Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Амҽыша, ииуль 20

Сара схәыцрақәа шәхәыцрақәа иреиԥшӡам (Ис. 55:8).

Анцәа ҳзызиҳәаз аҭак ҟаимҵозар, ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Анцәа ҳзызиҳәо иаҭахыҵәҟьоу аума?» Лассы-лассы ҳгәы иаанагоит ҳара ҳзы еиҳа еиӷьу ҳдыруеит ҳәа. Аха Иегова еиҳа идыруеит. Уадаҩрак ҳамазар, Иегова уи шыӡбатәу еиҳа еиӷьны идыруазар ҟалап, ҳара ҳгәы ишаанаго еиԥш акәымкәа. Ҳаҳәарақәак Анцәа игәаԥхара иаҿагылозаргьы алшоит (1 Иоанн 5:14). Шәааи ҳалацәажәап рхәыҷы аҵабырг аанимыжьырц азы Иегова иҳәо аҭаацәа рҿырԥшы. Уи а́ҳәара цәгьарас ҳәа акгьы аҵамшәа угәы иаанагар алшоит. Аха Иегова имаҵ аура мчыла аӡәгьы идицалаӡом, иара иҭахуп ҳаззегьы, ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны, имаҵ заҳуа ус ҳхаҭа иахьаҳаӡбаз азы акәзарц (Ҩынтә. 10:12, 13; 30:19, 20). Убри аҟынтә аҭаацәа рхәыҷы аҵабырг игәаҵанӡа анагара Иегова дрыцхраарц азы иҳәалар еиҳа еиӷьуп. Усҟан дара рԥа ма рыԥҳа Иегова бзиа ибареи иҩызахареи ирыцхраауеит (Ажәам. 22:6; Еф. 6:4). w23.11 21, абз. 5; 23, абз. 12

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ашәахьа, ииуль 21

Шәгәы шьҭибахла (1 Фес. 4:18).

Уажәраанӡа ҳзыԥхьаз абзац аҿы абзиабара ааҳарԥшлар шҳалшо знеишьақәак еиқәыԥхьаӡан. Шәааи руак ҳалацәажәап. Павел иҳәеит: «Шәгәы шьҭибахла». Избан агәышьҭибахра егьырҭ рахь абзиабара аарԥшразы лшара бзиоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Абиблиатә еилыркаагак аҿы «агәы ашьҭыхра» ҳәа еиҭагоу ажәа иаанагоит аԥышәара ӷәӷәа зхызго ауаҩы иааигәара аҟазаара. Ус анакәха, ауадаҩра иҭагылоу ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ауаҩы игәы анышьҭаҳхуа, имч ҭаҳҵоит, насгьы анаҩсгьы гәыкала Анцәа имаҵ аура ҳицхраауеит. Ҳашьа ма ҳаҳәшьа ргәы иҵхо аҳәара рҭаххацыԥхьаӡа ҳрывагылазар, бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит (2 Кор. 7:6, 7, 13). Агәышьҭибахреи арыцҳашьареи иузеиҟәымго еидҳәалоуп. Арыцҳашьара злоу ауаҩы егьырҭ ргәы ашьҭыхра дашьҭоуп, ргәы иҭоу ахьаа иртәарц азы. Ус анакәха, ҳара раԥхьа ауаҩы дрыцҳаҳшьоит, нас игәы шьҭаҳхуеит. Ҳахәаԥшып «арыцҳашьара Аб», Иегова, иҿырԥшы. Абиблиаҿы иара «арыцҳашьара Аби агәырҭынчра Анцәеи» ҳәа изҳәоуп (2 Кор. 1:3). w23.11 9—10, абз. 8—10

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аҩаша, ииуль 22

Ҳара ҳгәырӷьалоит, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы (Рим. 5:3).

Ақьырсианцәа рҟынтә ауадаҩрақәа ирықәымшәо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Ҳалацәажәап апостол Павел ихаҭа иҿырԥшы. Иара Фессалоника инхоз аишьцәа иреиҳәеит: «Шәара шәҿы ҳаныҟаз, ҳара зныкымкәа иаҳҳәахьан ауадаҩрақәа ҳашрықәшәо, ус иагьыҟалаҵәҟьеит, уи жәдыруеит» (1 Фес. 3:4). Коринф инхоз ақьырсианцәа ракәзар, абас рзиҩит: «Ҳара ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәеит. Ҳҭагылазаашьа даараӡа ицәгьан, уи зегь ҳамчала иаҳзыхгарымызт, иара ҳаԥсы ҭаны ҳаанхоугьы ҳаздыруамызт» (2 Кор. 1:8; 11:23—27). Ақьырсиан дызну амҩа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа рыла иҭәуп (2 Тим. 3:12). Христос ишьҭа шәхыланы ацара анышәыӡба, шәҩызцәеи шәыуацәеи шәгәаӷ ркызар ауеит. Ма амцҳәара мап ахьацәышәкыз азы аусураҿы ауадаҩрақәа шәызцәырҵзар? (Аур. 13:18). Ма шәгәыӷра аӡбахә егьырҭ иахьырзеиҭашәҳәо азы амчра знапаҿы иҟоу шәҿагылазар? Павел излеиҳәаз ала, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, ҳара ҳгәырӷьалароуп. w23.12 10—11, абз. 9, 10

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра