Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Аԥшьаша, ииуль 24

Иегова Сыхьчаҩ иоуп. Сара акгьы сыгхаӡом (Аԥсал. 23:1).

Аԥсалом 23 — уи Давид Иегова бзиа дшибо, насгьы дышиеиҷаҳауа ибзианы иуеилзыркаауа ашәоуп. Аԥсаломшәаҳәаҩ Иеговеи иареи ирыбжьоу агәыбылра ӷәӷәа аӡбахә иҳәоит, насгьы Иегова Сыхьчаҩ ҳәа изиҳәоит. Давид Анцәа игәра игоит аҟынтә амҩа ирбара азин ииҭоит. Уи амҩа данану иара агәҭынчра имоуп. Давид идыруан Иегова ибзиабара иԥсы ахьынӡаҭоу ишицзаало. Избан уи агәра ганы дзыҟаз? Давид ибон Иегова ибзианы дшихылаԥшуа, насгьы зда ԥсыхәа ыҟам есыҽны ишииҭо. Иара идыруан Иеговеи иареи шеиҩызцәоу, иԥсҭазааралагьы дыширгәырӷьо. Убри азоуп агәра ганы дзыҟаз: иҟалалакгьы Иегова ахаан ихылаԥшра даҟәыҵӡом. Давид идыруан Иегова гәыкала бзиа дшибоз, убри аҟынтә акгьы дацәшәаӡомызт. Иара насыԥ иман, насгьы имаз изирхон (Аԥсал. 16:11). w24.01 29, абз. 12, 13

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахәаша, ииуль 25

Ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа сара есыҽны сшәыцзаауеит (Матф. 28:20).

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга, атәылақәа жәпакы рҿы Анцәа имаҵзуҩцәа ҭынч ажәабжь аҳәара алшара роуит. Уи абзоурала аӡәырҩы ауаа Иегова деилыркааит. Уажәы Аҳра иазку ажәабжь адунеи зегьы иқәынхо ауаа ираҳауеит. Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аишьцәа иахьагьы Христос инапхгара иқәныҟәоит. Дара ирҭахуп аишьцәа ирырҭо аинструкциақәа Иеговеи Иисуси ргәаанагара аныԥшларц. Анаҩс араион ахылаԥшыҩцәеи аҭыԥантәи аизара ахылаԥшыҩцәеи урҭ амҩақәҵарақәа аизарақәа ирырҭоит. Доуҳала иалху аизара ахылаԥшыҩцәа, насгьы аизарақәа рҿы амаҵ зуа аизара ахылаԥшыҩцәа зегьы Христос «иарӷьа напаҿы» иҟоуп (Аат. 2:1). Ҳәара аҭахума, урҭ аишьцәа наӡаӡам, насгьы зны-зынла агхақәа рыхьуеит. Моисеигьы, Иисус Навингьы, апостолцәагьы зны-зынла агхақәа ҟарҵон (Ахыԥхь. 20:12; Иис. Н. 9:14, 15; Рим. 3:23). Аха уеизгьы иҳаиҷаҳауа Христос амаҵуҩ ҟәыши аизара ахылаԥшыҩцәеи мҩақәиҵоит, уи анаҩсгьы иҟаиҵалоит. Убри аҟынтә аҭакԥхықәра зду аишьцәа рыла Христос иҳаиҭо амҩақәҵарақәа рыгәра ҳгалар ҳалшоит. w24.02 23—24, абз. 13, 14

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Асабша, ииуль 26

Анцәа шәиҿыԥшла, избанзар шәара бзиа иибо ихәыҷқәа шәоуп (Еф. 5:1).

Иахьа Иегова дҳаргәырӷьалар ҳалшоит аԥхарреи, аџьшьареи, абзиабареи аарԥшны иӡбахә ҳҳәалар. Ҳара ажәабжь анаҳҳәо хықәкы хадас иҳамоу ауаа Иегова иҩызахара рыцхраара шакәу ҳхаҳаршҭӡом. Ҳара иаҳҭахуп бзиа иаҳбо Ҳаб ҳара ҳашихәаԥшуа еиԥш, даргьы ихәаԥшларц (Иак. 4:8). Ҳара иаҳгәаԥхоит ауаа Иегова изкны Абиблиа аҿы иану дырбара, илоу абзиабареи, аиашареи, аҟәыӷареи, амчи, егьырҭ зеиԥшыҟам иҟазшьақәеи шаанартуа. Уи адагьы, Иегова дҳарҽхәоит, насгьы дҳаргәырӷьоит, иҿыԥшразы есыҽны иҳалшо зегь аныҟаҳҵо. Уи абзоурала иҟалап егьырҭ ауаа ари адунеи иатәу ауаа ҳашреиԥшым гәарҭар, насгьы ус изыҟоу аилкаара рҭаххар (Матф. 5:14—16). Убасҟан ҳара ус ҳхы зымҩаԥаҳго деилыркааразы алшара ҳауеит. Уи абзоурала згәы цқьоу ауаа Анцәа иҩызахара рҭаххар ауеит. Иегова ҳмаҵзуреи ҳхымҩаԥгашьеи рыла данҳарҽхәо, дҳаргәырӷьоит (1 Тим. 2:3, 4). w24.02 10, абз. 7

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра