-
Лара Анцәа ижәлар дрыдгылеитШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
22. Избан Есфирь дызшәоз лхаҵа-аҳ иахь анеира? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)
22 Есфирь уи ажәабжь анлаҳа, иҟалап дшәазар. Лыгәрахаҵара азы уи даара ԥышәара дуун. Лара дшәон, убри аҟынтә уи аӡбахә гәаартыла Мардохеи иалҳәеит. Есфирь иара игәалалыршәеит аҳ изакәан. Аҳ димыԥхьакәа иара иахь инеиз ауаҩы аԥсра изыԥшын. Аҳ ихьтәы скипетр инеиз иахь ирххар, уи аԥсра дацәынхоит. Илылшозма Есфирь аҳ игәшаҭара дақәгәыӷны иара иахь днеир, уаанӡа аҳ иааԥхьара мап ацәызкыз Вашти илыхьыз дазхәыцны? Есфирь Мардохеи иалҳәеит аҳ днеимыԥхьеижьҭеи 30 мшы шыҵхьоу! Убри азы, згәаанагара еснагь изыԥсахуаз амонарх игәы лыхшәеит ҳәа дхәыцыр лылшонe (Есф. 4:9—11).
-
-
Лара Анцәа ижәлар дрыдгылеитШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
e Ксеркс I згәаанагара еснагь изыԥсахуаз, насгьы игәымбылџьбароу ауаҩы ҳәа деицырдыруан. Абырзен ҭоурыхҭҵааҩ Геродот Ксеркс абырзенцәа данрабашьуаз, иҟалаз хҭысқәак ртәы аниҵеит. Зны аҳ ирыдиҵеит аӡыбжьанда Геллеспонт аҟынтә аӷбақәа рыла апонтонтә цҳа хырҵарц. Афырҭын ацҳа аныԥнаҽы, Ксеркс адҵа ҟаиҵеит уи ацҳа хызҵаз рыхқәа хырҵәарц, насгьы ажәа хәымгақәа ҳәаны аӡы иаасуа Геллеспонт «ахьдырхәырц». Уи аибашьра анцоз, амал змаз аӡәы иԥа уа иҽалаимырхәырц аҳ диҳәо даналага, Ксеркс адҵа ҟаиҵеит уи арԥыс игәҭа дааҩшаны ауаа аршәарц азы зегьы иахьырбо дышьҭарҵарц.
-