Ашәахьа, ииуль 21
Шәгәы шьҭибахла (1 Фес. 4:18).
Уажәраанӡа ҳзыԥхьаз абзац аҿы абзиабара ааҳарԥшлар шҳалшо знеишьақәак еиқәыԥхьаӡан. Шәааи руак ҳалацәажәап. Павел иҳәеит: «Шәгәы шьҭибахла». Избан агәышьҭибахра егьырҭ рахь абзиабара аарԥшразы лшара бзиоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Абиблиатә еилыркаагак аҿы «агәы ашьҭыхра» ҳәа еиҭагоу ажәа иаанагоит аԥышәара ӷәӷәа зхызго ауаҩы иааигәара аҟазаара. Ус анакәха, ауадаҩра иҭагылоу ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ауаҩы игәы анышьҭаҳхуа, имч ҭаҳҵоит, насгьы анаҩсгьы гәыкала Анцәа имаҵ аура ҳицхраауеит. Ҳашьа ма ҳаҳәшьа ргәы иҵхо аҳәара рҭаххацыԥхьаӡа ҳрывагылазар, бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит (2 Кор. 7:6, 7, 13). Агәышьҭибахреи арыцҳашьареи иузеиҟәымго еидҳәалоуп. Арыцҳашьара злоу ауаҩы егьырҭ ргәы ашьҭыхра дашьҭоуп, ргәы иҭоу ахьаа иртәарц азы. Ус анакәха, ҳара раԥхьа ауаҩы дрыцҳаҳшьоит, нас игәы шьҭаҳхуеит. Ҳахәаԥшып «арыцҳашьара Аб», Иегова, иҿырԥшы. Абиблиаҿы иара «арыцҳашьара Аби агәырҭынчра Анцәеи» ҳәа изҳәоуп (2 Кор. 1:3). w23.11 9—10, абз. 8—10
Аҩаша, ииуль 22
Ҳара ҳгәырӷьалоит, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы (Рим. 5:3).
Ақьырсианцәа рҟынтә ауадаҩрақәа ирықәымшәо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Ҳалацәажәап апостол Павел ихаҭа иҿырԥшы. Иара Фессалоника инхоз аишьцәа иреиҳәеит: «Шәара шәҿы ҳаныҟаз, ҳара зныкымкәа иаҳҳәахьан ауадаҩрақәа ҳашрықәшәо, ус иагьыҟалаҵәҟьеит, уи жәдыруеит» (1 Фес. 3:4). Коринф инхоз ақьырсианцәа ракәзар, абас рзиҩит: «Ҳара ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәеит. Ҳҭагылазаашьа даараӡа ицәгьан, уи зегь ҳамчала иаҳзыхгарымызт, иара ҳаԥсы ҭаны ҳаанхоугьы ҳаздыруамызт» (2 Кор. 1:8; 11:23—27). Ақьырсиан дызну амҩа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа рыла иҭәуп (2 Тим. 3:12). Христос ишьҭа шәхыланы ацара анышәыӡба, шәҩызцәеи шәыуацәеи шәгәаӷ ркызар ауеит. Ма амцҳәара мап ахьацәышәкыз азы аусураҿы ауадаҩрақәа шәызцәырҵзар? (Аур. 13:18). Ма шәгәыӷра аӡбахә егьырҭ иахьырзеиҭашәҳәо азы амчра знапаҿы иҟоу шәҿагылазар? Павел излеиҳәаз ала, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, ҳара ҳгәырӷьалароуп. w23.12 10—11, абз. 9, 10
Ахаша, ииуль 23
Шәара арыцҳара сақәшәыршәеит (Аҟаз. 34:30).
Иаков ауадаҩрақәа рацәаны дрықәшәон. Иаков иԥацәа ҩыџьа — Симеони Левии — рҭаацәа ахьымӡӷ ддыргеит, насгьы Иегова ихьӡ дырԥхашьеит. Уи адагьы, Иаков зегь раасҭа бзиа иибоз иԥҳәыс Рахиль аҩбатәи рыҷкәын иаан ахшароура дахыԥсааит. Уи зегь азмырхаӡакәа, амлакра ӷәӷәа иахҟьаны, Иаков иқәрахь даннеихьаз Египетҟа нхара диасыр акәхеит (Аҟаз. 35:16—19; 37:28; 45:9—11, 28). Иаков абриаҟара ауадаҩрақәа дышрықәшәозгьы, Иегова дзықәиргәыӷыз шынаигӡо еснагь агәра игон. Иеговагьы иара дшизыразыз иирбон. Иаҳҳәап, Иегова Иаков дизылԥхон, абарақьаҭрагьы ииҭон. Шәхаҿы иаажәг, дыԥсхьеит ҳәа акыршықәса ирыԥхьаӡоз Иосиф даниба, Иаков Иегова ҭабуп ҳәа шиеиҳәоз! Ицхраазеи Иаков арҭ аԥышәарақәа зегь рыхгара? Иеговеи иареи реиҩызара бзиа (Аҟаз. 30:43; 32:9, 10; 46:28—30). Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахә ҳаракны иаҳшьозар, ҳаԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽаԥсахыргьы, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегь рыхгара ҳалшоит. w23.04 15, абз. 6, 7