Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 ииун ад. 3—8
  • «Сара Сыԥсҳара ари аԥсабараҿтәым»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Сара Сыԥсҳара ари аԥсабараҿтәым»
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ДРЫДГЫЛОЗМА ИИСУС АХЬЫԤШЫМРА ИАШЬҬАЗ АУАА?
  • ИШԤЕИХЬЧОЗ ИИСУС АНЕИТРАЛИТЕТ АПОЛИТИКАТӘ ЗҴААРАҚӘА РҾЫ?
  • «УАСА АҬЫԤ АХЬ УНАХ»
  • Дызусҭада Иисус Христос?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Иеговеи Иисуси ирыбжьоу акзаара аҩыза ааҳарԥшлап
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 ииун ад. 3—8

«Сара Сыԥсҳара ари аԥсабараҿтәым»

«Сара... ари аԥсабарахьгьы сзааз аиаша азышаҳаҭразы ауп» (ИОАНН 18:37).

АШӘАҚӘА: 15, 74

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥааирԥши Иисус аполитика инапы шалаимкуа?

  • Ииҳәази Иисус ашәахтә ашәара иазкны, насгьы избан уи аҟәыӷара заҵаз?

  • Ишԥазыҟоу ақьырсианцәа ақәымчра?

1, 2. а) Ишԥацәыхарахо еиҳа-еиҳа ари адунеи акзаара? б) Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?

«СХӘЫҶААХЫС аиашамра ада ак сымбацызт» — лҳәоит аладатәи Европа инхо иаҳәшьак уаанӡатәи лыԥсҭазаара иазкны. «Убри аҟынтә ҳҳәынҭқарратә политика саҿагылеит, насгьы аӡәырҩы ирадикалтәуп ҳәа ирыԥхьаӡоз ахәаԥшышьақәа сыдыскылеит. Акыршықәса рыҩныҵҟа атеррорист ҩызас дсыман». Аладатәи Африка инхо иашьак ақәымчра зааирԥшуаз еиҭеиҳәоит: «Сара сгәы иаанагон схылҵшьҭра егьырҭ ртәы аасҭа еиӷьуп ҳәа, убри аҟынтә аполитикатә гәыԥ салалеит. Ҳара ҳаӷацәа аԥсақәа рыла ишаҳшьлаша ҳдырҵон — ҳхылҵшьҭра иатәыз, аха даҽа политикатә гәыԥ иалазгьы уахь иналаҵаны». Агәҭанытәи Европа инхо аиаҳәшьа илҳәоит: «Сара ауаа еилысхуан, уи инеиҳангьы, даҽа милаҭк ма динхаҵарак иатәыз зегьы сцәымӷын».

2 Иахьа ари аҩыза агәазыҟашьа аазырԥшуа ауаа еиҳа-еиҳа ирацәахоит. Аполитикатә гәыԥқәа жәпакы ахьыԥшымра аиуразы ақәымчра аадырԥшуеит. Аполитика иахҟьаны ауаа еиҳа-еиҳа еиҿагылоит. Иара убас имаҷымкәа атәылақәа рҿы ауаа атәымтәылауаа ишырзыҟоу еиҳа-еиҳа еицәахоит. Абиблиа аҟны заа ишҳәаз еиԥш, арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ауаа «нышәара зқәым» ракәны иҟалеит (2 Тимофеи иахь 3:1, 3). Ишԥарылшо ақьырсианцәа акзаара ахьчара, ари адунеи аҿы уи еиҳа-еиҳа ишырцәыӡуагьы? Иисус иҿырԥшы уи аганахь ала иаҳнарҵо рацәоуп. Иара ихаан инхоз ауаа аполитика иахҟьаны акзаара рымамызт. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит х-зҵаарак рҭак: избан Иисус иарбанзаалак аполитикатә гәыԥ алалара мап зацәикуаз? Ишԥааирԥши иара Анцәа ижәлар аполитикатә зҵаарақәа зынӡаск рыҽрыладырхәлар шрыхәҭам? Насгьы ишԥаҳирбеи Иисус ақәымчра ахаан ҳхы иаҳархәалар шҳахәҭам?

ДРЫДГЫЛОЗМА ИИСУС АХЬЫԤШЫМРА ИАШЬҬАЗ АУАА?

3, 4. а) Ирҭахызи ауриацәа аӡәырҩы Иисус ихаан? б) Ишԥарныруаз уи Иисус иҵаҩцәа?

3 Иисус ажәабжь бзиа ззеиҭеиҳәоз ауриацәа аӡәырҩы римаа рҟынтә ахақәиҭра роурц рҭахын. Азелотцәа ҳәа изышьҭаз аҿагылара еиҿызкааз аиудеиаа урҭ ацәаныррақәа еиздырҳарц азы ирылшоз зегь ҟарҵон. Аӡәырҩы урҭ рҟынтә Иисус ихаан инхоз Галилеиантә иааз Иуда идгылан. Иуда Мессиа иакәызшәа ихы ааирԥшуан, насгьы аӡәырҩы ижьон. Ауриатә ҭоурыхҭҵааҩ Иосиф Флави иҳәеит Иуда ауриацәа Рим аҿагылара ргәы шазҭеиҵоз, насгьы ашәахтә зшәоз зегьы «ашәаргәындақәа» ҳәа дышрышьҭаз. Аҵыхәтәаны римаа Иуда дыршьит (Аусқәа 5:37). Азелотцәа шьоукы рхықәкқәа нарыгӡарц азы иагьгәымбылџьбарахон.

4 Ауриацәа аӡәырҩы Мессиа иаара ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшын. Дара ргәы иаанагон Мессиа римаа рҟынтә рхы иақәиҭитәуеит, насгьы израильаа еиҭах жәлар дуны иҟаиҵоит ҳәа (Лука 2:38; 3:15). Аӡәырҩы ирыԥхьаӡон Мессиа израильтәи адгьыл аҿы иаҳра шьақәиргылоит ҳәа. Усҟан адгьыл ахьынӡанаӡааӡо инхоз ауриацәа Израильҟа ихынҳәыр рылшон. Иоанн Аӡӡаахҩыгьы зны Иисус диазҵааит: «Уара уоума иаараны иҟоу, мамзар даҽаӡәы ҳаизыԥшызаару?» (Матфеи 11:2, 3). Иҟалап Иоанн еиликаар иҭахызҭгьы аиудеиаа реиқәырхаразы уаҳа аӡә даауоу дмаауоу. Ԥыҭрак ашьҭахь ҩыџьа аҵаҩцәа Еммаусҟа амҩа ианықәыз зыԥсы ҭалаз Иисус дырԥылеит. Дара ирҳәеит Иисус Израиль ахақәиҭра азааигоит ҳәа ишгәыӷуаз. (Шәаԥхьа Лука 24:21.) Иаарласны убри ашьҭахь апостолцәа Иисус иазҵааит: «Иҳақәиҭу, абри аамҭазы акәӡами Израилтәи аҳра еиҭанышьақәургыло?» (Аусқәа 1:6).

5. а) Избан галилеиаа Иисус аҳас дҟарҵарц зырҭахыз? б) Ишԥаириашеи Иисус урҭ рхәыцшьа?

5 Ауриацәа азыԥшын Иисус рыуадаҩрақәа иӡбоит ҳәа. Иҟалап убри азы акәзар галилеиаа Иисус аҳас дҟарҵарц зырҭахыз. Дара ргәы иаанагозар ҟаларын Иисус зегь иреиӷьу анапхгаҩ иакәхоит ҳәа. Иара аҿаԥыц бзиа иҿан, ачымазаҩцәа рыхәышәтәразы амч иман, уи адагьы, амла иакуаз акрырҿеиҵар илшон. Ауаа даара иџьаршьеит Иисус 5 000-ҩык ахацәа акранырҿеиҵа. Иисус еиликааит дара иҟарҵарц ирҭахыз. Абиблиа иаҳәоит: «Иисус, иааны, дымҵарсны дганы ԥсҳас иҟаҵара шырҭахыз анидыр, ҩаԥхьа имацара ашьхарахь дцеит» (Иоанн 6:10—15). Адырҩаҽны ауаа рҽеиқәыркзар ҟалап. Усҟан Иисус идеилиркааит иара дзааз рматериалтә ҭахрақәа рынагӡаразы акәымкәа, Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәаразы шакәу. Иара иреиҳәеит: «Шәҽышәшәала, иԥхасҭахаша афатә азы акәымкәа, Ауаҩытәыҩса Иԥа ишәиҭауа шәыԥсҭазаара наӡаӡазтәуа афатә аиоуразы» (Иоанн 6:25—27).

6. Ишԥааирԥши Иисус адгьыл аҿы амчра аиура дшашьҭамыз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

6 Иԥсра маҷк шагыз Иисус еиликааит иҵаҩцәа шьоукы ргәы ишаанагоз иара Иерусалим аҿы аҳра аура далагоит ҳәа. Уи ус шакәым деилиркаарц азы Иисус аминақәа ирызку ажәамаана еиҭеиҳәеит. Уи ажәамаана «уаҩ нагак» изкын, иара тәыла харак ахь дцар акәын, уи аамҭа рацәаны иагон. Ари ажәамаанаҿы зыӡбахә ҳәоу ауаҩ нага Иисус иоуп (Лука 19:11—13, 15). Иисус Иудеиа иахагылаз римтәи анапхгаҩы Понти Пилат еилыкка иеиҳәеит аполитикатә зҵаарақәа зынӡаск иҽшрылаимырхәуа. Пилат Иисус диазҵааит: «Уара Аиудеиаа Урыԥсҳаума?» (Иоанн 18:33). Иҟалап Пилат дацәшәозҭгьы Иисус ауаа Рим иаҿагыларц ргәазҭеиҵар ҳәа. Аха Иисус иҳәеит: «Сара Сыԥсҳара ари аԥсабараҿтәым» (Иоанн 18:36). Иисус аполитика аҽалархәра мап ацәикит, избанзар иара Иаҳра ажәҩан аҿы ишыҟало идыруан. Иара иҳәеит адгьыл ахь дзааз аҵабырг аиҭаҳәаразы шакәыз. (Шәаԥхьа Иоанн 18:37.)

Шәхы ззышәышьҭуа адунеитә уадаҩрақәа роума, мамзаргьы Анцәа Иаҳра акәу? (Шәахәаԥш абзац 7.)

7. Избан аполитикатә гәыԥқәа рыдымгылара мариамзар залшо, уи ҳгәаҿы акәзаргьы?

7 Иисус еиликаауан дҵас имаз. Ҳаргьы иҳамоу адҵа еилаҳкаауазар иарбанзаалак аполитикатә гәыԥ ҳгәаҿгьы ҳадгылалаӡом. Уи еснагь имариам. Араионтә хылаԥшҩык иҳәоит амаҵ ахьиуа аҭыԥ аҿы ауаа шьоукы иҽеим анырра рыҽшарҭаз. Урҭ рмилаҭ зегь раасҭа еиӷьуп ҳәа рыԥхьаӡоит, насгьы агәра ргоит рмилаҭ иатәу ауаа егьырҭ напхгара рзыруазҭгьы, рыԥсҭазаара еиӷьхон ҳәа. Иара иациҵоит: «Насыԥны, аишьцәа Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәара рхы ахьазырышьҭуа абзоурала, ақьырсиантә акзаара рыхьчеит. Дара агәра ргоит аиашамреи ҳзықәшәо егьырҭ ауадаҩрақәеи Анцәа ишиӡбо».

ИШԤЕИХЬЧОЗ ИИСУС АНЕИТРАЛИТЕТ АПОЛИТИКАТӘ ЗҴААРАҚӘА РҾЫ?

8. Иарбан иашамроу Иисус ихаан ауриацәа аӡәырҩы зыргәаҟуаз?

8 Ауаа рыкәша-мыкәша аиашамра анырбо, еиҳа-еиҳа аполитика иаланагалоит. Иисус ихаан аӡәырҩы ауаа ашәахтә ашәара ахьрыдыз азы аполитика рҽадыркылон. Римаа ауаа зегьы ашәҟәы ианырҵон, урҭ ашәахтәқәа зегь шыршәо агәра ганы иҟазарц азы. Убри азоуп Галилеиантә иааз Иуда римаа дзырҿагылаз. Ашәахтәқәа зыхшәаатәыз даара ирацәан, иаҳҳәап амал, адгьыл, аҩны. Уи инеиҳангьы, ашәахтә еизызгоз аҵарҭыша агара иашьцылан, уи ари ауадаҩра еиҳагьы еицәанатәуан. Зны-зынла дара амчра роурц азы аҳәынҭқарратә напхгаҩцәа аԥара рзыршәон, нас уи амчра рхы иархәаны ауаа аԥара рымырхуан. Аҳазалхыҩцәа рхылаԥшҩыс иҟаз Закхеи ауаа ирацәаны аԥара ахьрымихуаз абзоурала амазара ду еизигеит (Лука 19:2, 8).

9, 10. а) Рыҽшԥазыршәеи Иисус иаӷацәа аполитикатә зҵаара иалагалара? б) Иаҳнарҵозеи Иисус иҟаиҵаз аҭак? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

9 Иисус иаӷацәа ашәахтә ашәара азҵаара даларгаларц рҽазыршәеит. Дара Иисус иазҵааит аҳаза ашәара иаԥсоу иаԥсаму ҳәа. Аҳаза динарк иаҟараз ауриацәа зегьы иршәалар ахәҭаз ашәахтә акәын. (Шәаԥхьа Матфеи 22:16—18.) Ауриацәа ииашаҵәҟьаны ари ашәахтә рцәымӷын, избанзар римаа рнапаҵаҟа ишыҟаз ргәаланаршәон. Иисус ашәахтә ашәара аҭахӡам ҳәа иҳәазҭгьы, иродианаа, мамзаргьы Ирод иполитикатә хәаԥшышьақәа ирыдгылоз уи римтәи анапхгара даҿагылоуп ҳәа ахара идырҵон. Ашәахтә ашәара аҭахуп ҳәа иҳәазҭгьы, ауаа ишьҭанеира иаҟәыҵыр алшон. Иҟаиҵазеи Иисус?

10 Иисус ари азҵаараҿы аӡәы иган ааникылар иҭахымызт. Иара иҳәеит: «Акьесар иитәу — акьесар ишәҭала, Анцәа иитәу — Анцәа» (Матфеи 22:21). Иисус идыруан ашәахтә еизызгоз аӡәырҩы аҵарҭыша бзиа ишырбоз, аха иара уи ихы азимышьҭӡеит. Уи аҭыԥан иара ауадаҩрақәа зегь зыӡбо Анцәа Иаҳра ихы азишьҭуан. Иисус ҳара аҿырԥшы ҳзынижьит. Ҳара аполитикатә зҵаарақәа рҿы иарбанзаалак ганк аанаҳамкылалар ауп, аполитикатә гәыԥк иашоушәа, егьи иашамшәа ҳбозаргьы. Ақьырсианцәа рхы ззырышьҭуа Анцәа Иаҳра, насгьы Анцәа ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо ауп. Убри аҟынтә аиашамра аганахь ала ҳгәаанагара шьақәҳаргылаӡом, насгьы уи ҳаҿагыланы акгьы ҳҳәаӡом (Матфеи 6:33).

11. Ишԥаҳалшо ҳара егьырҭ аиашара аԥшаара ҳрыцхраар?

11 Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы ирымаз иӷәӷәаз аполитикатә хәаԥшышьақәа рҟынтә рхы иақәиҭхеит. Иаҳҳәап, Великобританиа инхо иаҳәшьак аҵабырг лыдылкылаанӡа ауниверситет аҿы асоциалтә ҵарадырра дахысуан, насгьы иӷәӷәоу аполитикатә гәаанагарақәа еизлырҳаит. Лара илҳәоит: «Ҳара имаҷымкәа аиашамрақәа ҳрықәшәон, убри аҟынтә сара исҭахын аиқәаҵәақәа рзин сазықәԥалар. Аимак-аиҿакқәа сшыриааиуазгьы, агәырӷьара сымамызт. Сара исзеилкаауамызт арасатә еилыхра зыхҟьоз амзызқәа ауаа ргәаҵаҿы ишыҟаз. Аха Абиблиа аҵара саналага еилыскааит раԥхьа сгәы аԥсахра шсыхәҭоу». Уи аҽыԥсахра илыцхрааз ишкәакәаз аиаҳәшьа лакәын. Лара иацылҵоит: «Уажәы сара абыжьҭыгарадатә бызшәала иҟоу аизараҿы пионерс амаҵ зуеит, насгьы ауаа зегьы ажәабжь рзеиҭаҳәашьа сҵоит».

«УАСА АҬЫԤ АХЬ УНАХ»

12. Иарбан ҵәырсоу Иисус иҵаҩцәа зцәихьчоз?

12 Иисус ихаан лассы-лассы адиннапхгаҩцәа аполитика иадгылон. Иаҳҳәап, англыз бышәала иҭыжьу ашәҟәы «Христос ихаан Палестинаҿы иҟаз есыҽнытәи аԥсҭазаара» иаҳәоит ауриацәа аполитикатә гәыԥқәа иреиԥшыз адинхаҵаратә гәыԥқәа рыла ишшаз. Убри аҟынтә Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Шәгәышәҽаныз, афарисеицәа рҵәырсеи Ирод иҵәырсеи шәҽырцәышәыхьчала» (Марк 8:15). Иҟалап Иисус Ирод ҳәа дзышьҭаз, уи ишьҭанеиуаз ауаа ргәыԥ акәызҭгьы. Афарисеицәа ргәыԥ акәзар, урҭ Рим аҟынтә ахақәиҭра роурц рҭахын. Иара убас Матфеи ишәҟәы инақәыршәаны Иисус иҵаҩцәа ргәырҽаниҵон асаддукеицәа ргәыԥгьы рҽацәырыхьчаларц. Асаддукеицәа ирҭахын римаа анаҩсгьы ауриацәа напхгара рзыруларц, избанзар уи абзоурала дара амчра рыман. Иисус иҵаҩцәа урҭ ах-гәыԥк «рҵәырса», мамзаргьы рҵарақәа, рҟынтә ргәырҽаниҵон (Матфеи 16:6, 12). Иазгәаҭатәуп Иисус ари агәҽанҵара аныҟаиҵаз, иара аҳас дҟарҵарц анырҭахыз ашьҭахь шакәыз.

Иисус иҵаҩцәа анеитралитет рыхьчаларц ргәазҭеиҵон

13, 14. а) Ишԥархылҿиаауаз ақәымчреи аиашамреи аполитикатә, насгьы адинхаҵаратә зҵаарақәа? б) Избан ақәымчра адгылара зиашам, аиашамрақәа ҳрықәшәозаргьы? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

13 Адинхаҵарақәа аполитика ианадгыло, уи лассы-лассы ақәымчрахь икылнагоит. Иисус иҵаҩцәа анеитралитет рыхьчаларц ргәазҭеиҵон. Убри иахҟьангьы аԥхьаԥшьаҩцәеи афарисеицәеи Иисус дыршьырц рҭахын. Дара шәон ажәлар Иисус изыӡырҩлар рышьҭанеира иаҟәыҵуеит ҳәа. Усҟан дара рдинхаҵаратә, насгьы рполитикатә мчра рцәыӡуан. Урҭ ус рҳәеит: «Абас дынҳажьыр, зегьы Иара дазхарҵауа иалагоит, убасҟан Римаа аакылсны ҳҭыԥқәагьы ҳажәларгьы инархатәоит» (Иоанн 11:48). Убри аҟынтә аԥхьаԥшьаҩы Каиафа Иисус дшишьша иӡбеит (Иоанн 11:49—53; 18:14).

14 Каиафа ихәлаанӡа дыԥшит, анаҩс аруаа Иисус дыркырц азы ишьҭит. Аха Иисус идыруан дыршьырц шырыӡбаз. Убри аҟынтә аҵыхәтәантәи аан иҵаҩцәа акранрыцеифоз асақәа шьҭырхырц реиҳәеит. Ихадоу аурок дирҵарц азы ҩ-асак азхон (Лука 22:36—38). Ԥыҭрак ашьҭахь уи аухазы гәыԥҩык Иисус дыркырц инеит, Пиотр уи аиашамра аниба игәы ԥжәан, аса ааҭиган аӡәы дисит (Иоанн 18:10). Аха Иисус Пиотр иеиҳәоит: «Уаса аҭыԥ ахь унах; аханатә, аса шьҭызхыз, асала дҭахоит» (Матфеи 26:52, 53). Иарбан ихадоу уроку Иисус иҵаҩцәа ириҭаз? Иара идеилиркааит дара ари адунеи иатәымзар шрыхәҭоу. Арҭ ахҭысқәа ҟалаанӡа уи аухазы Иисус уи азы Анцәа диҳәон. (Шәаԥхьа Иоанн 17:16.) Анцәа заҵәык иоуп аиашамра абашьра азин змоу.

15, 16. а) Ишԥарыцхраауеи ақьырсианцәа Анцәа Иажәа аимак-аиҿакқәа рҽырцәыхьчара? б) Иибозеи Иегова ари адунеи данахәаԥшуа?

15 Аладатәи Европа инхо хыхь зыӡбахә ҳәаз аиаҳәшьа уи еилылкааит. Лара илҳәоит: «Сара избон ақәымчра аиашара шышьақәнамыргыло. Избон ақәымчра ауаа лассы-лассы аԥсрахьы ишкылнагоз. Ақәымчра иахҟьаны аӡәырҩы даара игәымбылџьбарахоит. Даараӡа сеигәырӷьоит Абиблиа аҟынтә иахьеилыскааз Анцәа заҵәык шиакәу адгьыл аҿы аиашараҵәҟьа ҟазҵо. Аҵыхәтәантәи 25 шықәса уи ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәара саҿуп». Аладатәи Африка инхо аиашьа иныҟәигоз аԥса «адоуҳа аҳәа», Анцәа Иажәа, ала иԥсахит (Ефесаа рахь 6:17). Уажәшьҭа иара аҭынчра иазку ажәабжь ауаа зегьы ирзеиҭеиҳәоит, урҭ рхылҵшьҭра зеиԥшразаалакгьы. Агәҭанытәи Европа инхо аиаҳәшьа Иегова ишаҳаҭ лакәны даныҟала ашьҭахь илцәымӷыз ажәлар иатәыз ахаҵа ԥҳәысс диццеит. Дара рыхҩыкгьы арҭ аԥсахрақәа ҟарҵеит, избанзар Христос иҿыԥшлар рҭахын.

16 Арҭ аԥсахрақәа рыҟаҵара даара ихадоуп! Абиблиа иануп ауаатәыҩса еснагь игәрымуа амшын иеиԥшуп ҳәа (Исаиа 17:12; 57:20, 21; Аатра 13:1). Аполитикатә зҵаарақәа ауаа ацәгьара днарҟаҵоит, акзаара рымнахуеит, насгьы ақәымчрахь инанагоит. Аха ҳара аҭынчреи акзаареи ҳамоуп. Акзаара ахьыҟам адунеи аҿы Иегова ижәлар уи шырыхьчо анибо, даараӡа дгәырӷьоит. (Шәаԥхьа Софониа 3:17.)

17. а) Иарбан шьаҿақәоу акзаара ахьчара иҳацхраауа? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

17 Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкааит акзаара ҳахьчарц азы иҟаҳҵалар акәу: 1) Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ауп Анцәа Иаҳра аиашамрақәа зегьы шықәнахуа, 2) аполитикатә зҵаарақәа рҿы ахаан аӡәгьы ҳашидымгыло, 3) ақәымчра ҳхы ишаҳмырхәало. Аха иҟоуп ҳакзаара иаԥырхагахар алшо даҽакы, уи атәамбара ауп. Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит раԥхьатәи ақьырсианцәа ишыҟарҵоз еиԥш уи ҳаиааир шҳалшо.

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Ҳара анеитралитет ҳахьчоит аполитикатә зҵаарақәа рганахь ала ҳгәаҿгьы аӡәгьы иган анаанаҳамкыло. Ҳара ари адунеи ҳатәӡам, убри аҟынтә Анцәа Иаҳра ҳалаԥш ахуп, насгьы уи ҳауадаҩрақәеи аиашамреи шаӡбо агәра ганы ҳаҟоуп

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра