AspctStyle/stock.adobe.com
Иисус аибашьрақәа рҵыхәтәа ԥиҵәоит
Иисус адгьыл аҿы даныҟаз, даараӡа ауаа бзиа ишибоз ааирԥшит, иара урҭ иԥсгьы рыхҭниҵеит (Матфеи 20:28; Иоанн 15:13). Иаарласны иҵегь ишьақәирӷәӷәоит ауаа бзиа ишибо. Иара Анцәа Иаҳра иахагылоу Аҳ иеиԥш имоу амчра ихы иархәаны «аибашьрақәа ааникылоит адгьыл зегь аҿы» (Аԥсалом 46:9).
Шәахәаԥш Иисус иҟаиҵо иазкны Абиблиа иаҳәо:
«Иара иӷьаҵәыӷьаҵәуа ацхыраара иаҳәо аӷарцәа еиқәирхоит, еиқәирхоит згәы каҳаӡаны иҟоуи ацхырааҩ дызмами. Иара акы иаргәаҟуа, згәы каҳаны иҟоу рыцҳаишьоит, арыцҳацәа еиқәирхоит. Иара урҭ ацәгьара рзызуа, ирықәымчуа рҟынтә рхы иақәиҭитәуеит, рыԥсҭазаара иара изы ахә ҳаракхоит» (Аԥсалом 72:12—14).
Ишԥаҳалшо Иисус иаҳзыҟаиҵахьо, насгьы иҵегь иаҳзыҟаиҵараны иҟоу ахә шаҳшьо ааҳарԥшыр? Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит иара ииҳәоз «Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа» еиҳа еиӷьны еилаҳкаар (Лука 4:43). Шәаԥхьа астатиа «Что такое Царство Бога?»