Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 сентиабр ад. 14—19
  • Аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала шәхы иашәырхәала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала шәхы иашәырхәала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АСА АҬЫНЧРА ААМҬА ИХЫ ИШАИРХӘОЗ
  • РАԤХЬАТӘИ АҚЬЫРСИАНЦӘА АҬЫНЧРА ААМҬА РХЫ ИШАДЫРХӘОЗ
  • АҬЫНЧРА ААМҬА ИАХЬА ҲХЫ ИШАҲАРХӘО
  • АҬЫНЧРА ААМҬА ЗНЫМЗАР-ЗНЫ ИНҴӘОИТ
  • Гәыкала Иегова имаҵ жәула
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Иулшома уара Аса иеиԥш агәымшәара ааурԥшлар?
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2022
  • Иқәыԥшу аишьцәа, иҟашәҵар шәылшозеи шәара аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәыгәра ргаларц азы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Инажәгома шәгәаҵанӡа иҩыз зегьы?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 сентиабр ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 38

Аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала шәхы иашәырхәала

«Адгьыл аҿы аҭынчра ыҟан. Урҭ ашықәсқәа рзы уи аӡәгьы диабашьуамызт, избанзар Иегова аҭынчра ииҭеит» (2 АШ. 14:6).

АШӘА 60 Ажәабжь ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит

АХҲӘААa

1. Ианбаҳцәыцәгьахар алшо Иегова имаҵ аура?

ШӘГӘЫ ишԥаанаго, ианбацәгьоу еиҳарак Иегова имаҵ аура: ауадаҩрақәа анумоу акәу, ианумам акәу? Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо, Иегова иқәгәыӷра ҳзымариоуп. Аха ҳхы шԥамҩаԥаҳго ауадаҩрақәа анҳамам? Иаҳхамышҭӡои зны-зынла Анцәа имаҵ аура шаҟа ихадоу? Иегова Израильаа иреиҳәон ус рыхьыр шалшоз (Ҩынтә. 6:10—12).

Аҳ Аса ӷьеҩла аныхамҵахырхәара даҿагылан. (Шәахәаԥш абзац 2.)c

2. Иарбан ҿырԥштәу Аса иаҳзынижьыз?

2 Аҳ Аса ҳара ҳзы даараӡа дҿырԥш бзиоуп. Иара Иегова аҵыхәтәанынӡа диқәгәыӷуан аҟынтә, ҟәыӷарала ихы мҩаԥигон. Иара ианыцәгьаз адагьы, аҭынчра аамҭазгьы Иегова имаҵ иуан. «Аса иԥсы ҭанаҵы Иегова гәыкала дизыҟан» (1 Аҳ. 15:14). Иара Иуда аныхамҵахырхәара аҟынтә ирыцқьеит, убри алагьы гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ шиуаз ааирԥшит. Абиблиа иануп «иара иԥыххааса иқәиҵеит атәымнцәахәқәа ркәырбаннагарҭақәеи аҭыԥ ҳаракқәеи, иԥиҽит иԥшьаз агәашьақәа, ихиҵәеит иԥшьаз ашьаҟақәа» ҳәа (2 Аш. 14:3, 5). Уи адагьы, ианду Маахагьы лаҳкәажәра лымихит. Избан? Избанзар лара ауаа амцнцәахәқәа ирымҵахырхәаларц ргәазҭалҵон (1 Аҳ. 15:11—13).

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Аса аныхақәа ықәигеит, аха уи адагьы, иара ажәлар Иегова иахь ихынҳәырц ргәазҭеиҵон. Убри азы Иегова Асеи ажәлари дырзылԥхеит: рыдгьыл аҿы жәашықәса аҭынчраb ыҟан (2 Аш. 14:1, 4, 6). Ари астатиаҿы ҳалацәажәоит Аса уи аҭынчра аамҭа ихы ишаирхәоз. Анаҩс Аса иеиԥш аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала зхы иазырхәоз актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа рҿырԥштәы еилҳаргоит. Аҵыхәтәаны еилаҳкаауеит ԥырхагада Иегова имаҵ ҳаулар ахьҳалшо атәылаҿы ҳанхозар, аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала ҳхы ишаҳархәалаша.

АСА АҬЫНЧРА ААМҬА ИХЫ ИШАИРХӘОЗ

4. Ихы ишԥеирхәоз Аса аҭынчра аамҭа, 2 Ашықәсынҵа 14:2, 6, 7 иану инақәыршәаны?

4 Шәаԥхьа 2 Ашықәсынҵа 14:2, 6, 7. Аса ажәлар иреиҳәеит Иегова зегь рыла аҭынчра шриҭаз. Аха иара игәы иаанагомызт уи аамҭазы иԥсы ишьалар илшоит ҳәа. Уи аҭыԥан иара аӷа дахьзымнеиуаз ақалақьқәеи, аҭӡамцқәеи, абаашқәеи рыргылара далагеит. Иара ажәлар иреиҳәеит «адгьыл макьана ҳара иаҳтәуп» ҳәа. Ииҳәарц ииҭахызи уи ала? Аса ииҳәарц иҭахыз дара аӷа ицәымшәаӡакәа рыдгьыл аҿы ишырҭахыз иныҟәалар, насгьы аҽыҵәахырҭақәа дыргылалар шрылшоз ауп. Иара ажәлар ргәазҭеиҵеит аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала рхы иадырхәаларц.

5. Избан Аса ир зирӷәӷәоз?

5 Иара убас Аса аҭынчра аамҭа ихы иархәаны ир ирӷәӷәон (2 Аш. 14:8). Иаанагома уи иара Иегова диқәгәыӷуамызт ҳәа? Мап. Иара еиликаауан аҳак иаҳасабала, ажәлар зықәшәар алшоз ауадаҩрақәа ирзыҟаиҵар шихәҭаз. Аса еиликаауан аҭынчра аамҭа знымзар-зны ишынҵәоз. Убас иагьыҟалеит.

РАԤХЬАТӘИ АҚЬЫРСИАНЦӘА АҬЫНЧРА ААМҬА РХЫ ИШАДЫРХӘОЗ

6. Рхы ишԥадырхәоз актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа аҭынчра аамҭа?

6 Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа лассы-лассы ирышьҭашәарыцон, аха аҭынчра аамҭа анрымазгьы ыҟан. Рхы ишԥадырхәоз дара уи аамҭа? Дара гәацԥыҳәарала ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәон, насгьы рхы зегьы Иегова имаҵ аура иазырышьҭуан. Уи абзоурала ақьырсиантә еизарақәа еизҳауан. Уи ишьақәнарӷәӷәон Иегова урҭ ақьырсианцәа дшырзылԥхоз, аҭынчра аамҭазы гәацԥыҳәарала ажәабжь ахьырҳәоз азы (Аус. 9:26—31).

7, 8. Иҟарҵози Павели егьырҭ ақьырсианцәеи? Иҳаилшәыркаа.

7 Раԥхьатәи ақьырсианцәа ажәабжьҳәаразы алшарақәа раҩрыжьуамызт. Иаҳҳәап, апостол Павел ианиба Ефес ажәабжь бзиа иазыӡырҩуаз шырацәаз, уа даанҿасит (1 Кор. 16:8, 9).

8 49 шықәса ҳ. ҳ. азы Павели егьырҭ ақьырсианцәеи ауаа рацәа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәаларц азы даҽа лшарак роуит. Уи ашықәс азы Иерусалим иҟаз апостолцәеи аизара аиҳабацәеи аԥхьатәхсара иадҳәалаз азҵаара рыӡбеит (Аус. 15:23—29). Аизарақәа уи аӡбара анраҳа «Иҳақәиҭу иажәа» еиҳагьы гәацԥыҳәарала еиҭарҳәо иалагеит (Аус. 15:30—35). Иалҵшәахазеи уи? Абиблиа иануп аизарақәа «рхаҵара [ӷәӷәахон], рышҟа ииасуаз рхыԥхьаӡара ес-иаашар иацлон» ҳәа (Аус. 16:4, 5).

АҬЫНЧРА ААМҬА ИАХЬА ҲХЫ ИШАҲАРХӘО

9. Иарбан лшароу иахьа иҳамоу атәылақәа жәпакы рҿы? Иарбан зҵаароу ҳхы иаҳҭар ҳалшо?

9 Иахьа атәылақәа жәпакы рҿы ҳара ԥырхагада ажәабжь бзиа ҳҳәалар ҳалшоит. Шәынхома шәара ус еиԥш иҟоу атәылаҿы? Ааи акәзар, шәхы шәазҵаа: «Схы ишԥасырхәо сара аҭынчра аамҭа?» Арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа Иегова ижәлар рзы иџьашьахәу аамҭоуп, избанзар дара инарыгӡоит аҭоурых иамбацыз, адунеи зегь иахыҵәаз ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи аус (Марк 13:10). Уи аус аҿы ҳара иҟаҳҵаша даара ирацәоуп!

Ажәабжьҳәаразы даҽа тәылак ахь ииасуа, ма иҿыцу абызшәа зҵо аӡәырҩы азылԥхара дуқәа роуеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10—12.)d

10. Ҳгәы зызҭанаҵозеи 2 Тимофеи иахь 4:2 иану?

10 Ишԥашәылшо шәара аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала шәхы иашәырхәалар? (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 4:2.) Шәазхәыц, ишәылшома ак аԥсахра, шәхаҭа ма шәҭаацәараҟынтә аӡәы еиҳаны ажәабжь иҳәаларц азы, мамзаргьы пионерс амаҵ аура далагарц азы? Уажәы амал аизгара иаамҭаӡам, избанзар уи арыцҳара ду аан иаҳзеиқәырхаӡом (Ажәам. 11:4; Матф. 6:31—33; 1 Иоанн 2:15—17).

11. Иҟарҵозеи шьоукы еиҳаны ауаа Иегова иӡбахә рзеиҭарҳәаларц азы?

11 Имаҷҩымкәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ауаа Иегова иӡбахә рзеиҭарҳәаларц азы иҿыцу абызшәа рҵеит. Иегова иорганизациа урҭ ирыцхраарц азы еиуеиԥшым абызшәақәа рыла Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа ҭнажьуеит. Урҭ абызшәақәа рхыԥхьаӡара есымша еизҳауеит. Иаҳҳәап, 2010 шықәсазы ҳпубликациақәа 500-ҟа бызшәа рыла еиҭаргон, иахьа — 1 000 бызшәа инареиҳаны рыла!

12. Ишԥарныруеи ауаа рхатәы бызшәала Абиблиа иану аҵабырг анраҳауа? Иаажәга аҿырԥштәы.

12 Ишԥарныруеи ауаа рхатәы бызшәала Абиблиа иану аҵабырг анраҳауа? Ҳахәаԥшып Еиду Аштатқәа рҿы имҩаԥысыз арегионалтә конгресс аҿы иҟаз аиаҳәшьа лҿырԥштәы. Аконгресс лара лхатәы бызшәа, киниаруанда бызшәала, имҩаԥысуан. Уи абызшәала еиҳарак ицәажәоит Руанда, Конго (Киншаса), насгьы Уганда. Абар лара аконгресс ашьҭахь илҳәаз: «Сара Еиду Аштатқәа рахь сиасижьҭеи 17 шықәса ҵуеит, аха абыржәоуп аконгресс аҿы исаҳаз зегь анеилыскаа». Аиаҳәшьа аконгресс лхатәы бызшәала иахьлаҳаз лгәаҵанӡа инеит. Ишәылшома шәара даҽа бызшәак шәҵар, шәҭыԥ аҿы инхо ауаа ажәабжь рзеиҭашәҳәаларц азы? Иҟалап аӡәы ажәабжь бзиа азыӡырҩра иҭаххар, ихатәы бызшәала шәахьиацәажәо азы. Шәџьабаа хымԥада азылԥхарақәа шәзаанагоит.

13. Рхы ишԥадырхәоз Урыстәыла инхо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аҭынчра аамҭа?

13 Аха ақьырсианцәа зегьы ԥырхагада ажәабжьҳәаразы алшара рымаӡам, избанзар иахьынхо атәылаҿы аҳәынҭқарцәа уи аус иаҿагылоит. Ҳахәаԥшып Урыстәыла инхо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҿырԥштәы. Ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа дара ирышьҭашәарыцон, аха март 1991 шықәсазы, ԥырхагада Анцәа имҵахырхәаразы азин роуит. Усҟан Урыстәыла ажәабжь бзиа зҳәоз 16 000-ҩык раҟара ракәын. Ҩажәа шықәса рышьҭахь урҭ рхыԥхьаӡара 160 000 еиҳахеит! Арҭ ахыԥхьаӡарақәа иаҳдырбоит аишьцәа аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала рхы иархәаны ажәабжь шырҳәоз. Аҭынчра аамҭа шынҵәазгьы, ирымаз агәацԥыҳәара рцәымӡӡеит. Дара Иегова имаҵ руларц азы рҭагылазаашьаҿы ирылшо зегь ҟарҵоит.

АҬЫНЧРА ААМҬА ЗНЫМЗАР-ЗНЫ ИНҴӘОИТ

Аҳ Аса дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Анцәа даниҳәа ашьҭахь, иара иаасҭа акырӡа иӷәӷәаз аӷацәа дыриааит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)

14, 15. Ихы ишԥаирхәеи Иегова имч Аса дицхраарц азы?

14 Аса ихаан аҭынчра аамҭа нҵәеит ефиопиатәи ар ду Иуда ианақәла. Миллионҩык аруаа ирхагылаз Зара агәра ганы дыҟан аиааира шигоз. Аха аӷацәа рыр заҟаразаалакгьы, Аса Инцәа Иегова диқәгәыӷуан. Иара Инцәа иеиҳәеит: «Уҳацхраа, Ҳанцәа Иегова, избанзар уара уоуп ҳзықәгәыӷуа, уара ухьӡ алоуп ари ар ду ҳшаҿагыло» (2 Аш. 14:11).

15 Ефиопиатәи ар иудатәи ар аасҭа ҩынтә раҟара еиҳан, аха Аса идыруан Зегьзымчу Иегова ижәлар реиқәырхара шилшоз. Убас иагьыҟалеит, ефиопиатәи ар аибашьраҿы иаҵахеит (2 Аш. 14:8—13).

16. Иабантәиҳдыруеи аҭынчра аамҭа знымзар-зны ишынҵәо?

16 Ҳәарада, ҳара ҳаԥхьаҟа иҟало ҳаздырӡом, аха иаҳдыруеит аҭынчра аамҭа знымзар-зны ишынҵәо. Иисус аҵыхәтәантәи амшқәа ирызкны иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Ажәларқәа зегьы шәара шәгәаӷ ркышт» (Матф. 24:9). Абар апостол Павелгьы ииҳәаз: «Христос ихаҵара зауа дарбанзаалакь, ишьҭазаара, иԥхарсра иалагоит» (2 Тим. 3:12). Аҩсҭаа иԥсахы еибакны дыҟоуп, убри аҟынтә уи иԥсахеибакра ҳара иҳахькьысӡом ҳәа ҳхы ҳамжьалароуп (Аат. 12:12).

17. Иԥышәахар шԥалшо ҳагәрахаҵара?

17 Хара имгакәа ҳара зегьы ҳагәрахаҵара ԥышәахоит. Абиблиа иануп: «Адунеи аншаха инаркны иахьа уажәраанӡа зеиԥш ҟамлауаз, иҟаларангьы иҟам арыцҳара ду ҟалашт» (Матф. 24:21). Иҟалап усҟан ҳҭынхацәа ҳҿагылар, насгьы аҳәынҭқарцәа ажәабжьҳәара азин ҳамырхыр (Матф. 10:35, 36). Агәра жәгалома шәара Аса иеиԥш, Иегова дышшәыцхраауа, шәшихьчо?

18. Иҳацхраауазеи ҳаԥхьаҟа иҟало ахҭысқәа рҽырзыҟаҵара Ауриацәа рахь 10:38, 39 иану инақәыршәаны?

18 Иегова уажәнатә ҳагәрахаҵара арӷәӷәара дҳацхраауеит, ҳаԥхьаҟа иҟало ахҭысқәа ҳарзыҟаиҵарц азы. Уи азы иара игәрагоу, иҟәышу атәы ила ианаамҭоу адоуҳатә фатә ҳаиҭоит (Матф. 24:45). Аха ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәаларц азы ҳаргьы ак ҟаҳҵалароуп. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 10:38, 39.)

19, 20. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу 1 Ашықәсынҵа 28:9 иану инақәыршәаны, насгьы изаҭахузеи уи аҟаҵара?

19 Ҳаргьы аҳ Аса иеиԥш Иегова дҳаԥшаалароуп (2 Аш. 14:4; 15:1, 2). Иара изку адыррақәа рырҳара ҳаналага, насгьы аӡы ҳҽанӡааҳх, иԥшаара ҳалагеит. Аха ҳара анаҩсгьы иара иахь ҳабзиабара ҳарӷәӷәаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Ибжьасмыжьӡои сара аизарақәа?» Аизарақәа ҳара анаҩсгьы Иегова имаҵ ҳауларц азы амч ҳарҭоит, иара убас уа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳгәы шьҭырхуеит (Матф. 11:28). Иара убас ҳхы азҵаара аҳҭар ауеит: «Иҭысҵаауама Абиблиа иааиԥмырҟьаӡакәа?» Имҩаԥыжәгома шәара есымчыбжьа аҭаацәаратә мҵахырхәара? Шәымацара шәынхозаргьы, иалхны ишәымоума аамҭа аҭҵаара мҩаԥыжәгаларц азы? Ишәылшо зегь ҟашәҵома ауаа ажәабжь рзеиҭашәҳәаларц, насгьы аҵабырг дшәырҵаларц азы?

20 Избан арҭ азҵаарақәа рызхәыцра заҭаху? Абиблиа иануп Иегова ҳгәи-ҳахшыҩи шҭиҵаауа. (Шәаԥхьа 1 Ашықәсынҵа 28:9.) Ҳаргьы ус ҟаҳҵалароуп ҳхы-ҳгәы иҭоу Иегова дшаргәырӷьо агәра ганы ҳаҟазарц азы. Ҳагәҭакқәеи ҳхәыцшьеи шыԥсахтәу гәаҳҭазар, шәааи Иегова уи аҟаҵара дҳацхраарц азы ҳиҳәалап. Ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу аԥышәарақәа абыржәы ҳҽырзыҟаҳҵалароуп. Акгьы шәԥырхагамхааит аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала ахархәара!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Рхы ишԥадырхәоз аҭынчра аамҭа аҳ Асеи раԥхьатәи ақьырсианцәеи?

  • Ишԥарылшо ақьырсианцәа иахьа аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала ахархәара?

  • Иарбан хҭысқәоу хара имгакәа иҟало?

АШӘА 62 Ашәа ҿыц

a Шәынхома шәара ԥырхагада Иегова имаҵ жәулар ахьшәылшо атәылаҿы? Ааи акәзар, шәхы ишԥашәырхәо аҭынчра аамҭа? Ари астатиа ишәнарбоит иудатәи аҳ Асеи раԥхьатәи ақьырсианцәеи шәырҿыԥшлар шшәылшо. Дара аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала рхы иадырхәон.

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. «Аҭынчра» ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәа иаанаго ажәлар еибашьрада ҭынч ианынхо мацара акәӡам, уи иара убас иаанагоит агәабзиара, ашәарҭадара, аизҳазыӷьара.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аҳ Аса ианду лаҳкәажәра лымихит, ажәлар аныхақәа ирымҵахырхәаларц ргәы ахьазҭалҵоз азы. Аса идгылаз ауаа иара иҿыԥшны аныхақәа ԥырҽуеит.

d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: гәацԥыҳәарала Анцәа имаҵ зуа хаҵеи-ԥҳәыси ажәабжьҳәаҩцәа ахьаҭаху аҭыԥ аҿы амаҵ руларц азы рыԥсҭазаара дырмариоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра