Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
Алаҳәарақәа
Иҟоуп иҿыцу абызшәа: Betsileo
  • Иахьа

Ашәахьа, ноиабр 3

[Иегова] ак иҳәазар, ииҳәаз шԥаҟаимҵо? (Ахыԥхь. 23:19).

Ҳхаҵара арӷәӷәаразы актәи ашьаҿа — уи аҿыхра азхәыцра ауп. Аҿыхра агәра ҳнаргоит Анцәа ҳзықәиргәыӷыз хымԥада ишыҟаиҵо. Ҳара инарҵауланы ҳазхәыцлароуп Иегова Иԥа даашьҭны ҳазҿихыз, насгьы уи иара изы шаҟа имариамыз. Уи зеиԥшыҟам адунеи аҿы наӡаӡа ҳшынхало ала Анцәа иҳаиҭаз ажәа шынаигӡо еиҳагьы агәра ҳнаргоит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Иҟаиҵазеи Иегова ҳҿихырц азы? Иара раԥхьаӡа иишаз, бзиа иибоз, ҩыза бзианы изыҟаз Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит ауаҩ иеиԥш дирц азы. Адгьыл аҿы данынхоз Иисус еиуеиԥшым ауадаҩрақәа дрықәшәон. Иара ихигаз рацәоуп, насгьы дгәаҟны дыԥсит. Шаҟа иҳаракузеи Иегова иаҳхишәааз ахә! Бзиа ҳазбо Ҳанцәа ахаан иалиршарымызт Иԥа дыԥсыртә, уи аамҭала акәызҭгьы ахәарҭа ахьаҳзаанагоз (Иоанн 3:16; 1 Пиотр 1:18, 19). Иегова абас иҳараку ахә ҳхишәаазар, адунеи ҿыц аҿы наӡаӡа хымԥада ҳанирхоит. w23.04 27, абз. 8, 9

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аҩаша, ноиабр 4

Аԥсра, иабаҟоу ушҳамқәа? (Ос. 13:14).

Иҭахума Иегова иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц? Ҳәарада, иҭахуп! Иара Абиблиа зыҩуаз ахацәа аӡәырҩы уи ақәыргәыӷра аӡбахә анырҵарц ргәазҭеиҵеит (Ис. 26:19; Аат. 20:11—13). Иегова ииҳәо еснагь инаигӡоит (Иис. Н. 23:14). Иара даараӡа иҭахуп иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц. Ишәгәалашәыршәа Иов иажәақәа. Иара агәра ганы дыҟан дыԥсыргьы, Иегова дшыгәхьааиго, насгьы иԥсы ҭеиҵарц шиҭаххо (Иов 14:14, 15). Убас еиԥш Иегова иҭахуп иԥсхьоу имаҵзуҩцәа зегь агәабзиареи анасыԥи рыманы ҿыц инхаларц. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи Иегова изку аиаша аилкаара алшара рмоуӡакәа иԥсыз миллиардҩыла ауаа рзы? Абзиабара злоу Ҳанцәа урҭгьы рыԥсы ҭеиҵарц иҭахуп (Аус. 24:15). Иара иҭахуп урҭ иҩызахареи наӡаӡа анхареи алшара роурц (Иоанн 3:16). w23.04 9, абз. 5, 6

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахаша, ноиабр 5

Анцәа ибзоурала ҳара амч ҳауеит (Аԥсал. 108:13).

Ишԥаҳалшо ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара иазку ҳгәыӷра арӷәӷәара? Иаҳҳәап, шәара адгьыл аҿы наӡаӡа анхара шәақәгәыӷуазар, џьанаҭ дгьыл зеиԥшрахо иазкны Абиблиа иану шәаԥхьала (Ис. 25:8; 32:16—18). Уа шәыҟоушәа шәхаҿы иаажәгала. Иҳамоу агәыӷра еснагь ҳазхәыцлар, ҳзықәшәо агәаҟрақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ ирласны ииасуа, имариоу ак еиԥш ҳрыхәаԥшлоит (2 Кор. 4:17). Иегова ари агәыӷра шәиҭеит шәыӷәӷәазарц азы. Уи иара иҟынтә амч шәоуларц азы иаҭахыз зегь ҟаиҵахьеит. Убри аҟынтә иҟашәҵалар шәылшозеи иуадаҩу дҵак анагӡаразы, ԥышәарак ахгаразы, ма агәырӷьара амырӡразы? Гәык-ԥсыкала Иегова шәиҳәала, насгьы шәхатә ҭҵаара анымҩаԥыжәго инапхгара шәашьҭаз. Шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи ишәыдыргало ацхыраара мап ацәышәымклан. Адунеи ҿыц аҿы шәыҟоушәа лассы-лассы шәхаҿы иаажәгала. Убасҟан «амч ду змоу Анцәа дшәыцхраа[уеит], ачҳареи агәырӷьареи аарԥшны, зегь ахгаразы амч шәиҭ[оит]» (Кол. 1:11). w23.10 17, абз. 19, 20

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра