Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 август ад. 27—29
  • Ачҳара агәыӷра ацәыӡӡом

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ачҳара агәыӷра ацәыӡӡом
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗАКӘЫЗЕИ АЧҲАРА?
  • АЧҲАРА ШЕИЗЫРҲАТӘУ
  • АЧҲАРА АНААРԤШЛАТӘУ
  • АЧҲАРА ААРԤШРАҾЫ ИЕГОВА ШӘИҾЫԤШЛА
  • Ачҳара анаҩсгьы шәарԥшӡалааит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Шәазхиоума шәара ачҳара аарԥшны аԥшра?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • «Унапы ԥсшьаха аумҭалан»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 август ад. 27—29

Ачҳара агәыӷра ацәыӡӡом

  • АБЗИАБАРА

  • АГӘЫРӶЬАРА

  • АҬЫНЧРА

  • АЧҲАРА

  • АРАЗРА

  • АГӘЫҲАЛАЛРА

  • АГӘРАГАРА

  • АХААРА-ҞӘЫМШӘЫШӘРА

  • АҼЫНКЫЛАРА

АРҬ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аԥсҭазаара даара ицәгьахеит, убри аҟынтә уаанӡа аасҭа уажәы еиҳаны ачҳара ааҳарԥшлар ауп (2 Тимофеи иахь 3:1—5). Иааҳакәыршаны иҟоу аӡәырҩы ачҳара рымам. Дара рхы мацара иазхәыцуеит, аӡәы ажәа имакра ргәаԥхоит, аҽынкылара рымам. Убри аҟынтә ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Исцәымӡӡеи сара ачҳара иаасыкәыршаны иҟоу ауаа реиԥш? Иаанагозеи ииашаҵәҟьаны ачҳара аарԥшра? Иҟасҵар сылшозеи ачҳара схаҭара иахәҭакхарц азы?».

ИЗАКӘЫЗЕИ АЧҲАРА?

Ҵакыс иамоузеи ажәа ачҳара Абиблиаҿы? Уи иаанаго ауадаҩрақәа рыхгара мацара акәӡам. Ачҳара змоу ауаҩы зегьы шыбзиахо ала агәыӷра имоуп, убри аҟынтә иааирԥшуа ахачҳара ахықәкы амоуп. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы дзызхәыцуа ихы мацара акәӡам, уи аҭыԥан егьырҭ рцәаныррақәа дрызхәыцуеит, игәы ԥызжәаз, мамзаргьы иҽеимкәа изныҟәазгьы уахь иналаҵаны. Иара дақәгәыӷуеит иареи дареи реизыҟазаашьақәа еиӷьхоит ҳәа. Ҳара иџьаҳшьаӡом Абиблиа ачҳара абзиабара иалҵшәоуп ҳәа ахьануa. (Шәахәаԥш албаага.) (1 Коринфаа рахь 13:4). Иара убас ачҳара иԥшьоу адоуҳа алҵшәақәа ируакуп (Галаҭаа рахь 5:22, 23). Нас иҟаҳҵар акәзеи ииашаҵәҟьаны ачҳара ааҳарԥшларц азы?

АЧҲАРА ШЕИЗЫРҲАТӘУ

Ачҳара еизҳарҳарц ҳҭахызар, Иегова иԥшьоу идоуҳа ацхыраара ҳаҳәалароуп, иара иқәгәыӷуа зегьы уи риҭоит (Лука 11:13). Анцәа идоуҳа амч ӷәӷәа амоуп, аха ҳара ҳхаҭагьы ҳаҳәарақәа инарықәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалароуп (Аԥсалом 85:10, 11 [86:10, 11, АдҾ]). Даҽакала иаҳҳәозар, есыҽны ачҳара ааҳарԥшларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп, усҟан уи ҳхаҭара иахәҭакхоит. Аха уеизгьы зны-зынла ачҳара ҳзымхозар ауеит. Иҳацхраар алшозеи усҟан?

Ҳара инаӡоу Иисус иҿырԥшы ҭаҳҵаалар, насгьы уи ҳақәныҟәалар ауп. Апостол Павел «ауаҩ ҿыц» иааирԥшуа аҟазшьақәа данрылацәажәоз ачҳара аӡбахә иҳәеит, насгьы иациҵеит: «Шәыгәқәа рҿы Христос иҭынчра ыҟазааит» (Кәаласаа рахь 3:10, 12, 15, АдҾ). Ари алабжьара ҳақәныҟәаларц азы Иисус ҳаиҿыԥшлароуп, иара убасгьы Анцәа ианаамҭоу зегь шириашоу аҵыхәтәанынӡа агәра ганы ҳаҟазар ауп. Ус еиԥш иҟоу агәрагара ҳамазар, иааҳакәыршаны иҟалалакгьы, ачҳара ҳцәыӡӡом (Иоанн 14:27; 16:33).

Ҳарҭ зегьы адунеи ҿыц иаарласны иҟалар ҳҭахуп. Аха Иегова ачҳара шааирԥшуа ҳаназхәыцуа, ҳхаҭагьы ачҳара аарԥшышьа ҳҵоит. Абиблиа агәра ҳнаргоит: «Иҳақәиҭу ҳзықәиргәыӷыз анагӡара ахирԥаӡом, шьоукы ари аус агхацәеит ҳәа шырҳәоугьы; Уи акыраамҭа ачҳара ааирԥшуеит, ҳара ҳахьтә аӡәгьы дҭамхандаз ҳәа дыԥшуп, дазыԥшуп зегьы аҭамзаара ианаҳәаша аамҭа» (2 Пиотр 3:9). Иегова ҳара ҳахь ачҳара шааирԥшуа ҳаназхәыцуа, ҳаргьы егьырҭ рахь ачҳара ааҳарԥшлоит (Римаа рахь 2:4). Ианбаҭаху ачҳара аарԥшра?

АЧҲАРА АНААРԤШЛАТӘУ

Ҳаԥсҭазаараҿы ачҳара аарԥшра ахьаҭаху аҭагылазаашьақәа рацәоуп. Иаҳҳәап, ачҳара аарԥшлатәуп егьырҭ ражәа ҳаԥыҩланы ак аҳәара ҳаламгарц азы, даара ихадоу ак ҳҳәар ҳҭахызаргьы (Иаков 1:19). Иара убас ачҳара аарԥштәуп аӡәы ҳгәы анԥижәо. Аԥсахеибакра аарԥшра аҭыԥан иеиӷьуп Иеговеи Иисуси ҳара ҳаԥсыҽрақәа ишырзыҟоу азхәыцра. Дара иҟаҳҵо агха хәыҷқәа рхы рзырышьҭӡом. Уи аҭыԥан иҳамоу аҟазшьа бзиақәа гәарҭоит, насгьы ачҳара аарԥшны ҳаҽҳариашаларц азы аамҭа ҳарҭоит (1 Тимофеи иахь 1:16; 1 Пиотр 3:12).

Иара убас ачҳара аарԥштәуп аӡәы иҽеим ак ҳҳәеит, ма ииашам ак ҟаҳҵеит ҳәа анҳаиҳәо. Иҟалап азныказы уи ҳицәгәаар, насгьы ҳхы ариашара ҳалагар. Аха Анцәа Иажәа даҽакала ҳхы мҩаԥаҳгаларц ҳабжьнагоит. Уа иануп: «Ачҳара аазырԥшуа иԥагьоу иаасҭа деиӷьуп. Агәаара уахымццаклан, избанзар агәаара ахшыҩдақәа роуп згәы иҭоу» (Екклезиаст 7:8, 9). Иҳадырҵо ахара зынӡаск ииашамзаргьы, ак ҳҳәаанӡа ачҳара аарԥшны ибзианы ҳхәыцроуп. Иисусгьы ииашамкәа ахара анидырҵоз убас ҟаиҵон (Матфеи 11:19).

Иара убас аҭаацәа ачҳара аадырԥшлароуп, еиҳарак рхәыҷқәа иаадырԥшуа агәазыҟашьа аԥсахра, мамзаргьы иҽеим агәаҳәарақәа риааира ирыцхраар акәзар. Ҿырԥштәыс дааҳгап уажәы Скандинавиа иҟоу Вефиль аҿы амаҵ зуа Маттиас зыхьӡу ҳашьа. Иара данхбыџыз ашкол аҿы аҵара ицызҵоз ихыччон Анцәа дахьхеиҵоз азы. Иҭаацәа раԥхьа уи рыздыруамызт. Аха анаҩс игәарҭеит иара алакҩакра дшалагаз. Маттиас иаб Иллис иҳәоит уи аамҭазы иԥҳәыси иареи ачҳара ду аадырԥшлар шакәыз. Рԥа абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ықәиргылон: «Дызусҭада Анцәа? Иабантәиаадыруеи Абиблиа Анцәа Иажәа шакәу? Иабантәиаадыруеи Анцәа ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу?». Иара убас Маттиас иаб диазҵаауан: «Изаҭахузеи сықәыӡбара уара зыгәра уго сара агәра сымгозар?».

Иллис иациҵоит: «Зны-зынла ҳԥа иҳаиҭоз азҵаарақәа игәы ԥжәаны иқәиргылон. Аха игәы ззыԥжәоз иан, мамзаргьы сара сакәмызт, аҵабырг акәын, избанзар иара игәаанагарала уи ауадаҩрақәа изаанагон». Дышԥаицхрааи Иллис иԥа? «Сԥеи сареи акыраамҭа ҳтәаны ҳцәажәон». Дара анеицәажәоз лассы-лассы Иллис иԥа игәаанагареи ицәаныррақәеи еиликаарц азы дизыӡырҩуан, насгьы азҵаарақәа ииҭон. Зны-зынла Иллис иԥа дзызхәыцша ак иеиҳәон, анаҩс мышқәак рышьҭахь уи еиҭах иалацәажәон. Аха Иллисгьы иԥа ииҳәаз мышқәак рыҩныҵҟа даназхәыцуаз ыҟан. Аби аԥеи абас еиԥш иааиԥмырҟьаӡакәа иахьеицәажәоз абзоурала Маттиас еиликааит аҿыхра ҵакыс иамоу, Иегова бзиа ҳшибо, насгьы напхгара ҳзура азин шимоу. Иллис иҳәоит: «Уи азы аамҭа аҭаххеит, иара убас уи даара ицәгьан, аха хәыҷы-хәыҷла ҳаҷкәын игәаҿы Иегова иахь абзиабара еизҳаит. Сыԥҳәыси сареи даара ҳаигәырӷьоит ҳԥа данхбыџыз ачҳара аарԥшны ҳахьицхраауаз. Уи алҵшәақәа аанагеит, насгьы аҵабырг игәаҵанӡа анагара ҳалшеит».

Иллис иԥҳәыси иареи рԥа ианицхраауаз Иегова дышрыцхраауа агәра ргон. Иллис иҳәоит: «Сара лассы-лассы Маттиас иасҳәон иара иахь иҳамаз абзиабара иани сареи ҳгәы шазҭанаҵоз еиҳа ирацәаны иара изы Анцәа иҳәара, аҵабырг еиликаарц азы». Арҭ аҭаацәа ачҳара ахьаадырԥшуаз, насгьы ргәы ахькармыжьуаз даараӡа иеигәырӷьоит!

Иара убас ҳара ачҳара ааҳарԥшлароуп ичмазаҩу ҳҭынха ма ҳҩыза акыраамҭа ҳанихылаԥшуа. Ҿырԥштәыс дааҳгап Скандинавиа инхо Еленb. (Шәахәаԥш албаага.)

Аабаҟа шықәса раԥхьа Елен лхаҵа ҩынтә адабла исит. Уи ихшыбаҩ иаԥырхагахеит, убри аҟынтә иара акы дзеигәырӷьомызт, илахьгьы акгьы еиқәнаҵомызт, насгьы арыцҳашьара изаарԥшуамызт. Уи Елен лзы ааха ӷәӷәахеит. Лара илҳәоит: «Сара ачҳара ду аасырԥшлар акәын, иара убас ирацәаны Анцәа сиҳәон». Иара убас иацылҵоит: «Зегь реиҳа бзиа избо, насгьы сгәы шьҭызхуаз ажәеинраала Филиппаа рахь 4:13 ауп: „Амч-алшара сызҭо... иҿы зегь сылаӡоит, зегь сычҳауеит“». Иегова ицхыраарала Елен ачҳара аарԥшны ари ауадаҩра лхылгеит (Аԥсалом 61:6, 7 [62:5, 6, АдҾ]).

АЧҲАРА ААРԤШРАҾЫ ИЕГОВА ШӘИҾЫԤШЛА

Ҳәарада, ачҳара аарԥшраҿы зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳазҭо Иегова иоуп (2 Пиотр 3:15). Абиблиаҿы изныкымкәа иануп Иегова иааирԥшуа ачҳара ду аӡбахә (Неемиа 9:30; Исаиа 30:18). Ишәгәалашәома Иегова Содом ықәихырц аниӡбаз Авраам уи иазкны шаҟантә Иегова азҵаара ииҭаз, насгьы Иегова ихы шымҩаԥигаз? Иара Авраам иажәа ԥимҟеит. Уи аҭыԥан ачҳара аарԥшны Авраам игәҭыхақәеи изҵаарақәеи дырзыӡырҩуан. Анаҩс иара Авраам агәра ииргеит Содом азиашара аазырԥшуа жәаҩык мацара ыҟазаргьы, ақалақь шықәимхуа (Аҟазаара 18:22—33). Иегова еснагь ачҳара аарԥшны даҳзыӡырҩуеит, насгьы ахаан иԥсахы еибакӡом!

Ачҳара ақьырсианцәа зегьы ирымазар ахәҭоу, ауаҩ ҿыц ихаҭара иахәҭаку ҟазшьоуп. Ҳара ачҳара аарԥшразы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, аиҷаҳареи ачҳареи аазырԥшуа Ҳаб Иегова дҳараҳклоит, уи инеиҳангьы «зыгәрахаҵареи зычҳареи рыла изқәыргәыӷыз аиура заҭәашьахо ауаа» ҳрылазаауеит (Ауриацәа рахь 6:10—12).

a Абзиабара ахьеилыргаз астатиа ааган иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ирызку астатиақәа рҟынтә раԥхьатәи аҿы.

b Ахьӡ ԥсахуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра