АҴАРАЗЫ АСТАТИА 37
«Унапы ԥсшьаха аумҭалан»
«Ашьыжь ажәла лаҵала, хәлаанӡагьы унапы ԥсшьаха аумҭалан» (ЕККЛ. 11:6).
АШӘА 68 Илаҳҵоит Аҳра ажәла
АХҲӘААa
1, 2. Ишԥадҳәалоу Екклезиаст 11:6 иану ажәабжьҳәаратә ус?
ТӘЫЛАҚӘАК рҿы еиҳараҩык ауаа гәырӷьаҵәа ажәабжь бзиа рыдыркылоит. Егьырҭ атәылақәа рҿы ауаа Анцәа изкны, мамзаргьы Абиблиа иазкны ак аилкаара уиаҟара ирҭахӡам. Ишԥақәҿырҭуеи ажәабжь бзиа шәара шәтәылаҿы? Ишақәҿырҭуазаалакгьы, Иегова иҭахуп ҳара ауаа ажәабжь бзиа рылаҳҳәаларц, иара иазхоуп ҳәа иҳәаанӡа.
2 Иегова иалиххьеит ажәабжьҳәаратә ус анхыркәшахо аамҭа, усҟан иааиуеит аҵыхәтәа (Матф. 24:14, 36). Ишԥаҳалшо уи аамҭа ааиаанӡа ҳнапы ԥсшьаха аҳамҭалар?b (Шәаԥхьа Екклезиаст 11:6.)
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ҳазхысыз астатиаҿы еилҳаргеит ҟазарыла ажәабжь аҳәара иҳацхраауа ԥшь-лабжьарак (Матф. 4:19). Ари астатиаҿы еилҳаргоит ажәабжь аҳәаразы иҳамоу агәаҳәара арӷәӷәара иҳацхраауа х-лабжьарак. Урҭ ҳацхраалоит ауадаҩрақәа раангьы ажәабжь аҳәара. Ҳара еилаҳкаауеит избан изхадоу 1) ажәабжьҳәаратә ус зегь раԥхьа аргылара, 2) ачҳара аарԥшра, насгьы 3) агәрахаҵара ӷәӷәа аизырҳара.
АЖӘАБЖЬҲӘАРАТӘ УС ЗЕГЬ РАԤХЬА ИШӘЫРГЫЛАЛА
4. Избан Иегова иҳадиҵаз аус зегь раԥхьаӡа иҳаргылалар зҳахәҭоу?
4 Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ауаа зеиԥшрахо, насгьы аԥсҭазаара шыцәгьахо. Иара идыруан уи ажәабжь аҳәара ирԥырхагахар шалшоз. Убри аҟынтә иара урҭ ҷаԥшьаларц ргәазҭеиҵон (Матф. 24:42). Нои ихаан инхоз ауаа уи ииҳәоз ажәабжь азыӡырҩра ирԥырхагаз рацәан, иахьагьы убас ауп ишыҟоу (Матф. 24:37—39; 2 Пиотр 2:5). Убри азоуп Иегова иҳадиҵаз ажәабжьҳәаратә ус зегь раԥхьа иҳаргылалар заҳҭаху.
5. Ианузеи Аусқәа 1:6—8 рҿы ажәабжьҳәаратә ус аҽшарҭбаауа иазкны?
5 Иахьа еиҳагьы ажәабжьҳәаратә ус ҳхы азаҳашьҭлар ауп. Иисус иҳәеит даныԥслак ашьҭахьгьы иҵаҩцәа ажәабжь шырҳәалоз, насгьы иара иаасҭагьы уи аус аҿы аџьабаа шырбоз (Иоанн 14:12). Аха Иисус даныԥсы ашьҭахь иҵаҩцәа шьоукы аԥсыӡкрахь ихынҳәит. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь иҵаҩцәа ирацәаны аԥсыӡ ркырц азы аџьашьахәы ҟаиҵеит. Ари аџьашьахәы ихы иархәаны Иисус иҵаҩцәа идеилиркааит ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи даҽа уск аасҭа акырӡа ишхадоу (Иоанн 21:15—17). Иисус ажәҩан ахь дцараны даныҟаз иҵаҩцәа иреиҳәеит иара дызлагаз ажәабжьҳәаратә ус адунеи ишахыҵәоз. (Шәаԥхьа Аусқәа 1:6—8.) Аамҭак ашьҭахь Иисус абараҿы Иоанн иирбеит «Иҳақәиҭу имш аҽны»c иҟалараны иҟаз. Иоанн ибеит «наӡаӡатәи Аевангелие» змаз амаалықь ицхыраарала ажәабжь бзиа «абшьҭрақәас, хылҵшьҭрақәас, бызшәақәас, жәларқәас иҟоу зегьы» ишрылаҳәаз (Аат. 1:10; 14:6). Излаҳбо ала Иегова иҭахуп ажәабжьҳәаратә ус хыркәшахаанӡа уи ҳҽалаҳархәларц.
6. Ҳгәазҭазҵозеи ҳхы ҳамеигӡакәа ажәабжь аҳәара?
6 Иегова шаҟа дҳацхраауа ҳазхәыцуазар, ҳхы ҳамеигӡакәа ажәабжьҳәаратә ус ҳҽалаҳархәлоит. Иара меигӡарахда адоуҳатә фатәы ҳаиҭоит: ҳара иҳамоуп икьыԥхьу апубликациақәа, аелектронтә публикациақәа, аудио-, авидеонҵамҭақәа, насгьы есымзатәи бродкастинг аҭыжьымҭақәа. Ҳсаит акәзар, 1 000 бызшәа инареиҳаны рыла еиҭагоуп! (Матф. 24:45—47). Адунеи аҿы ауаа аидгылара рымаӡам, избанзар дара еиуеиԥшым аполитикатә гәыԥқәа ирыдгылоит, еиуеиԥшым адинхаҵарақәа ныҟәыргоит, иара убас рфинанстә ҭагылазаашьа еиԥшӡам. Аха адунеи иқәынхо Анцәа имаҵзуҩцәа 8-миллионҩык ишреиҳаугьы, ҭаацәарак реиԥш еидгылоуп. Иаҳҳәап, ахәаша апрель 19, 2019 шықәсазы адунеи иқәынхо Иегова ишаҳаҭцәа зегьы уи амш иазалхыз абиблиатә жәеинраала иахьахцәажәоз авидеонҵамҭа иахәаԥшит. Уи ауха 20 919 041 еизеит Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз азгәарҭарц азы. Ас еиԥш иҟоу акзаара иахьатәи аамҭазы иџьашьахәуп. Уи ҳаблақәа рыла иахьаҳбо, насгьы ҳхаҭа ҳахьалахәу ҳаҭыр дууп ҳара ҳзы. Уи ҳаназхәыцуа Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәара еиҳагьы иаҳҭаххоит.
Иисус ажәабжьҳәара ак иԥырхагахартә алиршомызт. (Шәахәаԥш абзац 7.)
7. Ишԥаҳацхраауеи Иисус иҿырԥшы ажәабжьҳәаратә ус зегь раԥхьа аргылара?
7 Иара убас ажәабжьҳәаратә ус зегь раԥхьаӡа иҳаргылалоит, Иисус ҳаиҿыԥшлар. Иара ажәабжьҳәара ак иԥырхагахартә алиршомызт (Иоанн 18:37). Иисус дхырымхӡеит Аҩсҭаа иирбаз «адунеи аҳрақәа, урҭ рыхьӡ-рыԥша зегьы», иара убас дыхнамхӡеит аҳас дҟарҵарц ахьырҭахызгьы (Матф. 4:8, 9; Иоанн 6:15). Иара амал ду дашьҭамызт, иҿагылоз ауаагьы дрыцәшәомызт (Лука 9:58; Иоанн 8:59). Ҳагәрахаҵара анԥышәахо, апостол Павел илабжьара ҳгәалаҳаршәалароуп. Иара ақьырсианцәа мааԥсарц, насгьы ргәы камҳарц азы Иисус иҿыԥшларц ргәазҭеиҵон (Аур. 12:3).
АЧҲАРА ААШӘЫРԤШЛА
8. Иҟаиҵозеи ачҳара аазырԥшуа ауаҩы? Избан уи аарԥшра иахьа еиҳагьы изхадоу?
8 Ачҳара злоу ауаҩы аҭагылазаашьа аҽаԥсахаанӡа ҭынч дыԥшуп. Ҳаззыԥшу ҳауадаҩрақәа анынҵәо акәзаргьы, ҳгәыхәтәы анынаӡо акәзаргьы, ачҳара ааҳарԥшлар ауп. Аԥааимбар Аввакум акыраамҭа дазыԥшын Иуда инхоз шьоукы агәымбылџьбарара аарԥшра ианаҟәыҵуаз (Авв. 1:2). Иисус иҵаҩцәа гәыӷуан Анцәа Иаҳра дара рхаан ишьақәыргылахоит, насгьы уи римаа рхәура аҟынтә ахақәиҭра рнаҭоит ҳәа (Лука 19:11). Ҳара даараӡа ҳазыԥшуп Анцәа Иаҳра ацәгьара зегь анықәнаго, насгьы Анцәа изыӡырҩуа ауаа рыла иҭәу адунеи ҿыц анышьақәнаргыло аамҭа (2 Пиотр 3:13). Аха ҳара ачҳара аарԥшны Иегова иалихыз аамҭа ҳазыԥшызароуп. Шәааи ҳазхәыцып Иегова ачҳара аарԥшышьа шаҳирҵо.
9. Иарбан ҿырԥштәқәоу иаҳзырбо Иегова ачҳара шааирԥшуа?
9 Иегова ачҳара аарԥшышьа аганахь ала зеиԥшыҟам аҿырԥшы ҳирбоит. Иаҳҳәап, иара Нои аковчег иргыларц, насгьы ауаа ргәырҽаниҵарц азы аамҭа ииҭеит (2 Пиотр 2:5; 1 Пиотр 3:20). Иегова Содоми Гоморреи ықәигарц аниӡба, Авраам ирацәаны азҵаарақәа изцәырҵит. Усҟангьы Иегова ачҳара аарԥшны Авраам дизыӡырҩит (Аҟаз. 18:20—33). Уи адагьы, Иегова акыраамҭа ачҳара ду ааирԥшуан изиашамыз израильтәи ижәлар рахь (Неем. 9:30, 31). Иахьагьы ҳара иаҳбоит Иегова ачҳара шааирԥшуа, насгьы изааигәахарц зҭаху ауаа рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц азы аамҭа шриҭо (2 Пиотр 3:9; Иоанн 6:44; 1 Тим. 2:3, 4). Иегова иҿырԥштәы ҳгәазҭанаҵоит ажәабжь анаҳҳәо, насгьы ауаа аҵабырг андҳарҵо ачҳара аарԥшра. Иара убас Иегова Иажәа иану аҿырԥштәқәа рылагьы ачҳара аарԥшышьа ҳирҵоит.
Аџьабаа збо, насгьы ачҳара аазырԥшуа анхаҩ иеиԥш, ҳаргьы ҳџьабаа алҵшәақәа ҳарзыԥшуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)
10. Иаҳнарҵозеи анхаҩы иҿырԥштәы, Иаков 5:7, 8 иану инақәыршәаны?
10 Шәаԥхьа Иаков 5:7, 8. Анхаҩы иҿырԥштәгьы ачҳара аарԥшышьа ҳнарҵоит. Иҟоуп ирласны изызҳауа аҵиаақәа. Аха ҵиаақәак, еиҳарак аҽаҩра аазго, ирызҳарц азы аамҭа аҭахуп. Израиль аҿы аҽаҩра фымз раҟара иазыԥшын. Анхаҩы длаҵон ҭагалан раԥхьатәи ақәоурақәа ианрылагоз, аҽаҩра ҭеигалон ааԥын ақәоурақәа рышьҭахь (Марк 4:28). Даараӡа иҟәыӷарахоит ҳаргьы анхаҩ иеиԥш ачҳара ааҳарԥшлар. Аха уи мариамхар алшоит.
11. Ишԥаҳацхраауеи ачҳара ҳмаҵзураҿы?
11 Инаӡам ауаҩы иџьабаа иаразнак иԥылар иҭахуп. Аха илаҳҵо еизҳарц, насгьы аҽаҩра аанагарц ҳҭахызар, ҳааҟәымҵӡакәа уи аус адаҳулалароуп — ибаҳатәуп, илаҵатәуп, ажәпара ыҵхтәуп, насгьы аӡы аҵаҭәалатәуп. Аҵаҩцәа разыҟаҵара аусгьы ирацәаны аџьабаа адбалатәуп. Абиблиа зҳарҵо ауаҩы ауаа реилымхшьеи абзиабара аарԥшышьеи иҵарц азы аамҭа аҭахуп. Ауаа иаҳҳәо ажәабжь ианазымӡырҩуа ҳгәы камҳаларц азы ачҳара ааҳарԥшлароуп. Иаҳзыӡырҩуа, насгьы Абиблиа аҵара зҭаху ауаа анаҳԥылогьы ачҳара ҳҭахуп. Абиблиа зҳарҵо ауаҩы игәрахаҵара мчыла иаҳзырӷәӷәом. Зны-зынла Иисус иҵаҩцәагьы идирҵоз иаразнак ирзеилкааӡомызт (Иоанн 14:9). Ҳара иҳалшоит ауаҩы ажәабжь изеиҭаҳҳәалар, насгьы аҵабырг иҳарҵалар, аха шәааи иаҳхаҳмыршҭлап игәрахаҵара еиззырҳауа Анцәа шиакәу (1 Кор. 3:6).
12. Ишԥаҳалшо ачҳара аарԥшра ҳҭынхацәа ажәабжь анырзеиҭаҳҳәо?
12 Ҳҭынхацәа ажәабжь анырзеиҭаҳҳәо ачҳара аарԥшра ҳзымариамзар ауеит. Аха Екклезиаст 3:1, 7 иану апринцип ҳацхраар алшоит. Уа иануп: «Иҟоуп... аҿымҭра аамҭа, ацәажәара аамҭа». Ҳхымҩаԥгашьа бзиа абзоурала ҳҭынхацәа ажәабжь бзиа ргәаҳарԥхар ҳалшоит, убри аамҭазгьы ҳара еснагь ҳазхиазароуп урҭ Иегова иӡбахә рзеиҭаҳәара (1 Пиотр 3:1, 2). Ҳара гәацԥыҳәарала ажәабжь ҳҳәалароуп, насгьы аҵаҩцәа азыҟаҳҵалароуп, аха еснагь зегь рахь ачҳара ааҳарԥшлароуп, ҳҭынхацәагьы уахь иналаҵаны.
13, 14. Ҳазҿыԥшлар ҳалшода ачҳара аарԥшраҿы?
13 Ажәытәан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәеи иахьатәи Анцәа имаҵзуҩцәеи рҿырԥштәы ачҳара аарԥшра иҳацхраауеит. Аввакум ацәгьоурақәа рҵыхәтәа ԥҵәарц даараӡа иҭахын, аха ачҳара ааирԥшуан. Иара иҳәеит: «[Сара] сыԥшлоит» (Авв. 2:1). Апостол Павел иҳәон имаҵзура хиркәшарц, насгьы жәҩантәи аҳамҭа иоурц даараӡа ишиҭахыз. Аха иара ачҳара ааирԥшуан, насгьы ауаа ажәабжь бзиа рылаҳәара даҟәыҵуамызт (Аус. 20:24).
14 Ҳахәаԥшып ҭаацәарак рҿырԥштәы. Дара Галаад ашкол ианалга, Иегова ишаҳаҭцәа ахьмаҷыз атәылахь ирышьҭит. Уа инхоз ауаа ақьырсианра ныҟәыргомызт. Абиблиа аҵара зҭахыз даара имаҷын. Егьырҭ атәылақәа рахь ирышьҭыз Галаад аҵара рыцызҵоз ракәзар, ирҳәон абиблиатә ҵарақәа рацәаны ишымҩаԥыргоз, насгьы аӡәырҩы аӡы рыҽшӡаархуаз. Хаҵеи-ԥҳәыси ачҳара аарԥшны анаҩсгьы ажәабжь рҳәон, ирзыӡырҩуаз шырацәамызгьы. 8 шықәса рыҩныҵҟа ирзыӡырҩуаз шырацәамызгьы, изыргәырӷьоз ак ҟалеит — Абиблиа здырҵоз аԥҳәыс аӡы лыҽӡаалхит. Еицырзеиԥшузеи еилҳаргаз аҿырԥштәқәа? Анцәа изиашаз урҭ ауаа агәацԥыҳәара аарԥшра иаҟәымҵӡеит, даҽакала иаҳҳәозар, рнапы ԥсшьаха арымҭеит. Иаадырԥшуаз ачҳаразы Иегова дырзылԥхеит. Шәааи «зхаҵареи зычҳареи рыла изқәыргәыӷыз аиура заҭәашьахо ауаа» ҳарҿыԥшлап (Аур. 6:10—12).
АГӘРАХАҴАРА ӶӘӶӘА ЕИЗШӘЫРҲАЛА
15. Ишԥаҳацхраауеи ҳагәрахаҵара ажәабжь аҳәара?
15 Ҳара иаҳҳәо ажәабжь агәра ҳгоит, убри аҟынтә иахьынӡаҳалшо еиҳаны ауаа уи рзеиҭаҳҳәар ҳҭахуп. Иара убас Анцәа Иажәала ҳзықәиргәыӷуа зегь шынаигӡо агәра ҳгоит (Аԥсал. 119:42; Ис. 40:8). Ҳара ҳаблақәа рыла иаҳбоит абиблиатә ԥааимбаражәақәа шынаӡо. Ҳара иаҳбоит абиблиатә лабжьарақәа здызкыло ауаа рыԥсҭазаара акырӡа ишеиӷьхо. Ари зегьы еиҳагьы агәра ҳнаргоит Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа зегьы ираҳар шахәҭоу.
16. Ишԥаҳацхраауеи Иеговеи Иисуси рахь иҳамоу агәрахаҵара ажәабжь аҳәара, Аԥсалом 46:1—3 иану инақәыршәаны?
16 Иара убас ҳара иаҳҳәо ажәабжь зтәу Иегова игәра ҳгоит, уи Иаҳра Аҳас иахаиргылаз Иисусгьы игәра ҳгоит (Иоанн 14:1). Ҳзықәшәозаалакгьы Иегова еснагь дҳацхраалоит, иара ҳара ҳзы аҽыԥхьакырҭа ҭыԥ даҩызоуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 46:1—3.) Иара убас ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иисус Иегова ииҭаз амч ихы иархәаны ажәҩан аҟынтә ажәабжьҳәаратә ус напхгара шазиуа (Матф. 28:18—20).
17. Избан анаҩсгьы ажәабжь ҳҳәалар зҳахәҭоу? Иаажәга аҿырԥштәы.
17 Агәрахаҵара ҳамазар, Иегова ҳџьабаа дшазылԥхо, насгьы уи ҳшазыԥшым еиԥш иҟаиҵар шалшо агәра ҳгалоит (Еккл. 11:6). Иаҳҳәап, есыҽны зықьҩыла ауаа ҳлитература зқәу астендқәа ирыдгылоит. Иаанагома уи алҵшәа? Ҳәарада, ааи! Ноиабр, 2014 шықәсазы иҭыҵыз «Иԥшьоу ҳмаҵзура» аҿы ианын ауниверситет иҭаз ӡӷабк Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны адоклад лҩырц шылҭахыз. Лара Аҳратә зал лзымԥшааӡеит, аха илбеит ауниверситет азааигәара ҳлитература зқәыз астол. Уа илыԥшааит лдоклад азы илҭахыз аинформациа. Ԥыҭрак ашьҭахь лара Иегова ишаҳаҭ иеиԥш аӡы лыҽӡаалхит, уажәы пионерс амаҵ луеит. Абас еиԥш иҟоу ахҭысқәа ҳгәазҭарҵоит анаҩсгьы ажәабжь аҳәара, избанзар урҭ иаҳдырбоит Аҳра иазку ажәабжь заҳар зыхәҭоу ауаа еиҭа ишыҟоу.
ШӘНАПЫ ԤСШЬАХА АМҬАРА ШӘАЗХИАЗ
18. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Аҳра иазку ажәабжьҳәаратә ус Иегова ианиҭаху ишхыркәшахо?
18 Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Аҳра иазку ажәабжьҳәаратә ус ианаамҭоу ишхыркәшахо. Иаҳгәалаҳаршәап Нои данынхоз аамҭазы иҟаз. Иегова иааирԥшит иара еснагь зегь ианаамҭоу ишыҟаиҵо. Иегова 120-ҟа шықәса раԥхьа Аӡхыҵра аныҟало аамҭа алихит. Ажәашықәсақәа рышьҭахь, Иегова Нои аковчег иргыларц иеиҳәеит. Аӡхыҵра алагаанӡа 40—50 шықәса аныбжьаз Нои аковчег аргылара даҿын. Нои ииҳәоз ажәабжь ауаа шазымӡырҩуазгьы, Иегова уи аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи аковчег иҭагал ҳәа иеиҳәаанӡа, урҭ ргәырҽанҵара даҟәыҵуамызт. Нас, иазалхыз аамҭазы «Иегова ашә аиркит» (Аҟаз. 6:3; 7:1, 2, 16).
19. Ҳаззыԥшызар ҳалшозеи ҳара, ҳнапы ԥсшьаха аҳамҭалар?
19 Иаарласны Иегова Аҳра иазку ажәабжьҳәаратә ус хиркәшоит, анаҩс иара Аҩсҭаа идунеи цәгьа ықәигоит, насгьы изыӡырҩуа ауаа рымацара иахьынхало адунеи ҿыц ҟаиҵоит. Уи аамҭа ааиаанӡа шәааи знапы ԥсшьаха азымҭоз Ноии, Аввакуми, егьырҭ ауааи ҳарҿыԥшлап. Шәааи ажәабжьҳәаратә ус ҳхы азаҳашьҭлап, ачҳара ааҳарԥшлап, Иегова иахь ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалап, насгьы иқәыргәыӷрақәа рыгәра ҳгалап.
АШӘА 75 «Абар, сахьыҟоу! Сышьҭы сара!»
a Ҳазхысыз астатиа Абиблиа зҵо, насгьы доуҳала еизҳауа ажәабжьҳәара иалагарц ргәазҭанаҵон. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иегова иазхоуп ҳәа иҳәаанӡа ажәабжьҳәара ҳгәазҭазҵало х-лабжьарак. Ҿыц ажәабжьҳәара иалагазгьы, акыршықәса раԥхьа иалагазгьы урҭ алабжьарақәа рыцхраауеит.
b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ари астатиаҿы ажәақәа «унапы ԥсшьаха аумҭалан» иаадырԥшуеит Иегова иазхоуп ҳәа иҳәаанӡа ажәабжь бзиа ҳҳәалар шҳахәҭоу.
c «Иҳақәиҭу имш» алагеит 1914 шықәсазы Иисус Аҳас даныҟала, насгьы инҵәоит Зқьышықәсатәи инапхгара ашьҭахь.