Шәиқәгәыӷла Иегова, шәагьынхала!
«Уиқәгәыӷла Иегова гәыкала, уагьақәымгәыӷын ухатәы еилкаара» (АЖӘАМААНАҚӘА 3:5).
1. Избан ҳара зегьы агәырҭынчра заҳҭаху?
ҲАРА зегьы агәырҭынчра ҳҭахуп. Иҟалап ҳаԥсҭазаара агәҭынчымрақәеи ауадаҩрақәеи рыла иҭәызар, насгьы ҳгәы каҳазар. Ҳара ҳачмазаҩызар, ма ҳашықәс цозар ауеит, иара убас иаҳзааигәоу аӡә даҳцәыԥсызар алшоит. Шьоукы аиашамра иақәшәозар ауеит. Убри адагьы, ҳазланхо ауаа еиҳа-еиҳа игәымбылџьбарахоит. Ииашаҵәҟьаны, ихьанҭақәоу арҭ аамҭақәа ишьақәдырӷәӷәоит «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы ҳшынхо, насгьы есыҽны адунеи ҿыц еиҳа-еиҳа ҳшазааигәахо (2 Тимофеи иахь 3:1). Иара убас Иегова иқәыргәыӷрақәа ҳарзыԥшуижьҭеи акыр ҵуазар, насгьы ҳауадаҩрақәа еиҳа-еиҳа еиҳахозар ауеит. Нас иабаҳалшо агәырҭынчра аԥшаара?
2, 3. а) Иаҳдыруазеи ҳара Аввакум изкны? б) Хәарҭас иаҳзаанагозеи Аввакум ишәҟәы аилыргара?
2 Арҭ азҵаарақәа рҭак ҳаԥшаарц азы шәааи Аввакум ишәҟәы ҳагәылаԥшып. Иԥшьоу Аҩырақәа рҟны Аввакум изкны иану шырацәамгьы, ишәҟәы ииашаҵәҟьаны ҳгәы шьҭнахуеит. Аввакум ихьӡ иаанагоит «агәыдыҳәҳәалара». Уи иаанарԥшуеит Иегова ҳгәы ширҭынчуа. Ҳара ҳгәы иабар алшоит иара ҳаигәыдиҳәҳәалошәа, мамзаргьы ҳашьҭыхны ҳаигошәа. Иара убас уи иаанарԥшуеит ахәыҷы иаб дшизааигәоу еиԥш, Иегова ҳаизааигәазар шҳалшо. Аввакум Анцәа диацәажәон, насгьы азҵаарақәа ииҭон. Иегова Аввакум игәазҭеиҵеит реицәажәара ашәҟәы ианиҵарц, избанзар уи ҳара ахәарҭа шаҳзаанаго идыруан (Аввакум 2:2).
3 Абиблиаҿы Аввакум изкны иану Анцәеи иареи реицәажәара мацара ауп. Аха Аввакум ишәҟәы «аханатә аахыс ирыҩуаз» Анцәа Иажәа иахәҭакуп, уи ҳацхраауеит ахачҳара аарԥшра, насгьы агәыӷра ҳнаҭоит (Римаа рахь 15:4). Ишԥаҳацхраар алшо ҳара зегьы Аввакум ишәҟәы? Уи ҳацхраауеит Иегова иқәгәыӷра иаҵанакуа аилкаара. Уи инеиҳангьы, Аввакум иԥааимбаражәа агәра ҳнаргоит ҳзықәшәозаалакгьы, аҩныҵҟатәи аҭынчра ҳамазар шҳалшо.
ИЕГОВА ШӘИҲӘАЛА
4. Избан Аввакум игәы зкаҳаз?
4 Шәаԥхьа Аввакум 1:2, 3. Аввакум даара ихьанҭаз аамҭақәа рзы дынхон. Икәша-мыкәша иҟаз игәымбылџьбараз ауаа цәгьақәа ракәын, уи Аввакум илахь еиқәнаҵон. Дахьынаԥшлакгьы иара ибон Израильаа агәрыцҳашьара аамырԥшӡакәа, иашамрала ишеизыҟаз. Аввакум дхәыцуан: «Ианбааиуеи ацәгьара аҵыхәтәа? Избан Иегова абриаҟара аамҭа зиго?» Аввакум акгьы шилымшоз еиликаауан, убри аҟынтә дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова диҳәон. Иҟалап иара игәы иаанагазар Иегова ижәлар уаҳа дреиҷаҳауам, мамзаргьы акгьы ҟаиҵаӡом ҳәа. Ишәызцәырҵхьома шәара зныкыр уи аҩыза ацәаныррақәа?
Ҳара ҳамшәалар ауп иҳазцәырҵуа алакҩакрақәеи ҳагәҭыхақәеи Иегова изеиҭаҳәара
5. Еилаҳкаауазеи Аввакум ишәҟәы аҟынтә? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
5 Иаҳҳәар ҳалшома Аввакум Анцәа иқәыргәыӷрақәеи иареи рыгәра агара даҟәыҵит ҳәа? Мап! Аввакум изцәырҵуаз алакҩакрақәеи ауадаҩрақәеи рыӡбаразы Анцәа ицхыраара даҳәон. Уи иаанарԥшуеит иара Анцәа иқәыргәыӷрақәа рыгәра шигоз, насгьы иара дышиқәгәыӷуаз. Аввакум игәы ҭынчмызт, насгьы иҟаиҵара издыруамызт. Иара изеилкаауамызт Иегова абриаҟара аамҭа зигоз, насгьы абас дгәаҟлартә залиршоз. Иегова Аввакум игәҭыхақәа ашәҟәы ианиҵартә игәы ахьазҭеиҵаз иаҳнарҵо даара ирацәоуп. Ҳара ҳамшәалар ауп иҳазцәырҵуа алакҩакрақәеи ҳагәҭыхақәеи Иегова изеиҭаҳәара. Иара ҳиҳәаларц иҭахуп, насгьы ҳцәаныррақәа ртәы иаҳҳәаларц ҳааиԥхьоит (Аԥсалом 50:15; 62:8). Ажәамаанақәа 3:5 агәра ҳнаргоит: «Уиқәгәыӷла Иегова гәыкала, уагьақәымгәыӷын ухатәы еилкаара». Аввакум ари алабжьара дықәныҟәеит.
6. Избан Анцәа иҳәара зхадоу?
6 Аввакум Иегова диқәгәыӷуан, насгьы изааигәахаразы ихаҭа ашьаҿақәа ҟаиҵон. Иара Иегова Ҩызас, насгьы Абыс диԥхьаӡон. Аввакум иуадаҩрақәа рыӡбара ихала иҽазишәомызт. Уи аҭыԥан, иара игәҭыхақәа зегьы Иегова иеиҳәон. Уи ҳара ҳзы даара ҿырԥш бзиоуп. Аҳәарақәа ирзыӡырҩуа Иегова игәра шаҳго ааҳарԥшларц иҭахуп, уи азы ҳара ҳагәҭыхақәа зегьы изеиҭаҳҳәалар ауп (Аԥсалом 65:2). Ус ҟаҳҵозар, ҳара иаҳбоит Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо. Иара ҳгәы анирҭынчуа, насгьы анапхгара анҳаиҭо, ҳаигәыдиҳәҳәалошәа ҳбоит (Аԥсалом 73:23, 24). Ҳҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, Иегова дҳацхраауеит уи иара ишибо еиԥш абара. Ииашаҵәҟьаны, анцәаиҳәара иара ҳашиқәгәыӷуа аарԥшразы алшара бзиа ҳнаҭоит.
ИЕГОВА ШӘИЗЫӠЫРҨЛА
7. Ишԥақәҿиҭи Иегова, Аввакум игәҭыхақәа зегьы анизеиҭеиҳәа?
7 Шәаԥхьа Аввакум 1:5—7. Аввакум игәҭыхақәа зегьы Иегова ианизеиҭеиҳәа ашьҭахь, иҟалап иџьеишьазар Иегова уи ишақәҿиҭыз. Абзиабара злоу Аб иеиԥш Иегова Аввакум ицәаныррақәа еиликааит. Иара идыруан Аввакум дышгәаҟуаз, насгьы ацхыраара дшаҳәоз. Иегова Аввакум ҽыԥныҳәа иимҭаӡеит, уи аҭыԥан ииашамыз Аиудеиаа иаарласны ирыхьуа иеиҳәеит. Иҟалап Иегова урҭ иаарласны ишахьирхәуа зегь раԥхьаӡа изеиҳәаз Аввакум иакәызҭгьы.
8. Избан Аввакум Иегова иҟаиҵаз аҭак зџьеишьаз?
8 Иегова Аввакум иеиҳәеит иаарласны аҭагылазаашьа шиԥсахуа. Иара игәымбылџьбараз Аиудеиаа ахьирхәырц игәы иҭеикит. Иегова иҳәеит уи ҟалоит «шәаамҭазы» ҳәа, уи ала иара иааирԥшит аӡбара Аввакум ихаан, мамзаргьы Израильаа рхаан ишыҟало. Аввакум ихаҿгьы изаагомызт Иегова абри аҩыза аҭак ҟаиҵоит ҳәа. Халдеиаа, мамзаргьы Вавилонаа гәымбылџьбарақәан. Дара Иегова инормақәа здыруаз Израильаа раасҭа акырӡа игәымбылџьбаран. Нас избан Иегова ижәлар ахьирхәырц азы игәымбылџьбарақәаз амурҭаҭцәа ихы изаирхәоз? Аиудеиаа уи еиҳагьы агәаҟрақәа рзаанагон. Шәхы шԥажәбарыз шәара Аввакум иҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы?
9. Иарбан зҵаарақәоу еиҭа Аввакум изцәырҵуаз?
9 Шәаԥхьа Аввакум 1:12—14, 17. Аввакум еиликааит Иегова ицәгьаз Аиудеиаа Вавилонаа рыла ишахьирхәуа, аха уеизгьы изеилымкаауаз рацәан. Ус шакәызгьы иара ахынраалара ааирԥшуан, убри аҟынтә анаҩсгьы Иегова иқәгәыӷра дазхиан. Аввакум иҳәеит иара изы Иегова «Ацаҟьа» дшаҩызаз (Ҩынтәзакәан 32:4; Исаиа 26:4). Аввакум идыруан Иегова абзиабареи ақьиареи шилаз, убри аҟынтә абас еиԥш иҟаз азҵаарақәа рықәыргылара дшәаӡомызт: «Избан Иегова изиаҩижьуа Иуда аҭагылазаашьа еиҳа еицәахаларц, насгьы ижәлар еиҳагьы игәаҟларц? Избан иара иаразнак акгьы зыҟаимҵо? Избан Зегьзымчу акгьы зимҳәо, насгьы ацәгьара зичҳауа? Арҭ азҵаарақәа рҭак аилкаара Аввакум изы еиҳагьы ицәгьан, избанзар идыруан Иегова дшыԥшьоу, насгьы иблақәа мыцхәы ишыцқьоу, ацәгьара иахәаԥшларц азы.
10. Избан зны-зынла Аввакум иеиԥш ҳхы ҳбалар залшо?
10 Зны-зынла ҳаргьы Аввакум иеиԥш ҳхы ҳбалар алшоит. Ҳара Иегова ҳаизыӡырҩуеит, игәра ҳгоит, Иажәа ҳаԥхьоит, насгьы иҭаҳҵаауеит, уи ҳгәыӷра арӷәӷәоит. Иара убас иорганизациа ала иаҳирҵо ҳаназыӡырҩуа, иқәыргәыӷрақәа еиҳа еиӷьны еилаҳкаауеит. Аха уеизгьы ҳхәыцуазар алшоит: «Ианбанҵәо ҳгәаҟрақәа зегьы?». Шәааи ҳахәаԥшып Аввакум анаҩсан иҟаиҵаз, насгьы уи иаҳнарҵо ҳазхәыцып.
ИЕГОВА ШӘИЗЫԤШЫЗ
11. Дзызхиази Аввакум?
11 Шәаԥхьа Аввакум 2:1. Аввакум игәҭыхақәа зегь Иегова ианизеиҭеиҳәа ашьҭахь агәҭынчра иоуит. Уи игәазҭанаҵеит Иегова изыԥшра. Иара иҳәеит: «Сара ҭынч арыцҳара аамҭақәа сырзыԥшызаауеит» (Аввакум 3:16). Анцәа изиашаз егьырҭ амаҵзуҩцәагьы иара изыԥшра иазхиан. Урҭ рҿырԥштәы ҳгәы шьҭнахуеит, избанзар ҳаргьы уи шҳалшо агәра ҳнаргоит (Михеи 7:7; Иаков 5:7, 8).
Ҳара ачҳара аарԥшны Иегова ҳаизыԥшызароуп, насгьы ҳгәаҟрақәа ианаамҭоу рҵыхәтәа шԥиҵәо агәра ганы ҳаҟазар ауп
12. Иаҳнарҵозеи Аввакум иҿырԥштәы?
12 Иаҳнарҵар алшозеи Аввакум игәазыҟашьа? Актәи, иҳамоу ауадаҩра зеиԥшразаалакгьы ҳара Анцәа иҳәара ахаангьы ҳаҟәымҵлар ауп. Аҩбатәи, Иегова Иажәеи иорганизациеи рыла иҳаиҳәо ҳазыӡырҩлароуп. Ахԥатәи, ачҳара аарԥшны Иегова ҳаизыԥшызароуп, насгьы ҳгәаҟрақәа ианаамҭоу рҵыхәтәа шԥиҵәо агәра ганы ҳаҟазар ауп. Аввакум ҳаиҿыԥшлар, агәҭынчра ҳамазаауеит, насгьы ахачҳара ааҳарԥшлоит. Ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, иҳамоу агәыӷра ҳацхраауеит ачҳара аарԥшра, агәырӷьарагьы ахьчара. Агәра ганы ҳаҟоуп жәҩантәи Ҳаб дышҳацхраауа (Римаа рахь 12:12).
13. Игәы шԥаирҭынчи Иегова Аввакум?
13 Шәаԥхьа Аввакум 2:3. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова игәы ишахәаз Аввакум иара изыԥшра ахьиӡбаз. Зегьзымчу Анцәа, ҳәарада, идыруан Аввакум дышгәаҟуаз, убри аҟынтә иара абзиабара аарԥшны иԥааимбар агәра ииргеит иаарласны изҵаара аҭак шыҟаиҵо. Аввакум иаарласны агәҭынчра иоураны дыҟан. Уи Иегова абас иҳәазшәа иеиԥшын: «Маҷк иаачҳа, насгьы сыгәра га. Сара уҳәара аҭак ҟасҵоит, уи сахымыццакуашәа угәы иабозаргьы». Иегова Аввакум игәалаиршәеит иқәыргәыӷрақәа анынаигӡаша аамҭа шалиххьаз, убри аҟынтә ачҳара ааирԥшырц игәазҭеиҵеит. Аввакум уи ахаангьы дахьымхәит.
Избан Иегова изы иҳалшо зегь аҟаҵара ҳзазхиоу? (Шәахәаԥш абзац 14.)
14. Иарбан гәазыҟашьоу иҳамазар ҳахәҭоу, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо?
14 Ҳаргьы Иегова ҳаизыԥшызар ауп, насгьы иҳаиҳәо зҿлымҳарыла ҳазыӡырҩлар ауп. Усҟан Иегова игәра ҳгалоит, насгьы ҳзықәшәозаалакгьы агәҭынчра ҳамазаауеит. Иисус ҳгәазҭеиҵон Анцәа иаҳзааимыртыз «аамҭеи амши» ҳарзымхәыцларц (Аусқәа 1:7). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ауп Иегова иқәыргәыӷрақәа анынагӡатәу ибзиаҵәҟьаны ишидыруа. Убри аҟынтә ҳара ҳгәы камыжьӡакәа анаҩсгьы ахынраалареи, ачҳареи, агәрахаҵареи аарԥшны Анцәа ҳаизыԥшызар ауп. Аха уи аамҭа ҟәыӷарала ҳхы иаҳархәалар, насгьы ҳамчқәа зегь Иегова имаҵ аура иазаҳклар ауп (Марк 13:35—37; Галаҭаа рахь 6:9).
ИЕГОВА ИҚӘГӘЫӶУА АԤСҬАЗААРА РИҬОИТ
15, 16. а) Иарбан қәыргәыӷрақәоу Аввакум ишәҟәы иану? б) Зыгәра ҳдыргозеи урҭ ҳара?
15 Иегова ажәа ҳаиҭеит: «Ауаҩ иаша ииашара абзоурала дынхалоит». Уи инеиҳангьы иара иҳәеит: «Адгьыл Иегова ихьӡ-иԥша иазку адыррақәа ахыҵәоит» (Аввакум 2:4, 14). Ааи, Иегова ачҳара аазырԥшуа, насгьы иара иқәгәыӷуа зегьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара иақәиргәыӷуеит.
16 Аввакум 2:4 иану ақәыргәыӷра аҵакы даара иӷәӷәоуп. Убри аҟынтә апостол Павел исаламшәҟәқәа рҿы хынтә уантәи ацитата ааигон (Римаа рахь 1:17; Галаҭаа рахь 3:11; Ауриацәа рахь 10:38). Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы Иегова ҳиқәгәыӷуазар, иқәыргәыӷрақәа шынаигӡо ҳбоит. Иегова иҭахуп иссиру агәыӷра ҳхы азаҳашьҭларц.
17. Ирзыҟаиҵозеи Иегова иқәгәыӷуа ауаа?
17 Аввакум ишәҟәы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы инхо ҳара зегьы иаҳнарҵо даара ирацәоуп. Иегова иқәгәыӷуа ииашоу ауаа зегьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара иақәиргәыӷуеит. Убри аҟынтә шәааи ҳзықәшәозаалакгьы Иегова иахь иҳамоу агәрагара ҳарӷәӷәалап. Иегова Аввакум иеиҳәаз агәра ҳнаргоит иара дышҳацхраало, насгьы ҳшихьчало. Иара ақьиара аарԥшны дҳаҳәоит игәра ҳгаларц, насгьы Иаҳра адгьыл аҿы ишьақәиргыларц азы иазалихыз аамҭа ачҳара аарԥшны ҳазыԥшларц. Усҟан адгьыл иқәынхало зегьы насыԥ змоу, аҭынчра бзиа избо, насгьы Иегова имаҵ зуа мацара ракәзаауеит (Матфеи 5:5; Ауриацәа рахь 10:36—39).
ИЕГОВА ШӘИҚӘГӘЫӶЛА, НАСГЬЫ ШӘГӘЫРӶЬАЛА
18. Ишԥаиныри Аввакум Иегова иажәақәа?
18 Шәаԥхьа Аввакум 3:16—19. Иегова Аввакум иеиҳәаз игәаҵанӡа инеит. Иара игәалашәеит ажәытәан Иегова ижәлар рзы иҟаиҵаз аус џьашьахәқәа. Уи абзоурала игәрагара еиҳагьы иӷәӷәахеит. Иара агәра ганы дыҟан Иегова иаарласны ак шыҟаиҵо! Уи аԥааимбар игәы арҭынчит, игәаҟрақәа иаразнак ишнымҵәоз шидыруазгьы. Уажәшьҭа Аввакум длакҩакуамызт, иара аҵыхәтәанынӡа агәра ганы дыҟан Иегова дшеиқәирхо. 18-тәи ажәеинраалаҿы иаагоу Аввакум иажәақәа агәрагара ӷәӷәа рныԥшуеит. Аҵарауаа шьоукы изларҳәо ала Аввакум ииҳәарц ииҭахыз абри акәын: «Сара Иҳақәиҭу силагәырӷьо сышьҭыԥалоит; Анцәа силагәырӷьо скәашалоит». Шаҟа ҳгәы дырӷәӷәозеи арҭ ажәақәа! Иегова ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазку иссиру ақәыргәыӷрақәа ҳаиҭеит, уи инеиҳангьы, иара агәра ҳиргоит иаарласны урҭ шынаигӡо.
19. Ҳгәы ирҭынчыр шԥалшо Иегова, Аввакум игәы ширҭынчыз еиԥш?
19 Аввакум ишәҟәы иаҳнарҵо аурок хада — уи Иегова иқәгәыӷра шаҭаху ауп (Аввакум 2:4). Иегова иахь иҳамоу агәрагара мԥсыҽхарц азы, иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарӷәӷәалар ауп. Убри аҟынтә ҳара иҳахәҭоуп: 1) еснагь Иегова иҳәара, насгьы иҳамоу ауадаҩрақәа зегьы изеиҭаҳәара; 2) Иегова Иажәа ала иҳаиҳәо зҿлымҳарала азыӡырҩра, насгьы иорганизациа ала иҳаиҭо анапхгара ақәныҟәара; 3) Иегова иқәыргәыӷрақәа наигӡаанӡа азиашареи ачҳареи раарԥшра. Убри ауп Аввакум иҟаиҵозгьы. Игәҭыхақәа зегь Иегова изеиҭаҳәара даналага, иара даараӡа игәы каҳаны дыҟан, аха нас игәалаҟазаара еиӷьхеит, агәырӷьарагьы иоуит! Аввакум ҳаиҿыԥшлар, ҳаргьы жәҩантәи Ҳаб Иегова ҳгәы ирҭынчуеит, насгьы ҳаигәыдиҳәҳәалошәа ҳбалоит. Ицәгьоу ари адунеи аҿы уи зеиԥшыҟам гәырҭынчроуп!