Ахаша, ииуль 23
Шәара арыцҳара сақәшәыршәеит (Аҟаз. 34:30).
Иаков ауадаҩрақәа рацәаны дрықәшәон. Иаков иԥацәа ҩыџьа — Симеони Левии — рҭаацәа ахьымӡӷ ддыргеит, насгьы Иегова ихьӡ дырԥхашьеит. Уи адагьы, Иаков зегь раасҭа бзиа иибоз иԥҳәыс Рахиль аҩбатәи рыҷкәын иаан ахшароура дахыԥсааит. Уи зегь азмырхаӡакәа, амлакра ӷәӷәа иахҟьаны, Иаков иқәрахь даннеихьаз Египетҟа нхара диасыр акәхеит (Аҟаз. 35:16—19; 37:28; 45:9—11, 28). Иаков абриаҟара ауадаҩрақәа дышрықәшәозгьы, Иегова дзықәиргәыӷыз шынаигӡо еснагь агәра игон. Иеговагьы иара дшизыразыз иирбон. Иаҳҳәап, Иегова Иаков дизылԥхон, абарақьаҭрагьы ииҭон. Шәхаҿы иаажәг, дыԥсхьеит ҳәа акыршықәса ирыԥхьаӡоз Иосиф даниба, Иаков Иегова ҭабуп ҳәа шиеиҳәоз! Ицхраазеи Иаков арҭ аԥышәарақәа зегь рыхгара? Иеговеи иареи реиҩызара бзиа (Аҟаз. 30:43; 32:9, 10; 46:28—30). Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахә ҳаракны иаҳшьозар, ҳаԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽаԥсахыргьы, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегь рыхгара ҳалшоит. w23.04 15, абз. 6, 7
Аԥшьаша, ииуль 24
Иегова Сыхьчаҩ иоуп. Сара акгьы сыгхаӡом (Аԥсал. 23:1).
Аԥсалом 23 — уи Давид Иегова бзиа дшибо, насгьы дышиеиҷаҳауа ибзианы иуеилзыркаауа ашәоуп. Аԥсаломшәаҳәаҩ Иеговеи иареи ирыбжьоу агәыбылра ӷәӷәа аӡбахә иҳәоит, насгьы Иегова Сыхьчаҩ ҳәа изиҳәоит. Давид Анцәа игәра игоит аҟынтә амҩа ирбара азин ииҭоит. Уи амҩа данану иара агәҭынчра имоуп. Давид идыруан Иегова ибзиабара иԥсы ахьынӡаҭоу ишицзаало. Избан уи агәра ганы дзыҟаз? Давид ибон Иегова ибзианы дшихылаԥшуа, насгьы зда ԥсыхәа ыҟам есыҽны ишииҭо. Иара идыруан Иеговеи иареи шеиҩызцәоу, иԥсҭазааралагьы дыширгәырӷьо. Убри азоуп агәра ганы дзыҟаз: иҟалалакгьы Иегова ахаан ихылаԥшра даҟәыҵӡом. Давид идыруан Иегова гәыкала бзиа дшибоз, убри аҟынтә акгьы дацәшәаӡомызт. Иара насыԥ иман, насгьы имаз изирхон (Аԥсал. 16:11). w24.01 29, абз. 12, 13
Ахәаша, ииуль 25
Ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа сара есыҽны сшәыцзаауеит (Матф. 28:20).
Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга, атәылақәа жәпакы рҿы Анцәа имаҵзуҩцәа ҭынч ажәабжь аҳәара алшара роуит. Уи абзоурала аӡәырҩы ауаа Иегова деилыркааит. Уажәы Аҳра иазку ажәабжь адунеи зегьы иқәынхо ауаа ираҳауеит. Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аишьцәа иахьагьы Христос инапхгара иқәныҟәоит. Дара ирҭахуп аишьцәа ирырҭо аинструкциақәа Иеговеи Иисуси ргәаанагара аныԥшларц. Анаҩс араион ахылаԥшыҩцәеи аҭыԥантәи аизара ахылаԥшыҩцәеи урҭ амҩақәҵарақәа аизарақәа ирырҭоит. Доуҳала иалху аизара ахылаԥшыҩцәа, насгьы аизарақәа рҿы амаҵ зуа аизара ахылаԥшыҩцәа зегьы Христос «иарӷьа напаҿы» иҟоуп (Аат. 2:1). Ҳәара аҭахума, урҭ аишьцәа наӡаӡам, насгьы зны-зынла агхақәа рыхьуеит. Моисеигьы, Иисус Навингьы, апостолцәагьы зны-зынла агхақәа ҟарҵон (Ахыԥхь. 20:12; Иис. Н. 9:14, 15; Рим. 3:23). Аха уеизгьы иҳаиҷаҳауа Христос амаҵуҩ ҟәыши аизара ахылаԥшыҩцәеи мҩақәиҵоит, уи анаҩсгьы иҟаиҵалоит. Убри аҟынтә аҭакԥхықәра зду аишьцәа рыла Христос иҳаиҭо амҩақәҵарақәа рыгәра ҳгалар ҳалшоит. w24.02 23—24, абз. 13, 14