Ашәахьа, ииуль 14
Ашҭагьы дынҭыҵын, инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит (Матф. 26:75).
Апостол Пиотр зны-зынла агхақәа ихьуан. Абар ҿырԥштәқәак. Иисус абиблиатә ԥааимбаражәақәа наӡарц азы дгәаҟны дыԥсыр шакәыз аниҳәа, Пиотр уи аҩыза ҟалашьа амаӡам ҳәа иҳәеит (Марк 8:31—33). Егьырҭ апостолцәеи иареи ҳауа еиҳада ҳәа зныкымкәа ажәа еимаркуан (Марк 9:33, 34). Иисус иԥсра уахык шагыз Пиотр игәы ԥжәан, аҳәа ааҭиган, ауаҩы илымҳа ҿахиҵәеит (Иоанн 18:10). Убри аухаҵәҟьа иара дшәаны, хынтә Иисус дсыздырӡом ҳәа иҳәеит, уи иҩыза гәакьа шиакәызгьы (Марк 14:66—72). Уи ашьҭахь Пиотр еимаҭәаны дҵәыуон. Иисус иапостол игәы ихымшәаӡеит. Иара идыруан Пиотр уеизгьы бзиа дшибоз, уи шьақәирӷәӷәарцгьы алшара ииҭеит. Иԥсы анҭала ашьҭахь Иисус Пиотр дизнеин, ус иеиҳәеит: «Ссарақәа уреиҷаҳала». Пиотр дгәырӷьаҵәа уи адҵа идикылеит (Иоанн 21:15—17). Иерусалим Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны Иисус иҵаҩцәа раԥхьаӡа акәны иԥшьоу адоуҳа анроу, Пиотр урҭ дрылан. w23.09 22, абз. 6, 7
Аҩаша, ииуль 15
Суаса ԥшқақәа ахьча иеиԥш урхылаԥшла (Иоанн 21:16).
Апостол Пиотр аизара ахылаԥшыҩцәа иреиҳәеит: «Анцәа иԥсаса ахьчацәа реиԥш шәеиҷаҳала» (1 Пиотр 5:1—4). Ҳаҭыр зқәу аизара ахылаԥшҩы, ҳара иаҳдыруеит уара уашьцәеи уаҳәшьцәеи бзиа ишубо, урхылаԥшларцгьы шуҭаху. Аха зны-зынла уахьеилахо ма уахьааԥсо иахҟьаны, иуду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара улымшошәа угәы иабозар ауеит. Иҟауҵар улшозеи ус ухы убозар? Угәҭыхақәа Иегова изеиҭаҳәала. Пиотр иҩит: «Егьырҭ рымаҵ зуа иакәзар, Анцәа имч дақәгәыӷны рымаҵ иулароуп» (1 Пиотр 4:11). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи зықәшәо ауадаҩрақәа иҟалап адунеи ҿыц аҿы акәзар ианыӡбахо. Аха иухоумыршҭлан «ахьча хада» Иисус Христос урҭ рзы уара умч зқәымхо ҟаиҵар шилшо. Иҟоуп уажәы иҟаиҵо, иҟоуп аԥхьаҟа иҟаиҵо. Анцәа аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә дыззыԥшу — рашьцәа бзиа ирбаларц, ирхылаԥшларц, насгьы аҿырԥш бзиа рырҭаларц мацара ауп. w23.09 29—30, абз. 13, 14
Ахаша, ииуль 16
Иегова идыруеит иҟәышу ирхәыцуа ҵак шамам (1 Кор. 3:20).
Ауаҩытәыҩсатә гәаанагарақәа ҳҽырцәыҳахьчалароуп. Ҳара ари адунеи иатәу ауаа реиԥш ахәыцра ҳалагар, хәыҷы-хәыҷла Иеговеи иара инормақәеи ҳхашҭыр алшоит (1 Кор. 3:19). Лассы-лассы «ари адунеи аҟәыӷара» ауаа Анцәа изымӡырҩра ргәазҭанаҵоит. Пергами Фиатиреи инхоз ақьырсианцәа шьоукы ламысдарала зхы мҩаԥызгоз, насгьы амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаа рхәаԥшышьа рҿырҵааит. Иисус урҭ аҩ-еизарак шиашамыз аартны иреиҳәеит, избанзар дара иламысдараз ахымҩаԥгашьа рычҳауан (Аат. 2:14, 20). Иахьагьы иааҳакәыршаны ииашам агәаанагарақәа рацәаны иҟоуп. Ҳҭаацәара иатәуи иаҳдыруа ауааи ҳаламыс иҳаҵанаҳәо акәымкәа, ҳцәаныррақәа ҳрызхәыцларц ҳабжьаргоит. Дара ирҳәозар алшоит абиблиатә нормақәа ажәхьеит ҳәа, насгьы ҳгәаҳәарақәа иҳаҵарҳәо аҟаҵара цәгьарас акгьы аҵаӡам ҳәа. Зны-зынла ҳгәы иаанагалар ауеит Иегова иҳаиҭо амҩақәҵарақәа маҷцәоуп ҳәа. Убри аҟынтә Иԥшьоу Аҩыра иану ҳахыԥарц ҳҭаххар ауеит (1 Кор. 4:6). w23.07 16, абз. 10, 11