Асабша, август 30
Анцәа ҳара ҳгәы злаирҭынчуа ала... [егьырҭ] ргәы [шәырҭынчла] (2 Кор. 1:4).
Иегова амчи агәышьҭыхреи зҭаху уи риҭоит. Ишԥаҳалшо ҳара Иегова ҳаиҿыԥшлар? Арыцҳашьара ааҳарԥшлароуп, насгьы егьырҭ ргәы шьҭаҳхлароуп. Уи ҳалшарц азы иаҭаху аҟазшьақәа еизҳарҳалароуп. Иарбан ҟазшьақәоу урҭ? Еснагь ҳгәы шьҭибахларц азы арыцҳашьареи ақьиареи реиԥш иҟоу аҟазшьақәа еизҳарҳалароуп (Кол. 3:12; 1 Фес. 4:18; 1 Пиотр 3:8). Шаҟа арыцҳашьареи ақьиареи ҳалоу аҟара, убриаҟара згәы ахьаа ҭоу ргәы ашьҭыхра ҳҭаххалоит. Иисус иҳәеит: «Ауаҩы игәы иҭоу ауп иҿы иаҳәо. Ауаҩ бзиа абзиоуп ииҳәо, избанзар игәы иҭоу бзиоуп» (Матф. 12:34, 35). Ҳара агәаҟра иақәшәаз аишьцәеи аҳәшьцәеи ргәы анышьҭаҳхуа урҭ бзиа ишаҳбо рбоит. w23.11 10, абз. 10, 11
Амҽыша, август 31
Аҟәыӷақәа еилыркаауеит (Дан. 12:10).
Абиблиатә ԥааимбаражәақәа еилаҳкааларц азы ацхыраара ҳҭахуп. Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Шәхаҿы иаажәг ахаан шәахьыҟамыз ҭыԥк ахь шәцазшәа. Аха шәара шәхала шәахьыҟам, насгьы уи аҭыԥ бзианы издыруа шәҩыза дахьшәыцу шәеигәырӷьоит. Иара шәахьыҟоу, насгьы амҩақәа зегь уахьнарго идыруеит. Иегова убас еиԥш иҟоу аҩыза диеиԥшуп. Иара иарбан аамҭоу ҳанынхо, насгьы аԥхьаҟа иаҳзыԥшу идыруеит. Ус анакәха, абиблиатә ԥааимбаражәақәа рҵакы еилаҳкааларц азы ахынраалара аарԥшны Иегова ацхырааразы ҳиҳәалароуп (Дан. 2:28; 2 Пиотр 1:19, 20). Аҭаацәа бзиақәа рхәыҷқәа рзы аԥсҭазаара бзиа рҭахуп. Иеговагьы убри аҩыза Аб иоуп (Иер. 29:11). Аха иара ауаа ирылымшо илшоит, насгьы аԥхьаҟа иҟало шыҟало иҳәоит. Аԥхьаҟа иаҳзыԥшу аҵак ду змоу ахҭысқәа ҳдыруазарц азы иара ахацәа шьоукы ргәазҭеиҵеит аԥааимбаражәақәа рҩырц (Ис. 46:10). w23.08 8, абз. 3, 4
Ашәахьа, сентиабр 1
Амра ангыло еиԥш, алашара ҳхаирԥхоит (Лука 1:78).
Анцәа Иисус амч ииҭеит ауаа рыуадаҩрақәа зегь иӡбарц. Иисус аџьашьахәқәа аныҟаиҵоз ишьақәирӷәӷәеит ҳхала иаҳзымыӡбо ауадаҩрақәа зегь иӡбар шилшо. Иаҳҳәап, иара амч имоуп ауаатәыҩса рыуадаҩрақәа зегь зыхҟьо ирҭынхаз агәнаҳа аҟынтә рхы иақәиҭитәырц. Иара убас Иисус агәнаҳа алҵшәақәагьы ықәигоит, иаҳҳәап, ачымазарақәеи аԥсреи (Матф. 9:1—6; Рим. 5:12, 18, 19). Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа ишьақәдырӷәӷәеит иара еиуеиԥшым ачымазарақәа змоу ауаа рыхәшәтәра шилшо, иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵаргьы шилшо (Матф. 4:23; Иоанн 11:43, 44). Уи адагьы, иара илшоит афырҭын ӷәӷәақәа ааникылалар, насгьы адемонцәа идыргәаҟуа ауаа урҭ рхицалар (Марк 4:37—39; Лука 8:2). Шаҟа ҳгәы ҟанаҵозеи Иегова Иԥа абри аҩыза амч шииҭаз ахьаҳдыруа! Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова ҳзықәиргәыӷыз зегьы Иаҳра абзоурала ишынаӡо. Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа иаҳдырбоит жәҩантәи Аҳра Аҳ иаҳасабала иара аԥхьаҟа иҟаиҵо. w23.04 3, абз. 5—7