Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иегова иҿаԥхьа ишәымоу ашәара шәахьчалааит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023 | ииун
    • 6. Изусҭцәада асимволтә ҵакы змоу ҳзыхцәажәо ҩыџьа аҳәса?

      6 Шәааи ашәҟәы Ажәамаанақәа 9-тәи ахы иану ҳалацәажәап. Уа ҩыџьа аҳәса рыла иаарԥшу аҟәыӷареи ахшыҩдареи рыӡбахә ҳәоуп. (Иаҿшәырԥш Римаа рахь 5:14; Галатаа рахь 4:24.) Урҭ аҳәса рҩыџьагьы аԥышәа змам ма ихшыҩдоу ауаа ааԥхьара рырҭоит. Дара абас рҳәозшәа иаҩызоуп: «Шәааи сара сахь, акреицаҳфап!» (Ажәам. 9:1, 5, 6, 13, 16, 17). Урҭ ирҳәо шеиԥшугьы, алҵшәа еиԥшхаӡом. Иахьа Аҩсҭаа идунеи аҿы ауаа асекси апорнографиеи ауп рхы иҭоу (Еф. 4:19). Убри аҟынтә ҳара ҳзы даараӡа ихадоуп Анцәа ицәшәареи ацәгьара аҽацәыхьчареи (Ажәам. 16:6). Ус анакәха, ҳара зегьы — аҳәсагьы ахацәагьы — ашәҟәы Ажәамаанақәа 9-тәи ахы ҳалацәажәар хәарҭоуп.

  • Иегова иҿаԥхьа ишәымоу ашәара шәахьчалааит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023 | ииун
    • Ажәытәан. Зхы пату ақәзымҵо аԥҳәызба лыҩны ашә дылагыланы, ахаҵа ааԥхьара илҭоит.

      «Ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара ҳҭанархар алшоит. (Шәахәаԥш абзац 7.)

      7. Ирзыԥшузеи «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара здызкыло ауаа, Ажәамаанақәа 9:13—18 иану инақәыршәаны? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

      7 Ҳахәаԥшып «ихшыҩдоу аԥҳәыс» имҩасуа ауаа ирыдылгало. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 9:13—18.) Лара дыԥхамшьаӡакәа ихшыҩдоу ауаа уаххьа лыцырфарц азы лыҩныҟа иааирц иаалыԥхьоит, урҭ анаҩс ирзыԥшу бзианы ишылдыруагьы. Лыҩны иҩнало ауаа аԥсра рзыԥшуп. Иҟалап шәара ишәгәалашәазар уи иеиԥшу ахҭысқәа ахьану ашәҟәы Ажәамаанақәа егьырҭ ахқәа. Уа Абиблиа иламысдоу, зхы пату ақәзымҵо аԥҳәыс лҟынтә абас ҳгәаҳҽаннаҵоит: «Лара лыҩнахьы ицо аԥсра амҩа дықәуп» (Ажәам. 2:11—19). Ажәамаанақәа 5:3—10 аҿы зхы пату ақәзымҵо даҽа ԥҳәыск лыӡбахә ҳәоуп, уи «лшьапқәа аԥсрахьы илбаауеит».

      8. Иарбан алхроу ҟаҵатәыс иҳаур алшо?

      8 «Ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара заҳауа ауаа ирыӡбароуп: лааԥхьара рыдыркылару, мап лцәыркру. Ҳаргьы уи аҩыза алхра ҟаҵатәыс иҳаур алшоит. Ҳхы шԥамҩаԥаҳго иламысдароу ахымҩаԥгашьахь ҳназгар алшо ахыхра ҳақәшәар? Иҟаҳҵозеи ателевизор аҿы ма ҳҭел аекран аҿы апорнографиатә сахьа цәырҵыр?

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра