Аԥшьаша, август 28
Иегова и́ҳәо зегьы дырзааигәоуп, дырзааигәоуп гәыкала иҳәо зегьы (Аԥсал. 145:18).
«Абзиабара Анцәа» Иегова ҳара дҳацуп! (2 Кор. 13:11). Иара ҳаиҭахуп, насгьы гәыкала бзиа ҳаибоит (Аԥсал. 32:10). Анцәа ҳара ҳахь абзиабара шааирԥшуа шаҟа ҳазхәыцуа аҟара, убриаҟара иара ҳаизааигәахоит. Ҳара ҳамшәаӡакәа ҳиҳәалар ҳалшоит, насгьы ибзиабара ада ԥсыхәа шҳамам иаҳҳәалар ауеит. Ҳаизеилымкаар ҳәа ҳамшәаӡакәа, ҳгәы иҵхо изеиҭаҳҳәалар ҳалшоит, насгьы хымԥада дышҳацхраауа агәра ганы ҳаҟазар ауеит (Аԥсал. 145:19). Ахьҭа уанакуа амца уҽҳәатәарц шуҭаххо еиԥш, зыбзиабара ҳарԥхо Иегова ҳаизааигәахалар ҳҭахуп. Иара игәыбылра ӷәӷәоуп. Шаҟа насыԥ дуузеи — Иегова ихаҭа бзиа ҳахьибо! Шәааи, аԥсаломшәаҳәаҩ иеиԥш ҳаргьы иаҳҳәап: «Сара Иегова бзиа дызбоит!» (Аԥсал. 116:1). w24.01 31, абз. 19, 20
Ахәаша, август 29
Сара... ухьӡ рзаасыртит (Иоанн 17:26).
Иисус ауаа Анцәа Иегова шихьӡу мацара акәӡамызт ирзеиҭеиҳәоз, аҵабырг зеиҳәоз ауриацәа уи бзианы ирдыруан. Иара ауаа дрыцхраауан Анцәа еиҳа еиӷьны иеилкаара (Иоанн 1:17, 18). Иаҳҳәап, Ауриатә Ҩырақәа иднарбон Иегова шаҟа дрыцҳашьаҩу (Ақәҵ. 34:5—7). Иисус уи иаанаго деилиркааит иҟьалаз аԥа иаби иареи ирызку ажәамаана анырзеиҭеиҳәа. Иҟьалаз аԥа иаб зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз иҷкәын харантә даниба дыҩны дшиԥылаз, дшигәыдиҳәҳәалаз, насгьы гәыкала игха шианаижьыз аӡбахә ҳанаԥхьо, уи Иегова шаҟа арыцҳашьара илоу аилкаара иҳацхраауеит (Лука 15:11—32). Иисус Иаб дзакәыҵәҟьоу ауаа идеилиркааит. w24.02 10, абз. 8, 9
Асабша, август 30
Анцәа ҳара ҳгәы злаирҭынчуа ала... [егьырҭ] ргәы [шәырҭынчла] (2 Кор. 1:4).
Иегова амчи агәышьҭыхреи зҭаху уи риҭоит. Ишԥаҳалшо ҳара Иегова ҳаиҿыԥшлар? Арыцҳашьара ааҳарԥшлароуп, насгьы егьырҭ ргәы шьҭаҳхлароуп. Уи ҳалшарц азы иаҭаху аҟазшьақәа еизҳарҳалароуп. Иарбан ҟазшьақәоу урҭ? Еснагь ҳгәы шьҭибахларц азы арыцҳашьареи ақьиареи реиԥш иҟоу аҟазшьақәа еизҳарҳалароуп (Кол. 3:12; 1 Фес. 4:18; 1 Пиотр 3:8). Шаҟа арыцҳашьареи ақьиареи ҳалоу аҟара, убриаҟара згәы ахьаа ҭоу ргәы ашьҭыхра ҳҭаххалоит. Иисус иҳәеит: «Ауаҩы игәы иҭоу ауп иҿы иаҳәо. Ауаҩ бзиа абзиоуп ииҳәо, избанзар игәы иҭоу бзиоуп» (Матф. 12:34, 35). Ҳара агәаҟра иақәшәаз аишьцәеи аҳәшьцәеи ргәы анышьҭаҳхуа урҭ бзиа ишаҳбо рбоит. w23.11 10, абз. 10, 11