Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
Алаҳәарақәа
Иҟоуп иҿыцу абызшәақәа: Betsimisaraka (Northern), Betsimisaraka (Southern), Konkomba, Matses, Mi'kmaq
  • Иахьа

Аԥшьаша, октиабр 23

Аҵла адацқәа шыӷәӷәоу еиԥш шәыӷәӷәаз, аҩны ашьаҭа ӷәӷәа ишықәгылоу еиԥш шәыӷәӷәаӡа шәгылаз (Еф. 3:17).

Ақьырсианцәа раҳасабала ҳара Абиблиа хыхь-хыхь аҭҵаара мацара ҳазҳархаӡом. Ҳара иаҳҭахуп «Анцәа иҟәыӷара ҵауларас иамоугьы» еилаҳкааларц. Ҳара иаҳдыруеит иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала уи шҳалшо (1 Кор. 2:9, 10). Шәара ишәгәаԥхо темак, ма зҵаарак алхны уи инарҵауланы иҭышәҵаар шәылшоит. Ус еиԥш иҟоу аҭҵаара Иеговеи шәареи шәеиҩызара арӷәӷәоит. Иаҳҳәап, Анцәа ажәытәан имаҵзуҩцәа рахь абзиабара шааирԥшуаз, насгьы уи шәаргьы бзиа шәшибо шышьақәнарӷәӷәо ҭышәҵаар ауеит. Мамзаргьы абиблиатә аамҭақәа раан израильаа Анцәа имаҵ шыруази иахьа ақьырсианцәа имаҵ шыруеи злеиԥшу еиҿшәырԥшыр шәылшоит. Иара убас Иисус адгьыл аҿы даныҟаз инаӡаз аԥааимбаражәақәа ҭышәҵаар ауеит. Ус еиԥш иҟоу аҭҵаара агәахәара ду узаанагоит. Шәара ишәылшоит «Индекс публикаций Сторожевой башни», мамзаргьы «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга» шәхы иашәырхәар. Абиблиа инарҵауланы аҭҵаара шәыцхраауеит «Анцәа изку адыррагьы» аиура, шәхаҵарагьы арӷәӷәара (Ажәам. 2:4, 5). w23.10 18—19, абз. 3—5

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахәаша, октиабр 24

Зегь раԥхьаӡа иргыланы, гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала, избанзар абзиабара аазырԥшуа еснагь анажьра дазхиоуп (1 Пиотр 4:8).

«Гәык-ԥсыкала» ҳәа еиҭагоу ажәа ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, иаанагоит «аиҵыхра». Ажәеинраала аҩбатәи ахәҭаҿы иануп уи аҩыза абзиабара лҵшәас иаанаго, — уи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыгәнаҳақәа хнаҩоит. Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа: ҳара ҳаҩнапык рыла абзиабара ибзианы еиҵыҵуа аба еиԥш еиҳа-еиҳа еиҵаҳхуеит. Ҳара уи ҟаҳҵоит акык-ҩбак гәнаҳа акәымкәа, ирацәаны агәнаҳақәа хнаҩаанӡа. Аба шәытарак аҵәахыр алшоит, убас еиԥш абзиабарагьы егьырҭ рынамӡареи рыгхақәеи хнаҩар ауеит. Абзиабара ӷәӷәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыгхақәа ранажьра ҳгәазҭанаҵоит, уи азы ирацәаны аџьабаа абара аҭаххаргьы (Кол. 3:13). Ҳара егьырҭ рыгхақәа ранаҳажьуазар, ҳабзиабара шыӷәӷәоу, насгьы Иегова иргәырӷьара шаҳҭаху ааҳарԥшуеит. w23.11 10-11, абз. 13—15

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Асабша, октиабр 25

Шафан... уи аҳ дизаԥхьо далагеит (2 Аш. 34:18).

Аҳ Иосиа 26 шықәса анихыҵуаз аныҳәарҭа аиҭарҿыцра далагеит. Аусурақәа раан Иегова Моисеи ила ижәлар ириҭаз азакәан зныз ашәҟәы рыԥшааит. Аҳ азакәан ианыз ажәақәа аниаҳа, урҭ иаразнак рықәныҟәара далагеит (2 Аш. 34:14, 19—21). Ишәҭахума шәара Абиблиа есыҽны шәаԥхьалар? Абиблиа есыҽны аԥхьара шәалагахьазар, ишԥацо шәусқәа? Уи аԥхьара шәгәаԥхома? Ишәымоума хаҭала шәара ишәыцхраауа ажәеинраалақәа џьара ианҵаны? Иосиа 39 шықәса раҟара анихыҵуаз дҭазырхаз агха ҟаиҵеит. Иара Иегова игәаанагара еилымкааӡакәа ихаҭа ииӡбаз ҟаиҵеит (2 Аш. 35:20—25). Ари ҳара иаҳнарҵо рацәоуп. Шаҟа шықәса ҳхыҵуазаалакгьы, насгьы Абиблиа аҵара ҳаҿуижьҭеи шаҟа ҵуазаалакгьы, есымша Иегова игәаанагара аилкаара ҳашьҭазароуп. Уи азы Анцәа анапхгара ҳаиҭарц ҳиҳәалароуп, Иажәа ҭаҳҵаалароуп, насгьы аԥышәа змоу ақьырсианцәа рҿы алабжьара ҳашьҭазароуп. Убасҟан ҳара агха ӷәӷәақәа ҳҽырцәаҳахьчоит, насыԥгьы ҳамазаауеит (Иак. 1:25). w23.09 12, абз. 15, 16

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра