Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Аҩаша, ииуль 15

Суаса ԥшқақәа ахьча иеиԥш урхылаԥшла (Иоанн 21:16).

Апостол Пиотр аизара ахылаԥшыҩцәа иреиҳәеит: «Анцәа иԥсаса ахьчацәа реиԥш шәеиҷаҳала» (1 Пиотр 5:1—4). Ҳаҭыр зқәу аизара ахылаԥшҩы, ҳара иаҳдыруеит уара уашьцәеи уаҳәшьцәеи бзиа ишубо, урхылаԥшларцгьы шуҭаху. Аха зны-зынла уахьеилахо ма уахьааԥсо иахҟьаны, иуду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара улымшошәа угәы иабозар ауеит. Иҟауҵар улшозеи ус ухы убозар? Угәҭыхақәа Иегова изеиҭаҳәала. Пиотр иҩит: «Егьырҭ рымаҵ зуа иакәзар, Анцәа имч дақәгәыӷны рымаҵ иулароуп» (1 Пиотр 4:11). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи зықәшәо ауадаҩрақәа иҟалап адунеи ҿыц аҿы акәзар ианыӡбахо. Аха иухоумыршҭлан «ахьча хада» Иисус Христос урҭ рзы уара умч зқәымхо ҟаиҵар шилшо. Иҟоуп уажәы иҟаиҵо, иҟоуп аԥхьаҟа иҟаиҵо. Анцәа аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә дыззыԥшу — рашьцәа бзиа ирбаларц, ирхылаԥшларц, насгьы аҿырԥш бзиа рырҭаларц мацара ауп. w23.09 29—30, абз. 13, 14

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахаша, ииуль 16

Иегова идыруеит иҟәышу ирхәыцуа ҵак шамам (1 Кор. 3:20).

Ауаҩытәыҩсатә гәаанагарақәа ҳҽырцәыҳахьчалароуп. Ҳара ари адунеи иатәу ауаа реиԥш ахәыцра ҳалагар, хәыҷы-хәыҷла Иеговеи иара инормақәеи ҳхашҭыр алшоит (1 Кор. 3:19). Лассы-лассы «ари адунеи аҟәыӷара» ауаа Анцәа изымӡырҩра ргәазҭанаҵоит. Пергами Фиатиреи инхоз ақьырсианцәа шьоукы ламысдарала зхы мҩаԥызгоз, насгьы амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаа рхәаԥшышьа рҿырҵааит. Иисус урҭ аҩ-еизарак шиашамыз аартны иреиҳәеит, избанзар дара иламысдараз ахымҩаԥгашьа рычҳауан (Аат. 2:14, 20). Иахьагьы иааҳакәыршаны ииашам агәаанагарақәа рацәаны иҟоуп. Ҳҭаацәара иатәуи иаҳдыруа ауааи ҳаламыс иҳаҵанаҳәо акәымкәа, ҳцәаныррақәа ҳрызхәыцларц ҳабжьаргоит. Дара ирҳәозар алшоит абиблиатә нормақәа ажәхьеит ҳәа, насгьы ҳгәаҳәарақәа иҳаҵарҳәо аҟаҵара цәгьарас акгьы аҵаӡам ҳәа. Зны-зынла ҳгәы иаанагалар ауеит Иегова иҳаиҭо амҩақәҵарақәа маҷцәоуп ҳәа. Убри аҟынтә Иԥшьоу Аҩыра иану ҳахыԥарц ҳҭаххар ауеит (1 Кор. 4:6). w23.07 16, абз. 10, 11

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аԥшьаша, ииуль 17

Аҩыза бзиа ианакәзаалакгьы абзиабара ааирԥшуеит, иара арыцҳара аныҟало азы ииз иашьоуп (Ажәам. 17:17).

Мариа, Иисус иан, Иегова игәҭакы налыгӡарц азы иара иҟынтә амч лҭахын. Амаалықь Гавриил иҟынтә лара еилылкааит хаҵа дшымцацызгьы лцәалтәымкәа дшыҟалоз. Мариа ахәыҷқәа рааӡараҿы аԥышәа лымаӡамызт, аха Мессиа иакәны иҟалоз ахәыҷы длааӡар акәын! Иара убас лара дызгараны иҟаз Иосиф диацәажәар акәын. Ишԥеизеиҭалҳәари лцәалтәымкәа дызлаҟалаз, ахаҵа дшылымбацызгьы? (Лука 1:26—33). Ишԥалоуи Мариа амч? Лара егьырҭ рҿы ацхыраара дашьҭан. Иаҳҳәап, Гавриил диҳәеит лыдҵа еиӷьны илеилиркаарц (Лука 1:34). Уи ашьҭахь хара имгакәа лара «иудатәи ашьхаҿы ишьҭаз ақалақь» аҟны инхоз лыуа Елизавета лахь дцеит. Елизавета Мариа длырҽхәеит, насгьы иираны иҟаз лԥа изкны иԥшьоу адоуҳа аԥааимбаражәа лнарҳәеит (Лука 1:39—45). Мариа илҳәеит Иегова «имчала аус дуқәа ҟаиҵеит» ҳәа (Лука 1:46—51). Гавриили Елизаветеи рыла Иегова Мариа дирӷәӷәеит. w23.10 14—15, абз. 10—12

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра