Ахаша, август 27
Сцәа иалоу даҽа закәанк схы иҭоу азакәан ишаҿагыло збоит. Уи сҿаҳәаны сызмоу, исылоу агәнаҳа ауп (Рим. 7:23).
Иҽеим агәаҳәарақәа аншәызцәырҵуа шәгәы каҳауазар, Иегова шәҽанизышәкыз ишәҭаз ажәа шәазхәыцла. Уи шәыцхраауеит шәхызхыр алшо аҽамҭара. Ишԥа? Иегова шәҽанизышәк, шәхы мап ацәышәкит. Ус анакәха, Иегова игәамԥхо агәаҳәарақәеи ахықәкқәеи мап ҳәа рашәҳәеит (Матф. 16:24). Убри аҟынтә иуадаҩу аҭагылазаашьаҿы иҟасҵарызеи ҳәа ҿыц ахәыцра шәаламган. Шәара Иегова шәизиашаны шәшаанхо шәыӡбахьеит. Убриоуп шәара шәзы зегь раасҭа ихадоу. Шәара еснагь Иегова дшәыргәырӷьалар шәҭахуп. Убри азы Иов иеиԥш шәҽырӷәӷәаны шәыҟазаауеит. Иара даараӡа ицәгьаз аҭагылазаашьаҿы иҳәеит: «Сара Анцәа сизиашазаауеит!» (Иов 27:5). w24.03 9, абз. 6, 7
Аԥшьаша, август 28
Иегова и́ҳәо зегьы дырзааигәоуп, дырзааигәоуп гәыкала иҳәо зегьы (Аԥсал. 145:18).
«Абзиабара Анцәа» Иегова ҳара дҳацуп! (2 Кор. 13:11). Иара ҳаиҭахуп, насгьы гәыкала бзиа ҳаибоит (Аԥсал. 32:10). Анцәа ҳара ҳахь абзиабара шааирԥшуа шаҟа ҳазхәыцуа аҟара, убриаҟара иара ҳаизааигәахоит. Ҳара ҳамшәаӡакәа ҳиҳәалар ҳалшоит, насгьы ибзиабара ада ԥсыхәа шҳамам иаҳҳәалар ауеит. Ҳаизеилымкаар ҳәа ҳамшәаӡакәа, ҳгәы иҵхо изеиҭаҳҳәалар ҳалшоит, насгьы хымԥада дышҳацхраауа агәра ганы ҳаҟазар ауеит (Аԥсал. 145:19). Ахьҭа уанакуа амца уҽҳәатәарц шуҭаххо еиԥш, зыбзиабара ҳарԥхо Иегова ҳаизааигәахалар ҳҭахуп. Иара игәыбылра ӷәӷәоуп. Шаҟа насыԥ дуузеи — Иегова ихаҭа бзиа ҳахьибо! Шәааи, аԥсаломшәаҳәаҩ иеиԥш ҳаргьы иаҳҳәап: «Сара Иегова бзиа дызбоит!» (Аԥсал. 116:1). w24.01 31, абз. 19, 20
Ахәаша, август 29
Сара... ухьӡ рзаасыртит (Иоанн 17:26).
Иисус ауаа Анцәа Иегова шихьӡу мацара акәӡамызт ирзеиҭеиҳәоз, аҵабырг зеиҳәоз ауриацәа уи бзианы ирдыруан. Иара ауаа дрыцхраауан Анцәа еиҳа еиӷьны иеилкаара (Иоанн 1:17, 18). Иаҳҳәап, Ауриатә Ҩырақәа иднарбон Иегова шаҟа дрыцҳашьаҩу (Ақәҵ. 34:5—7). Иисус уи иаанаго деилиркааит иҟьалаз аԥа иаби иареи ирызку ажәамаана анырзеиҭеиҳәа. Иҟьалаз аԥа иаб зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз иҷкәын харантә даниба дыҩны дшиԥылаз, дшигәыдиҳәҳәалаз, насгьы гәыкала игха шианаижьыз аӡбахә ҳанаԥхьо, уи Иегова шаҟа арыцҳашьара илоу аилкаара иҳацхраауеит (Лука 15:11—32). Иисус Иаб дзакәыҵәҟьоу ауаа идеилиркааит. w24.02 10, абз. 8, 9