Аҩаша, ииуль 22
Ҳара ҳгәырӷьалоит, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы (Рим. 5:3).
Ақьырсианцәа рҟынтә ауадаҩрақәа ирықәымшәо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Ҳалацәажәап апостол Павел ихаҭа иҿырԥшы. Иара Фессалоника инхоз аишьцәа иреиҳәеит: «Шәара шәҿы ҳаныҟаз, ҳара зныкымкәа иаҳҳәахьан ауадаҩрақәа ҳашрықәшәо, ус иагьыҟалаҵәҟьеит, уи жәдыруеит» (1 Фес. 3:4). Коринф инхоз ақьырсианцәа ракәзар, абас рзиҩит: «Ҳара ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәеит. Ҳҭагылазаашьа даараӡа ицәгьан, уи зегь ҳамчала иаҳзыхгарымызт, иара ҳаԥсы ҭаны ҳаанхоугьы ҳаздыруамызт» (2 Кор. 1:8; 11:23—27). Ақьырсиан дызну амҩа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа рыла иҭәуп (2 Тим. 3:12). Христос ишьҭа шәхыланы ацара анышәыӡба, шәҩызцәеи шәыуацәеи шәгәаӷ ркызар ауеит. Ма амцҳәара мап ахьацәышәкыз азы аусураҿы ауадаҩрақәа шәызцәырҵзар? (Аур. 13:18). Ма шәгәыӷра аӡбахә егьырҭ иахьырзеиҭашәҳәо азы амчра знапаҿы иҟоу шәҿагылазар? Павел излеиҳәаз ала, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, ҳара ҳгәырӷьалароуп. w23.12 10—11, абз. 9, 10
Ахаша, ииуль 23
Шәара арыцҳара сақәшәыршәеит (Аҟаз. 34:30).
Иаков ауадаҩрақәа рацәаны дрықәшәон. Иаков иԥацәа ҩыџьа — Симеони Левии — рҭаацәа ахьымӡӷ ддыргеит, насгьы Иегова ихьӡ дырԥхашьеит. Уи адагьы, Иаков зегь раасҭа бзиа иибоз иԥҳәыс Рахиль аҩбатәи рыҷкәын иаан ахшароура дахыԥсааит. Уи зегь азмырхаӡакәа, амлакра ӷәӷәа иахҟьаны, Иаков иқәрахь даннеихьаз Египетҟа нхара диасыр акәхеит (Аҟаз. 35:16—19; 37:28; 45:9—11, 28). Иаков абриаҟара ауадаҩрақәа дышрықәшәозгьы, Иегова дзықәиргәыӷыз шынаигӡо еснагь агәра игон. Иеговагьы иара дшизыразыз иирбон. Иаҳҳәап, Иегова Иаков дизылԥхон, абарақьаҭрагьы ииҭон. Шәхаҿы иаажәг, дыԥсхьеит ҳәа акыршықәса ирыԥхьаӡоз Иосиф даниба, Иаков Иегова ҭабуп ҳәа шиеиҳәоз! Ицхраазеи Иаков арҭ аԥышәарақәа зегь рыхгара? Иеговеи иареи реиҩызара бзиа (Аҟаз. 30:43; 32:9, 10; 46:28—30). Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахә ҳаракны иаҳшьозар, ҳаԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽаԥсахыргьы, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегь рыхгара ҳалшоит. w23.04 15, абз. 6, 7
Аԥшьаша, ииуль 24
Иегова Сыхьчаҩ иоуп. Сара акгьы сыгхаӡом (Аԥсал. 23:1).
Аԥсалом 23 — уи Давид Иегова бзиа дшибо, насгьы дышиеиҷаҳауа ибзианы иуеилзыркаауа ашәоуп. Аԥсаломшәаҳәаҩ Иеговеи иареи ирыбжьоу агәыбылра ӷәӷәа аӡбахә иҳәоит, насгьы Иегова Сыхьчаҩ ҳәа изиҳәоит. Давид Анцәа игәра игоит аҟынтә амҩа ирбара азин ииҭоит. Уи амҩа данану иара агәҭынчра имоуп. Давид идыруан Иегова ибзиабара иԥсы ахьынӡаҭоу ишицзаало. Избан уи агәра ганы дзыҟаз? Давид ибон Иегова ибзианы дшихылаԥшуа, насгьы зда ԥсыхәа ыҟам есыҽны ишииҭо. Иара идыруан Иеговеи иареи шеиҩызцәоу, иԥсҭазааралагьы дыширгәырӷьо. Убри азоуп агәра ганы дзыҟаз: иҟалалакгьы Иегова ахаан ихылаԥшра даҟәыҵӡом. Давид идыруан Иегова гәыкала бзиа дшибоз, убри аҟынтә акгьы дацәшәаӡомызт. Иара насыԥ иман, насгьы имаз изирхон (Аԥсал. 16:11). w24.01 29, абз. 12, 13