Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 76
  • Иерусалим ахырбгалара

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иерусалим ахырбгалара
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иегова ҳмаҵзура анагӡара дышҳацхраауа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 76

АЖӘАБЖЬ 76

Иерусалим ахырбгалара

НАВУХОДОНОСОР израилаа рҟынтә зегь реиҳа аҵара змаз Вавилонҟа игеижьҭеи 10 шықәса инареиҳаны иҵит. Уахәаԥши уажәшьҭа иҟалаз! Иерусалим былуеит. Зыԥсы ҭаны иаанхаз израилаа Вавилонҟа иҭҟәаны иргоит.

Иугәаларшәа, Иегова иԥааимбарцәа ирҳәаҵәҟьаз ауп иҟалаз. Аха израилаа аԥааимбарцәа ирзыӡырҩуамызт. Иегова иеихырхәара ацынхәрас, урҭ амц-нцәахәқәа реихырхәара ишаҿыц иаҿын. Убри азы ажәлар ахьырхәра рықәнагахеит. Израилаа рус цәгьақәа ртәы ҳара еилаҳкаауеит аԥааимбар Изекиил иеиҭеиҳәақәаз рыла.

Иудыруама, Иезекиил дызусҭоу? Уи Иерусалим ахырбгалара ҟалаанӡа 10 шықәса шыбжьаз Аҳ Навуходоносор иҭҟәаны Вавилонҟа иигаз арԥарцәа дреиуан. Уи аамҭазы иган Даниили иҩызцәа хҩыки: Седрах, Мисах, Авденаго.

Иезекиил Вавилон даныҟоу аамҭазы, Иегова иирбоит, закәытә ус бааԥсқәоу Иерусалим аныҳәарҭа аҟны имҩаԥысуа. Иегова ари џьашьахәыла иҟаиҵоит. Иезекиил уажәыгь Вавилон дшыҟоугьы, Иегова аныҳәарҭаҿы изҿу зегьы иирбоит. Иааибо зегьы бааԥсуп!

— Уахәаԥши, закәытә ус хәымгақәоу ажәлар аныҳәарҭаҽы изҿу,— Иегова Иезекиил иеиҳәеит.— Уахәаԥши иааукәыршаны аҭӡамц — иахьабалак амаҭқәеи егьырҭ аԥстәқәеи рсахьақәа. Урыхәаԥши, иара убас, израилаа — урҭ дара иреихырхәоит. Изекиил дыԥшуеит, абри зегьы иҩуеит.

— Иубома, израилаа реиҳабыра маӡала иҟарҵо? — диазҵаауеит Изекиил Иегова. Ааи, уигьы иара ибоит. Уаҟа 70-ҩык ахацәа гылоуп. Урҭ зегьы амц-нцәахәқәа иреихырхәоит абас ҳәауа: ‘Иегова ибаӡом. Иаанижьит атәыла’.

Нас Иегова Изекиил иирбоит ԥыҭҩык аҳәсақәа, аҩадатәи аныҳәарҭа агәашәқәа рҟны итәоу. Уаҟа уи амц-нцәахәы Фаммуза иеихырхәоит. Урыхәаԥши уажәшьҭа Иегова иныҳәарҭа аҩналарҭа ааигәа итәоу ахацәа! Урҭ 25-ҩык раҟара ыҟоуп. Изекиил урҭ дрыхәаԥшуеит. Уи аамҭазы урҭ амрагыларахь рхы рханы, амра иеихырхәон.

— Арҭ ауаа сара сатәарымбеит,— иҳәоит Иегова.— Урҭ баша ацәгьа ҟаҵара амацара акәым изҿу, аха сныҳәарҭа ҩнаҿы иаауеит, убригьы абраҵәҟьа иҟарҵоит! — Убри азы Иегова ажәа ииҭоит: — ‘Сыԥсахеибакра амч еилыркаауеит. Урҭ анықәххо, сара ирыцҳасшьом’.

Хышықәсагьы мҵит, Иегова Иезекиил ари иирбеижьҭеи, Израилгьы аҳ Навуходоносор иҿагылоит. Урҭ усҟан драбашьуеит иаргьы. Шықәсыки бжаки рышьҭахь Вавилонаа Иерусалим абаагәара хдырбгалоит, ақалақь зынӡа ирбылуеит. Рыбжеиҳараҩык ауаа шьуп, ма Вавилонҟа иҭҟәаны игоуп.

Изалиршазеи Иегова абри еиԥш иҟаз арыцҳара бааԥс иақәшәартә? Ииашоуп — избанзар урҭ Иегова изыӡырҩуамызт, изакәанқәагьы ирықәныҟәомызт. Ари иунарбоит, шаҟа акраҵанакуа еснагь Анцәа идҵақәа рынагӡара.

Раԥхьа израилтәи адгьылаҿы аангылара азин змаз ауаа маҷын. Урҭ аҳ Навуходоносор аиҳабы дырхаиргылоит — Годолиа зыхьӡу аиудеи. Аха нас ԥыҭҩык израилаа Годолиа дыршьуеит. Ажәлар шәаӡыӡоит, вавилонаа ааны иршьыр ҳәа. Убри азы урҭ Иезекиил мчыла дрыманы Мсырҟа иҩуеит.

Израилтәи адгьыл аҟны аӡәызаҵәыкгьы даанхом. 70 шықәса рыҩнуҵҟа уаҟа аӡәгьы дынхом. Адгьыл зынӡа ауаа ықәым. Аха Иегова ажәа риҭоит, 70 шықәса рышьҭахь уи ижәлар рыԥсадгьыл ахь иширхынҳәо ала. Вавилонтәи адгьылахь иҭҟәаны игаз Анцәа ижәлар ирыхьуазеи уи аамҭазы? Уааи, еилаҳкаап.

2 Аҳцәа 25:1—26; Иеремиа 29:10; Изекиил 1:1—3; 8:1—18.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра