Ахәаша, октиабр 10
Иегова иахь иааурԥшуа апатуқәҵара зныԥшуа ашәара ала ауп аҟәыӷара злалаго (Ажәам. 9:10).
Ақьырсианцәа раҳасабала иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара ҳелектронтә хархәагаҿы апорнографиатә сахьа цәырҵзар? Ҳара иаразнак уи асахьа ҳалаԥш аҟәаҳгароуп. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳара ҳзы зегь раасҭа зыхә ҳараку Иеговеи ҳареи иҳабжьоу ҳаизыҟазаашьақәа шракәу. Сахьақәак порнографиоуп ҳәа иԥхьаӡамзаргьы, урҭ иҟьашьу агәаҳәарақәа узцәырыргозар ауеит. Избан ақьырсианцәа урҭ ирмыхәаԥшлар зрыхәҭоу? Избанзар ҳара иаҳҭахӡам агәнаҳахь ҳназго шьаҿа хәыҷыкгьы ҟаҳҵар, насгьы ҳгәаҿы ҳхатә ҩыза дҳаԥсахыр (Матф. 5:28, 29). Девид зыхьӡу Таиланд инхо аизара ахылаԥшҩы иҳәоит: «Сара есымша абас схы сазҵаауеит: „Ари порнографиамзаргьы, игәаԥхома Иегова сара уи сахьахәаԥшуа?“ Уи ҟәыӷарала ахымҩаԥгара исыцхраауеит». Ҳара ҟәыӷарала ҳхы мҩаԥаҳгалар ҳалшоит Иегова игәы иҳархьыр ҳәа ҳшәалар. Ус еиԥш иҟоу апатуқәҵара зныԥшуа ашәаралоуп «аҟәыӷара злалаго», даҽакала иуҳәозар, аҟәыӷара аиуразы уи раԥхьатәи шьаҿоуп. w23.06 23, абз. 12, 13
Асабша, октиабр 11
Шәца, сыжәлар, аҩныҵҟатәи ауадақәа [шәрыҩнал] (Ис. 26:20).
«Аҩныҵҟатәи ауадақәа» рахь иаҵанакуазар алшоит ҳаизарақәа. Ҳдоуҳатә ҭаацәара рааигәара ҳҟалар, Иегова арыцҳара ду аан ҳихьчоит. Убри аҟынтә ҳара уажәнатә ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ус баша рычҳара акәымкәа, бзиа рбара ҳҽазаҳшәалароуп. Уи ҳаԥсҭазаара еиқәнархоит! «Иегова имш ду» ауаатәыҩса зегьы рзы аамҭа цәгьахоит (Соф. 1:14, 15). Усҟан Иегова ишаҳаҭцәагьы ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Аха ҳара уажәнатә ҳҽазыҟаҳҵар, агәҭынчра ҳамазаауеит, егьырҭ рыцхраарагьы ҳалшоит. Ҳара иарбан уадаҩразаалакгьы ҳзықәшәо уи ачҳара аарԥшны иаҳхаҳгалоит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи арыцҳара иақәшәар, урҭ рыцҳашьаны рыцхрааразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ҳара уажәнатә бзиа иаҳбо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи акы иаҳцәыхаранатәыртә алҳаршаӡом. Убасҟан Иегова агәаҟрақәеи агәырҩеи ахаан иахьыҟамло адунеи аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаиҭоит (Ис. 65:17). w23.07 7, абз. 16, 17
Амҽыша, октиабр 12
[Иегова] шәирӷәӷәоит, амч шәиҭоит, дшәыцхраауеит (1 Пиотр 5:10).
Абиблиаҿы ҳара аус џьашьахәқәа ҟазҵоз, Анцәа гәыкала имаҵ зуаз ирацәаҩны ауаа рыӡбахә ҳаԥхьоит. Аха урҭ рҟынтә зегь раасҭа иӷәӷәазгьы зны-зынла акгьы рылымшозшәа рбон. Иаҳҳәап, аҳ Давид зны-зынла ашьха еиԥш дыӷәӷәазшәа ибон, зны-зынла ашәара ӷәӷәа изцәырҵуан (Аԥсал. 30:7). Самсон Анцәа идоуҳа абзоурала зеиԥшыҟамыз амч шимазгьы, иара еиликаауан Иегова ицхыраарада уи амч шицәыӡуа, насгьы ауаа зегь реиԥш дшыҟало (Аӡб. 14:5, 6; 16:17). Гәыкала Анцәа имаҵ зуаз урҭ ауаа амч зрымаз Иегова уи ахьриҭоз азы акәын. Апостол Павелгьы еиликаауан Иегова имч ада ԥсыхәа шимамыз (2 Кор. 12:9, 10). Иаргьы агәамбзиара даргәаҟуан (Гал. 4:13, 14). Иара ииашаны ахымҩаԥгара аницәыцәгьазгьы ыҟан (Рим. 7:18, 19). Уи адагьы, зны-зынла аԥхьаҟа изыԥшыз ахьизымдыруаз азы, иҟаиҵара анизымдыруаз ыҟан (2 Кор. 1:8, 9). Аха ус еиԥш иҟаз аамҭақәа раан Иегова ацхыраара ииҭон. Уи абзоурала иара дзықәшәоз аԥышәарақәа зегьы рыхгара илшеит. w23.10 12, абз. 1, 2