Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 август ад. 30
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Асаит jw.org амаҵзураҿы ҳхы иаҳархәоит. «Иегова уиҩызаха»
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2015
  • Асаит jw.org аҿы иҟоу есыҽны ҳхы иаҳархәалар ҳалшо иҟәыӷоу алабжьарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2022
  • Иабаԥшаатәу акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак?
    Иабаԥшаатәу акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак?
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 август ад. 30

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Избан Иегова ишаҳаҭцәа рпубликациақәа егьырҭ асаитқәеи асоциалтә каҭақәеи рҭагалара аӡәгьы азин зимам?

Ҳара ҳпубликациақәа ауаа хәыда-ԥсада ирыдаҳгалоит, убри аҟынтә шьоукы ргәы иаанагоит урҭ апубликациақәа егьырҭ асаитқәеи асоциалтә каҭақәеи рахь ихырҩылаалар, мамзаргьы иҭаргалалар ауеит ҳәа. Аха уи ауадаҩра ӷәӷәақәа цәырнагар алшоит, уи инеиҳангьы ҳсаит «Ахархәаразы аԥҟарақәа» еиланагоитa. (Шәахәаԥш албаага.) «Ахархәаразы аԥҟарақәа» рҿы еилыкка иануп аӡәгьы азин шимам ҳсаит аҿы иҟоу асахьақәеи, аелектронтә публикациақәеи, аӡыргаратә дыргақәеи, ашәақәеи, апатреҭқәеи, авидеонҵамҭақәеи, мамзаргьы астатиақәеи аинтернет ахь рҭагалара (уахь иаҵанакуеит егьырҭ асаитқәа, афаилқәа реимдаразы асаитқәа, авидеонҵамҭақәа реимдаразы асаитқәа, ма асоциалтә каҭақәа). Избан ари аԥҟара даара изхадоу?

Ҳсаитқәа рҿы иҟоу аматериалқәа зегьы аԥҵаҩы изин ала ихьчоуп, даҽакала иуҳәозар, закәанла ихьчоуп. Уи даара ихадоуп, избанзар урҭ аматериалқәа ииашам ахархәара аҟынтә иахьчоит. Аҵабырг иацәхьаҵыз, иара убас ҳус иаԥырхагахар зҭаху егьырҭ ауаа зны-зынла ҳпубликациақәа рсаитқәа рҿы иқәдыргылоит Иегова ишаҳаҭцәеи егьырҭ ауааи дара рахь ииаргарц азы. Уи адагьы дара уа иқәдыргылоит алакҩакра узцәырызго аматериалқәа (Аԥсалом 25:4 [26:4, АдҾ]; Ажәамаанақәа 22:5). Даҽа шьоукы ҳсаит аҟынтә аматериалқәа ма ҳсаит алоготип рхы иадырхәоит аӡыргарақәеи, релектронтә программақәеи, иара убас ирҭиуа егьырҭ амаҭәарқәеи рҿы. Аха ҳсаит иҭагало аматериалқәеи ҳлоготипи закәанла иахьыхьчоу абзоурала, ус ҟазҵо аӡбаратә усбарҭа иаҳҭар, насгьы иаанаҳкылар ҳалшоит (Ажәамаанақәа 27:12). Аха аӡбаҩцәа ҳара иҳадымгылар ауеит ҳпубликациақәа егьырҭ асаитқәа рҭагалара, ма ҳлоготип ауаа ирҭиуа амаҭәарқәа рҿы ахархәара азин раҳҭар, урҭ ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ракәзаргьы.

Ҳпубликациақәа асаит jw.org аҟынтә акәымкәа егьырҭ асаитқәа рҟынтә ихаҳҩылаауазар, уи ашәарҭара аҵоуп. Иегова адоуҳатә фатәы злаҳаиҭо игәрагоу, иҟәышу атәы ила мацара ауп (Матфеи 24:45). Уи игәрагоу атәы адоуҳатә фатәы ҳаиҭаларц азы ихы иаирхәо аофициалтә саитқәа хԥа роуп: www.jw.org, tv.jw.org, насгьы wol.jw.org. Иара убас ҳара иҳамоуп амобилтә хархәагақәа ирҭаҳгалар ҳалшо апрограммақәа хԥа: JW Language®, JW Library®, насгьы JW Library Sign Language®. Арҭ асаитқәеи апрограммақәеи рҿы иҟаӡам аӡыргарақәа, мамзаргьы Аҩсҭаа идунеи иадҳәалоу аинформациа. Аха ҳпубликациақәа егьырҭ асаитқәа ма апрограммақәа рҟынтә ихаҳҩылаауазар, ҳхы ашәарҭара иҭаҳаргылоит, избанзар уа ак ԥсахзар алшоит (Аԥсалом 17:26 [18:26, АдҾ]; 18:9 [19:8, АдҾ]).

Иара убас ҳпубликациақәа ауаа ркомментариқәа анырҵар ахьалшо асаитқәа ирҭаҳгалозар, аҵабырг иацәхьаҵызи егьырҭ ауааи Иегова иорганизациа акритика азуразы алшара раҳҭоит. Аишьцәа шьоукы урҭ ажәа рымакра иалагоит, уи Иегова ихьӡ еиҳагьы иланарҟәуеит. Аинтернет аҿы абас еиԥш иҟоу аиҿцәажәарақәа рыбзоурала ҳара ауаҩы ихәыцшьа ҳзыриашом, насгьы аҵабырг аилкаара ҳазицхраауам (1 Тимофеи иахь 6:3—5; 2 Тимофеи иахь 2:23—25). Иара убас шьоукы асаитқәеи асоциалтә каҭақәеи аԥырҵоит, насгьы урҭ аԥызҵаз ҳорганизациа ма Анапхгаратә хеилак иалахәу ракәушәа аадырԥшуеит. Аха уи мцуп. Анапхгаратә хеилак иалахәу аишьцәа рҟынтә аӡәгьы аинтернет аҿы ихатә даҟьа имаӡам, насгьы асоциалтә каҭақәа дырҭаӡам.

Ауаа асаит jw.org ианазхьаҳарԥшуа, ажәабжьҳәаратә ус ҳацхраауеит (Матфеи 24:14). Ҳсаитқәеи ҳелектронтә программақәеи есааира еиӷьхоит. Ҳара иаҳҭахуп уи зегьы ахәарҭа рзаанагаларц. Убри аҟынтә иҳалшоит ауаа релектронтә ԥошьҭахь ҳпубликациақәа, мамзаргьы ҳсаит ахь азхьарԥш рзаҳашьҭлар. Ус ҟаҳҵалар, ҳара ауаа игәрагоу, иҟәышу атәы иҳаиҭо адоуҳатә фатәы иазхьаҳарԥшлоит. Урҭ рыла заҵәык ауп Иегова адоуҳатә фатәы злаҳаиҭо.

a «Ахархәаразы аԥҟарақәа» рахь азхьарԥш шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org ихадоу адаҟьа аҵаҟа. Урҭ аԥҟарақәа ҳсаитқәа рҿы иҟоу апубликациақәа зегьы ирыҵанакуеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра