Ахаша, ноиабр 5
Анцәа ибзоурала ҳара амч ҳауеит (Аԥсал. 108:13).
Ишԥаҳалшо ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара иазку ҳгәыӷра арӷәӷәара? Иаҳҳәап, шәара адгьыл аҿы наӡаӡа анхара шәақәгәыӷуазар, џьанаҭ дгьыл зеиԥшрахо иазкны Абиблиа иану шәаԥхьала (Ис. 25:8; 32:16—18). Уа шәыҟоушәа шәхаҿы иаажәгала. Иҳамоу агәыӷра еснагь ҳазхәыцлар, ҳзықәшәо агәаҟрақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ ирласны ииасуа, имариоу ак еиԥш ҳрыхәаԥшлоит (2 Кор. 4:17). Иегова ари агәыӷра шәиҭеит шәыӷәӷәазарц азы. Уи иара иҟынтә амч шәоуларц азы иаҭахыз зегь ҟаиҵахьеит. Убри аҟынтә иҟашәҵалар шәылшозеи иуадаҩу дҵак анагӡаразы, ԥышәарак ахгаразы, ма агәырӷьара амырӡразы? Гәык-ԥсыкала Иегова шәиҳәала, насгьы шәхатә ҭҵаара анымҩаԥыжәго инапхгара шәашьҭаз. Шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи ишәыдыргало ацхыраара мап ацәышәымклан. Адунеи ҿыц аҿы шәыҟоушәа лассы-лассы шәхаҿы иаажәгала. Убасҟан «амч ду змоу Анцәа дшәыцхраа[уеит], ачҳареи агәырӷьареи аарԥшны, зегь ахгаразы амч шәиҭ[оит]» (Кол. 1:11). w23.10 17, абз. 19, 20
Аԥшьаша, ноиабр 6
Зегьы рзы иҭабуп ҳәа иашәҳәала (1 Фес. 5:18).
Ҳара Иегова ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәалаша амзызқәа рацәаны иҳамоуп. Шәааи иҳамоу зегьы рзы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалап, избанзар урҭ зегьы иара иҟынтә ауп (Иак. 1:17). Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит ҳахьынхо адгьыл аԥшӡареи егьырҭ иџьашьахәу ашамҭақәеи рзы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалар. Иара убас аԥсҭазаара ахьҳаиҭаз азы, ҳҭаацәаразы, ҳҩызцәа рзы, насгьы иҳамоу агәыӷразы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалар ауеит. Уи адагьы, иара иҩызахара алшара ахьҳамоу азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалар хадоуп. Иегова хаҭала ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәар ҳҭаху ҳазхәыцлар хадоуп. Иҟалап уи азы аџьабаа батәхар, избанзар ари адунеи аҿы лассы-лассы ауаа ирҭаху мацароуп изышьҭоу. Аӡәырҩы рхахьгьы иааиӡом ирымоу азы ҭабуп ҳәалатәуп ҳәа. Ҳара уи аҩыза ахәыцшьа рҿаҳҵаар, ҳаҳәарақәа Анцәа иҳаиҭарц иаҳҭаху мацара ирызкызаауеит. Ус ҳмыхьырц азы, Иегова иаҳзыҟаиҵо зегь ахә ҳаракны иаҳшьалароуп, насгьы уи азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалароуп (Лука 6:45). w23.05 4, абз. 8, 9
Ахәаша, ноиабр 7
Исиҭару-исимҭару ҳәа дымхәыцӡакәа, ишиоуа агәра ганы диҳәалааит (Иак. 1:6).
Бзиа ҳазбо Ҳаб агәаҟрақәа ҳашрықәшәо анибо, уи игәы инархьуеит (Ис. 63:9). Аха иара ҳзықәшәо аԥышәарақәа зегьы ҳарцәихьчаӡом, зны-зынла урҭ аӡиасқәа ма амца ишаҩызоугьы (Ис. 43:2). Аха иара ажәа ҳаиҭоит ҳшаанимыжьуа, насгьы урҭ ҳашрылиго. Анцәа иареи ҳареи ҳаиҩызара аӡәы даԥырхагахар ма акы аԥырхагахар иуӡом. Уи адагьы, урҭ аԥышәарақәа ҳхаҳгарц азы Иегова иԥшьоу идоуҳа ӷәӷәа ҳаиҭоит (Лука 11:13; Флп. 4:13). Ус анакәха, ауадаҩрақәа ҳахганы гәыкала Анцәа ҳшизыҟоу ҳаанхарц азы еснагь иаҭаху зегь ҳамазаауеит. Иегова игәра ҳгалар иҭахуп (Аур. 11:6). Зны-зынла аԥышәарақәа иҳазхымго акы еиԥш ҳрыхәаԥшлар алшоит. Усҟан абас ҳхәыцуеит: «Араҟа Иеговагьы акгьы илшаӡом». Аха Абиблиа агәра ҳнаргоит Анцәа ҳицзар, иҳалымшо ҳәа акгьы шыҟам (Аԥсал. 18:29). Убри аҟынтә алакҩакра шәаламгакәа, Иегова шәиҳәала, насгьы шәыҳәара аҭак шыҟаиҵо агәра ганы шәыҟаз (Иак. 1:6, 7). w23.11 22, абз. 8, 9