Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ijwbq астатиа 181
  • Изакәызеи Абиблиа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Изакәызеи Абиблиа?
  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Абиблиа аҟынтә аҭак
  • Абиблиа иазку афактқәа
  • Иаҳәозеи Абиблиа?
  • Иԥсахызма Абиблиа?
  • Избан Абиблиа аиҭагақәа абас изырацәоу?
  • Изыӡбодаз Абиблиа ианҵатәу?
  • Иҟоума Абиблиа иахәҭакымхаз ашәҟәқәа?
  • Абиблиатә жәеинраалақәа шуԥшаауа
  • Абиблиатә шәҟәқәа рсиа
  • Иегова ауаа дышрацәажәо
    Ахьчаратә бааш 2015
Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
ijwbq астатиа 181
Абиблиа еиуеиԥшым аҭҵааратә шәҟәқәа рыгәҭаны.

Изакәызеи Абиблиа?

Абиблиа аҟынтә аҭак

Абиблиа 66 шәҟәы рыла ишьақәгылоуп. Уи 1 600-ҟа шықәса рыҩныҵҟа ирыҩуан. Абиблиаҿы Анцәа иаацҳара, «иажәа», ануп (1 Фессалоникаа 2:13).

Ари астатиаҿы

  • Абиблиа иазку афактқәа

  • Иаҳәозеи Абиблиа?

  • Иԥсахызма Абиблиа?

  • Избан Абиблиа аиҭагақәа абас изырацәоу?

  • Изыӡбодаз Абиблиа ианҵатәу?

  • Иҟоума Абиблиа иахәҭакымхаз ашәҟәқәа?

  • Абиблиатә жәеинраалақәа шуԥшаауа

  • Абиблиатә шәҟәқәа рсиа

Абиблиа иазку афактқәа

  • Изҩыда Абиблиа? Абиблиа Автор Анцәа иоуп. Аха уи аҩразы иара 40-ҩык раҟара ахацәа ихы иаирхәеит. Урҭ иреиуан Моисеи, аҳ Давид, Матфеи, Марк, Лука, Иоаннa. Анцәа урҭ ихәыцрақәа рхы иҭеигалон, иажәабжь анырҵарц азы (2 Тимофеи 3:16).

    Иааҳгап аҿырԥштәы. Адиректор имаӡаныҟәгаҩ иеиҳәоит ихьӡала асаламшәҟәы иҩырц. Уи асаламшәҟәы амаӡаныҟәгаҩ иоуп изыҩуа, аха автор адиректор иоуп, избанзар адиректор ихәыцрақәа роуп амаӡаныҟәгаҩ ииҩуа. Убасоуп Абиблиагьы. Анцәа уи аҩразы ауаа роуп ихы иаирхәаз, аха автор иара иоуп, избанзар уа иану ихәыцрақәа роуп.

  • Иаанагои ажәа «Абиблиа»? «Абиблиа» абырзен ажәа библи́а аҟынтә иаауеит, иаанагоит «ашәҟә хәыҷқәа». Аамҭак ашьҭахь Абиблиа злашьақәгылоу ашәҟәқәа зегьы реизга убри абырзен ажәа хьӡыс иаиуит.

  • Ианбаҩыз Абиблиа? Абиблиа аҩра иалагеит 1513 шықәсазы ҳ. ҟ., ихдыркәшеит 1 600 шықәса рышьҭахь, 98 шықәса шыҟаз ҳ. ҳ.

  • Иҟоума Абиблиа аоригинал? Абиблиа аоригинал ҩырақәа нымхаӡеит, избанзар уи анырыҩуаз анҵыра змамыз апапируси апергаменти рхы иадырхәон. Аха ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа зус иазҟазаз ахҩылааҩцәа абиблиатә напылаҩырақәа ркопиақәа ҟарҵон, иааиуа абиԥарақәагьы аԥхьаларц азы.

  • Изакәызеи Ажәытә Уасиаҭи Аҿатә Уасиаҭи? Ажәытә Уасиаҭ ҳәа изышьҭоу аиҳарак ажәытәуриатә бызшәалаb иҩыз Абиблиа ахәҭа ауп. Уи ахәҭа иара убас Ауриатә Ҩырақәа ҳәа иашьҭоуп. Аҿатә Уасиаҭ ҳәа изышьҭоу ажәытәбырзен бызшәала иҩыз Абиблиа ахәҭа ауп. Уи ахәҭа Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа ҳәа иашьҭоуп. Аҩхәҭакгьы Иԥшьоу Аҩыра ҳәа изышьҭоу ашәҟәы шьақәдыргылоитc.

  • Ианузеи Абиблиа? Абиблиаҿы иануп аҭоурых аҿы иҟаз ахҭысқәа, азакәанқәа, аԥааимбаражәақәа, апоезиатә шәҟәқәа, иҟәыӷоу алабжьарақәа, ашәақәеи асаламшәҟәқәеи. (Шәахәаԥш «Абиблиатә шәҟәқәа рсиа».)

Иаҳәозеи Абиблиа?

Абиблиа алагамҭаҿы Зегьзымчу Анцәа ажәҩани адгьыли шишаз иааркьаҿны иануп. Абиблиа абзоурала ҳара иаҳдыруеит Анцәа Иегова шихьӡу, насгьы ҳиабадырыр шҳалшо (Аԥсалом 83:18).

Абиблиаҿы иҳәоуп Анцәа ихьӡ шдырцәгьаз, иара убас ихьӡ ширыцқьо.

Абиблиа Анцәа ауааи адгьыли рганахьала имоу игәҭакы аанартуеит. Иара убас уи иҳаилнаркаауеит Анцәа ауаа ргәаҟрақәа шықәиго.

Абиблиа есыҽны ҳаԥсҭазаараҿы иҳахәо алабжьарақәа ануп. Абар ҿырԥштәқәак:

  • Ауааи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳамазар шҳалшо. «Ауаа шәызныҟәалар шышәҭаху еиԥш, шәаргьы убас шәрызныҟәала» (Матфеи 7:12).

    Иаанаго: Ҳара иҳазныҟәалар шаҳҭаху еиԥш, ҳаргьы убас ауаа ҳрызныҟәалароуп.

  • Агәҭынчымрақәа ишыриааилатәу. «Уаҵәтәи амш хьаас иҟашәымҵалан, избанзар уаҵәы даҽа гәҭыхақәак ҟалоит» (Матфеи 6:34).

    Иаанаго: Ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу мыцхәы хьаас аҟаҵара аҭыԥан, иахьа ҳзықәшәо ҳхы азаҳашьҭлар еиҳа еиӷьуп.

  • Аҭаацәараҿы насыԥ аиура шалшо. «Дасу ихы бзиа ишибо еиԥш иԥҳәыс бзиа дибалааит, аԥҳәыс лакәзар, лхаҵа гәыкала пату иқәылҵалааит» (Ефесаа 5:33).

    Иаанаго: Абзиабареи апатуқәҵареи аҭаацәара арӷәӷәоит.

Иԥсахызма Абиблиа?

Мап. Аҵарауаа ажәытә библиатә напылаҩырақәеи иахьатәи Абиблиа иану атексти хәыц-хәыц ианеиҿдырԥш, Абиблиа аԥхьанатә ианыз аҽшамԥсахыз рбеит. Уи уақәшаҳаҭымхар залшом: Анцәа иҭахызар исаламшәҟәы иаԥхьалар, еилыркаалар, ус акәзар, иану мԥсаххарц дахылаԥшыроуп (Исаиа 40:8)d.

Избан Абиблиа аиҭагақәа абас изырацәоу?

Иахьа ауаа реиҳараҩык Абиблиа злаҩыз ажәытә бызшәақәа рзеилкааӡом. Аха Абиблиаҿы «милаҭс, биԥарас, жәларыс, бызшәас иҟоу зегьы» рзы ажәабжь бзиа ануп (Аатра 14:6) Убри азы ауаа Абиблиа еилыркаауа абызшәа ала ирҭахуп, уи иаԥхьаларц, Анцәа иреиҳәогьы еилыркааларц азы.

Абиблиа аиҭагақәа ихадоу х-гәыԥкны иушар алшоит:

  • Ажәа-ажәала еиҭагоу аиҭага аҿы атекст иахьынӡалшо ишыҟаҵәҟьоу еиҭагоуп.

  • Ҵакыла еиҭагоу аиҭага аҿы атекст иахьа излацәажәо, еилукаартә иҟоу абызшәала еиҭагоуп.

  • Еиҭаҳәарала еиҭагоу аиҭага ухатә ажәақәа рыла еиҭагоуп, уи хықәкыс иамоу аԥхьаҩ аԥхьара иргәарԥхара ауп. Аха уи аҩыза аиҭага лассы-лассы атекст аҵакы ииашаны иаанарԥшӡом.

Абиблиа аиҭага бзиа — уи Анцәа иажәабжь иахьынӡалшо ишыҟаҵәҟьоу, ажәа-ажәала иаазырԥшуа, аха убри аамҭазгьы иахьа ауаа злацәажәо, еилукаартә иҟоу абызшәала еиҭагоу аупe.

Изыӡбодаз Абиблиа ианҵатәу?

Уи зыӡбоз Абиблиа Автор Анцәа иоуп. Аԥхьанатә иара «иԥшьоу иажәа ззааиртыз» ажәытәан инхоз израильаа роуп, Ауриатә Ҩырақәа анаҩстәи абиԥарақәа рзы ирыхьчаларц азы (Римаа 3:2).

Иҟоума Абиблиа иахәҭакымхаз ашәҟәқәа?

Мап. Абиблиаҿы ашәҟәқәа зегь ыҟоуп, уи «иахәҭакымхаз» ашәҟәқәа ыҟаӡам. Шьоукы ирҳәоит ааигәа ирыԥшааз анапылаҩырақәагьы Абиблиа иахәҭакхар рылшоит ҳәаf. Аха иара Абиблиа ахаҭа аҿы иаагоуп иара шиашоу узырбо аҿырԥшы (2 Тимофеи 1:13) Убри аҿырԥшы инақәыршәаны Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩу ашәҟәқәа зегьы дара-дара зегь рыла еиқәшәоит. Аха Абиблиа иахәҭакхароуп ҳәа шьоукы зыӡбахә рҳәоу егьырҭ ажәытә напылаҩырақәа рзы ус узҳәаӡомg.

Абиблиатә жәеинраалақәа шуԥшаауа

2 Тимофеи 3:16 ҿырԥштәыс иааганы абиблиатә жәеинраалақәа шыԥшаатәу. Азхьарԥш ишәнарбоит иарбан шәҟәу иԥшаатәу (ҵаҟа шәахәаԥш лассы-лассы иуԥыло абиблиатә шәҟәқәа реишьҭагылашьа). Актәи ахыԥхьаӡара иаанарԥшуеит иарбан ху иԥшаатәу, иаҳҳәап, 3. Уи ашьҭахь ицо ахыԥхьаӡара ма ахыԥхьаӡарақәа иаадырԥшуеит иарбан жәеинраалоу ма жәеинраалақәоу изыԥхьатәу, иаҳҳәап, 16.

Абиблиатә шәҟәқәа рсиа

Ауриатә Ҩырақәа (Ажәытә Уасиаҭ)

  • Аҭоурыхи азакәанқәеи

    • Алагамҭа

    • Ақәҵра

    • Алевит

    • Ахыԥхьаӡарақәа

    • Ҩынтәзакәан

  • Израильтәи ажәлар рҭоурых

    • Иисус Навин

    • Аӡбаҩцәа

    • Руфь

    • 1, 2 Самуил

    • 1, 2 Аҳцәа

    • 1, 2 Ашықәсынҵа

    • Ездра

    • Неемиа

    • Есфирь

  • Апоезиатә шәҟәқәа

    • Иов

    • Аԥсаломқәа

    • Ажәамаанақәа

    • Екклезиаст

    • Соломон иашәа

  • Аԥааимбаражәақәа

    • Исаиа

    • Иеремиа

    • Аҵәыуара

    • Иезекииль

    • Даниил

    • Осиа

    • Иоиль

    • Амос

    • Авди

    • Иона

    • Михеи

    • Наум

    • Аваккум

    • Софониа

    • Аггеи

    • Захариа

    • Малахиа

Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа (Ауасиаҭ Ҿыц)

  • Иисус иԥсҭазаареи имаҵзуреи (Аевангелиеқәа)

    • Матфеи

    • Марк

    • Лука

    • Иоанн

  • Раԥхьатәи ақьырсиантә еизара аҭоурых

    • Аусқәа

  • Ақьырсиантә еизарақәа рахь асаламшәҟәқәа

    • Римаа

    • 1, 2 Коринфаа

    • Галатаа

    • Ефесаа

    • Филиппаа

    • Колоссаа

    • 1, 2 Фессалоникаа

  • Қьырсианцәақәак хаҭала ирызҩу асаламшәҟәқәа

    • 1, 2 Тимофеи

    • Тит

    • Филимон

  • Ақьырсианцәа зегь рахь асаламшәҟәқәа

    • Ауриацәа

    • Иаков

    • 1, 2 Пиотр

    • 1, 2, 3 Иоанн

    • Иуда

  • Аԥааимбаражәақәа

    • Аатра

a Абиблиа иахәҭаку ашәҟәқәа зегьы, насгьы урҭ зҩызи ианҩызи аагоуп атаблица «Абиблиа ашәҟәқәа ирызку икьаҿу аинформациа» аҿы.

b Абиблиа хәҭақәак арамеи бызшәала иҩын, уи даараӡа ажәытәуриатә бызшәа иеиԥшуп.

c Имаҷҩымкәа Абиблиа аԥхьаҩцәа еиҳа иргәаԥхоит ахьӡқәа «Ауриатә Ҩырақәа», насгьы «Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа», избанзар ахьӡқәа «Ажәытә Уасиаҭ», насгьы «Ауасиаҭ Ҿыц» ииашам агәаанагара цәырыргар алшоит, «Ажәытә Уасиаҭ» «Ауасиаҭ Ҿыц» ала иԥсахызшәа.

d Шәахәаԥш астатиа «Иҟоума абиблиатә текст аҿы аԥсахрақәа ма аицакрақәа?»

e Аиҭага «Адунеи ҿыц» згәаԥхо рацәаҩуп, избанзар уи ииашаны еиҭагоуп, насгьы аилкаара мариоуп. Шәахәаԥш астатиа «Точен ли перевод „Новый мир“?»

f Арҭ ашәҟәқәа иааизакны апокрифақәа ҳәа ирышьҭоуп. «Британиатәи аенциклопедиа» инақәыршәаны, «абиблиатә литератураҿы [ари атермин ала иашьҭоуп] иԥшьоу аҩырақәа еицырдыруа рканон иаламлаз аусумҭақәа», даҽакала иуҳәозар, абиблиатә шәҟәқәа рофициалтә сиа.

g Еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш астатиа «Апокрифические евангелия — скрытая истина об Иисусе?»

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра