уара Давид иҩызцәа гәакьақәа руаӡәк? Иҟалап Ионафан ухахьы даазар. Давиди Ионафани реиҩызара Абиблиаҿы зыӡбахә ану аиҩызарақәа руак ауп. Урҭ реиҩызара даара иӷәӷәан. Аха ижәдыруама шәара Ионафани Давиди 30 шықәса раҟара шрыбжьаз? Нас избан урҭ реиҩызара убриаҟара изыӷәӷәаз? Избанзар дара еидызкылоз Анцәа иахь ирымаз агәрахаҵара акәын. Дара аҟазшьа бзиақәа аадырԥшуан, уи азы пату еиқәырҵон. Иаҳҳәап, урҭ рҩыџьагьы Анцәа иаӷацәа ирҿагыланы гәымшәарыла еибашьуан (1 Самуил 13:3; 14:13; 17:48—50; 18:1).
13. Иуцхраауазеи еиҳаны аҩызцәа рырҳара? Иаага аҿырԥштәы.
13 Давиди Ионафани реиԥш ҳаргьы Иегова бзиа дызбо, насгьы зыгәрахаҵара ӷәӷәо аҩызцәа алҳхуазар, уи агәырӷьара ҳзаанагалоит. Акыршықәса рыҩныҵҟа Иегова имаҵ зуа Кира илҳәоит: «Сара исырҳаит адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхо, насгьы хылҵшьҭрала сара исеиԥшым аҩызцәа». Уаргьы еиуеиԥшым ауаа рыбжьара аҩызцәа уԥшаалар, иубоит Абиблиеи иԥшьоу адоуҳаи Анцәа имаҵ зуа зегьы ҭаацәарак еиԥш ҳшеидыркыло.
ИБЗИОУ АХЫҚӘКҚӘА ЫҚӘЫРГЫЛАЛА
14. а) Иуцхраауазеи уара адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылара? б) Ирҳәозеи шьоукы рхықәкқәа ирызкны?
14 Шәаԥхьа Аԥсалом 16:8. Давид изы Анцәа имаҵ аура аасҭа ихадаз даҽа уск ыҟамызт. Ахықәкқәа анықәургыло уара Давид уиҿыԥшлар, насгьы Иегова уара узы ииҭаху уазхәыцлар, уԥсҭазаара агәырӷьара узаанагалоит. Стивен зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Иқәсыргылаз ахықәказы аџьабаа анызбо, уи анынасыгӡо, анаҩс иҟасҵаз аихьӡарақәа санрызхәыцуа, агәахәара ду соуеит». Германиа инхоз, аха уажәы даҽа тәылак аҿы амаҵ зуа иқәыԥшу даҽа иашьак иҳәоит: «Сара исҭахӡам санажәлак еилыскаар санқәыԥшыз иҟасҵоз зегь схазы мацара ишыҟасҵоз». Урықәшаҳаҭума уара уи иажәақәа? Ус акәзар, иулоу аҟазареи абаҩхатәреи рыла Анцәа ирҳаракреи ауаа рыцхраареи уашьҭаз (Галаҭаа рахь 6:10). Иқәыргылала Иегова изааигәахара иуцхраауа ахықәкқәа, насгьы Иегова урҭ рынагӡара дуцхраарц азы уиҳәала. Иара уҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо агәра ганы уҟазар улшоит! (1 Иоанн 3:22; 5:14, 15).
15. Иарбан хықәкқәоу уара иқәургылар улшо? (Шәахәаԥш арамка «Иқәургылар улшо хықәкқәак».)
15 Иарбан хықәкқәоу уара иқәургылар улшо? Иаҳҳәап, иулшома уара аизарақәа рҿы ухатә ажәақәа рыла аҭакқәа рыҟаҵара? Мамзаргьы пионерс амаҵ аура ма Вефиль аҿы амаҵ аура уалагар? Иара убас уара иулшоит иҿыцу бызшәак уҵар, еиҳаны ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара улшарц азы. Барак зыхьӡу иқәыԥшу аиашьа иаамҭа зегь Иегова имаҵ аура иазикуеит, иара иҳәоит: «Есыҽны сымч зегьы Иегова имаҵ аура иахьазыскуа исзаанаго агәырӷьара уаҳа даҽа уск исзаанагом».
АНЦӘА ИУИҬО АХАҚӘИҬРА АХӘ ҲАРАКНЫ ИШЬАЛА
16. Дышԥарзыҟаз Давид Анцәа изакәанқәеи ипринципқәеи, насгьы избан?
16 Ҳазхысыз астатиа аҟынтә ишеилаҳкааз еиԥш, Анцәа изакәанқәеи ипринципқәеи инарықәыршәаны ҳанынхо, ииашаҵәҟьоу ахақәиҭра ҳауеит. Иара убас ҳара Анцәа бзиа иибо бзиа абашьеи ицәымӷу ацәымӷшьеи ҳҵоит (Амос 5:15). Давид иҳәеит имаз абзиарақәа зегьы изҭаз Иегова шиакәыз. Иегова дқьиоуп, иара иусқәа зегь уи аҟазшьа рныԥшуеит. Ҳаргьы иҳамоу зегь ҳазҭаз иара иоуп. Давид Анцәа диҿыԥшларц, насгьы Анцәа бзиа иибоз бзиа ибаларц азы илшоз зегь ҟаиҵон. Аха уи адагьы иара иҽазишәон Анцәа ицәымӷыз ахь ацәымӷра аизырҳара. Урҭ аусқәа руак амцнцәахәқәа рымҵахырхәара ауп. Уи иаанагоит Иегова иакәымкәа даҽакы ма даҽаӡәы имҵахырхәара. Уи ауаҩы дланарҟәуеит, насгьы Иегова дзыԥсоу ахьӡ-аԥша имнахуеит (Исаиа 2:8, 9; Аатра 4:11).
17, 18. а) Ииҳәазеи Давид амцнцәахәқәа рымҵахырхәара иаанаго алҵшәа бааԥсқәа ирызкны? б) Избан иахьа ауаа ргәаҟрақәа изрыцло?
17 Абиблиатә аамҭақәа раан ицқьам ахымҩаԥгашьа амцнцәахәқәа рымҵахырхәара иахәҭакын (Осиа 4:13, 14). Аӡәырҩы уи аҩыза аԥсҭазаашьа ргәаԥхон, убри аҟынтә амцнцәахәқәа ирымҵахырхәон. Аха ирзаанагозма уи ииашаҵәҟьоу анасыԥ? Ҳәарада, мап! Давид иҳәеит амцнцәахәқәа ирымҵахырхәо «ргәаҟрақәа ирыцлоит» ҳәа. (Шәаԥхьа Аԥсалом 16:4.) Урҭ ауаа амцнцәахәқәа рхәыҷқәаҵәҟьа кәырбанс ирызнаргон (Исаиа 57:5). Иегова урҭ иҟарҵоз ицәымӷын (Иеремиа 7:31). Уара уи аамҭазы унхозҭгьы, ҳәарада, уҭаацәа Иегова имаҵ ахьыруа, насгьы иахьизыӡырҩуа уеигәырӷьон!
18 Иахьагьы амцдинхаҵарақәа жәпакы аҭаацәара иалам ахацәеи аҳәсеи, мамзаргьы ахацәеи ахацәеи, насгьы аҳәсеи аҳәсеи цәеижьла ианеизааигәахо ирықәыӡбаӡом, уи инеиҳангьы ус еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа цәгьарак рыҵам ҳәа рыԥхьаӡоит. Ус зхы мҩаԥызго ауаа рхы иақәиҭуп ҳәа рыԥхьаӡозар алшоит, аха ииашаҵәҟьаны «ргәаҟрақәа ирыцлоит» (1 Коринфаа рахь 6:18, 19). Иҟалап уаргьы уи гәоуҭахьазар. Аҿар, жәҩантәи Шәаб шәизыӡырҩла. Агәра ганы шәыҟаз уи ахәарҭа шышәзаанаго. Ибзианы шәрызхәыц ицқьам ахымҩаԥгашьа иаанаго алҵшәа бааԥсқәа. Усҟан шәара еилышәкаауеит уи аамҭала агәахәара шунаҭогьы, аҵыхәтәаны алҵшәа бааԥсқәа шузаанаго (Галаҭаа рахь 6:8). Хыхь зыӡбахә ҳәаз Џьошьуа иҳәоит: «Ҳара иҳамоу ахақәиҭра ишаҳҭаху еиԥш ҳхы иаҳархәалар ҳалшоит, аха уи ииашамкәа ҳхы ианаҳархәо анасыԥ ҳауӡом».
19, 20. Иарбан зылԥхарақәоу ироуа Иегова дхазҵо, насгьы изыӡырҩуа аҿар?
19 Иисус иҳәеит: «Сара сажәаҿ шәҟалар, Сара сҵаҩцәа иашақәа шәакәхоит, убасҟан аҵабырг закәу шәзаатуеит, уи аҵабырг ахақәиҭра шәнаҭоит» (Иоанн 8:31, 32). Иегова амцдинхаҵара аҟынтәи ахақәиҭра ҳаиҭеит, насгьы аҵабырг ҳаилиркааит. Ҳаԥхьаҟа ҳара «Анцәа ихәыҷқәа ироуа зеиԥшыҟам ахақәиҭра» ҳауеит (Римаа рахь 8:21, АдҾ). Уара Христос ишаҳирҵоз еиԥш унхозар, уажәнатә ахақәиҭра уалагәырӷьалар улшоит. Усҟан уара аҵабырг адырра адагьы, уи инақәыршәаны унхалоит!
20 Аҿар, Анцәа ишәиҭаз ахақәиҭра ахә ҳаракны ишәшьала. Ҟәыӷарала уи шәхы иашәырхәала. Усҟан аԥеиԥш бзиа аиура ишәыцхраауа аӡбарақәа шәыдышәкылалоит. Иқәыԥшу иашьак иҳәоит: «Уанқәыԥшу ахақәиҭра ииашаны ухы иаурхәозар, уаԥхьаҟа ихадоу аӡбарақәа рыдкылара еиҳа иузымариахоит. Иаҳҳәап, аусура аналухло, мамзаргьы аҭаацәара уалалару, ма макьана уааԥшру ануӡбало».
21. Иуцхраауазеи наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиура?
21 Шьоукы ари адунеи аҿы анхара шыргәаԥхогьы, уи аҵыхәтәа ааигәоуп. Аӡәымзар-аӡәгьы издырӡом уаҵәтәи амш иаҳзаанаго (Иаков 4:13, 14). Убри аҟынтә иалх наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа, уи зегь иреиӷьу аӡбара ауп (1 Тимофеи иахь 6:19). Иегова аӡәгьы идицалаӡом имаҵ аура. Иҟаҳҵало дасу ҳхала иҳаӡбар ауп. Дҟалааит Иегова уара «ухәҭаа» иакәны! Есыҽны иара уизааигәахала, насгьы иуиҭо аҳамҭақәа зегьы рыхә ҳаракны ишьала (Аԥсалом 103:5). Агәра ганы уҟаз Иегова инымҵәаӡо агәырӷьареи наунагӡатәи анасыԥи уиҭар шилшо (Аԥсалом 16:11).