Амҽыша, ииуль 13
Абар, сара зегь ҿыцны исшоит! (Аат. 21:5).
5-тәи ажәеинраала абас иалагоит: «Аҳ итәарҭаҿы итәаз ус иҳәеит» (Аат. 21:5а). Ашәҟәы Аатра аҿы Иегова аӡәы ила акәымкәа, ихаҭа данцәажәоз х-ҭагылазаашьак ануп. Ари урҭ ируакуп. Ус анакәха, уа иану шынаӡо агәра ҳзырго амаалықь иакәӡам, зыԥсы ҭалаз Иисусгьы иакәӡам, уи ҳазҳәо Иегова ихаҭа иоуп. Уи анаҩс иану ажәақәа еиҳагьы агәрагара ишаԥсоу ҳнарбоит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар Иегова «амц ззымҳәо» иоуп (Тит 1:2). Убас ала 5-тәи ажәеинраала алагамҭа агәра ҳнаргоит Аатра 21:5, 6 аҿы иану агәра агара ишаԥсоу. Ҳрылацәажәап ажәақәа «сара зегь ҿыцны исшоит». Аоригинал бызшәаҿы арҭ ажәақәа злалаго ажәа ашәҟәы Аатра аҿы акырынтә иуԥылоит. Ианузеи, нас, анаҩс? Иазгәашәҭ Иегова «сара исшалоит» ҳәа акәым, «сара исшоит» ҳәа шиҳәаз. Анцәа ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу аиҭакрақәа аҟалара иаҿу акы еиԥш дахцәажәоит. Ус анакәха, иара иқәыргәыӷрақәа шынаӡо агәра ганы дыҟоуп (Ис. 46:10). w23.11 3—4, абз. 7, 8
Ашәахьа, ииуль 14
Ашҭагьы дынҭыҵын, инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит (Матф. 26:75).
Апостол Пиотр зны-зынла агхақәа ихьуан. Абар ҿырԥштәқәак. Иисус абиблиатә ԥааимбаражәақәа наӡарц азы дгәаҟны дыԥсыр шакәыз аниҳәа, Пиотр уи аҩыза ҟалашьа амаӡам ҳәа иҳәеит (Марк 8:31—33). Егьырҭ апостолцәеи иареи ҳауа еиҳада ҳәа зныкымкәа ажәа еимаркуан (Марк 9:33, 34). Иисус иԥсра уахык шагыз Пиотр игәы ԥжәан, аҳәа ааҭиган, ауаҩы илымҳа ҿахиҵәеит (Иоанн 18:10). Убри аухаҵәҟьа иара дшәаны, хынтә Иисус дсыздырӡом ҳәа иҳәеит, уи иҩыза гәакьа шиакәызгьы (Марк 14:66—72). Уи ашьҭахь Пиотр еимаҭәаны дҵәыуон. Иисус иапостол игәы ихымшәаӡеит. Иара идыруан Пиотр уеизгьы бзиа дшибоз, уи шьақәирӷәӷәарцгьы алшара ииҭеит. Иԥсы анҭала ашьҭахь Иисус Пиотр дизнеин, ус иеиҳәеит: «Ссарақәа уреиҷаҳала». Пиотр дгәырӷьаҵәа уи адҵа идикылеит (Иоанн 21:15—17). Иерусалим Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны Иисус иҵаҩцәа раԥхьаӡа акәны иԥшьоу адоуҳа анроу, Пиотр урҭ дрылан. w23.09 22, абз. 6, 7
Аҩаша, ииуль 15
Суаса ԥшқақәа ахьча иеиԥш урхылаԥшла (Иоанн 21:16).
Апостол Пиотр аизара ахылаԥшыҩцәа иреиҳәеит: «Анцәа иԥсаса ахьчацәа реиԥш шәеиҷаҳала» (1 Пиотр 5:1—4). Ҳаҭыр зқәу аизара ахылаԥшҩы, ҳара иаҳдыруеит уара уашьцәеи уаҳәшьцәеи бзиа ишубо, урхылаԥшларцгьы шуҭаху. Аха зны-зынла уахьеилахо ма уахьааԥсо иахҟьаны, иуду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара улымшошәа угәы иабозар ауеит. Иҟауҵар улшозеи ус ухы убозар? Угәҭыхақәа Иегова изеиҭаҳәала. Пиотр иҩит: «Егьырҭ рымаҵ зуа иакәзар, Анцәа имч дақәгәыӷны рымаҵ иулароуп» (1 Пиотр 4:11). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи зықәшәо ауадаҩрақәа иҟалап адунеи ҿыц аҿы акәзар ианыӡбахо. Аха иухоумыршҭлан «ахьча хада» Иисус Христос урҭ рзы уара умч зқәымхо ҟаиҵар шилшо. Иҟоуп уажәы иҟаиҵо, иҟоуп аԥхьаҟа иҟаиҵо. Анцәа аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә дыззыԥшу — рашьцәа бзиа ирбаларц, ирхылаԥшларц, насгьы аҿырԥш бзиа рырҭаларц мацара ауп. w23.09 29—30, абз. 13, 14