Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ijwbq астатиа 140
  • Иаанагозеи Иисус — деиқәырхаҩуп?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иаанагозеи Иисус — деиқәырхаҩуп?
  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Ахеиҵақәа
  • Абиблиа иану
Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
ijwbq астатиа 140
Иисуси еиуеиԥшым амилаҭқәа иртәу ауааи

Иаа́нагозеи Иисус — деиқәырхаҩуп?

Абиблиа иану

Иисус Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа иԥсҭазаара ахьрыхҭниҵаз абзоурала, аиқәырхарахь уназго амҩа рзааиртит (Матфеи 20:28). Убри аҟынтә Абиблиаҿы Иисус ихьӡҵоуп адунеи Аиқәырхаҩ (1 Иоанн 4:14, АдҾ). Иара убас уа иаҳәоит: «Дыҟам ари ажәҩан аҵаҟа даҽаӡәы, ауаа рзыҳәа абас иԥсеиқәырхагоу» (Аусқәа 4:12).

Иисус «зегь ҿызхыз, ирхыԥсааз иакәхеит» иара иахь агәрахаҵара аазырԥшуа рзы (Ауриацәа рахь 2:9; Иоанн 3:16). Анаҩс «Анцәа Уи иԥсы ҭеиҵеит», насгьы Иисус доуҳатә хаҭараны ажәҩан ахь дхынҳәит (Аусқәа 3:15). Ажәҩан аҿы дахьыҟоу «Иара, еснагь зыԥсы ҭоу ибзоураны Анцәа дазхазҵо реиқәырхара, цҳаражәҳәаҩыс рзыҟалара имчуп» (Ауриацәа рахь 7:25).

Избан изхадоу Иисус ҳара ҳзы цҳаражәҳәаҩыс дыҟазарц?

Ҳара зегьы агәнаҳа ҳаҵоуп (Римаа рахь 3:23). Агәнаҳа Анцәеи ҳареи ҳабжьара ибжьагылоу аҭӡамц иаҩызоуп, уи аԥсрахьы унанагоит (Римаа рахь 6:23). Аха Иисус Христос «Уи Иаб иҿаԥхьа ҳихьчоит», иара иԥсхҭынҵарахь агәрахаҵара аазырԥшуа дрыдгылоит (1 Иоанн 2:1). Иара Анцәа иҿаԥхьа цҳаражәҳәаҩыс дыҟоуп, диҳәоит ҳара ҳаҳәарақәа иирҳарц, ҳагәнаҳақәа ҳхихырц иԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны (Матфеи 1:21; Римаа рахь 8:34). Иисус иҳәарақәа Анцәа игәаԥхара иахьақәшәо аҟынтә, Иегова урҭ гәахәарыла идикылоит. Иара Иисус адгьыл ахь дааишьҭит «Иара ила аԥсабара еиқәхаразы» (Иоанн 3:17).

Иазхома Христос иахь агәрахаҵара аарԥшра мацара, аиқәырхара ҳаурц азы?

Мап. Ҳәарада, аиқәырхара азы иахәҭоуп Христос иахь агәрахаҵара аарԥшра, аха уи мацара азхом (Аусқәа 16:30, 31). Абиблиаҿы иануп: «Убри аҟнытә, ижәдыруазааит, ԥсы зхам ацәеижь шыԥсу аиԥш, усла ишьақәырӷәӷәам агәрахаҵарагьы шыԥсу» (Иаков 2:26). Ҳаиқәхарц азы ҳара иҳахәҭоуп:

  • Иисуси иара Иаб Иеговеи рдырра (Иоанн 17:3).

  • Иеговеи Иисуси рахь агәрахаҵара арӷәӷәара (Иоанн 12:44; 14:1).

  • Ҳагәрахаҵара ҳусқәа рыла ашьақәырӷәӷәара. Убри ала Анцәеи Иисуси рзакәан наҳагӡоит (Лука 6:46; 1 Иоанн 2:17). Иисус ауаа идирҵон, дарбанзаалак Иҳақәиҭу ҳәа иазҳәо дшеиқәымхо, аха еиқәхо «Жәҩан иҟоу Саб игәаҳәара назыгӡауа роуп» ҳәа (Матфеи 7:21).

  • Агәрахаҵара аарԥшра ауадаҩрақәа шыҟоугьы. Иисус иҳәеит: «Аҵыхәтәанынӡа изычҳаз — ҿыххоит» (Матфеи 24:13).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра